Хамыжә уҽдыр: абызшәатә проблема аӡбаразы згәаҭақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукУчебник Анбан
Учебник Анбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа зҭагылоу ауадаҩрақәеи урҭ рыӡбаразы мҩақәас илхтәуи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ӡаӡ Дарсалиа имоуп зеиӷьыҟам ажәабжь, уаҟа анкьа иӷарыз, нас "зыԥсы злалаз" афырхаҵа хада Кьымпал Кьапаҿ, иҿаԥараҿы изыкныҳаз ихамыжә дасны "Хамыжә уҽдыр" иҳәон, инысымҩа ихамышҭырц азы.

Абри зысгәалашәаз, малла акыр ҳбеиахазаргьы, асасааирҭа дуқәа зауз ҟалазаргьы, иаҳхамышҭыроуп ҳара иаҳтәу, ҳабдуцәа агәыԥхыш иадкыланы ирҿадырхәыз ҳхатәы бызшәа. Макьана ҵарадыррала изыхҟьо ҭҵаамзаргьы, аԥсуаа ҳхатәы бызшәа аганахь аҟәыншьареи атәамбареи шьҭаҳкааит. Аамҭа рацәа ҳацәцеит, цәажәарада иҟаҵоу рацәамкәа "ҳбызшәа ыӡит" шеибаҳҳәоз. "Хамыжә уҽдыр" аасгәалашәоит ари азҵаатәы саназхәыцуа. Анкьа Сталини Бериеи рхаан, аԥсшәа аҳәара аныҟамлоз, мчыла ақырҭшәа анаҳдырҵоз ҳаҿагыланы, ҳбызшәа камыжькәа ишааҳгоз, анаҩстәи ашықәсқәа рзы хырҩа азаҳуа ҳалагеит.

Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Зхатәы ззымыхьчо даҽаӡә итәгьы изыхьчом…

Асовет аамҭазы ақалақь ахь ииасыз аԥсуаа рӷьыраҩык рыхшара рхатәы бызшәа уамак ирзышьҭымкааит, уимоу иара аинтеллигенциа рыбжьара зыхшара аӷьараҳәа аԥсшәа рҳәо иззыҟамҵазгьы ыҟоуп. Ус шакәызгьы, асовет аамҭазы аԥсуа қыҭақәа рыԥсы злаҭаз ала, абызшәатә ҭагылазаашьа иахьатәи иаҿҳарԥшуазар, акыр еиӷьын.

Зегь реиҳа иуадаҩу аамҭа ахҭнагоит ҳхатәы бызшәа иахьатәи аамҭазы. Сара сгәаҭарақәа рыла, акырынтә ишысҳәахьоу еиԥш, аибашьра ашьҭахь, ақыҭа хуааданы ианыҟала, аԥсуаа ақалақь ахь ииасит. Ақалақь аҿы, аԥсшәа егьырҭ абызшәақәа, еиҳаракгьы аурысшәа ацәқәырԥа иаҵанарӡуа иалагеит. Зегь реиҳа ирыцҳара дуу, аԥсшәа здыруа ани аби рыхшара рхатәы бызшәала ирмацәажәо иааҟалеит, хыхь зыӡбахә сҳәахьоу аҟәыншьара иахҟьаны.

Афак фактуп, аха аҳәынҭқарра зыҟоу, хаала ианамулак, аԥҟарақәа рыла абызшәатә политика мҩақәнаҵозароуп. Абраҟагьы, ҳара арҭ ашықәсқәа рзы анапхгара ҭыԥ аанызкылоз рахьтә, абызшәатә политика акыр ишхадоу еиҳарак алхрақәа раамҭазы ауп ианырҳәо, нас амчраҿы ианааилакгьы иаархашҭуеит. Абас шакәугьы, ҳара азин ҳамаӡам иамуазар ус иҟаз ҳәа азҵаатәы акажьра.

Сынтәа Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиа "аԥсуаа, шәыхшара аԥсуа школ иашәҭ" ҳәа иҟаиҵаз адҵа иалҵыз аҭыӡшәа ашьҭахь, ахдырра аганахь еиҳагьы ҳашкәадахаз ааԥшит, адҵа ахаҭа азакәантә шьаҭа амамзаргьы.

