"Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом": арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых

© Foto / из архива Инги ШарматИнга Шармаҭп,ҳа арҵаҩцәа рыгәҭа
Инга Шармаҭп,ҳа арҵаҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 5 - Арҵаҩы имш аҽны шәаԥхьарц ишәыдаагалоит зыԥсҭазаара абжеиҳан аҵара-ааӡаратә ус иазызкыз Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵараҟәша аиҳабы Инга Виктор-иԥҳа Шармаҭԥҳа лҭоурых.

Зыԥсҭазаара абжеиҳан аҵара ааӡаратә ус иазызкыз Гагратәи абжьаратә школ №1 аҵараҟәша аиҳабы Инга Виктор-иԥҳа Шармаҭԥҳа шәҩык инареиҳаны лоушьҭымҭацәа иахьа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылганы еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәыргоит. Зҵаҩцәа ирызгәдуу, рҵаҩыси, аныси ирзыҟаз Инга Виктор-иԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари азанааҭ аҿы ада џьаргьы лхы шылымбо.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Инга Шармаҭԥҳа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет далганы, агеографиа азанааҭ лоуны аусура далагоит Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №2 аҟны, усҟантәи адиректор, аамҭала рҵаҩыс илымаз Борис Кьахьыриԥа иааԥхьарала. Анаҩс, 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы, Гагра араион ахы ианақәиҭха аԥсуа школ ҩаԥхьа аԥсы ахаҵаразы арахь аусура диаргоит гәыԥҩык арҵаҩцәа реиԥш. Усҟан лԥа еиҳабы ԥшьышықәса ихыҵуан, аиҵбы ҩба. Асабицәа ланхәа лнапы ианҵаны, илыдырҵаз ауалԥшьақәа рынагӡара лҽазылшәоит.

© Foto / из архива Инги ШарматГагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаара
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаара

"Гагра араион аӷа даналцаха, аԥсуа школ аартра ҳажәлар рзы аҵак ду аиуит. Уи ала ауаа агәыӷра рызцәырҵит уаҵәтәи амш азы. Арҭ аҭыӡқәа рҿы убриаҟара аԥхарра ыҟан, аусуреи, аҵараҵарази иаднакылаз ахҵәацәа рхьаақәа хызҽуаз. Аколлектив уалафахәыда акраамҭа аус ҳуан, аӡәи-аӡәи ҳаихӡыӡаауан. Доусы аҩны имаз афатә, ажәтә, ашәҵатәы еимаадон, имчымхаз ҳицхраауан. Аӡынра алашара аныҟамыз, амҿтәы ԥечкақәа амца рҭаҵаны ҳхәыҷқәа ахьҭа иаҳаркӡомызт. Исгәалашәоит ҳарҵаҩы Нанули Расим-иԥҳа Ҳагԥҳа аибашьра данцоз ҳлаӷырӡышо дшынаскьаҳгоз, аҽеиҭныԥсахлараан данаауаз шаҟа ҳлеигәырӷьоз хәыҷи-дуи. Абарҭ иуадаҩыз аамҭақәа раан ҳаҩнуҵҟа зышьаҭа аркхаз аӡәкра, аилибакаара, ҳаҭыр еиқәҵара иахьагьы ҳаибаркны ҳакуп", - лҳәоит арҵаҩы.

© Foto / из архива Инги ШарматИнга Шармаҭԥҳа лҵаҩи лареи
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Инга Шармаҭԥҳа лҵаҩи лареи

Инга Шармаҭԥҳа раԥхьаӡа Гагратәи аԥсуа школ ахь аусура данаа директорс дыҟан Ҳараз Ҳаџьараҭ-иԥа Чамагәуа, аха ҩымчыбжь рышьҭахь иара машәырла иԥсҭазаара далҵуеит. Убри аҟнытә лара арҭ аҭыӡқәа рҿы раԥхьатәи лшьаҿақәа ҟалҵеит адиректор инапынҵақәа назыгӡоз Фатима Лыхәԥҳа лхылаԥшрала. Анаҩс ашкол директорс дахагылеит занааҭла игеографыз Илиа Ефим-иԥа Кәанџьариа.

"Илиа Ефим-иԥа сзанааҭ аҟны сшьақәгыларц азы аԥышәа дуӡӡа имаздеит. Иара иеиԥш зыхшыҩ ҵарыз, иҟәышыз ауаҩы иԥшаара уадаҩуп", - инаҵылшьит лара.

Илиа Канџьариа шықәсқәак рышьҭахь Гагра араион аҵара аҟәша дахагылоит, аԥсуа школ директорс дарҭоит Ҳараз Чамагәуа иҵаҩы, ари ашкол аушьҭымҭа Татиана Гьаргь-иԥҳа Мықәԥҳа.

