Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааПлатон Бебиа
Платон Бебиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иналукааша аԥсуа поет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Платон Бебиа ирҿиара иазкны Анатоли Лагәлаа иазирхиаз аматериал.

"Сара Абжьуааи Бзыԥыни аизара дуқәа рыҟны исықәҿианы Мықәи Лыхни санцәажәалак, сышәҟәы бзиак ҭыҵыз аҟара ацәанырра ԥхақәа сызнарҵысуеит!" Платон Бебиа.

Иахьа 85 шықәса ихыҵит апоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Платон Бебиа. Уи ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа даара бзиа еицырбо апоетцәа хатәрақәа дыруаӡәкуп.

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааПлатон Бебиа
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Платон Бебиа

Сара ибзиан исгәалашәоит, апоет 70 шықәса анихыҵ ииубилеи азы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа театр унацәахы узаламҵо ипахәӡа ишҭәыз. Ҩ-сааҭк қьаадбӷьыцк дахәамԥшӡакәа иажәеинраалақәа дрыԥхьон ажәлар бзиа еицырбо апоет. Ҩ-сааҭк напеинҟьаран, гәырӷьаран, асцена дықәгылан, ианхәыҷқәаз аахыс зҩымҭақәа ҿырҳәала ирдыруаз апоет. Иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит уи иқәыԥшраан ииҩыз, уи ауха дзыԥхьоз ажәеинраалақәа руак: Иахьӡуп иара "Ашәҟәқәа".

Сгәаҵа иҭыхоит, ак дырҿыхоит,

Срыма ицоит сытҟәа.

Сызмыԥхьац еснагь исыхоит,

Сзызгәыку ашәҟәқәа.

Срыԥхьоит, аха срыԥхьом баша,

Ишәа-иза сшьаҿақәа,

Уа амҩа иаша са исзырбаша,

Сзызгәыку ашәҟәқәа.

Мҩаныфала убас сеибырҭоит,

Сгәы ҟаҵо ихыхәхәа,

Шаҟа сырҭеи, ҩаԥхьа исырҭоит,

Сзызгәыку ашәҟәқәа!..

Платон Бебиа 35 шәҟәы дравторуп. 1959 шықәса рзы иҭыҵит раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟәы "Ацәқәырԥақәа". Убри аахыс имҩа аатит апоет, ирласны деицгәарҭеит, деицышьҭырхит. Уи иаразнак асцена дашьцылеит, избанзар, шамахак иажәеинраалақәа зегьы ҿырҳәала идыруан, насгьы цәгьала иԥшӡаны дрыԥхьон…

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааПлатон Бебиа, Алықьса Гогәуа, Денис Чачхалиа
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Платон Бебиа, Алықьса Гогәуа, Денис Чачхалиа

1995 шықәса рзы томрацәала аҭыҵра иалагаз ишәҟәқәа, актәи атом аҟны апоет ииҩыз аԥхьажәаҟны даара узырхәыцша хшыҩҵакык ыҟоуп. Абар иаргьы:

"Ҩынҩеижәа шықәса ҵуеит сара ажәеинраалақәа срыԥхьоуижьҭеи. Москвеи, Анкареи, Сҭампыли, Черқьесски, Тулеи, Қәҭешьи, Баҭыми, Қарҭи- иабыкәу сахьықәымгылац. Аха наӡаӡа сгәаҟны иаанхаратәы сахьықәгылахьоу хынтә роуп: 1975 шықәса рзы амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра рапхьаӡа Аԥсны иааны аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи дареи Аҟәа ианеиԥылоз; 1988 шықәсазы раԥхьаӡа Ҭырқәтәыла инеиз аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи амҳаџьырқәа рхылҵшьҭреи Сҭампыл ҳанеиқәшәаз; ахԥатәи - Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ррахәыц ианықәгылаз, мшаԥымза 21 аҽны, 1993 шықәса рзы, Гәыдауҭа, абжьуаа рзы арадиодырраҭара "Агәыӷра" ала, сажәеинраала, "Абжьуаа рыҷкәынцәа" саԥхьо санықәгылаз. Абарҭ сықәгыларақәа ахԥагьы, телехәаԥшралагьы радиолагьы ишҭарҩызгьы, акгьы еиқәымхаӡеит. Ҳара акгьы ҳаиҷаҳаӡом. Хьаа дус исымоуп. Еиқәханы иахьыҟоу Ҭырқәтәылазаҵәык ауп Аҟәатәии Сҭампылтәии сықәгыларақәа. Иҭаҩны ирымоуп аԥсуа ашәақәа реиԥш, амашьынақәа рҟны амҩа хара ианықәу ирзыӡҩруеит…"

