Ауаҩага ихьымӡӷ дууп, мамзаргьы "агәыргьынчмазареи" аԥсуа ҵасқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская свадьба
Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус аҽарцәгьара иаҿуп. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа абри аҩыза аҭагылазаашьаҟны аԥсуаа ачарақәеи, аԥсрақәеи, аԥсхәрақәеи еиҵыхны иахьымҩаԥырго шәарҭарас иаҵоу, уи аанкылашьас иамоу азы лгәаанагара лҳәоит.
Ауаҩага ихьымӡӷ дууп, мамзаргьы "агәыргьынчмазареи" аԥсуа ҵасқәеи

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анаадырт ашьҭахь, COVID-19 ҳәа изышьҭоу ачымазара акыр аҽарӷәӷәеит. Раԥхьатәи аамҭазы, агәашәқәа анаркыз аӡәы-ҩыџьа ракәызҭгьы изыднагалоз, уажәы "агәыргьынчмазара аҽацәыхьчаразы" аштаб ишаанацҳауа ала, иахьазы иаарԥшуп 572-ҩык рҟынӡа аҿкы зыдбалоу. Иацы изхьыз 15-ҩык ыҟоуп. Зынӡа рдунеи рыԥсахит агәыргьынчмазара иахҟьаны фҩык. Абас есыҽны иацлоит, аха ҳара ҳзышьцылоу ҵоура злам ҳацәгьеи ҳабзиеи рныҟәгашьа ацәхьаҵра ҳҭахым.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ацагьы ахьшәашәагьы иабылуа…

Аоперативтә штаб алахәыла, аҳақьым, Жәлар реизара адепутат Алхас Аџьынџьал иинтервиуқәа руак аҿы иҳәеит: "Изыхьуа ирыхьны, иҳалсында ҳҳәозшәа, акгьы ԥаҳкыр ҳҭахым", - ҳәа. Схатәы лкаақәа ртәы сҳәозар, имаҷҩым, ари ачымазара агәра зымго. Доус иҩны иҩналаанӡа ус акәхап. Еиҳаракгьы, ақыҭақәа рҿы уи аӡбахә раҳар рҭахым, рыцәгьа, рыбзиа анкьа ишыҟарҵоз еиԥш инеиҵыхны имҩаԥыргоит.

Аԥсрақәеи аԥсхәрақәеи ртәы ҳҳәозар, акарантин аамҭазгьы иааныркыломызт, ачарақәа шымҩаԥырымгозгьы. Ауаҩага ихьымӡӷ дууп рымҳәои, зны-зынла алшара змамгьы акыр инеиҵыхны имҩаԥыргоит аԥсыжрақәа. Атрадициақәа ртәы ҳҳәозар, аиныхра, аԥсхәра иахьа ишымҩаԥыргоз иҟарҵомызт. Ҳазҭагылоу аамҭазы, аԥсхәреи ачара чыси Европатәи амарҭхәқәа рыстандарт аҿы ихаргалахьеит. Аиныхрақәа рҿы, еиҳаракгьы ақыҭақәа рҿы избахьеит арыжәтә џьбара рҽадцаланы, ршьапы изықәымгыло алыԥсаа дзауз рашҭа ишҭыҵуа.

Абри зегь ҳара иҳацәтәымны иҳаланагалаз традициахеит, аанкыларагьы закәантә мчык адымгалакәа иузмырҽеиуа иҟалеит. Акомплекс рымҳәои? Ани иҟаиҵеит, сара сеицәоума ҳәа инароуны ачыс еиҵыхны еиҿыркаауеит, иара абыржәы ачымазара ҿкы ҿианы ишыҟоугьы. Ари ԥызымкуа еиҳаракгьы аԥсуаа роуп, атәым милаҭқәа, ихырҵәагоу, аекономика азы ишәарҭоу акәамаҵамқәа иаармаҷны имҩаԥыргоит.

Ачысхаақәа - Sputnik Аҧсны
Иҵасхәым ачыс, мамзаргьы ачгахьа аҽшаԥсахыз

Ажәытәан аԥсы дахьыкҿаз акрыфара ҟарҵомызт, аџьабацәа рзы агәылара аишәа дырхион, аха нас иҿыцу, уаҩ имыхәо атрадициақәа цәырыргеит. Иахьа алыԥсаа дзауз, иԥсы дижру, аиныхра еиҿикаару изымдыруа, аџьабара аҭыԥан аџьармыкьа далаланы афатә дашьҭалароуп. Иҟаимҵар ихьымӡӷуп ҳәа иԥхьаӡоит. Здунеи зыԥсахыз ихабар хьаас измамыз аҭахцәагьы, знык дзыԥсыр иаацәырҵуеит, абжьгарақәа науҭо. Схаҭа сыҩнаҭаҿы сақәшәахьеит, иҟаҵатәу, иутәу азы адҵақәа ҟазҵо ауацәа узырҿамгыло ианцәырҵуа.

