Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи "Аԥсуаа рышәк" иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияАктәи Адунеизегьтәи аибашьра ду аҟны "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз аибашьцәа. Арӷьарахьтә актәи Коӷониа Ҟача иоуп
Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ду аҟны "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз аибашьцәа. Арӷьарахьтә актәи Коӷониа Ҟача иоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы дазааҭгылоит ланду Ҷаҷа Габлиаԥҳа, зажәабжьқәа лассы-лассы иҳадылгалало, "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз Ҟача Коӷониа ԥҳәысс дшигази рыԥсҭазаараҟны ирхыргази ирызку аҭоурых.

Нанду Ҷаҷа Габлиаԥҳа лажәабжьқәа ирлас-ырлас еиҭасҳәалоит санҵамҭақәа рҿы, уи лыбзоурала сжәар иалоуп иахьа имаҷны ахархәара змоу аԥсуа лексика, иара убас, зегь реиҳа ихадоу, ажәаԥҟақәа - "Ҿыц ибеиахаз уас анцәа дсыумҭан", "Абгадуқәа ԥсын, абгассақәа гылеит", уҳәа иаацәырылгалон лара лдунеидкылашьа аазырԥшуаз лажәақәа. Нанду аҵара лымамызт, аха лажәа ԥҟан, илдыруаз ажәытә жәабжьқәа рацәан. Исымоу алшара схы иархәаны, нанду лразҟы иадҳәалоу нҵамҭа кьаҿк шәыдызгалоит, аԥхьаҩцәа шәхаҵкы. Даара зуал сыду санду, ԥсаҭа шкәакәа, лгәалашәара адунеи саннаҵы исыцзаауеит.

Мҭы Габлиа

Санду деибан, ҩыџьа лашьцәеи лареи зааӡоз лаб иашьа Мҭы иакәын. Иаргьы хҩык ахшара драбын. Инхон дара Тамшь ақыҭан. Лара ишылгәалашәоз ала, рыҩны даара анеиааи ыҟан.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияМҭы Габлиа иҭаацәа
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Мҭы Габлиа иҭаацәа

Асасцәа инеиуаз дрылан хаҵа ԥшӡак, "дад, Ҷаҷа, снапы сбырӡәӡәар" иҳәон уи ахаҵа, Мҭы иԥшәмаԥҳәыс Тадгәыгә аишәа анлырхиалакгьы. Ҷаҷа хәыҷы, ишылдыруаз ала, уи ахаҵа еибашьра дцаны даахьан. Деилаҳәан иара еснагь ԥсыуа маҭәала, игәы икыдын аџьарқәа ԥшьба.

Ҷаҷа илызҳаит, лҭәымҭа дааҭагылеит. Зеижәҟа шықәса анылхыҵуаз, нанду ԥсрак ахь дылгеит Тадгәыгә, убри алагьы раԥхьаӡа акәны аџьар даарылагылеит. Ауаа рахь деиҿкааны дцәырҵырц азы, акәаԥкәаԥқәа зқәыԥсаз ацәҩыча иалхны аҵкы лзылӡахит. Усҟан аԥсрақәа рахь уи еиуаз акәын иршәырҵоз. Абраҟа Ҷаҷа игәалҭеит рыҩны инеиуаз, згәы аџьарқәа кыдыз ахаҵа акалашәа дышлыхәаԥшыз...

Аџьықәреи арашәара - Sputnik Аҧсны
Ахамаԥагьара агәаҽанызаара анацым…

Хәдықәҵара

Самырзаҟантәи Гогьиак машәырла Коӷониа Кәаҵиа дишьит, уи Акоӷониа иҭынхаз иҷкәын хәыҷ иангьы дыԥсхьан азы, деибахеит, иаб иашьцәа Манчеи Ҭемрази роуп изгәакьаӡаны инхаз, дара аҭаацәара иаламызт. Машәырла иҟалаз ауаҩшьра ашьҭахь, ауаа ныбжьалан, аиӷара аанкылазарц азы а-Гогьиақәа хәдықәҵара ҟарҵеит Ҟача хәыҷы изҳаанӡа иааӡара рхахьы ишырго азы.

