"Аԥшӡа" насыԥда дшаанхаз: арԥыс изку ажәабжьк

© Fotolia / RomablackЖенский силуэт на фоне заката
Женский силуэт на фоне заката - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анасыԥдара иазку аҭоурых иадыруа ахҭысқәа аиҳарак аҭыԥҳацәа роуп изыхҳәаау, аха уи иаанагаӡом арԥарцәа рразҟы арыцҳара акьысуам ҳәа. Иахьа ишәзеиҭаҳҳәо ажәабжь зызку, қыҭак аҟны "Аԥшӡа" ҳәа жәаҩыла аҭыԥҳацәа илаԥшықәҵаны ирымаз, аԥсҭазаара "злахәмарыз" аҷкәын иоуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

"Аԥшӡа" - ари ахьыӡ ҷыда ауп акәымзар, ихьӡ хаҭа аӡәгьы иҳәомызт, уи аҟазшьарбада ари аҷкәын иоура, иҭбаара, ибла иаҵәа, иччаԥшь ихнаххьаз рхаҿы дырзаагомызт азы.

Девушка у моря - Sputnik Аҧсны
Ан лҳақ узгом: иҟалахьоу хҭыск

"Аԥшӡа" ажәеизатәи акласс аҿы дтәан, Асовет Еидгыла аррахь иаанаԥхьараны иҟаз арԥарцәа дрыцны амедицинатә гәаҭарақәа данырхысуаз. Убасҟан аҳақьым иабжьеигеит аурологиа аганахьала ихы гәеиҭарц, аха иԥхашьаз, 18 шықәса ирықәыз аҷкәын иҭаацәа рҿы иӡеит ари апроблема атәы.

"Аԥшӡа" Украина арра анихигоз ӡынрак азы ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Ишоура акраамҭа имтәо ианалага, арратә ҳақьымцәа агәаҭарақәа жәпакы дырхыжьны, ипроблема аҽшарцәгьаз, наҟ-наҟ ахшара дшимоуа атәы рҳәеит. Хымԥада, ақәыԥшра иҭагылаз арԥыс, арҭ ажәақәа ирыҵаз аразҟыдара ихахьы иаразнак иааимгеит. Аамҭа анца ауп данрызхәыц.

"Аԥшӡа" аишьцәа дреиҵбан азы, аб игәараҭа иазынхоз иара иакәын. Хәҩык ахшара рахьтә иара ида аҭаацәарақәа аԥырҵахьан. "Уқәра цоит, уԥшӡарагьы наӡаӡа иаанхаӡом, аԥҳәыс даага", - ҳәа аӡәаӡәала дыхҭаркуа иалагеит рашьа 35 шықәса рҟынӡа даннеи.

"Бареи сареи ҳаибагар ҟалаӡом, аха бзиа бсамхабеит, ишԥаҟасҵари?" - ҳәа лаиҳәалон "Аԥшӡа" иаҳәшьа ланхәыԥҳа, дара рахь аангылара данцалоз. Аҿар рымаӡақәа анрыҵырх, ирылабжьеит "ари маҳагьароуп" ҳәа раҳәауа. Уи аахыс 20 шықәса ҵит, анхәыԥҳа хаҵа дцеит, ҩыџьа аԥҳацәа лоуит, аха лыԥшәма инапы шьҭихуан азы лычҳара анхыжжыла, лҭаацәагьы "ҳаԥҳа даҳшьума" рҳәан ддәылганы аҩныҟа дааргеит.

Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс лыпатуи ахаҵа ицәгьахәыцреи: иҟалахьоу ахҭыс

"Аԥшӡа" лара лахь хымԥада уажәшьҭа акагьы дақәгәыӷуамызт, аха даҽаӡәгьы длыхәаԥшӡомызт аиҳарак ипроблема иахырҟьаны.

Ныҳәак аҽны, "Аԥшӡа" иаҳәшьаԥа дицны днанагеит ихәыҷреи, иқәыԥшреи ахьихыигоз агәараҭахь.

Аишәа рхианы, "иуҭахыу акыр ыҟоума" ҳәа ивагьежьуаз "анкьатәи ибзиабара" зегь акоуп игәаӷьны ила дҭаԥшуамызт, иаргьы ихы ларҟәны, акәын аҭак шлиҭоз, аха убасҟан илашәыз иоуп изымбаз рҩыџьагьы рцәаныррақәа шҿыхаз.