Иахьа ачымазара аҿиараҿы, ауаа рацәа реизара аанкылазароуп ҳәа ауаажәларра аиҳабыра рахь ашәҟәқәа анырыҩуа аамҭазы, ари апроблема акашәа имбакәа, инеиҵыху ачарақәа руеит, аиныхрагьы, аԥсхәрагьы аанкылашьа амам. Апандемиа шанс бзиан акомплекс зцу атрадициақәа раанкыларазы, аха даара аҳәахьа змаҳауа милаҭшәа ҳааҟалеит. Сгәанала, абраҟа амчра аҽарӷәӷәароуп, ақыҭақәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылазароуп абарҭ азҵаатәқәа рыӡбара. Зегьы еицҿакны, акарантин аамҭазы мацара акәымкәа, нас азынгьы ԥҟарақәак рзыԥшаатәуп ҳацәгьеи ҳабзиеи.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Ашәаџьҳәареи адышшылареи

Сара счара иалахәын 30-ҩык, уахь иалан сыԥшәмеи сареи ҳауацәа гәакьацәеи ҳҩызцәеи. 1994 шықәсазы аибашьра ашьҭахь азыҳәан зеиӷьыҟамыз чаран. Убри азыҳәан акымзарак ҳмыхьит, ачара зышәымуазеи зҳәоз ыҟазаргьы, уаҳа даҽак аԥшьҳамгеит.

Иахьа агәра зымго шыҟоугьы, ачымазара ҳалагьежьра иаҿуп, уи аҽамырҭбаарц, иалагалатәуп аԥкрақәа, мамзар, иара усгьы здемографиа хьысҳау амилаҭ акыр ҳаӷахоит. Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иажәабжь ҟаимаҭ "Ашәаџьҳәаҩ" аҿы ҳаԥхьоит:

- Аԥсыжра анбыкәу?

- Ахәаша, уаҵәашьҭахь…

- Ахәаша, уаҩ данырымжӡо?

Ауаҩы данилакгьы ауазар, данужлакгьы ауазар акәхап. Аԥсуаа акыр иаҳцәыуадаҩуп ианаамҭоу ауаҩы анышә иамадара. Еиҳаракгьы абжьыуаа рҿы ари амҽхак аркьаҿра амуит. Абыржәгьы, хәымш, фымш аԥсы дыкҿаҵаны ианидтәалоу ҳԥылоит. Ҵакыс иамоузеи уи? Амшшьара рымоуп ҳҳәаргьы, уигьы ԥҟарак амами.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала

Сҭынхак идунеи аниԥсах, иԥсыжра рымшшьара иақәшәеит. Ажәытә традициақәа инарықәыршәаны, амҽыша иԥсыжырҭаҿы баҳаҿык ахыргеит, нас даныржуаз ашәахьаҽны анышә ԥырҟеит.

Бзыԥаа рҿы ианаамҭоу дыржуеит иԥсыз, акызаҵәык, аиныхра, зехьынџьареиԥш, аӡыржәтә хаақәа, аплов, аҳалуа, ашә уҳәа зегь адыргалоит, урҭ ачгьахьачыс ахь ус шрымамгьы.

Ҳара ҳҭагылоуп ауаҩытәыҩса игәабзиара ашәарҭара ианҭагылоу аамҭа, ус анакәха, ҳазхәыцроуп урҭ ҳкомплексқәа нкажьны, ацәгьеи абзиеи аармаҷны, иахмырҟьакәа рымҩаԥгара, уааԥсырала ҳӷархарц ҳҭахымзар. Даара аидеологиа ӷәӷәа аҭахуп, аха абыргцәа ринститутгьы уи аганахь акымзарак ҟанаҵом ҳҳәар ҳалшоит.

Коӷониаа аижәлантәқәа рнышәынҭра. Иуа Коӷониа иҳаҭгәын - Sputnik Аҧсны
Зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа, мамзаргьы аԥсра шҽырбагахаз

Аҩбатәи Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь ихаан абри аус абыргцәа рхеилак анапы ианырҵеит, аамҭаказ џьара акы алҵрашәа иҟан, аха анарха амоуит. Ус акәзаргьы, иахьа иҟоуп қыҭақәак, ацәгьеи абзиеи рҿы аԥҟарақәа шьақәзыргылаз. Џьырхәа ақыҭаҿы ачгьахьа чыс ада аиныхра акгьы адугалар ҟалом. Издыруаз исарҳәахьеит, "аԥсра алаҽырбара" цәгьа изымбоз реиныхра ихыркны иҟарҵарц ргәы ианҭарк, агәылацәа амаҵ аура мап шацәыркыз. Ас зыҟалаз, ақыҭа аиҳабацәа бзиақәа азынханы иахьыҟоу акәзаргьы ауеит.

Абар иааҩит цәыббрамза 9 рзы "Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭаз 78 шықәса зхыҵуаз абырг иԥсҭазаара далҵит" ҳәа. Абарҭқәа агәаҽанызаара ҳарымҭозар, ҳгәабзиареи ҳкомплексқәеи еиҭныԥсахло ҳашнеиуа, алыԥсаа рацәа ҳаур алшоит. Усҟан ихьшәахоит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0