© Foto / из архива Инги ШарматИнга Шармаҭԥҳа лҵаҩцәеи лареи
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Инга Шармаҭԥҳа лҵаҩцәеи лареи

"Иуадаҩыз аамҭақәа раан аԥсуа школ еибаркны илыман Татиана Мықәԥҳа. Аиаша ҳҳәозар, иҟан лхатәы бызшәа лыздыруам ҳәа илаҽԥнызҳәоз, аха агәра шәсыргоит ҿыла илзымҳәозаргьы гәыла дышцәажәоз. Шьала-дала ипатриотыз аԥҳәыс лааԥсара ӷәӷәоуп ари ашкол азы", - ҳәа азгәалҭоит Инга Шармаҭԥҳа.

Инга Виктор-иԥҳа Гагратәи аԥсуа школ ахь аусура данаа арҵаҩцәа хатәрақәа Лиусиа Владимир-иԥҳа Агрԥҳа, Венера Константин-иԥҳа Ҳагԥҳа, Анна Давид-иԥҳа Аргәынԥҳа, Сариа Емир-иԥҳа Хонелиаԥҳа уҳәа гәаартыла дрыдыркылеит. Ирылшоз аҿы рхы иеигӡомызт, арҵаҩ қәыԥш илхылаԥшуан, рԥышәа рымалдартә алшара лырҭон.

© Foto / из архива Инги ШарматИнга Шармаҭԥҳа 2006 ш. лоушьҭымҭацәа
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Инга Шармаҭԥҳа 2006 ш. лоушьҭымҭацәа

2000 шықәсазы, Татиана Мықәԥҳа лабжьгарала, Инга Виктор-иԥҳа дарӷьажәҩаны ашкол аҵараҟәша еиҳабыс длываларгылоит. Сынтәа 20 шықәса ҵуеит ари амаҵура ԥсыцқьарыла иныҟәылгоижьҭеи.

Инга Шармаҭԥҳа ашкол аҵаратә процесс амҩасшьа зегьы лнапы иҵылхуеит. Аурокқәа реихшанҵа, аметодикатә план инақәыршәаны аурокқәа разырхиара, аҵара ахаҭабзиара, ахәшьарақәа рылҵшәақәа, амаҭәартә олимпиадақәа рҽазыҟаҵара, ааӡаратә процесс ахылаԥшра аҭара, арҵаҩцәа ҿарацәа арыцхраара уҳәа ирацәаӡоуп дызхылаԥшуа. Ҳаиҿцәажәараҟны Инга Виктор-иԥҳа иазгәалҭеит агәахәара ду шылнаҭо иахьа рколлектив аҿы арҵаҩцәа ҿарацәа ахьеиҵагылаз. Дышқәыԥшугьы, ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа Ҳараз Чамагәуа иаԥиҵахьаз аҵас бзиақәа еиқәырханы, уимоу еихаҳаны иаалгоит.

© Foto / из архива Инги ШарматИнга Виктор-иԥҳа Шармаҭԥҳа
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Инга Виктор-иԥҳа Шармаҭԥҳа

"Ҳара, сынтәа ҳагәҭакы наӡеит. Анцәа иџьшьаны Гагра ақалақь агәҭа иӷьазӷьазуа иҳаздыргылеит ашкол ҿыц. Аԥсуа хәыҷқәа аџьџьаҳәа ашҭа ҭдырҭәааит. Абриаҟара алшара анҳамамызгьы, ҳҵаҩцәа аҵареи, аспорти, акультуреи рҿи, аолимпиадақәа раани алҵшәа бзиақәа аарԥшны ҳашкол ахьӡ ҭыргон. Уажәы аҭагылазаашьа анҳау, агәра ганы сыҟоуп ҳмилаҭтә школ еиҳау аҩаӡарақәа рахь ишхало", - лажәа иацылҵоит арҵаҩы.

© Foto / из архива Инги ШарматГагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаара
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаара

Инга Шармаҭԥҳа арҵаҩцәа ҿарацәа дрызгәдууны рыӡбахә лҳәеит аҭоурых арҵаҩцәа Сариа Ԥлиаԥҳа, Омар Џьыкырба, агеографиа арҵаҩы Оскар Хынҭәба, абиологиеи, ахимиеи рырҵаҩы Шьамсиа Аҩӡԥҳа, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа аиҳәшьцәа гәакьацәа Саидеи Иланеи Аҩӡԥҳацәа, афизикеи, аматематикеи рырҵаҩы Кристина Кәарҷиаԥҳа, англыз бызшәа арҵаҩы Милана Ахвледиани, апсихолог Сабина Махариаԥҳа. Аԥсуа бызшәеи алитературеи гәыла-ԥсыла ахәыҷқәа ирызназго, уажәшьҭа аԥышәа змоу Диана Задеԥҳа. Лааԥсара ахә шьауа, ашкол аиҿкааҩ Ларина Гәымԥҳа лыбзоурала араиони, анҭыҵи иарбанзаалак ахәыҷқәа злахәу усеиҿкаарак вбак амамкәа ишымҩаԥысуа лҳәеит. Арҵаҩцәа Флора Быџԥҳа, Светлана Ԥалԥҳа, Наталиа Кириакова, Лиана Дбарԥҳа, Наҭела Смырԥҳа, Хьыма Аҩӡԥҳа, Емма Басариаԥҳа, Роза Ақаҩԥҳа, Раџь Ҳаџьымба уҳәа 50-ҩык рҟынӡа ишьақәгылоу аколлектив шьала илзааигәоу реиԥш бзиа илбоит. Хымԥада статиак аҳәаақәа ирҭагӡаны зегьы рыӡбахә узыҳәом, аха ирдыруазар лҭахуп дшырзыҟоу.

