Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы

© Foto / Анатоли ЛагулааСборник "Алашара"
Сборник Алашара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны аус зуа Виачеслав Бигәаа акыр шықәса еизигоз, аус здиулоз ашәҟәы "Алашара". 1955 – 2012".

Алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал "Алашара" 57 шықәса аҭоурых еидызкало ашәҟәы аҭыжьра ахацыркреи, амилаҭтә литература аҿиараҿы ианнакыло аҭыԥи ртәы дазааҭгылеит ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа.

Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи рымацара ракәымкәа, ари аҩыза ашәҟәы хазына аҭыҵра иазыԥшын ҳарҵаҩцәа, ҳҵарауаа, ҳбиблиотекақәа русзуҩцәа, ҳредакциақәа, ажәакала ҳдоуҳатә культура иадҳәалоу зегьы!.. Ари ашәҟәы иахьӡуп "Ажурнал "Алашара" (1955- 2012) (Аҭоурых. Абиблиографиа).

© Foto / Анатоли ЛагулааАшәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлаа, Никәала Кәыҵниа, Виачеслав Бигәаа
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал Алашара аҭоурых еидызкало ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлаа, Никәала Кәыҵниа, Виачеслав Бигәаа

Ашәҟәы аҭыҵра хылаԥшра азыруит, рнапы иҵыргеит, дара рыгриф ала иҭыҵит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа А.М.Горки ихьӡ зху адунеитә литература аинститути Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти. Уи кыршықәса аџьабаа дуӡӡа адбалан еиқәиршәеит, аԥсышәалагьы урысшәалагьы инарҭбаау аԥхьажәақәа иҩит афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа.

Аҭыжьымҭа аннотациаҿы ишазгәаҭо еиԥш, ари ашәҟәы азкуп аԥсуа литературеи акультуреи рырҿиареи аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыхреи рзы акырӡа зылшахьоу ажурнал "Алашара". Аусумҭаҿы иаарыԥшуп аҭыжьымҭа аҭоурых, ианҵоуп раԥхьаӡакәны инарҭбаан еиқәыршәоу ажурнал абиблиографиа. Аматериалқәа кьыԥхьуп аԥсышәалеи урысшәалеи.

Ишдыру еиԥш, "Алашара" 1955 шықәса инаркны иааиԥмырҟьаӡакәа иҭыҵуа алитературатә-сахьаркыратә уажәларра-политикатә журналуп. Уи адаҟьақәа рыҟны ауп раԥхьаӡа алашара ахьырбаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа еиҳараӡак. Абиблиографиа лабҿаба иаанарԥшит 1950-тәи ашықәсқәеи- 21-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзтәи амилаҭтә литература аҭоурых адаҟьақәа, апоетцәеи апрозаикцәеи гәыԥҩык рырҿиаратә мҩа.

Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал "Алашара" еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало

Ашәҟәы хәарҭара ду алоуп аԥсуа жәлар рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи ҭызҵаауа, ирызҿлымҳау зегьы рзы.

Аԥхьаҩ ииҭаху аматериал иаармариаӡаны иԥшаарц азы, ажурнал "Алашара" абиблиографиа зегьы еихшоуп хкы-хкыла, жанр-жанрла, тематикала. Иалкаауп аԥсуа сахьаркыратә литература ( апоезиа, апроза, адраматургиа): аиҭагақәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рпублицистика, аԥсуа литература иазку аҭҵааратәи акритикатәи статиақәеи, арецензиақәеи, еиуеиԥшым аматериалқәеи, ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәеи афольклорҭҵааратә усумҭақәеи.

Иара убасгьы араҟа иуԥылоит Аԥсни, аԥсуа жәлари, ахатәы бызшәеи, акультуреи ирызку аҭоурыхҭҵааратәи, археологиатәи, абызшәадырратәи, аҟазараҭҵааратәи статиақәа, уҳәа убас егьырҭгьы.

Хазы иарбоуп егьырҭ амилаҭтә литературақәа ирыдҳәалоу аматериалқәа, аԥсуа культуреи анаукеи, убасгьы Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаареи, ақыҭанхамҩеи, аекономикеи, амедицинеи, аспорти, атуризми, аԥсабареи ирызку астатиақәеи аочеркқәеи.

Аԥсны рацәак иадҳәалам, аидиалогиатә ҟазшьақәа змоу еиуеиԥшым астатиақәеи аинформациақәеи маҷымкәа иуԥылоит. Иҟаҵоуп иара убасгьы аҟәшақәа рҟны абиблиографиатә материалқәа еишьҭаргыланы нбан-нбанлеи хронологиалеи.