Аӡәы иџьеишьаргьы ҟалап уажәы ари аҩыза ажәабжь, аха ажәытәан аҟазара злаз абжьаҟазаҩцәа рыла аиӷара ааныркылон абас. Ҟача дзааӡоз аҵарагьы идырҵеит, х-класск Қәҭешьтәи аҵараиурҭа далдыргеит.

Ҽнак зны, адәаҿы дызцыхәмаруаз ҷкәынаки иареи ргәы ааибаган, "уаб дызшьыз роуп уара узааӡо" ҳәа илымҳа иааҭасит Ҟача. Аԥшәмаԥҳәыс дшихьынҳалаз, 14 шықәса иреиҳамыз Ҟача шьапыла амҩа инаныршәланы Кәтолҟа ихы ирхеит…

Актәи аибашьра ду

Ҟача Коӷониа даныҩеидас, "Аԥсуаа рышәк" даланы хатәгәаԥхарала еибашьра дцеит, уи ашәк далан иаб иашьа Ҭемразгьы, иара убас кәтолаа жәаҩык рҟынӡа.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияКоӷониа Ҟачеи "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз иҩызцәеи
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Коӷониа Ҟачеи "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз иҩызцәеи

Ирҳәоит иара дҽыбӷаҟазан, иара убас дкәашон ссиршәа ҳәа. Аҳәара уадаҩуп, избан усҟан 26 шықәса зхыҵуаз арԥыс иқәыԥшра ишәарҭараз амҩахь изирхаз. Дцеит иара хатәгәаԥхарала раԥхьатәи ааԥхьара аныҟалаз ҽаҩраҭагалан 1914 шықәсазы. Хьыӡрацаран, даара ихаҵа усын ҳәа ишьозар акәхарын, зҽи зкәадыри еибыҭаны аимператор Николаи II изыҳәан еибашьра идәықәлаз кәтолтәи арԥыс...

Ашьҭазааҩцәа

Ҷаҷа дышқәыԥшыз ашьҭазааҩцәа лоуа далагеит. Усҟантәи аамҭазы иахьеиԥш аинтернет ала еибадыруамызт, уи иазыркуан ақьаӷьариацәа. Аҭыԥҳа лҭаацәа ауаҩы дырнырҵон рыӡӷаб дшыргәаԥхо азы, аҵыхәтәантәи ажәа змазгьы аиҳабацәа ракәын. Ҷаҷа ажәа лнызҵоз рхи рҵыхәеи уамак игәаԥхомызт лаб иашьа Мҭы. Иара диҭахын зыхьӡ, зыжәла нагаз амаҳә.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ахәышҭаара дыҽҳәыганы: жәаха шықәса зхыҵуаз Жозиа лхаҵацара шыҟалаз

Раԥхьаӡа акәны аџьар рахь ицәырыргаз, акәаԥкәаԥқәа зқәыԥсаз ацәҩыча иалхны аҵкы зшәыз Ҷаҷа дшеицгәарҭоз лдыруан Тадгәыгә, убри аҟынтә деиҿкааны дцәырылгарц лҭахын. Аԥсраҿы аџьар еилагылан. Зыҵкы ԥшӡа зышәҵаны уахь инаргаз Ҷаҷа игәалҭеит иҵәыуаны иаақәҵыз ахаҵа ицәҩабжьаз аблақәа шлыхәаԥшуаз… Урҭ аблақәа лара дхәыҷаахыс илдыруан...