Анбан - Sputnik Аҧсны
Ахи ахәамци анеидҳәалам: дҵаки қәҵараки рҭоурых

Иҟаҵатәузеи са сгәанала? Зегь раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны ахада, "Аҳәынҭкарратә бызшәазы азакәан" 2-тәи ахәҭаҷ еилаганы анапхагара ҭыԥқәа зиҭаз ачынуаа ԥхьатәара ишьҭыроуп, урҭ рҭыԥан аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа, ианаало аҵара змоу аус иахаргыланы. Аԥсны аиҳабыра реизарақәа, азакәан ишаҳәо еиԥш, ԥсышәала имҩаԥыргалароуп. Абри азы иаҭахым аԥара аныхра, ари хәыда-ԥсада иҟауҵар зуа усуп. Абас иҟалар, Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа астатус акыр иҳаракхоит, нас аҭаацәа ирбоит, рхәыҷқәа андухалакгьы, рбызшәа рзымдыркәа аусура аԥшаара шырцәыуадаҩхо.

Аҩбатәи, ари аҵарашықәс ахьыгӡара уадаҩхаргьы, иааиуа ашықәс азы, Аԥсны аҭоурых ахәбатәи акласс инаркны, хәҭа-хәҭала ишаны классцыԥхьаӡа ашколхәыҷқәа ԥсышәала иахысуа иҟаҵатәуп. Ишыздыруа ала, ари арҵага шәҟәы аус адуланы иҟоуп. Аҭыжьра егьа харџь агаргьы, Аԥсны аҭоурых ԥсышәала акыр иарҿиоит ашколхәыҷқәа рлексика. ААУ аушьҭымҭацәа рахьтә имаҷҩым ари амаҭәар ԥсышәала иаԥхьарц зылшо.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон

Уаанӡатәи аҵарадырра аминистр Адгәыр Какоба иҳаиҭахьоу аинформациа ала, аус адулоуп иара убас "Аԥсны агеографиа". Ус анакәха, ирхианы иҳамоу ҭыжьны ашколхәыҷқәа зыԥшрак ҟамҵакәа ирыдгалатәуп.

Ихԥахаз, аԥсуа школ иҭало ахәыҷқәа абышәа здыруеи иззымдыруеи хаз-хазы иртәатәуп. Иахьа ҳара иҳамоу "Анбан" иара убас, егьырҭ аиҵбыратәи аклассқәа рҿы иҟоу аԥсуа рҵага шәҟәқәа аԥсшәа здыруа рзоуп изеиқәыршәоу. Ус анакәха, ҿыц абызшәа аҵара иалаго ахәыҷы изы иҭыжьтәуп даҽа рҵага шәҟәык. Абызшәа здыруеи иззымдыруеи дырҵара еиуеиԥшым методикоуп, рырҵага шәҟәқәагьы хазызароуп. Аиҵбыратәи аклассқәа рҿы Аԥсны аԥсабара иазку амаҭәар иуадаҩым лексикатә рбагала иҭыжьны иҟалароуп рацәак иахымгакәа, уаанӡа аҵара зларҵоз акыр иуадаҩын алексика аганахь.

Абри ахәышықәса акгьы ҟамҵаӡакәа аамҭа анҳацәца, ҳбызшәа аԥсуа ҳәынҭқарраҿы иамоу апозициақәа еиҳагьы иԥсыҽхоит.

Джопуа Марина и Мадонна Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арҵаҩцәа: абызшәа бзиан издыруеи иззымдыруеи ҳәа аҵаҩцәа еихшазар еиҳа еиӷьхон

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы изҭаху зегь аднамкыло иҟоуп, избанзар ақыҭақәеи араионқәеи рҟынтәи арахь аусуразы иаауа рацәаҩхеит. Сара сгәаанагарала, ари азҵаатәы аӡбароуп еиҳарак иуадаҩу, избанзар, ақыҭа иахьа аекономика аҿиара излалахәым ала, ауаҩы уа аԥарарҳара ицәыуадаҩны дҟалеит. Анаплак маҷқәа раартра, ақыҭанхамҩатә проектқәа адгылара рыҭара уҳәа, Аԥсны аиҳабыра абри зегь реиҳа ихадоу программаны иалыркаароуп.

