"Ҳара ҳҭынчраз", мамзаргьы Аиааира амш азхәыцра

© Sputnik / Томас ТхайцукНадписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира амш азгәаҭара сынтәа лымкаала илзацу ахьаа ҳацеиҩылшеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
"Ҳара ҳҭынчраз", мамзаргьы Аиааира амш азхәыцра

Цәыббра 27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь анҭадырцәы нахыс, Аиааира ацәаара ҳнахьыԥшит. Даҽа хымш рнаҩс, цәыббра 30 рзы ҳбираҟ Егры ахықәан Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа иахадыргылеит ҳаибашьцәа. Аԥсыҭбарақәа шырацәазгьы, зегь акоуп иҟан ҵҩа змамыз агәырӷьара.

30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ҳшалалаз

Ииашоуп, аиааира ахыԥша инаваргыланны атрофеигара захьӡыз ҳабла иаахгылт. Исаҳахьан аха, ари шымҩаԥысуаз сыла иамбацызт. Уи апроцесс акыраамҭа имҩаԥысуан. Атрофеи анынҵәа, асовет аамҭазы иргылаз аҳәынҭқарратә хыбрақәа "сара истәуп" рыхҵара, жәабала ауадақәа раанкылара уҳәа, аибашьра ашьҭахь иҵоурамыз ацәырҵрақәа рацәан, уимоу урҭ еимакны ҳаамҭазгьы ауаҩшьра аныҟало убап.

Аӡыдара, алашара аҟамзаара, уҳәа ажәлар аџьахаџьафа аамҭа иҭагылан аибашьра ашьҭахь, нас аблокадагьы аарзацлеит. Абас шакәызгьы, аибашьра ашьҭахьтәи агәыӷрақәа рацәан, иахьа ҳаиӷьымхар уаҵәы ҳәа ихәыцуан. Ииуан ахәыҷқәа, аҭаацәара иалалон арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, избанзар иҟан гәыӷрак аԥсҭазаара арҿиаразы.

Абар уажәшьҭа 27-тәи Аиааира амш ҳаԥылоит, аха иахьеиԥшгьы сгәы алаҟамкәа сгәалашәом. Жәлар Реизара адепутатцәа азаҭҭаразы ирыдыркылаз ақәҵара агәызианра иасимволуп ахьӡзаргьы, аибашьра аветеран "иҟаиҵазаалакгьы" уи даҵанкуа иахьыҟалаз сшьара саақәнарҟьеит. Изҳәада аветеран иџьбароу ацәгьоурақәа дрылахәзароуп ҳәа? Аветеран дҿырԥшыгазар акәымзи, ҳарҭ ҳхәыцрақәа ааҳәит акәымзар. Аиааира азықәԥара символуп, уи азы аибашьцәа рхы ақәырҵоит, ауаҩы иԥсҭазаара аҿахҵәара трагедиазаргьы, аԥсадгьыл азы аҭахара иԥшьоу усны иԥхьаӡоуп.

Аиааиреи ахақәиҭреи ашәақәа рзызкхьоу апоетцәа маҷҩым, аха иахьатәи амш азы сазааҭгылоит зегь ирылыҳәҳәо ҳәа исыԥхьаӡо жәеинраалак. Аибашьра аамҭазы хабарда ибжьаӡыз апоет Таиф Аџьба ипоезиаҿы усҟакгьы ирацәам аибашьра атема, ҳанхәыҷыз ашәаны иаҳҳәон "Ҳар рзы ашәа":

Ирзыскуеит са сашәа

Ҳаԥсадгьыл зыхьчо –

Ҳаруаа – аиааирахьтә

Аиааирахь ҳазго.

Усҟан ҳара ари ашәа ззаҳҳәоз Асовет ар ракәын, еиҳаракгьы Аџьынџьтәылатә аибашьра ду аҿы Аиааира амшныҳәа маи 9 аназгәарҭоз ашколтә хор инанагӡон. Ари ашәа иахьа ибжьаханы иҟоуп, шамаха инарыгӡогьы сгәалашәом. Ажәеинраала кьыԥхьын 1979 шықәсазы аизга "Амҩа иқәу" аҿы.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Аибашьра анеилга уаанӡа ирымбацыз ҿыцбарах ибаны ицәырыргеит "Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы" захьӡу апоет иажәеинраала.

Хьӡи-ԥшеи сҭахымызт

Изгарц еибашьрала –

Аибашьра – нибахра

Иалоузеи хьӡыс!

