Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

© Foto / из архива семьи Гургулия Борис Гургулиа
Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа 85 шықәса ҵит аԥсуа поет, ҳажәлар ринтересқәа ирзықәԥоз апатриот, ианаҭахыз иаҭахыз ажәа аҳәашьа иақәшәоз ауаҩы Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа диижьҭеи. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы, апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа иара изикит.

Апоет ихьӡ ануаҳалак, уи уара уаанӡа дудыруазҭгьы, иаразнак ихаҿсахьа убла ихгылоит, нас уи иччаԥшь, ихы-иҿы, ицәаҳәақәа… Аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟала зыԥсҭазаара иалҵхьоу ҳашәҟәыҩҩцәа уанрызхәыцлак, иаразнак уааиҵаӷәӷәоит… Иара усгьы, хыԥхьаӡарала ирацәаҩым аԥсуаа ҳзыҳәан ҳҿахәы зҳәоз, ҳажәлар ҳахшыҩҭрақәа ҳәа изхәаԥшуаз, аӡәаӡәала инаҳалҵны ицеит. Урҭ инрыжьыз даара акрыҟоуп, абиԥарацыԥхьаӡа еиҵагыло зырхәыцша, изааӡаша, раԥхьаҟа изырԥшыша, ианшәарҭоугьы рзырдырша, иангәырӷьароугьы агәырӷьара иақәзыршәаша…

Машәырла зыԥсҭазаара иалҵыз Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа сара ҷыдала пату иқәысҵон, уаҩԥсык, интеллигентк, аԥсыуа хаҵак иаҳасабала даара сизгәдуун. Уи аҽыгәҽыгәҳәа дыччо данаауԥылалак, аԥсҭазаараҿы иумоу упроблемақәа зегьы ухаиршҭуан, урҭ раҵкыс иаҳараку, илашоу, жәлары зегьы еицыртәу акы ахь ухьаирԥшуан. Уи ала иҳәарц иҭахушәа "ҳара ҳхы есымша ҳахьӡар ҳалшоит, аус злоу ажәлар абзиара иақәшәааит". Насгьы, иара убри аҩыза ччаԥшьк иман, ианаауҿаирԥхалак, аҷараҳәа угәы ацаԥха ааиртуан!

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааБорис Гәыргәлиа, иԥшәма Нелли Чычԥҳа, рхәыҷқәа хҩык
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Борис Гәыргәлиа, иԥшәма Нелли Чычԥҳа, рхәыҷқәа хҩык

Борис дпоет-трибунын, аҿаԥыц ӷәӷәа иҿан, уи дықәгылан иарбан аудиториазаалакгьы дахьцәажәаз, ишьҭахь ацәажәара гәаӷьыуацәан. Ҳара ҳқәыԥшқәан иара иаасҭа акыр, аха ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи реиԥыларақәа Борис дызлаз агәыԥ срыцны саргьы акырынтә Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҿы ҳамҩахыҵхьан… Уи ҳаницыз, аӷба ҳҭазшәа ҳхы ҳаԥхьаӡон!.. Амҩан убриаҟара жәабжь ҳзеиҭеиҳәон, еиҳараӡакгьы ашәҟәыҩҩцәа реиԥыларақәеи реицныҟәарақәеи, мамзаргьы ақырҭуа "ҭоурыхҭҵааҩцәеи" иареи реиҿагалырақәа, рымааибрақәа, ииашаҵәҟьан, убри ауаҩ, ԥшӡала, аамҭак иоуны дҟалар, абарҭ зегьы изҩыр, изакәытә ҭоурыхузеи ҳажәлар ирзынижьрыз угәахәуан…

Борис дуаҩы разын, дуаҩ қьиан, аха ианаацәгьарахалак, аҿаца-ҿацаҳәа уи ицәажәара, уи "иҟамчы" ашыҩҵәҳәа изхиҟьаз, дҵарауаҩума, дполитикума кыраамҭа ибызбызуа инхалон! Убри азы акәын, иара дахьтәаз, аибашьра иалагаанӡагьы, имҩаԥысуаз ақырҭқәеи аԥсуааи рҵарауааи ринтеллигенциеи реиқәшәарақәа рҿы дара еиҳа есымша ашҳам зҿаз ақырҭқәагьы рҽызхьаркуаз, избанзар Борис даарызцәырҵыр, ирзыԥшыз рдыруан!

