Амаҳагьареи иџьбараз атрадициақәеи

CC0 / / Араҵла
Араҵла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иацылҵоит иҟалахьаз аҭоурыхқәа ҳадгалара. Иахьа лара дазааҭгылоит игәаӷьыуацәоу атема - амаҳагьара. Ари аҩыза агәнаҳара зуз ахаҵа ишизныҟәази азалымдара иақәшәаз аҭыԥҳа илыԥсҭазаашьахази шәаԥхьа ҳавтор ланҵамҭаҿы.

Агәашә аҷараҳәа абжьы анаага, Маҳагьа днеилыууаа дцеит. Иашҭа иааҭалеит ижәлантәқәа, иреиҳабыз раԥхьа дыргыланы хҩы-ԥшьҩы. Амаҵурҭа дзыҩнагылаз иазааигәахаанӡа иԥсҭазаара зегьы иаԥхьа иниас ицеит Маҳагьа...

Дынхон-дынҵуан иара, ԥшьҩы ԥацәа рааӡон иԥҳәыси иареи. Ианааизынхоз, ӡӷабк дрымазар шыбзиаз аацәырыргон. Цәгьа илызгәаҟуан аӡӷаб, аха Анцәа уара иуҳәо зегь уциҳәома?..

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Маҳагьа иашҭа иҭаланы иааиуаз иреиҳабыз еиҩырҿаны инапаҿы икын ашаха. Уаҳагьы Маҳагьа диҿамԥшкәа, амаҵурҭа дааҩналан игылаз аишәа ашаха еикәарҳәы нықәиҵан "ҳара ҳааиаанӡа" иҳәан, адәылҵра ихы назикит. Егьырҭгьы наишьҭалеит. Аҩны ааҵраҿы игылаз абаҳақәа аашьҭырхын, агәашә инҭыҵын рҿынархеит рааигәа иҟаз аижәлантәқәа рнышәынҭра аганахь…

Маҳагьа деихаԥсы дгылан. Иааигәалашәеит иԥҳәыс ишиалҳәаз лаҳәшьа илоураны иҟоу ахшара дыӡӷабхар, ааӡара ҳәа дара дышрырҭоз атәы. Убас иагьыҟалеит. Ахшара дзауз аиаҳәшьа, лгәы иаҭахымзаргьы, лаҳәшьа мап лзылцәымкит. Ииз аӡӷаб хәыҷы Маҳагьараа ааӡара дааргеит…

Аишәа иқәыз ашаха дахәаԥшуан Маҳагьа. Иара идыруан даҽа мҩак шимамыз, аха изынхаз ашәымҭа иалагӡаны даҽазныкгьы иԥсҭазаара зегь сахьаны ибла иаахьигӡеит...

Маҳагьа ииааӡоз Ҵәрышкәа дыҵәрышкәаӡа дҟалахьан, ҽнак зны иареи лареи рыда аҩны аӡәгьы дыҟамкәа дзааӡаз лаби лареи анааизынхаз. Ишихьыз иаргьы издыруам, аха иҵәрышкәаӡа иааигәа иҟаз аҭыԥҳа инапы ихьыԥштәылаз лхахәы иналишьит. Ҵәрышкәа дааилыбзааит, иӡыӷраԥшьӡа иҟаз лхы-лҿы еиҳагьы амца нацралеит, нас иҟалаз ҳәа акгьы лгәаламшәо…

Маҳагьа ишаха аашьҭихын, имаҵурҭа даадәылҵын, рашҭа аҵыхәахь игылаз араҵла ду иарбаны иҿынеихеит...

Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

Ари ақыҭаҿы иҟан чарак. Амаҵ зуаз дрылан Ҵәрышкәагьы. Ачара иахатәаз ԥҳәыск, Ҵәрышкәа данлыхәаԥш, анаџьалбеит, дызҭацада, дышԥабзиоу аалгәахәит, нас амаҵ зуаз илдыруаз ԥҳәыск дналазҵааит, "бара, абри ассир дызҭацада?" ҳәа. Уи аԥҳәыс илоуз азҵаара уамашәа илбан, илазҵааз иналҿалырхьит, "ари дхәыҷуп макьана, ашкол дҭоуп, 16 шықәса роуп илхыҵуа, аӡәгьы диҭацам", - ҳәа. Ус лҳәеит, аха икылкааны Ҵәрышкәа даныналыхәаԥш, илдырит илоуз азҵаара маанас иаҵаз. Азҵаара ҟазҵазгьы иаалцәымыӷхеит, аха илҳәашаз лҳәахьан. Ашьҭахь, уи аԥҳәыс дара дызларҭынхаз ала, Ҵәрышкәа лан адырра лылҭеит, "ахәыҷы баалыхәаԥш" ҳәа…

Маҳагьа араҵла дазааигәахеит. Рашҭа ҭацәын...