Ахьӡ-аԥша соур

Сҭахын даҽакала –

Аха, снамгылар ҟамлеит еибашьҩыс …

Абас далагоит апоет ихнымҳәыз аибашьҩы имонолог. Ари ажәеинраала ҩын аҭынч ԥсҭазаараҿы, апоет-лирик дазхәыцуазма иҟалашаз, аибашьра ашьҭахь аидеиақәа рыҽшырыԥсахуаз идыруазма? Изиҩзеи, иара "сшәыҳәоит, акымзарак шәмырӡын ишәысҭаз, убри сара сзыҳәан иреиӷьу баҟоуп" ҳәа? Ҳара ҳаибашьра иазку ажәеинраалақәа маҷым, аха аҭынч ԥсҭазаараҿы иаԥҵаз апоет Таиф Аџьба ирҿиаз, афилософиатә хәыцрақәа рыла еибыҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Араҟа иҟаӡам, баша апатриотизм арцыхцыхразы иҳәоу ажәа еизадақәа. "Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы" раԥхьаӡа ианылеит 1984 шықәсазы иҭыҵыз аизга "Уахынлатәи ашәҭ". Аибашьра дазхәыцуазма усҟан апоет, мамзаргьы аҭоурых иахыԥхьаӡалахахьаз егьырҭ аибашьрақәа дыргәылаԥшны аибашьҩы ихәыцрақәа ҳаҵеиҳәоу? Аҳәара уадаҩуп. Ари ажәеинраала усҟан ианҭыҵыз сшаԥхьахьазгьы, зегь акоуп, иахьеиԥш иҵарны исыдыскыломызт.

Исылшеит иҳажәлаз

Аӷа цәгьа инкылара,

Саҵамхт исуалыз –

Ахаҵа иуахҭа.

Дыԥхасҵеит уи

Уаҳа игәахымлартә ақәылара,

Аҵыхәтәан

Сызгашазгьы сықәшәеит схаҭа…

Сгәанала, арҭ ацәаҳәақәа иҭахоз зегь зызхәыцуаз акәын. Усҟан акыр иҵарын аԥсадгьыл абзиабара. Абар, 27 шықәса рнаҩсан, ҳаззеибашьуаз ааҳхашҭызшәа, уаанӡа иҟаҳҵахьаз азымхошәа, Жәлар Реизара ирахәым рықәҵара гәыбжьыхганы иааҳзыҟалеит. Ҳаԥсҭазаара еиӷьызтәуа азакәанқәа аԥырҵоит ҳәа ҳабжьы заҳҭо адепутатцәа "ауаа аҵеиџь иҭажьны рыԥсҭазаара иалызхуа" ирықәу ашықәс абжа рхырхуеит иветеранцәоуп ҳәа.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам, мамзаргьы хыда-гәыда азаҭҭара

Сара сызҿу уаанӡа депутатс иҟаз, абизнес знапы алакыз Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Клемантович иҩыза ԥҳәызбеи иареи рҭарха еиҿызкааз ҳәа иԥхьаӡоу Нодик Кәыҵниа иус ауп. Абри мацарагьы азхоит, аиааира амш азы "ҳамҭас" иҳадыргалаз азаҭ аԥсҭазаара угәы ахнаршәартә еиԥш аҟаҵаразы. Аамҭа-аамҭала аинвестпрограммазы аԥара аҳәара ҳахьцо Урыстәыла анапхгара зыршнахаша аус. Ауаа аҵеиџь иҭажьны рышьра, даара игәаӷьыуацәаз ацәгьоурақәа ирхыԥҳьаӡалоуп, насгьы уи Жәлар Реизара адепутат даналаҟьашьу. Абар амнистиа уаанӡатәи адепутат инаҭоит алшара, иқәу 16 шықәса рҟынтәи ааба нахыхны, ихиго аркьаҿра. Инхаз ԥшьы-шықәса џьара акы азихәыцышт.

Аиуристцәа ражәақәа рыла, ирацәоуп сынтәатәи амнистиа зхы иақәиҭнатәуа ацәгьоуцәа: арҳәцәа, ауаа рӷьычра иалахәыз уҳәа, деибашьуан, ма Кәыдры аҭарцәра далахәын ҳәа асправка знапы иаку абахҭа аҟынтә иоужьхоит, иара убас, аусҭҵааҩцәа рнапы злаку ашьауӷатә усқәагьы аанкылахоит аветеранцәа ирыдҳәалазар. Иазхәыцуада, ацәгьоуцәа рхарала иҭахазаи, ааха заузи ргәакьацәа рлахьынҵа. Ирхәыцуазеишь урҭ? Ашьоура рҽазыршәома? Дара рыбжьара аветеранцәа рҭаацәа ыҟамкәа иҟоума? Абарҭ азҵаарақәа зегь сгәы бжьырхуеит "ҳаззеибашьи" аасгәахәуа.

Иалшон ҽакала

Сынхар хьыӡла-ԥшала,

Аха, шәара шәҭынчраз –

Сынхоит еибашьҩыс –

абас ихыркәшоуп апоет Аџьба аибашьҩы изикыз ажәеинраала. Ари иҭахоз зегь рхәыцрақәа ракәын.

Ҳара ҳакәзар, ҳҭынчраз иҭахаз ридеиақәа рыцәхьаҵра амҩа ҳанушәа снарбоит ҳаԥсҭазаараҿ имҩаԥысуа саԥшны сцәажәозар. Абас иҟоуп Аиааира амш 27 шықәса ахыҵра ашҭа ҳанылагылоу аамҭазы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0