Аибашьра адәаҿы

Черкессктәи аҽцәа рполк аибашьҩы Ҟача иаразнак агәымшәара ааирԥшит. Иццышәыз иҽы дақәтәаны аибашьра адәаҿы джәылон. Гьаргь иџьар lV аҩаӡара иоуит жәабранмза 1915 шықәса рзы ақалақь Станиславов ахақәиҭтәразы. Анаҩстәи Гьаргь иџьар lll аҩаӡара кәтолтәи аибашьҩы ианаршьеит ԥшыхәра аӷа имаӡақәа ҭҵааны аагаразы дахьцаз, "амацәаз дызҭаркыз" дҭыҵны, идҵа нагӡаны дахьааз азы...

Аибашьраҿы игәымшәара ахьазгәарҭоз акыр игәы шьҭнахны, анаҩстәи ажәыларақәа дрызцон. 1915 шықәса ҽаҩраҭагалантәи ажәыларақәа рзы Ҟача ианаршьоит Гьаргь иџьар II аҩаӡара. Анаҩсан, Королиово ақыҭаҿы, 1915 шықәса рашәамзазы ԥшыхәра дцаны аӷацәа рхырӷәӷәарҭа ықәхны, 5-ҩык анемсаа тҟәаны иахьааигаз азы Ҟача Коӷониа даԥсахоит Гьаргь иџьар I аҩаӡара.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияГеорги иџьарқәа зегьы занашьаз Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ду иалахәыз Коӷониа Ҟача
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Георги иџьарқәа зегьы занашьаз Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ду иалахәыз Коӷониа Ҟача

Абасала, "Аԥсуаа рышәк" афырхаҵа 1916 шықәса рнаҩсан дгьежит иқыҭахь аҭынч ԥсҭазаара дазыхынҳәырц.

Аразҟы

Ҟача иҽааилеиҳәан, икәымжәы, икаба, иара убас игәы зыздууз иџьарқәа иаԥхьа инаҭаны дынҽыжәлеит. "Уара шьҭа ухәыҷӡам, аџьар унарылаԥш, иудыруеи, уразҟы убаргьы", - ҳәа наиқәҿылҭит иҭынхаз ԥҳәыск. Аԥсраҿы дҵәыуаны данықәҵ, ацәҩабжьа ԥштәы змаз ибла ҵарқәа лықәшәеит дхәыҷаахыс иидыруаз иҩыза Мҭы Габлиа иашьа иԥҳа Ҷаҷа. Ҟача имбацызт уи уаанӡа аџьар дрылагыланы, убри аҟынтә, дышҭыԥҳахаз, насгьы ишылԥшныз аагәеиҭеит. Уи акәхеит, аҩныҟа даныгьежь ашьҭахь, Мҭы Габлиа ауаҩы дизишьҭит "уашьа иԥҳа Коӷониа Ҟача ажәа лниҵоит" ҳәа еиҭеиҳәарц.

Элеонора Когония  - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара азхәыцра

15 шықәса рыла Ҷаҷа дышлеиҳабызгьы, Мҭы дақәшаҳаҭхеит Ҟача иуахара. Егьырҭ илеиҽырбоз рызҵаатәы нықәганы, Ҷаҷа хаҵа дрышьҭит.

"Сҵәыуон хаҵа санцоз, сара усҟан сзызхәыцуаз даҽаӡәын, аха саб иашьа "уи ҳара дҳақәнагам" ҳәа иааҿахиҵәеит лҳәалон нанду, лхаҵацашьа аалгәалашәо. Ажәытә ҵасқәа рыла, иҟан аибагара зыбжьаз, еишьашәалаз ажәлақәа. Нанду лаб иаҳәшьа Мариа Габлиаԥҳагьы Коӷониа Абас диман, ларгьы иргәаԥханы Коӷониаа дрырҭеит лҭынхацәа.