© Foto / из архива Инги ШарматГагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаара
Ахәыҷқәа бзиа иумбар, ашкол аҿы аус узуӡом: арҵаҩы Инга Шармаҭԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи абжьаратә школ №1 арҵаҩратә еилазаара

Инга Шармаҭԥҳа Гагратәи аԥсуа школ аҿы аус луеижьҭеи хә-класск аулыжьхьеит, хыԥхьаӡарала иуҳәозар шәҩык инареиҳаны аҿар аԥсҭазаара амҩа ду ианылҵахьеит.

"Сара анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит соушьҭымҭацәа рахьтә аӡәызаҵәык дыԥхасҭамхакәа, зегьы азанааҭқәа роуны русурақәа рҿы, аҭаацәарақәа аԥызҵахьоу анреи абреи рылҵны иахьышьақәгылаз", - инаҵылшьит арҵаҩы.

Инга Шармаҭԥҳа иахьагьы хьыӡҳәала зегьы лгәалашәоит. Шәҩык рыхьӡ лымҳәазаргьы еиқәылԥхьаӡеит аҵараҿы зҽалзкаауаз Ахра Анқәаб, Ерик Габлиа, Мадина Ҭарԥҳа, Саид Мықәба, Дауҭ Агрба, Гәыранда Кәанџьариаԥҳа уҳәа.

45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа - Sputnik Аҧсны
Маиа Чыкәбарԥҳа: сара сыԥсҭазаара - школуп

Инга Шармаҭԥҳа ажәытәи аҿатәи еиҿырԥшуа илҳәеит раԥхьаӡа аусура даналагози, аибашьра анцозтәи лҵаҩцәеи, иахьатәиқәеи дунеихәаԥшышьала ишеиԥшым.

"Асовет ҵаҩцәа аҵара иазҿлымҳан, усҟан аидеологиа ҽакын,  апатриотизм акәын шьаҭас иамаз. Аибашьра аамҭазтәи ҳҵаҩцәа ракәзар, урҭ убриаҟара сгәы ирыцҳанашьон, ишыхәыҷқәазгьы рыбла рҭаацәаратә хьаа хубаалон. Ус егьа иҟазаргьы, амлеи, ахьҭеи агәаҟрақәеи ириааины ауаҩра рылҵит. Иахьатәи ахәыҷқәа реиҳараҩык аԥсҭазаара бзиа рымоуп, зехьынџьара агәашәқәа рзаартуп. Уалс ирыду имаашьакәа аҵараҵара ауп", - лҳәеит арҵаҩы.

Инга Виктор-иԥҳа иахьа лоушьҭымҭацәа лгәы ишҭымҵуа еиԥш даргьы дырхашҭӡом. Аӡәызаҵәык ихы иаҭәаимшьацт машьынала дыҟазаргьы, даангыланы аԥсшәа ламҳәакәа ацара.

Инга Виктор-иԥҳа ашкол аҵараҟәша инаваргыланы хантәаҩра азылуоит Гагра араион аҵара аҟәша анапаҵаҟа еиҿкаау агеографиа амаҭәар азы аметодикатә хеидкыла.

Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа

Арҵаҩы, адунеи иалаҵәаз апандемиа далацәажәо иазгәалҭеит, аҵаратә процесс аанкылара ахәыҷқәа рдырра ишаныԥшыз. Иахьа асанитартә нормақәа ирықәныҟәо ирыгхаз иахьыргӡоит ҳәа иаҿуп.

Жьҭаара 5, арҵаҩы изанааҭ амш азы, Инга Шармаҭԥҳа абиԥара ҿа рҵареи, рааӡареи иазааԥсо зегьы гәык-ԥсыкала дрыдныҳәалеит. Ирзеиӷьалшьеит агәабзиара цқьа, рнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәа, аҭаацәаратә маншәалара, аизҳазыӷьра. Аҵаҩцәа ирзеиӷьалшьеит амҩа иаша алхны, рыԥсадгьыл иаԥсоу ҵеицәаны иазгыларц.

Инга Виктор-иԥҳа Шармаҭԥҳа лааԥсара ахә шьауа Гагра араион аҵара аҟәшеи, Аԥсны аҵара аминистрреи изныкымкәа аҳаҭыртә шәҟәыла далыркаахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0