Аҳәынҭқарратә бызшәа азҵаатәы ҳаналацәажәо, уи аԥсуаа рымацара ирызкымзароуп. Иахьа иаԥсыуам ашколқәа рҿы аԥсшәа иахысуеит, аха иазоужьу асааҭқәа маҷуп, ус анакәха, аурыс, аерман шкоқәа рҿы аԥсуа бызшәа асааҭқәа ырҭбаатәуп. Хымԥада, арҭ азҵаатәқәа афинансқәа зықәхарџьтәу ракәхоит. Ҳбызшәа аҟазаареи аҟамзаареи излаҭагылоу ала, ҳтәыла абиуџьет акыр еилыршәшәаны, аԥсуа бызша арҿиара иазоурыжьроуп аԥара, еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡаразы, аха анагӡашьа ахылаԥшра ду аҭаны.

Конституция РА. - Sputnik Аҧсны
Акәты ашьыга, ашьапхыц иҵнахуеит

Сеиҭазыгьежьыр сҭахуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы, аԥара зҭахым ҳәа сызҿыз ҳчынуаа ҳәынҭқарратә бызшәала аус руа аҟаҵара, анаҩсан, Аԥсны аҭоурых ԥсышәала ҳашколхәыҷқәа рыдгалара. Абарҭ аҩбагьы хара имгакәа ианалмыршаха, егьырҭ сызлацәажәоз рҿы ҳзынаӡаӡом. Аԥсны аҵара аминистрра,  аҵарауаа адгаланы, иазԥырҵәароуп хәышықәса рыҩнуҵа иҟаҵатәу азы апрограмма.

Абарҭқәа рыдагьы, Аԥсны акультуратә усмҩаԥгатәқәа зегьы ԥсышәала мацара рымҩаԥгара хымԥадатәиуп, афилармониаҿы имҩаԥысуа аконцертқәа, аиԥыларақәа ԥысшәала иҟазароуп, уи ахылаԥшра анаҭароуп Акультура аминистрра. Аԥсуа театрқәа рҿы ахәыҷтәы спектакльқәа рхыԥхьаӡара еиҳазароуп, ашколхәыҷқәа рбызшәеи ркультуреи аршәразы.

Аӡыргаратә ҭыӡқәа - Sputnik Аҧсны
Атәым нҩылара аҵаҟа: Аҟәа ақалақь адәахьтәи абызшәа

Аԥсуа телехәаԥшраҿы ажәабжьқәеи, иактуалтәу акы-ҩба дырраҭара рыда, атематикатә программақәа зегьы ԥсышәала мацара ицалароуп. Акыр игәыгәҭажьуп атопонимика маҷ, азакәан шыҟоугьы, ҳақалақьқәа рҿы икыду аҩырақәа рӷьырак тәым бызшәала икыдуп.

Абарҭқәа зыхҟьо, абызшәа аргәӷәара зуалу атәыла анапхгара ҳазлацәажәо азҵаатәы гәыгәҭажьны ирымоуп азоуп. Аԥсуа интеллигенциа партиала рҽеиҩашаны иҟазаргьы, абас иҟоу апроблемазы еицҿакны рпозициа аадырԥшыроуп.

Хамыжә уҽдыр рымҳәеи, ҳара ҳабдуцәеи ҳабацәеи иныҟәыргоз абызшәатә культура, ахьыԥшымра анҳау, ҳнагәыҵасны икаҳажьыр, агәнаҳа ду ҟаҳҵоит, убри аҟынтә, ари ахәышықәса идеиа хаданы иқәгылароуп аҳәынҭқарратә бызшәа иахәҭоу аҭыԥ аҭара.

Аинвестпрограмма абзоурала иргылахо ахыбрақәа атәым бызшәа рыҩныҩуа ианыҟалалак, аҵакы ыӡуеит ҳара ҳаззеибашьуаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0