© Foto / Анатоли Лагулааафилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Бигәааи  апсуа шәҟәыҩҩцәа гәыԥҩыки
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал Алашара аҭоурых еидызкало ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
афилологиатә наукақәа рдоктор Виачеслав Бигәааи  апсуа шәҟәыҩҩцәа гәыԥҩыки

Абас еиԥш иҟоу аихшашьа (систематизациа) аусумҭа ахархәара арманшәалоит, еилыкка иаанарԥшуеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа "Алашара" адаҟьақәа рҟны рырҿиаратә мҩа, рҩымҭақәа ркьыԥхьра аҭоурых, амилаҭтә литературеи, акультуреи, анаукеи рырҿиаразы иара ажурнал ахаҭа алшамҭа дуқәа.

Ажурнал "Алашара" ашәхымс ихыҵны ауп адунеи шырбаз ҳаԥсуа литература иаланагалаз шамахаӡак акәмзар инеиҵыху арҿиамҭақәа зегьы. Уи ианын 40 инареиҳаны ароманқәа рцыԥҵәахақәа ма инагӡоу урҭ рвариантқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан: Иван Папасқьыр "Аԥҳәыс лыпату", Иван Ҭарба "Идыру ахьӡ", "Амра ҳара ҳҿы игылоит", " Сан лыблақәа", "Адунеи ахьалаго", Алықьса Гогәуа ироманқәа "Аҽыкәаҳа", "Ас ду", Алықьса Џьениа "Абна амаӡа", "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы", "Анмираҳ- ҩыџьа рынцәахәы", Мушьни Миқаиа "Ахҟа", "Ашацәа ртәарҭа", Витали Амаршьан " Шаҭ иԥа Хьымкәараса иеҵәахә", " Аԥсҳа", "Сбааш хьыцәцара. Ароман-гәҭыха", Платон Бебиа-"Ашьацҳәа", "Ақьачақьцәа", Џьума Аҳәба "Асқьала", "Амҩасҩы", "Ахамышҭыхә", "Алахәыла", Гьаргь Гәыблиа "Адгьыл аҳақ", "Лахьынҵала иузшоу", Нелли Тарԥҳа "Амшын ҳәынҭқар Ҳаит", Никәала Кәыҵниа "Аҭакари ахьҭеи", "Алашә иблақәа аныхты", "Ашьа ицаша", "Адлаԥса", Терент Ҷаниа "Мшыбзиа, аԥсҭазаара!", "Шәышьханхыҵ", Шьалодиа Аџьынџьал " Аҳәа зыҟәну аџьныш", " Ԥсык еицырхан", Рушьни Џьопуа "Ахымҩас", Гыц Асԥа " Аихьӡылацәа", "Заниашьа зхаҵашьоу".

© Foto / Анатоли ЛагулааАжурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
Ажурнал Алашара раԥхьатәи аномер - Sputnik Аҧсны
1/4
Ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
© Фото : Предоставлено А. ЛагулааАжурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
Ажурнал Алашара раԥхьатәи аномер - Sputnik Аҧсны
2/4
Ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
© Foto / Анатоли Лагулааажурнал "Алашара" аномерқәа руак
ажурнал Алашара аномерқәа руак - Sputnik Аҧсны
3/4
ажурнал "Алашара" аномерқәа руак
© Foto / Анатоли ЛагулааАҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал Алашара аҭоурых еидызкало ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
4/4
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы
1/4
Ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
2/4
Ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
3/4
ажурнал "Алашара" аномерқәа руак
4/4
Аҳауеиԥш иаҳҭахыз: иҭыҵит ажурнал "Алашара" аҭоурых еидызкало ашәҟәы

1979-тәи ашықәсқәа рзы хҭыс дуны иҟалеит Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә философиатә роман "Ацынҵәарах" акьыԥхьра "Алашараҟны". Аҩымҭаҟны раԥхьаӡа акәны инарҭбаан иқәыргылан азеижәтәи ашәышықәсазтәи Кавказтәи аибашьра апроблема, афилософиатә зҵаара дуқәа. Ароман иаҳәоит адунеиаҿ имҩаԥысуа аибашьрақәа, арыцҳарақәа, атрагедиақәа зегьы зыхҟьо ауаҩы игаӡареи, иԥсымҭәреи, имдырреи, идоуҳатә культура алаҟәреи шракәу. Ароман иқәнаргылаз азҵаарақәа иахьагьы ԥсра рықәӡам. Уи рхатәык аҳасабала ирыдыркылеит Нхыҵ- Кавказтәи ажәларқәа. Избан акәзар, ашәҟәыҩҩы илшеит урҭ рхьаа, рыгәҭыхақәа раарԥшра.

