... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАлексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Алашара ҳзырбо ауаа" иалагӡаны иахьа ишәыдаагалоит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иҿцәажәара. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит апроект автор, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа.

Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, зыԥсы ҭоу аклассик Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 88 шықәса дшырҭагылоугьы, еиҭах аԥхьаҩцәа иргәырӷьеит. Уи ааигәаӡа аԥсшәахь еиҭаганы далгеит адунеи ахьынӡанаӡааӡо ибзиаӡаны еицырдыруа, шәкыла абызшәақәа рахь еиҭаргахьоу аҩымҭақәа ҩба: Ернест Хемингуеи иповест "Абырги амшыни" Х.К. Андерсен илакә "Ӡызлани". Арҭ аҩымҭақәа аԥхьаҩцәа иаарласны ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҿы ирԥылараны иҟоуп.

– Алықьса, Мушьни Лашәриеи уареи шәлаф аасгәалашәеит уажәы, уара уахь лифтла санхалоз. Уи шьҭа ҩбаҟа шықәса ахыҵуеит... Уара усҟан угәы ԥыжәжәо иуҳәон, абри ҳлифт уаннақәтәалак англыз бызшәеи аурыс бызшәеи рыда акгьы шамҳәо, аԥсшәа ахьузамырҵаз даара хьаас ишумоу. Алифт ԥсышәала иузмырцәажәазаргьы, Андерсони Хемингуеии урцәажәеит. Иугәазрыԥхеи, иулазҵеи амч ҷыда урҭ реиҭагаразы?!

Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт

– Анатоли, уара иудыруеит сара адунеитә литература иреиӷьӡоу аҩымҭақәа сышрызҿлымҳау, ԥыҭкгьы шеиҭазгахьоу… Аха, абарҭ аҩымҭақәа есымша "исыцрыхон", иааиҭазымгар, аԥсшәала имцәажәар рымуҵәҟьеит!.. Сара урҭ хәыҷы-хәыҷла инаскьазгон, нас аамҭак ҟалап шәанеиҭазгаша, иаашәычҳа ҳәа, иаалырҟьан ахаа-мыхаақәа зҭаххаз ахәыҷ иеиԥш "санрықәыҵәҟьозгьы" ыҟан, аха иаарымуҵәҟьеит, дара ртәы иадыргеит!

– Даара бзиа иубо ашәҟәыҩҩцәа дреиуоуп Фолкнер, уи иҩымҭақәа аԥсшәахь иахьеиҭаумгац азы "иуцәымгәааӡои"?!

– Уигь акыр сықәицалахьеит! Аха иара убри аҟара дҵаулоуп, шаҟа "уиеиҽырбо" аҟара, дуцәыхарахоит. Избанзар, ирлас-ырласны уизыхынҳәлар иҭахуп, знык деиҭоугар, нас духоурышҭыр ҳәа дшәоит... Насгьы, уи ус идыххылара цәгьоуп, ақәԥаҩ бзиа иеиԥш, имаанақәа зегьы узымдыруазар, уихәаӡом! Дааиҭазгахьоу зегьы аӡәгьы ҿыӷәӷәала изымҳәац "ҳнапаҿы" дааҳгеит ҳәа, аԥсыӡ еиԥш "дрымпыҵҵәраауеит!" Уи ддууп, ддуӡӡоуп!..

– Ара сахьынаԥшааԥшуа адискқәа збоит, реиҳа иалукаауеи амузикаҿы?!

– Уи ауп уажәы сыԥсы ҭакны сызку! Ҳара аԥсуаа "Ахрашәеи", "Ахәрашәеи" иреиҳау ашәа ҳамаӡам… Бетховени Моцарти рызгьы хазы аамҭа сымоуп, урҭ уахынлатәи аамҭа еиҳа иақәшәоит, ацәеи сареи бӷарҵахьы ҳанеиқәԥо.

Вечер творчества Алексея Гогуа - Sputnik Аҧсны
"Ажәа ухаҵкы": ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 85 шықәса ихыҵра азгәарҭеит

– Ԥхыӡқәас иибои "Аџьамԥазаратәи аҷкәын"?! (Аџьамԥазаратәи аҷкәын хәыҷы ижәлар рзыҳәан дыхьӡырҳәагахеит ҳәа изиҳәахьан Баграт Шьынқәба Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа – А. Л.).