Сара, раԥхьа иргылан, Борис Алмасхан-иԥа дызласгәалашәо, сара исыдҳәалоу ахҭысқәа рыла салагар сҭахуп. Ҳара ҳанқәыԥшқәаз, ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи зыҩуаз, усҟан алитература иааицеиҵагылаз аҿар ҳрацәаҩын. Убри азыҳәан, ажурнал "Алашара" есышықәса актәи аномер аҿар иҳарҭон. Нас, ажурнал анҭыҵлак, имҩаԥыргон ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа алархәны уи аномер аилыргара.

Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лагәлаа: аханатә аахыс "Алашара" аҿар бла ҵарыла ирыхәаԥшуеит

Убас, зеилыргара мҩаԥысуаз аҿар ирызкыз ажурнал "Алашара" актәи аномерк аҿы (уа ианын раԥхьаӡатәи сажәабжь "Саб") Борис даара игәаԥханы, иагыз-иабзазгьы даҩымсыкәа дцәажәеит. Убасҟан, Борис иеиԥш иҟаз апоет илаԥш "иахьыҵашәаз" акраанагон сара сажәабжь хәыҷы. Сҩызцәа зегьы сыдныҳәало иалагеит, иамыԥхьацызгьы иаразнак ажурнал ԥшааны иаԥхьеит. Убри инақәырццакны ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәбагьы уи ажәабжь игәаԥханы ақәҿиҭит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны. Иахьӡын уи астатиа "Амҩа уанықәлауа". Усҟан сара арҵаҩратә институт афилологиатә факультет актәи акурс аҿы стәан.

Борис Алмасхан-иԥа уинахысгьы аҿар даара илаԥш ҳхын. Аинститут аҿы иҳаман еиҿкааны алитературатә клуб. Уи напхгара аиҭон ҳарҭ арҿиара знапы алакыз астудентцәа зегьы ҳаԥсеиԥш бзиа иаабоз Владимир Платон-иԥа Анқәаб. Борис Алмасхан-иԥагьы уахь ирлас-ырласны днеилон, ҳҩымҭақәа реилыргара ихы алаирхәуан. Усҟан сара агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы акьыԥхьра салагахьан, ҿыц аҩра иалагаз аӡә иаҳасабала сыхьӡгьы рдыруан алитература иазҿлымҳаз.

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааБорис Гәыргәлиа иҩымҭақәа реизга "Аныҟәашәа"
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Борис Гәыргәлиа иҩымҭақәа реизга "Аныҟәашәа"

Убарҭ ҳаиԥыларақәа руак аҿы Борис Алмасхан-иԥа ажәалагала ҟаиҵеит аинститут аҿы иҭыҵуаз  алитературатә журнал "Арҩаш" редакторс сара сарҭарц. Владимир Платон-иԥагьы иаразнак дақәшаҳаҭхеит, астудентцәагьы, уи акәызшәа ирҭахыз, иаразнак рнапқәа ирҩахеит! Иахьеиԥш исгәалашәоит, Валентин Кәаӷәаниеи сареи Борис ажәа шиаҳҭаз иҳалшо зегьы ҳаицхырааны ишыҟаҳҵо ала! Борис сҟәаҟәа инапы нықәиҵан, "наҟ-наҟтәи шәусураҿы ишәыхәоит, мап ахьышәымкыз сеигәырӷьеит" иҳәан, ҳагьаагәыдикылеит!

