Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияЭлеонора Когония и Даур Зантария
Элеонора Когония и Даур Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист Даур Занҭариа диижьҭеи иахьа 67 шықәса ҵит. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит уи иҩымҭақәа ныррас илырҭаз, иҳадылгалоит иареи лареи шеибадырыз, дзықәшәахьаз ахҭысқәа, иуаҩреи идунеихәаԥшреи аазырԥшуа лгәалашәарақәа.

Агәаҵанӡа ахьаақәа зцу агәалашәарақәа рыҩра мариам. Акыр ҵуеит сгәы иҵхоижьҭеи иахьа изымшироу Даур Занҭариа изку сахьақәак аԥхьаҩ идгалара, аха иахьанӡа иахыԥо иаауан. Есқьынагьы сааигәа иҟоу ашәҟәқәа равтор, аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз, акыр зхы иақәиҭны адунеи ианыз уаҩны схаҿы дынхеит иара.

© Foto / из архива семьи ЗантарияДаур Занҭариа
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Даур Занҭариа

Избан дзырҭамӡоз аԥҟарақәа? Даур Занҭариа асовет шәҟәыҩҩцәа рӷьырак ишырҟазшьаз еиԥш, игалстук ихаҵаны апартиа астереотипқәа иҽрымаданы дыҟамызт иҩышьа астильи алеи адунеи ианызаашьа алеи. Иара дызбаанӡа саԥхьахьан рацәак идумыз, аха жәабжь ссирла еиқәыршәаз ашәҟәыҩҩы раԥхьатәи ишәҟәы "Нар улбааит". Абраҟа сылаԥш ақәшәеит ажәытә жәабжьқәа рҟазшьеи зынӡа аԥсуа проза аҿиара иҭамӡо абызшәалеи иҩыз "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" захьӡу ажәабжь. Усҟан сқәыԥшымзи, аромантикатә хыԥша рыман схәыцрақәагьы. Азныказы акыр игәаӷьыуацәаз еиҭаҳәашьаны исыдыскылеит зынасыԥ зцымныҟәаз аԥҳәыс лҭоурых. Дазусҭадашь ари автор ас ҳара иаҳзааигәаны, ас иаартны аԥҳәыс лразҟы иалацәажәо сгәахәит.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияЕлеонора Коӷониаԥҳаи, Даур Занҭариеи, гәыԥҩык рҩызцәеи
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳаи, Даур Занҭариеи, гәыԥҩык рҩызцәеи

"Ари ажәабжь шҵабыргу еиқәшаҳаҭны ирҳәоит аԥхьарцарҳәаҩцәа дуӡӡақәа Агәха Хәаҭхәаҭи, Амзыц Кадыри, Шәынд Уамахьи…", - абас иалагон уи ажәабжь, автор ажәытә ҳәамҭақәа ирылганы иааиго, аха иара илитературатә ҟазара иахылҵуаз Аԥсны аҳ Ҳамыҭбеи иаҳәшьазаҵә илыдҳәалаз аҭоурых. Иҟалап усҟан ажәабжь иаҵаз афилософиатә ныррақәа зегьы рҵакы сзеилымкаазаргьы, аха санналага инаркны Енџьы лразҟы иазкыз аҭоурых сышьҭнаԥааит, имариаз, аха уамак сзышьцыламыз стильла еиҿкааз арҿиамҭа сыхнахит. "Енџьы-Ҳаным илдыруан, мышкы зны, лхаҵацара аамҭа анааилак, лара дагьылмазҵаакәа, аҳра ишахәарҭахашашәа ҳәа мацара дазнеины, лразҟы ичаԥараны дшыҟаз лашьа". Абас автор сыззааигәаитәуаз асиужет сышьҭнаԥааны, ашәҟәы ианыз егьырҭ ажәабжьқәа зегьы срыԥхьеит.

Александр Бардодым - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зыԥсы иадгьылыз: Александр Бардодым Роин Агрба игәалашәараҿы

Исҭаххеит даҽа шәҟәыкгьы, аха ҳбиблиотекаҿы уаҳа егьсымбеит, башьасгьы исымааз, аҩбатәи ишәҟәы "Аҽацә лас" даҽа ԥшьышықәса рышьҭахь ауп ианҭыҵыз. Даур Занҭариа ишәҟәы иснаҭаз аестетикатә гьама анаҩсангьы, исԥылеит исзымдыруаз ажәытә лексика. Стетрад иаҵәа сышәҟәы сахьаԥхьоз инасымҵаҵаны ихызҩылаауан, нас зны урҭ рҵакы аилкааразы.