– Уажә ааигәа Толстои дызбеит, иԥаҵа ӡышӡа, ауардын дантәаланы, ахеиԥш дԥырны дцон. Маҷк дааҭгылар, сиҿаԥшыр сҭаххеит, аха дагьсызхьамԥшит! Саргьы сизгәаан ацәа салҵит, аха нас, уи иҩымҭақәа зегьы иреӷьасшьо "Ҳаџьы Мураҭ" жәабаҟа даҟьа санрыԥхьа, ҳаинаалеит. Зны-зынла Кортасаргьы дызбалоит, уи, сара бзиа избо, иреӷьысшьо иажәабжьқәа зегьы, дшыцәаз, дцәырҳаны данааԥшлак акәын ианиҩуаз. Убасҟак еилаӷьаны иҟан иажәабжьқәеи иԥсҭазаареи! Уаҳа узеиҭасҳәаӡом, избанзар аԥхыӡ ашьыжь ианеиҭоуҳәалак, иухашҭуеит.

– Иаҳҳәап, аԥсуа театрқәа руак аҟны уҩымҭақәа ықәдыргыларц рҭаххазҭгьы, рыуа иарбану еиҳа асценатә ԥсҭазаара зыуҭоз?!

– Анкьаӡа зны иқәдыргылахьеит сыпиеса "Амш уаара". Исҭахын сара схаҭа сповестқәа "Асҟак дузааигәан аха дузгәмҭеит", "Мшәагә дуи Мшәагә хәыҷи" рысценариақәа ҩны ирыдызгалар, аха ишнықәсҵа-аақәысҵоз аамҭа сыцәцеит… Издыруада, мышкызны урҭ режиссиорк дрызхьаԥшыр, апроза асценахь аиагара шыцәгьоугьы...

– Алықьса, уара ухатә ҩыза лыдунеи лыԥсахижьҭеи уи лылымкаа адәахьы удәылымҵӡацт, абар шьҭа шықәсык ҵит. Аԥхынра ааит, анкьа ишыҟауҵалоз еиԥш, умпахьшь уҟәаҟәа инықәҵаны, адәахьы сдәылҵындаз, амшын сҽынҭысшьындаз ҳәа уҟаӡами?!

– Уи шьҭа аамҭа какәкәа ицеит... Сдәылҵырц салагаргьы, шәсырԥхашьар ҳәа сшәоит. Амала, ҳуадақәа рыҩныҵҟа мышкы хәышә шьаҿа ҟасҵоит. Абриаҟара сныҟәан санаалгалак, хра цаӷьцаӷьк саҿысызшәа сааԥсоит!

Алықьса Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: збызшәа ззымдыруа, даҽа бызшәак нагӡаны ҵашьа имаӡам

– Уҩызцәагьы гәхьааугозар акәхап, аха анцәа иҟынтә, аҭел ыҟоуп!..

– Зыԥсы ҭаны инхаз сырхашҭӡом, еиҳарак сымшираан. Аха зны-зынла аҳауеиԥш ауаагьы сызхаӡом! Ааигәа Москвантәи сеиҭагаҩ Шевалиов дысзасит, уҩымҭа ҿыцк ацәаҳәанҵа сзааушьҭыр искьыԥхьуан ҳәа. Уи сҩымҭақәа рӷьырак зегьы аурысшәахь еиҭеигахьеит, еиҭеигахьеит ахьӡми, сара иҟасҵоз ԥыҭ-чыҭк аредактор инапы аҭахын акәымзар, ишиашоу иукьыԥхьыртә иҟан… Уажәы, ула ажьа амкит, сҳәеит. Уи аамҭақәа цеит, сҳәеит. Дагьсырччеит!

– Алықьса Ноча-иԥа, ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭахь инеуиеит, абыржәыҵәҟьа угәы иаҭаху акы ҳауҳәар?

– Сара мчыбжьык ахь ҩынтә-хынтә акроссвордқәа сҳасаблон, уажәы урҭ зну ажурналқәа Аԥсныҟа раагара иаҟәыҵит, шаҟаҩ рнапы ианысҵахьоузеи, аха ари иҳалаҳаз ачымазара иахҟьаны ирзаамгагәышьозар акәхап…

– Алықьса, аԥсҭазаараҿы уара даара иуҭахны иузыҟамҵаз, узхьымӡаз, иахьагьы угәы зызхьаауа арбану?!

– Ех, урҭ акыр ирацәагәышьоуп… Ауаҩы ԥсҭазаарак ауп имоу… Уажә сгәы иалаҵәҟьоу уҳәозар, абри акомпиутер атәы ахьысзымҵаз ауп! Иареи сареи зны-зынла ҳаблақәа ҭырхаха ҳаиҿаԥшуеит, сара исҭаху иара иаздырам, иара иаҭаху сара исыздырам!..

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0