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааБорис Гәыргәлиа иҩымҭақәа реизга
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Борис Гәыргәлиа иҩымҭақәа реизга

 

Аиашаз, иахьагьы сгәы ихааӡа иҭоуп "Арҩаш" аус анадааулоз, аматериалқәа анеизаагоз, Алмасхан-иԥа илаԥш шаҳхыз, иҳаиҭоз ацхыраара. Аномерқәа рҿы апародиақәеи акритикатә статиақәеи инадыркны, алитературатә жанрқәа ирыҵаркуа зегьы еидаҳкылеит, ҩышықәса рыла ҩ-номерк ҭҳажьит, иахьагьы ибзиан исгәалашәоит афилологиатә факультет иҭаз астудентцәа зегьы шаҟа гәыблыла иаԥхьоз… Убри зегьы зыбзоуроу амҩа ҳақәызҵоз, иаҳхылаԥшуаз ҳарҵаҩцәа Владимир Анқәаби Борис Гәыргәлиеи роуп.

Борис Алмасхан-иԥа ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ианналагоз иҷкәынцәа руаӡәк Абзагә хаҵарыла дҭахеит. Иаргьы ижәлар днарылагылан, аибашьра аанҵәаанӡа дахьиз, дахьааӡаз Очамчыра араион аҿы дыҟан, амитингқәа рҿы дықәгылон, хаҵарыла иҭахоз дрыхцәажәон, иара дахьырбоз, аибашьцәагьы, ақыҭауаагьы зегьы ргәы ӷәӷәахон, иҟарымҵашаз ҟарҵон.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Абзагә Гәыргәлиа ифырхаҵара иазкны

Исгәалашәоит, Борис иашьак иеиԥш пату зқәиҵоз иҩыза бзиа, ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа 75 шықәса анихыҵ ииубилеи Тҟәарчал иҟарҵон. Арстәи Алықьсеи, Никәала Кәыҵниеи, сареи ҳаицны ҳашнеиуаз, Кәтол ҳныдгылан Борисгьы даҳгар акәын. Борис иҿы Кәтол ҳаннеи, астол рхианы, сасцәа дахьқәак изнеиуашәа дыԥшын! Ҳиҳәеит, сааҭбжак ада ҳамаӡам, аизара иаҳцәалагоит ҳәа, аха иаҳҳәоз заҳауадаз, иара инапала иршыз хԥа-хԥа фырџьан ауатка ҳаржәны, иахьынӡахәҭаз пату ҳақәҵаны ҳанындәықәлоз, иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳа днаҳадҟьан дцан, смашьына аԥхьа ашәшь быӷьқәа ааганы асаркьаҿы  ицәыҵалҵеит. "Ари амшьҭазы ибзиоуп, амҩан амашәыр шәҟәыблаазааит!" – лҳәеит! Нас ҳахҩыкгьы ҳацыԥхьаӡа, шәара ақалақь аҿы шәынхоит, зегь аахәан ишәфоит лҳәан, сумкак-сумкак аҳасамаса, ашәырша-ссир инаркны, аџьынџьыхәа, араса, алаҳарҩа, хазынас иаарымаз зегьы ҳазҭалҵеит!.. Убри ахҭыс сара иахьа уажәраанӡагьы сгәы ихааӡа иҭахәхәа иҭоуп! Ҳаб иҩны ҳнеизшәа, ҳаимала-еиҿалаха ҳрышьҭит! Ари аҩыза ҟазҵо даара згәы ҭбаау, даара иаԥсыуаау, аиҩызара пату ду ақәызҵо ҭаацәароуп!

© Foto / из архива семьи Гургулия Борис Гәыргәлиеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳаи
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Борис Гәыргәлиеи иԥшәмаԥҳәыс Нелли Чычԥҳаи