Убри атетрад иаҵәа иабзоураны ҳаибадырит Аҟәа, "Амра" захьӡыз акаҳуажәырҭаҿы Даури сареи. Акаҳуа ҳацызжәуаз исарҳәеит "бара бзызҵаало ашәҟәыҩҩы абна акаҳуа зжәуа ахацәа дрылатәоуп" ҳәа. Сҩагылан, снарыдгылеит акаҳуажәцәа. Егьырҭ аӡәгьы дысгәалашәом, иара иакәзар, зтетрад кны иааидгылаз аҭыԥҳа лнеира акыр игәы аашьҭнахын, насгьы зҩымҭақәа азҿлымҳара рымоу авторны дшыҟоу иватәаз иахьгәарҭаз дазԥагьаны, "сара сцеит" иҳәан, анаҩс иҭацәны игылаз аишәа ҳнахатәеит.

Аибашьра иалаӡит уи стетрад иаҵәа, уаҟа Даур иара иаԥсшәаҟынтә сара еилыскаауаз аԥсшәахь исзеиҭеигаз ажәақәа анын.

© Фото : apsnytekaДаур Занҭариа
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Даур Занҭариа

Аҵара саналга, Аҟәа аусура саналага ашьҭахь сзызхәыцлоз ашәҟәыҩҩы лабҿаба ирлас-ырлас дызбо салагеит. Саҳәшьа Ира лыҩны тәарҭас-гыларҭас ишимазгьы еилкаахеит.

"Ахәыҷы, ара бааи", - абас реиҳәон уи иеиҵбацәаз зегьы, убас дсыԥхьон саргьы. Сыхьӡ иҳәонгьы сгәалашәом.

Ҽнак зны Даур апиеса иманы дааит. "Аҽацә лас" ахьӡын,Аԥсуа театр аира иадҳәалаз сиужетын, исгәаԥхеит, иареи сареи ҳалацәажәеит асценаҿы ақәыргылара шыбзиахашаз. Ишыздыруа ала, атеатр аҿы инеигеит, даасԥылацыԥхьаӡа "ахәыҷы, уи аҭак смоуӡеит" иҳәон, ипиеса рылаҿ иахьымааиз гәынго.

Ддуун иара, аха ахәыҷқәа реиԥш игәала изыҵәахӡомызт. Ддуун, аха ахәыҷқәа реиԥш дыхәмаруан, иара идура аӡәгьы ила ихымсларц иҭахызшәа. Аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара иасакьаҳәымҭан усҟан, ашәҟәыҩҩы баша аҩра мацара иазкымызт иаамҭа, аилыхара иаргьы далагылан, аха иара убри аамҭазы иажәеинраалақәа иманы уахынла саҳәшьа лыҩны даауан. Аҵх цахьазаргьы умгылар иуазма?! Нас - ачаижәра, ма акаҳуажәра зцыз уахынлатәи алитературатә ԥхьарақәа. Иахьа ари заҳауа иџьаршьаргьы, усҟан ус иҟан аамҭа.

Даур зны-зынла дыбжьаӡуан, зны-зынла инеиқәырццакны даауан. Абас ҟазшьас иман.

Зны иаахҭеикӡеит аҵх агәаны саҳәшьа лахь ааира, убри аҟынтә, лареи сареи еибаҳҳәеит уаха даар, ҳацәоушәа ҟаҳҵап, ихы шымҩаԥигогьы ҳбап ҳәа. Саҳәшьа ақалақь агәаны дынхон, усҟан аԥенџьырқәа уажәеиԥш аихацқәа рымамызт, унацәхасыр, иаатуан. Ҳарҭ ашәгьы аҳаркӡомызт, аха Даур ицас ауха иаркны ҳиеит. Аҵх акыр инеихьан, ҳацәа аԥсымҭазы аԥенџьыр аӡәы ишааиртыз ҳаҳаит хҩыџьагьы. Ҳаҽҳарԥсит, ус саҳәшьа зышәара лаҟәыз лԥенџьыр дынкылсын, ҳахьиаз дааҩналт апоет. Ҳацәазшәа ҟаҳҵеит, ҳаччабжь мгарц азы ахыза ҳхы инҭарԥаны. Даур дааҩналан, адиван днықәтәан даҳзыԥшуан. Ҳара ҳаҽҳардагәеит. Иара "аҩысҭаа" иакәзар, ҳазҿыз изеилымкаауа дыҟазма. Ԥыҭк ашьҭахь "шәызҿуи бара уаха, ахолодильник "Орск" еиԥш, шәыхьшәашәа-хьшәашәаӡа" ҳәа ҿааиҭит. Изычҳауадаз, ҽырцәа ҟаҵаны ихәыҵаиаз ларгьы саргьы аччара ҳазлагаз иаргьы дарлахҿыхит. Нас - ачаиршра, ажәеинраалақәа рыԥхьара:

Хута Джопуа. Кадр из фильма Созвездие Козлотура  - Sputnik Аҧсны
Абасгьы ҟалахьеит: акомедиа аеҵәахә Хәыта Џьапуа игәалашәара иазкны

"Сышә аӡә дасит сыцәамҭаз,

Сгәылак иакәхап гәаагӡан,

"Дарбан ҭахак сызымҭаз?" -

Сыбжьы ҭысцеит сгәааӡан".

Заҟа аамҭа цахьоузеи, аха Даури ҳареи уи аухатәи "ҳаспектакль" иахьагьы иԥхаӡа саҳәшьеи сареи ҳгәаҵаҿы иҵәахуп.

Даур еснагь акы даргәамҵуан, аԥсҭазаара аҭагәҭасрақәа ирыцыз дшамырҭынчуаз убон, иҩымҭақәа ирықәнагоу аҭыԥ рымамкәаны ишибоз даналацәажәозгьы ыҟан. Уи иагьиашан, асовет шәҟәыҩҩцәа рстиль дашьашәаламызт, иара и-"Ӡызлан" лҭоурых аасҭа еиҳа аамҭа ианаалоз аҩымҭақәа ракәын усҟантәи асистема ишьҭнакаауаз. "Агаҿа иацәыхарамкәа, аӡшьышьы аҽырҭбааны, аӡмыжь ҵауланы иҭатәон. Абри аӡмыжь ҭылашьцаа акәын тәарҭас илымаз Ӡаҳқәажә… Есышықәса, ааԥын ныҳәа аҽны, Ӡаҳкәажә ду арԥыск ԥсаҭатәыс дылзааргон", - абас, сара санхәыҷыз сзыцәшәоз, ԥхыӡ дызбар сцәырҳаны саазырԥшуаз Ӡызлан, ашәҟәыҩҩы лакә ҟазшьала дысгәаирԥхон, исымаз ашәарагьы наҟ инышьҭаҵаны, Даур илакә ссир сышьҭнаԥаауан. Амифи аԥсҭазаареи реилаӡҩара акыр зҽазызшәоз шәҟыҩҩын иара, егьырҭ иҩымҭақәа рҿгьы илиршеит ажәытә ҭоурыхқәа ҟазарыла аԥсы рхаҵара.

© Фото : из архива семьи ЗантарияДаур Занҭариа
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Даур Занҭариа

Даур Занҭариа диман аԥҳәыс ссир. Лариса Аргәынԥҳа дыззымдыруаз дыҟамызт. Лара ус ашәҟәыҩҩы иԥшәма лоуп мацараз акәмызт дзеицгәарҭахьаз. Лариса ауаажәларратә усқәа дрылагылан, аҵара лыман, лыԥшреи лсахьеи рыла зегьы дрылукаауа дыҟан. Иара имариамыз аҟазшьа иныҟәигоз лара лҟазшьа аҿагылон. Лариса даамысҭашәан, акыр ачҳара змаз ԥҳәысын. Ҳаицны дара рахь сасра ҳаннеилакгьы, егьа деилахазаргьы, иаразнак ачеиџьыка ықәлыргылон. Даур акгьы игәаԥхомызт, лара ақәҿылҭӡомызт. Усҟан ҳара иара иахь рҿынаҳархон иԥҳәыс ссир иара дышиҵамхоз наҵшьны иазгәазҭоз ажәақәа. Лариса лахь иҳамаз абзиабара Даур ахәыҷқәа реиԥш данахыбаауаз ыҟан. Ахәыҷқәа дреиԥшымзи, лара дшылзыҟаз апоезиаҿы акәын еиҳа иаартны иахьцәыригозгьы:

Циза Гумба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәымԥҳа: знык Даур Занҭариа иҩымҭақәа ирыԥхьаз - деиҭарзыхынҳәуеит

"Бзиа бызбоит,

Амшын иахәларшәу абырлаш цырцыр еиԥш…"

Абарҭқәа зегь сгәы дырԥшаауеит. Иахьа ҳара ҳаҳҭнықалақь алыхәдаауп абарҭ рҩызцәа ауаа амҩадуқәа ранысра. Аибашьра анцоз иареи сареи зныкгьы ҳаибамбеит, ҳаивнагон изыхҟьазаалак. Аибашьра ашьҭахь акырынтә ҳара ҳахь дааихьан, акырынтә сан лыжьаӷь уатка наизҭаҭәаны анкьатәи ахҭысқәа ҳаиҭарылацәажәон.

1998 шықәса ԥхны мшык азы ссоф хәыҷ сықәгыланы сшыԥшуаз, апроспект аганахь игәасҭеит Даур иарҭмаҟ-шәыра изқәа иқәҵаны диасны дышцоз. Ҿысҭит. Уамашәа ибеит сыбжьы аниаҳа. Ашәҟәы зӷьычуа дӷьычым рҳәоит, аха сгәы иалоуп усҟан инапы анҵаны исиҭаз урысшәала иҭыҵыз ироман "Золотое колесо" аԥхьаразы изысҭаз иахьимыргьежьыз...

Даур Занҭариа инапы злакыз ажанрқәа рацәан: апублицистика, адраматургиа, апоезиа, апроза, акиносценариқәа уҳәа, имҽхак ҭбаан, аиашазы. Убас шакәызгьы, иара еснагь гәынамӡарак иныԥшуан, игәы ҭынчмызт, алаф иҳәозаргьы, ахьаа зцыз акы ныбжьеиҳәон. Москва даныҟазтәи имшынҵақәа ирнубаалоит заҟа џьахаџьафара ацыз иԥсҭазаара, заҟа имариамыз ашәҟәыҩҩы иҟазаара, аха даҽа ганкахьала - арҿиаразы урҭ ашықәсқәа аҽаҩра беиа иазҳәан. Ус иҟоуп жәларык ашәҟәыҩҩцәа дуцәа рлахьынҵа, рнысымҩаҿы иуԥылоит аиҿагылара, хыхь ахалара, албаара, иҟалап иара убри акәзаргьы иаԥырҵо аҩымҭақәа рдура зыбзоуроу.

Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны - Sputnik Аҧсны
Зегь раԥхьа иргылон иуаҩра: аԥсуа персонаж даазырԥшуаз Чынчор Џьениа изкны

Даур Занҭариа дыԥсит ҳәа ансаҳа, ихьаа дуны исыцрасит, сыԥсҭазаара иалахәыз ауаҩы уаҳа дсымбо, сзимацәажәо ишыҟалоз анаасныр. Есқьынагьы ҳаҟоу џьаҳамашьои... Аҵыхәтәаны акаҳуажәырҭаҿы ҳанеидтәалаз ирласны сусура сызцазеи, избан иҵегьы сзимацәажәаз - схы иасҭон азҵаара...

Идунеи аниԥсахуаз иара ихыҵуан 48 шықәса. Ирҿиара ианасакьаҳәымҭаз дцеит ари адунеи днаԥырҵны, илафи ихәыцрақәеи зегьы рхьыгӡара азирхазшәа.

Нанҳәамза 7, 2001 шықәсазы Даур иԥсҭазаара далҵит, иахьа дыҟазҭгьы ихыҵуаз 67 шықәса ракәын. Уи иқыҭа гәакьа Тамшь анышә данамардоз аҽны уахь аԥсыжрахь ацара сзымгәаӷьит. Исҭахымызт зхаҿсахьа са сзы еснагь илашоз Даур анышә хьшәашәа шиқәрыԥсоз сыла иабарц. Дыҟоушәа сыҟоуп иахьагьы, ҳанилацәажәогьы, сышә днасны дааҩналарашәа игәхьаагара касмыжьыц…

Ажәабжьқәа зегьы
0