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Лагәлаа: ажурнал "Алашара" иамаз анарха амоуп иахьагьы

Ари ашәҟәы аиқәыршәаҩ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор Виачислав Бигәаа иҩуеит.

"Жәохәҟа шықәса раԥхьа аԥсуа литературеи акультуреи Аԥсны аҭоурыхи ирызку ахыҵхырҭақәа реидкылара сшаҿыз, ҳлитературатә журнал заҵә ианылахьоу зегьы библиографиатә усумҭак аҟны еидкылан иҭыжьзар цәгьамызт ҳәа сназхәыцит. Абас сналагеит "Алашара" аномерқәа реидкылара. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь "Алашара" аномерқәа зегьы рыԥшаара ус имариамызт, абиблиотекақәа (Москва иҟоу Аҳәынҭқарратә библиотека убрахь иналаҵаны) рҿы аномерқәа зегьы ыҟамызт. Анцәа иџьшьаны, 130-ҟа номер аҩны исыман, убри еиҵамкәаны иман Бзыԥҭа ҳгәылара инхо ашәҟәыҩҩы Л. Б. Гыцба. Еиҳарак зыԥшаара уадаҩхаз 1991 шықәса раахыс иҭыжьыз аномерқәа ракәын, еилкаамызт шаҟа номер ҭыҵызгьы. Номерқәак сымԥыхьашәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы, убасгьы ашәҟәыҭирҭақәа рыҟны, даҽа номерқәак сиҭеит Уасил Аҩыӡба. Акыр исыцхрааит иахьа Анатоли Лагәлаа редакторс дызмоу "Алашара" аредакциагьы. Урҭ 2006 шықәсазы Нелли Ҭарԥҳа уи ҳамҭас иалҭеит Кәымф Ломиеи лареи еидкыланы ирымаз 1955-1991 шықәсқәа раан иҭыҵыз аномерқәа реиҳараӡак. Аибашьра ҟалаанӡа, ажурнал аредакциаҿы, иахьынӡасгәалашәо ала, ишьҭан иҭыҵхьаз аномерқәа зегьы, аха аԥсуа жәлар ирхыргаз ахлымӡаах ашьҭахь урҭ еиқәымхеит. Аӡбахә ҳәатәуп даҽа хҭыс бзиак: ҩбаҟа шықәса раԥхьа зегь реиҳа ихаҭәааз "Алашара" аномерқәа реизга Аԥсуаҭҵаара аинститут абиблиотека ҳамҭас иеиҭоит А.М. Лабахәуа. Убраҟоуп иахьысԥыхьашәаз уаанӡа исзымыԥшаақәаз номерқәак. Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит ажурнал аномерқәа рыԥшаараҿы ацхыраара сызҭаз зегьы".

Аҵыхәтәан иазгәаҭазар ахәҭоуп, абри ашәҟәы аҵакы зегь раҵкыс излаҳраку, 1955 -2012 шықәсқәа раан иҭыҵны ажурнал аномерқәа ирныз иарбан ҩымҭазаалакгьы изҩыз автор ижәла удыруазар, иаразнак изныз ажурнал аномер уԥшаауеит!.. Даара иҭабуп ҳәа иаҳәатәуп ҳҵарауаҩ бзиа Виачеслав Бигәаа, уи илшеит, хәҩык-фҩык аҵарауаа шықәсы наҟьак убри ада акы иаҿымзаргьы ирылымшашаз аус ду, шәҟәыкаҿ еидикылеит ажурнал 57 шықәса рыла ианылаз арҿиамҭақәа зегьы рыԥшаара зырманшәалаша абиблирграфиа! Сгәы иаанагоит, Аԥсны аиҳабыра рганахьала даара иахәҭоуп ҳәа, аҵарауаҩ иџьабаа азгәҭара…

Ашәҟәы ҭыҵит автор иредакциала, аҿыгҳара акырӡа идууп, 600 даҟьа ыҟоуп, 40 кьыԥбӷьыц инаӡоит. Аҭыжьра иадгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институти.

Ажәабжьқәа зегьы
0