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааПлатон Бебиеи Нелли Ҭарԥҳаи
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Платон Бебиеи Нелли Ҭарԥҳаи

Апоет иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟәқәа иаарылукаартә иҟоуп: - "Алирика", "Аеҵәақәа", "Ицәоу аӡиас", "Ахьы уардын", "Адгьыл амҵәыжәҩақәа", " Аӷба шкәакәа", "Агәҭыха", ипрозатә ҩымҭақәа - "Аҳәыҳәқәа", "Амра аҿы аӡәӡәоит", "Ацәаҟәа", "Ацҳаражәҳәаҩ", ароманқәа - "Ашьацҳәа", "Ақьачақьцәа", иара убасгьы иажәеинраалаоу ароман - "Ахаҳәраҳа".

© Sputnik / Томас Тхайцукиажәеинраалаоу ароман- "Ахаҳәраҳа"
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
иажәеинраалаоу ароман- "Ахаҳәраҳа"

Платон Бебиа поетк иаҳасабала данцәырҵ инаркны аханатә ипоезиа иавакны иааигон апрозеи, апублицистикеи, аиҭагара ауси.

Апоет ипублицистикатә ҩымҭақәа иаарылукаартә иҟоуп: " Мықә ақыҭазы агәыҵхажәа", "Иаҳа иахьшәарҭаз - Камыгә иԥа рҳәон", "Ахьынапқәа".

Ашәҟәыҩҩы ду дарбанызаалакгьы ибаҩхатәра анеицгәарҭалак, иара имилаҭтә литература дҭыҵуеит, егьырҭ абызшәақәа рахь деиҭаргоит, зегьы дрылаҵәартә дҟалоит. Убас еиԥш, Бебиа аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵхьоу ишәҟәқәа иреиуоуп иажәабжьқәа реизга "Ицәоу аӡиас", ахәыҷқәа ирызку иажәабжьқәа реидкыла "Ацәаҟәа", ироман "Ашьацҳәа".

Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

Иара убасгьы Платон Бебиа еиҭеигахьеит аԥсшәахь адунеиаҟны еицырдыруа аҩымҭа дуӡӡақәа: А.С. Пушкин иповест "Абҩатә ҽыуаҩ", С. Михалков "Сҭеԥан гьаргьалашь", Р. Биорнс "Ажәеинраалақәа", Ч. Аитматов "Ажәабжьқәа", В. Распутин "Ажәабжьқәа" уҳәа убас ирацәаӡаны.

Платон Бебиа поет трибунуп, уи аурыс поетцәа дуқәа Маиаковскии, Евтушенкои аурыс культураҟны рыхьӡ шышьҭыҵыз еиԥш, Аԥсны ихьӡ шьҭыҵхьеит, атрибуназ дшоуп ҳәа иԥхьаӡоуп! Аиԥылара дуқәа рыҟны иара ишьҭахь ацәажәара есымша иуадаҩуп, избанзар, уи иқәгылара ссирқәа рышьҭахь, анапеинҟьабжьқәа зегьы иара итәхоит.

Платон Бебиа ирлас-ырласны аԥхьаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылон, (аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы маҷк игәабзиара инаҭом, аха уи ипоезиа абзиабаҩцәа агәра ганы иҟоуп, уи дшаиааиуа, иаарласны иара бзиа иибо асценахь дышцәырҵуа).