Ацәгьаҳәара

Хҩык аԥацәа рхылҵит Ҟачеи Ҷаҷеи. Ахәыҷқәа рааӡара ада гәырҩа рымамкәа иҟан, Ҟача аҵара змаз иаҳасабала, аусҳәарҭаҿы аус иуан.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияАибашьра ашьҭахь даныхынҳәыз, аҵара злаимаз ала, ақыҭа аусҳәарҭаҿы аусура далагеит
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ашьҭахь даныхынҳәыз, аҵара злаимаз ала, ақыҭа аусҳәарҭаҿы аусура далагеит

Ҽнак, ԥсшьарамшк азы, рашҭа иааҭалеит ақыҭа анапхгара ирхаҭарнакыз џьоукы. "Аиҳабыра уԥхьоит, уаалароуп" анырҳәа, гәҩара ҟамҵакәа дрыцны ашҭа аанижьит Актәи аибашьра ду афырхаҵа. Даҽа ҩбаҟа сааҭ рышьҭахь, ахаан нанду илымбацыз џьоукы аакылсын, аҩны еимырдан, Ҟача иҳәаҭҳақәа ргеит. Лара дахьӡеит иџьарқәа рыԥхьакра. Хышықәса инарзынаԥшуа дахганы дыҟан, дзыхдырҟьаз изымдырӡо.

Дхынҳәит иара иқәра аҵкыс акыр еиҳаны изхыҵуа еиԥш ихы шлаӷәӷәаӡа. Нанду гәҩарас илымаз ауаҩы дшьыц бааԥсын лҳәон.

"Дшьыцуан азы шәабду дирӡырц иӡбеит", - уажәы-уажәы еиҭалҳәалон лара. Ҷаҷа акыр илеиҳабыз Ҟача данирҭоз лылаӷырӡқәа леиуазаргьы, ашьҭахь, ианеишьцыла, ифырхаҵара зырԥшӡоз ицыз аԥхарра деилаҳауа дааҟалеит. Еснагь иӡбахә бзианы илҳәон, зегь ҳааилатәаны лҳәатәы аныхлыртлоз.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияИхарарҵаз закәу еилырганы изымдыркәа, Ҟача Коӷониа хышықәса инарзынаԥшуа дахганы дыҟан, уи аамҭа иалагӡаны дшышлара дышлеит
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Ихарарҵаз закәу еилырганы изымдыркәа, Ҟача Коӷониа хышықәса инарзынаԥшуа дахганы дыҟан, уи аамҭа иалагӡаны дшышлара дышлеит

1934 шықәсазы Ҟача ахгара иқәырҵаз дацәынханы дааит. "Ахамаԥагьареи агәымшәареи зыԥсабараҿы аҳра ауаз гәаныла изыхгомызт дзыниаз азалымдара, - даақәыԥсычҳауан Ҷаҷа, урҭ ашықәс хьанҭақәа лгәаларшәо. - "Аиҳабыра уԥхьоит" ҳәа дыдмырҩашьазҭгьы, ахаан иҽриҭомызт урҭ иашҭа иҭалаз ақыҭа чынуаа", - иазгәалҭон лара.

1942 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ашыкьымҭазы Кәтол ақыҭан анышә дамардон Николаи II ихаан хатәгәаԥхарала урыстәылатәи акаршәрақәа рҿы анемсаа зырхуаз Коӷониа Ҟача Кәаҵиа-иԥа.

Деибаны дынхеит 30 шықәса ирҭагылаз Ҷаҷа, хҩык лыхшара лыманы. Аԥсҭазаара аҭагәҭасра акыр дкыднаҟьазаргьы, аԥҳәыс еиба илылшеит аџьынџь аиқәырхара.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияҶаҷа Габлиаԥҳаи лмаҭацәа Нана, Лорик, Елеонора, Валентин Коӷониаа
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Ҷаҷа Габлиаԥҳаи лмаҭацәа Нана, Лорик, Елеонора, Валентин Коӷониаа