Хԥаҟа шықәса рышьҭахь, сара 50 шықәса анысхыҵуаз, Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека хадаҿы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла еиҿнакааз аиԥылараҿы, кәыркәа агәазы, аҽны Аҟәа ус шимамызгьы, ианиаҳа, Кәтолнтәи далыхәхәа дааит иара. "Сара Кәтол сызлатәоз, иацтәи сыстудент иахьа 50 шықәса ихыҵит ҳәа ансаҳа?" – иҳәан, ҩыга бзиаӡакгьы ааган сџьыба инҭеиҵеит. Нас, аизараҿгьы дықәгылар иҭахын, аха аамҭа ахьаҳцәеиҵыҵыз азы, "сара сцәажәара ара исызҭагӡаӡом, астол ахь ииазгоит, уа еиҳагьы аҳәатәы сымоуп" иҳәан, ҳаԥхьа днагылан, иашьа еиҳабык ишыҟаиҵашаз еиԥш, иҿынеихеит. Уатәи ицәажәара, уатәи иныҳәаԥхьыӡ, сара ԥсраҽнынӡа ахаангьы исыцзаауеит…

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааАнатоли Лагәлаа, Владимир Басариа, Борис Гәыргәлиа, Алықьса Гогәуа, Валери Бигәаа, Лиалиа Чамагәуаԥҳа
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Анатоли Лагәлаа, Владимир Басариа, Борис Гәыргәлиа, Алықьса Гогәуа, Валери Бигәаа, Лиалиа Чамагәуаԥҳа

Борис Алмасхан-иԥа кырӡа шықәса ҵуан ажурнал "Алашара" аредколлегиа далеижьҭеи. Сара знызаҵәыкгьы исгәалашәом, уи аредколлегиа аилатәарақәа рҿы даннеиуаз, иҽазыҟамҵакәа, излацәажәо аматериал изымдыруа днеиуа. Уи иқәгыларақәа, ицәажәарақәа зегьы ибзиаӡаны иҽырзыҟаиҵон, раԥхьа тезис ҳасабла қьаад хәыҷык ианиҵон ииҳәашаз, нас еиԥкааны, еиҿкааны, иҭырҳәцааны, зегьы-зегьы дырзааҭгыланы дрыхцәажәон. Иахьақәрыӷәӷәатәызгьы иақәирӷәӷәон, аӡәгьы диеигӡаӡомызт, анхаҩ бзиа иеиԥш, икәаҭан иахьынӡахәҭаз "иҵеиҵон", "адацқәа" ирԥырхагамхартә! Зны-зынла ианирҿацацәозгьы ыҟан, нас ԥыҭк анҵлак, игәы хьаԥссаны, "исымҳәар акәын, аха исҳәазааит!" иҳәалон. Арҭ ацәаҳәақәа иара ишитәу зегьы ирдыруеит, ажәаԥҟак, афоризмк иеиԥшны иаанхеит!

© Foto / из архива семьи ГургулиаБорис Гәыргәлиа иҭаацәа рыгәҭа
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Борис Гәыргәлиа иҭаацәа рыгәҭа

Борис Алмасхан-иԥа ҳаԥсуа литератураҿы ишьҭа ӷәӷәаны иануп, апоезиаҿы, апрозаҿы, акритикаҿы, алитератураҭҵаараҿы, арҵаҩраҿы. Уи иқәра ахьынӡааихьази, илитературатә ԥышәеи рыла, хымԥада инарҭбаау прозатә формак далагарц иҭахын, иара иҳәалон еиԥш, "амчеизгара" даҿын. Избанзар аибашьраан дызлаԥшыз, иибаз, иара хаҭала ихигаз, апоезиа, ажәеинраала изҭагӡомызт, иҵегь аҽарҭбаауан, адацқәагьы ҟанаҵахьан игәаҿы. Аха имаӡеит, иаџьал ааины ишәхымс илагылахьан…

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааБорис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа хәажәкыра 1, 2012 шықәсаз иԥсҭазаара машәырла иҿахҵәеит. 2015 шықәсазы иҭыҵит апоет игәалашәара иазкны иҩызцәа ирҩыз астатиақәа реизга "Амҩа ааихиҵәар, аҩны днеиуан..."
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа хәажәкыра 1, 2012 шықәсаз иԥсҭазаара машәырла иҿахҵәеит. 2015 шықәсазы иҭыҵит апоет игәалашәара иазкны иҩызцәа ирҩыз астатиақәа реизга "Амҩа ааихиҵәар, аҩны днеиуан..."