Иҟалаз ашьҭахь иԥҳәыс лԥацәеи лареи Ҵәрышкәа дрыман лара лҭаацәа рахь ицагәышьеит...

Анышәԥҟаҩцәа ракәзар, рнышәынҭра иазааит. Ауаҩы дымԥсӡакәа инышәынҭра ржуа ҟалахьазма? Аха, дшыбзаз дыԥсит ззырҳәоз аныҟала, рбаҳаҿқәа адгьыл иналадырсит. Ҩба-хԥа сааҭ рыла Маҳагьа ишәара иазхаша анышә ааржын, рыхқәа рыкәаҽ ашаха ахьынрыжьыз ахь инагьежьит. Ашҭа ианааҭала, иаразнак игәарҭеит игылаз араҵлаҿ дкәалкәало Маҳагьа дшыкнаҳаз. Иԥсахәага ҭазар ҳәа ишәозшәа, маҷкгьы иааԥшит.

"Дыкнышәх амаҳагьа!", - ибжьы ааиргеит аиҳабы. Аҵәыуара усгьы иоуамызт, ӷәаасақәак ааидчаԥалан дынҭарҵан, ишьапқәа ааиҳәҭарԥсан, ихы ҩарханы, ауаа мраҭашәарахь рхы шдырхо акәымкәа, ҿыцха адамра еиҩыжаа днамардан, нас еиқәаҵәасамсалха иҟаз анышә наиқәрыԥсеит…

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ахәышҭаара дыҽҳәыганы: жәаха шықәса зхыҵуаз Жозиа лхаҵацара шыҟалаз

Ҵәрышкәа ахшара длоуит. Ахьышәҭҳәа даалыҵырԥаан Маҳагьа иԥа ииз, ааӡара ҳәа ахшара иаргәаҟуаз џьоукы днарырҭан, иааҭынчхеит. Аамҭа ԥыҭк анца, Ҵәрышкәа лан аҩныҟа дгьежьын, лԥацәеи лареи аҩны иаахылагәышьеит. Ҵәрышкәа лакәзар, иналыгәҭасын, ақәра змаз хара инхоз хаҵак ԥҳәысс днаирҭеит.

Ирҳәоит лара уаҟа ҩыџьа ахшара лоуит ҳәа. Дзыднагалаз абырг лыхьымӡӷ ахьылхихыз лгәы алаҟажо, уаҳа адунеи бзиак лзықәымбаауа ашьха қыҭаҿ икаршәыз лашҭа дааҭахеит Ҵәрышкәа, лыҵәрышкәара лышьҭахьҟа иааныжьны. Ааӡара ирышьҭыз илхылҵыз Маҳагьа иԥа ила аҭаԥшра зынӡагьы илҭахымкәа, аԥхыӡ бааԥс еиԥш акәын дшазхәыцуаз лыҵәрышкәара аамҭазы илыхьыз азалымдара.

Аамҭа цеит. Маҳагьа иԥацәа ирызҳаит. Ҽнак абарҭ ахҭысқәа злымҳа иҭасхьаз хаҵа нагак иԥҳа хаҵа дцеит. Дызгада ҳәа дҵааит уи ахаҵа. Иаразнакгьы игәаӷьны аҭак рзыҟамҵеит иҭынхацәа. "Маҳагьа иԥеиҳаб дигеит", - илымҳа иааҭасит зыԥҳа хаҵа дцаз. Идунеи аалашьцеит рҳәеит иара убра. Зхәы иаҭәҳәаны изфоз уи ахаҵа маҳагьараа рыуара ԥсрак изаҩызамзи?! Сааҭк мҵыкәа уи ахаҵа иашҭаҿы аҳәҳәабжь геит. Изхымгеит…

Мрагыларахь зхы рханы ижу Маҳагьа инышәынҭра егьырҭ иважу ртәы иеиԥшым. Дмаҳагьамыз, ихьӡ зҳәоз дыргакгьы арымҭеит. Абра джуп амаҳагьа рҳәоит иахьагьы урҭ анышәынҭрақәа ирывсуа…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0