Сара зны-зынла илысҭоз азҵаара "избан бара аҩбатәи аҭаацәара заԥылымҵаз" нанду абас аҭак ҟалҵон: "Ҳаӷоу ибааит, нан, Ҟача Коӷониа иԥҳәыс хаҵа дцеит ҳәа". Убасҟак ҳаҭыр ақәылҵон иара ихьӡ, убри лыԥсы ҭанаҵы ишьҭыхны илкын.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияҶаҷа Габлиаԥҳаи лмаҭа Ира Коӷониаԥҳаи
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Ҷаҷа Габлиаԥҳаи лмаҭа Ира Коӷониаԥҳаи

Ақьаԥҭа

Нанду дызланагалаз аҩнаҭаҿы абиԥарақәа иахьанӡа ирызҳауазар, лара дызлыҵыз, акыр инагаз Мҭы Габлиа иашҭа иахьа иҭацәуп. Ҳара ҳаб ианшьцәа бзиа иаҳбон. Сара сызхааныз инханы иҟаз санду лашьа Ӷәыӷә заҵәык иакәын. Иара ахшара димамызт. Санду лашьа гәакьа Гәадӷа дышқәыԥшӡаз дыԥсит.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияГаблиа Гәадӷа
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Габлиа Гәадӷа

Иара диҭынхеит аԥҳа заҵәы. Иааигаз аԥҳәыс Мери Емхааԥҳа дынцәахшан. Нанду еиҭалҳәон, Гәадӷа ԥҳәыс данааига, аҭаца лыԥшӡара зегь шаршанхаз.

"Алаԥш лаахан, Мери ԥшӡа дахьыкҿагылаз дынхьыдышьшьит", - илгәалалыршәалон нанду.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияГаблиа Гәадӷа иԥҳәыс Мери Емхааԥҳа
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Габлиа Гәадӷа иԥҳәыс Мери Емхааԥҳа

Лыԥсы ҭанаҵы, лашьа Гәадӷа дылнықәуан нанду. Мҭы иҷкәынгьы дышқәыԥшыз идунеи иԥсахт, иҭынхаз ҩыџьа аԥҳацәа роуп.

© Foto / Предоставлено Элеонорой КогонияҶаҷа Габлиаԥҳа, лашьа Гәадӷа, лԥацәа Рауфи Асҭамыри Коӷониаа
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Ҷаҷа Габлиаԥҳа, лашьа Гәадӷа, лԥацәа Рауфи Асҭамыри Коӷониаа

Ирҳәоит, Габлиа Мҭы дызқәынхоз адгьыл ашәи ацын ҳәа, избанзар ахацәа араҟа ианахаӡомызт… Инханы иҟаз санду лашьа заҵә Ӷәыӷә идунеи иԥсахт аибашьра ҟалаанӡа, аӡәгьы диҭнымхаӡакәа.

Аибашьра ааилгазар, сымнеицызт саб ианшьцәа ахьынхоз. Сара издыруан уа уаҩытәҩыса дахымлеижьҭеи акыр шҵуаз, ашҭа иҭагылаз Мҭы икәасқьеи ашьҭахь идыргылаз амаҵурҭеи ҳара ҳаибашьра ишыццышәнатәыз. Анцәа изигәаԥхаз здырхуада, аха ауаа нагақәа ззырҳәоз рынхарҭа қьаԥҭахеит.

© Foto / Когония ЭлеонораТамшь, иқьаԥҭахаз Мҭы Габлиа инхара.
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи Аԥсуаа рышәк иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Тамшь, иқьаԥҭахаз Мҭы Габлиа инхара.

Аабыкьа сҩыза Саида Жьиԥҳа лмашьына ҳақәтәаны ҳныбжьалеит Тамшь Габлиаа ргәарабжьара.

Ана-ара ауаа нхоит, аха Мҭы Габлиа иҩны аԥсҭазаара анубаалом. Сгәы хьу-хьууа саншьцәа дуқәа иқьаԥҭахаз ргәараҭа снықәыԥшны сгьежьит, санхәыҷыз сахьыԥхьоз акәасқьа ду ала аҭаԥшра ахьысқәашьымхаз азы зӷьара уадаҩу хьаак сыцны…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0