Апоет имоуп ҳаамҭа аҿахәы зҳәо асатиратә жәеинраалақәа рацәаӡаны… Иааҳгап урҭ руак ацыԥҵәаха:

Сара сгәыла дычмазаҩуп,

Аха дааиуеит иарҭада!..

Дануԥыла, дузҵааҩуп,

Иамырхыда, иарҭада?!

Платон Бебиа ирҿиара иахцәажәахьеит ирацәаҩны акритикцәа, алитератураҭҵааҩцәа, апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа. Аха урҭ зегьы иаарылкааны зыӡбахә уҳәаша инарҭбаау аусумҭа, ҩ-томкны иҟоу "Платон Бебиа" захьӡу ашәҟәы иҩит алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба. Араҟа инарҭбааӡаны иаарԥшуп апоет данҩыҵшәаз инаркны иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи. Ари хәызмаӡам усумҭоуп апоет ирҿиара аҭҵааразы.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рыгәҭа игылаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба изкны

Насыԥ имоуп апоет, иажәеинраалақәа асценаҟны дықәгыланы данрыԥхьо, уаҟа итәоу аӡыҩрцәа "имакны" ианицырҳәо! Сара акырынтә сақәшәахьеит ҳлитературатә еиԥылара дуқәа рыҟны, Платон зегь еицырдыруа иажәеинраала ссир "Адырганҵыхәа" шицырҳәо. Саргьы, апоет ииубилеи аламҭалаз, абраҟа ишәгәаласыршәар сҭахуп урҭ куплетқәак, сгәы иаанагоит исыцышәҳәоит ҳәа.

Ашҭа аҵыхәа, адырганҵыхәа,

Ҭаԥыр-ҭаԥыруа инатәоит.

- Кыр сыхәозар, уара усыхәа! -

Аҭыџьҳа днаԥшын илҳәоит!..

Ашҭа аҵыхәа, адырганҵыхәа,

Арбаӷь иаршәан наҟ иԥрит.

Арԥыс ахы дмаахт иҽыхәа,

Лара лышҟагь дымнаҳәит.

Ишынеималҭәара абыржәыҵәҟьа,

Аҭыԥҳа ҿаалҭуеит абас:

- Са исԥырхагоуп арбаӷьыҵәҟьа,

Хаҵагь узлацозеи нас?!

Платон Бебиа ирҿиара иазкны иара ихаҭа џьара иҩхьеит: "Сара Лермонтов иқәра сҭысит, сҭысит Пушкин иқәрагьы, аха даараӡа имаҷуп макьаназы сгәы зласҟажаша. Акыр игәнызгоит сызхьымӡац, аха еиҳагьы хьаас исымоуп иаԥысҵаны зырҽеиха смоуц аҩымҭа ԥсыҽқәа… Арҿиарамҩа шьхацамҩоуп. Насыԥ ду имоуп уи аҟны, алакә аҿы ишырҳәо еиԥш, ахьылаба ԥшааны, инаганы зыжәлар рнапы иазыркыз ауаҩы. Ааи, сара бзиа избоит асцена, издыруада уи зыбзоуроу, Аҟәа аҵара санаанахәа инаркны, салгаанӡа, аԥсуа театр асценаҟны сахьыхәмаруаз акәзаргьы… Уи азҟазацәа дуқәа Леуарса Касланӡиеи Азиз Агрбеи ҳрышьҭагылан ҳаацәырымҵуаз ҳарҭ аҿаргьы…"

Платон Хәамԥа-иԥа, зыжәлар бзиа ирбо, зҩымҭақәа ҿырҳәала ирҳәо апоет, уи еиҳау насыԥ иҭахӡам! Убри аҩыза апоет инасыԥ шәымоуп шәара, акаҩ-акаҩҳәа асцена дуқәа ирықәҩуа шәыбжьы ҳажәлар шәышықәсала анцәа ирыгимырхааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0