Аҿыҵгақәа ҟаҵо, зны имашьына акы агушәа, ҽазны акы ихашҭызшәа иблахкыга дибарц азы "Аԥшӡа" лассы-лассы амҩа дықәлон уахь.

Шықәсыбжак ааҵуаны, ацәаныррақәа ирзымиааиз "Аԥшӡеи" анхәыԥҳаи маӡала еиқәшәо иалагеит. "Аԥҳәыс дааугар, агәра усыргоит ҳаизыҟазаашьақәа рҵыхәа шыԥҵәо" ҳәа иалҳәалон лара, иахькылнаго еилылкаауан азы. Арҭ ажәақәа "Аԥшӡа" рҭак ҟаиҵомызт, игәалаҟазаара бжьырхуан ауп…

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Ҽнак "Аԥшӡа" ибзиабаҩ рымаӡаҭыԥ ахь дымнеиӡеит. Уи акырӡа игәнигеит, машәырк лыхьзар ҳәа дшәан, еиҭа ҿыҵгак ԥшааны дрызцеит. Асас абжьааԥнеиԥш аишәа издырхиеит, аха "иуҭаху акыр ыҟоума" ҳәа уажәтәила ивагьежьуаз иаҳәшьаԥҳа ҳәыҷы лакәын. Аӡәгьы ианимаҳауаз "баҳәшьаду дабаҟоу" ҳәа данлазҵаа, "лгәы бзиам, диоуп" ҳәа иаҭалкит. Арҭ ажәақәа ишоура харгалеит, игәы идырхьит, аха дахьышьҭаз ауадахь дызлаҩналози…

Анхәыԥҳа ақалақьтә џьармыкьа аԥхьа лыԥсы лылшәшәаны данкаҳа, дызбаз ауаа атакси ала ахәшәтәырҭахь дрышьҭит. "Ишакәым бкыдҟьеит, сыӡӷаб, ахәыҷы деиқәымхеит" ҳәа аҳәса рҳақьым зыԥсы ааиз лахь лҿанаалха, анхәыԥҳа еиҭа ахчы лхы нылаҳаит. Ахәылбыҽхан, аԥҳәыс лхьаақәа анеиқәтәа аҩныҟа дааит.

"Сара аҭаацәара сзаламлоз ахшара дсоуӡом, џьоукы рыӡӷаб лыгәнаҳа сықәсымҵап ҳәа акәын, бызлацәажәо схаҿы исзаагом, иҵабыргыцәҟьоума?" - ҳәа ибзиабаҩ лахь изҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рмоуит ианеибаба. Иажәақәа идыргәааз аԥҳәыс, ихаимҵозар дзызҵаашаз аҳақьым дазусҭоу аалырԥшит.

"Нан, угәынамӡара еилыскаауеит, аха аԥҳәыс ус анлыхьуа ыҟоуп, амала алаҳәара сахьымӡеит лцәа ҩыџьа асабицәа шалаз, дыццакцәаны дцеит", - ҳәа ахаҵа ихы иаднамкылоз ажәақәа иалҳәеит.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Хара имгакәа, "Аԥшӡа" иқәыԥшраан изықәгылаз адиагноз аҭҵаара далагеит. Москваҟа дахьцаз: "Ауаҩы ахьҭа илаланы даныҟоу егьа проблема изцәырҵуеит, аха уи иаанагаӡом ачымазарақәа зегьы хәышәтәышьа рымам ҳәа. Уара угәы бзиоуп", - ҳәа иарҳәеит уаатәи аҳақьымцәа.

Ибзиабаҩ лҿаԥхьа ишьамхы арсны аҭамзаара шьҭеиҵеит "Аԥшӡа", аҳақьымцәа ирҭахьаз ақьаадқәагьы лнапы инаиркит. Аха изхәарҭоузеи…

"Аԥшӡа" ибзиабаҩ машәырла лыԥсҭазаара ҿахҵәеит. Иара иахьагьы иԥсы ҭоуп, лара дшиџьабоз уаҳа аҭаацәара даламлеит. Ишьапы дахьынӡананагоз аҿыҵгақәа ԥшааны иаҳәшьаԥацәа рахь дцалон, абаҳча дҭысуашәа ҟаҵаны раҳәшьаду лҳаҭгәын аԥхьа днатәалон…

Илашәыз иакәын урҭ ацәаныррақәа зымбоз…

Ажәабжьқәа зегьы
0