Адунеитә литератураҿы ирацәаҩуп ус ашәҟәыҩҩцәа изыхьхьоу, аԥсҭазааратә ҟыбаӡыбақәа иаарылҵны, еиҳа иантәаша, акранырҩыша, рыԥсҭазаара ахи аҵыхәеи изнысыз зегьы анеидырхәыцлаша, рбаҩхатәреи рымчи еиҳа идуу акы ианазыркша аамҭазы, рыԥсҭазаара ҿахҵәоит… Урҭ дара адунеи иқәнаҵы иҟарҵахьаз абзиарақәа зегьы, аҳалалрақәа зегьы рыхьӡар акәын, уи ашәарҭара иацәырыхьчар акәын, аха зны-зынла аҩсҭаа имч еиҳа ианеиҳахо ыҟоуп Анцәа имч аасҭа. Усҟан, зыԥсҭазаараҿы бзиарамзар цәгьара ҟазымҵац, згәы аартны адәы иқәу, иахьа аӡәы изы бзиарак анизыҟаҵа, уаха ҭынч ираҳаҭны ицәоу акгьы ихәаӡом, иҟаиҵаз иззыҟаиҵаз ирзынхоит, иара иаџьал анааи, акгьы дазыхьчаӡом… Ах, уи шаҟа ииашамзеи, аха аԥсҭазаара азакәанқәа аӡәыр иҭаххеит ҳәа изыԥсахуама, узырнахом, узаарыхом…

Ҳпоет гәлымҵәах Алықьса Лашәриа иҳәахьеит: "Ауаҩы дыҟанаҵ мрашәа дыԥхалароуп!" – ҳәа. Ииашаҵәҟьан, сара исзааигәаз, издыруаз апоетцәа рҟнытә, аӡәыр мрашәа дыԥхахьазар, аӡәыр уаҩрала, ламысла, ԥсыуала Аԥсны абаагәара акәыршазарц иҭахызар, аӡәыр ианаҭахха аамҭазы ижәлар рзы игәы ҭыхны ирыҭатәызар – ириҭозар, аӡәыр, умилаҭ рхаҵкы ицатәуп ҳәа иарҳәар, уаҩԥсык иҽирҵысаанӡа "Сара ара сыҟами!" зҳәоз иара иакәын…

Ҳара абри иҩыза ауаҩԥсы, апоет гәыбылҩы дызмаз ажәлар, абри иҩыза Аԥсуа дызцәыӡыз, хыхьынтә мчык иҳаҵанаҳәоит усеиԥш иҟоу ауаҩы еиҭах иааӡаразы, аԥсабара акгьы ишамеигӡо, иҭаҵәахны иамоу амчқәа шеизнаркәкәо, аха иара иагәаԥхартә, аказы иахьымхәыртә, ԥсыцқьала ахымҩаԥгара шаҭаху. Избанзар ԥсыцқьала адәы иқәыз ауаҩы иҭыԥан иара иеиԥш акрызҵазкуа, змилаҭ рхьаа зхьаау ауаҩы деиҭацәырҵырц азы аԥсыцқьақәа зқәыло ацҳа цқьазароуп, шьапыҟьашьык данымлацзароуп. Уи аҩыза ацҳа аиқәырхаразоуп, ахҵаразоуп Борис иеиԥш иҟаз ауаа Анцәа инапы иадыхҵәалан, ишаны адәы изықәиҵаз.

Ҳара иаҳхароу, урҭ реиԥш иҟоу ауаа ахьаҳзымыхьчо, иахьынӡахәҭоу ҳахьзырхымӡыӡаауа ауп…

Ҳара иаҳхароу, урҭ зыԥсоу дара рыԥсы анҭоу иахьаҳзеилымкаауа ауп…

Ҳара иаҳхароу, дара рышьҭахь, урҭ злацаз рыграпара заа иахьаҳцәеимаԥсо ауп…

Ажәабжьқәа зегьы
0