Аҟәантәи Калдахәаранӡа, ма акоронавирус агәра гара шаҳҭахым

© Sputnik / Томас ТхайцукШахматисты на берегу
Шахматисты на берегу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа акоронавирус гьангьаш ҳашҭа иҭалаанӡа аԥсы шҭоу агәра агара ҳҭахым ҳәа агәаанагара лызцәырҵит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа, Аҟәантәи Калдахәараҟа дцан данааи ашьҭахь.
Аҟәантәи Калдахәаранӡа, ма акоронавирус агәра гара шаҳҭахым

Ҽаҩраҭагалан иаҳнаҭаз аԥхарра лшара бзиоуп еимҟьарак аныҟоу ақыҭа аҭааразы. Ачымазара ҿкы анеилагьежьуа аамҭазы, амҩа ақәлара гәаӷьыуацәагәышьоуп, аха ус акәзаргьы, аԥкра амҩаԥгаразы иҟоу ахархәагақәа ҳасаб рзыуны, ахәаша амҩа ҳақәлеит ҳқыҭахь сыԥшәмеи сареи. Аидарагьы ҳаман азы атакси ҳаԥхьеит авокзал аҟынӡа ҳцарц. Иааит атакси, аха амашьынарныҟәцаҩ асабрада захьӡу ихамызт. Ҳанҭатәеит ҳара сабрадала ҳаиқәных. Авокзал аҿы, игәасҭеит аԥсуа аруаа гәыԥҩык шеицыз, урҭ зегьы асабрадақәа рхан. Авокзал аҿы игылаз Аҟәа-Ԥсоу ҳәа зныз амаршруттә такси ҳанҭалеит. Арныҟәцаҩ, Анцәа иҟәырхуп усгьы акгьы ихамызт, аха амашьына иҭатәаз рахьтә аӡәы-ҩыџьа ракәын асабрадақәа ныҟәызгоз. Акарантин шыҟоу здыруа, асабрада зҿаз ԥҳәыск сынлыдтәалеит.

Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
Аԥҟарақәа зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп

Амашьынарныҟәцаҩ қәрала 60-ҟа шықәса дрықәзаргьы ҟаларын, аха ихымҩаԥгашьала Ковид-19 адунеи ишықәу имаҳацзаргьы ҟалап угәахәуан. "Зегь шәтәама?" иҳәан имашьына аус наируит, "асабрадақәа шәхашәҵа" ҳәа дҵакгьы ҟаимҵеит. Амҩа ҳақәлеит. Зегь реиҳа ишәарҭахаз, аԥсҟы зкыз амашьына ширныҟәоз акәын. Исыватәазгьы саргьы ҳгәы нҭыԥсаауан, иаалырҟьан аџыхҳәа иаангылон зныҟәашәа ццакыз амашьына. Дабаццакуеи ҳныҟәызго уҳәарын, убас аҽыҩқәа аныҵдырҟьо еиԥш имашьына анааирҭрыслак.

Амҩан иҳаԥхьагылоз аидарамҩангага машьынақәа амҩа анирымҭалакгьы, ишшәарҭазгьы дрывсыр иҭахны амҩа егьи аганахь ихы аарихалон. Ишамуаз анибалакгьы, аџыхҳәа даангылон. Амҩан иҳавсуаз амашьынақәа ирҭатәаз рахьтә сабрадала еиқәшәазгьы ыҟан, аха шамаха ауаа рацәа зҭатәаз амашьынақәа рпассаџьырцәа зегьы иныҟәыргомызт, иахьа ҳаԥсҭазаара иахәҭакхаз -асабрада.

Аҟәа инаркны Калдахәаранӡа ҳнеиаанӡа адәахьы ахәаахәҭра иаҿыз ауаа ракәзар, акарантин акашәа имбакәа адунеи ишықәу убаратәы иҟан. Ашәыр, ақәыр уҳәа реиԥш иҟоу адәахьы иқәыргылан изҭиуа анапҭарԥагьы асабрадагьы рааигәара ишнарымго иаразнак иубоит.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Ацәгьеи абзиеи, ма ачымазара ҿки уи иҟанаҵо анырреи

Схәыцуан, абырсҟак аԥсыҭбара аныҟоу абарҭ мшәаӡо ҳәа. Мап, имшәозар акәхап, мамзар ас ҟалашьас иамоузеи? Иаҳаулакгьы амҩатә машәыр ҳақәымшәакәа Калдахәара аангыларҭаҿы ҳнеит. "Уныҟәашәа бааԥсуп амашьынарныҟәцаҩ, ухаҵкы", сҳәеит ҳанҭыҵуаз. "Ибҳәо закәи?", иааџьеишьеит иара.

Ҳахьынҭыҵыз игәаҳҭеит аангылараҭаҿы игылоу адәқьан шарку. Ашьҭахь излеилаҳкааз ала, уаҟа аус зуаз ачымазара рхьысит. Ковид-19 ари ақыҭаҿгьы иаагәышьеит сгәахәит "анхәа лыбз" еиԥшу Калдахәаратәи архәра ҳаҿаланы ҳаҩныҟа ҳҿанынаҳха.

Ақыҭараҿы ҭынчроуп, амҩа шамаха уаҩ данны убомызт. Ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы ҳара ҳахьынхо аҭыԥ даара иманшәалоуп. Аԥкрақәа инарықәыршәаны, агәылара, азлара џьаргьы ҳамнеит, ҳара ҳахьгьы уаҩ дмааит. Ақыҭауаа рӷьырак Гагра аус руеит, хәылбыҽхала рыҩныҟақәа рахь ихынҳәуеит, убри аҟынтә, ҳазқәынхо ахәы ҳаракы ачымазра халар ауеит аԥкрақәа ирықәымныҟәар ҳуааԥсыра.

Амҽышаҽны Аҟәаҟа ҳдәықәлеит. Аангылараҭаҿы ҳанааи адәқьан шаркыц иаркын. Дук хара имгакәа атакси аангылт "амаршрутка ахәала шәызгоит" аниҳәа, ҳанҭалеит ҳсабрадақәа наҳҿаршәны. Араҟагьы, амашьынарныҟәцаҩгьы, иватәазгьы аԥкра амԥангьы иҟамызт, амала амашьына арныҟәцаҩ ашьшьыҳәа даауан, сгәы мыҭрыскәа Аҟәанӡа ҳааигеит.

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

Аҟәа санналаԥш асабрадақәа шырацәаз иаразнак иаагәасҭеит. Ақалақь транспорт аныҟәцаҩцәа аԥҟарақәа ишрықәныҟәо иаразнак иубоит. Атроллеибус иҭаз реиҳараҩык сабрадала еибыҭан.

Авирус абҵара анҵәамҭазы аҽаӡар алшоит рҳәоит, аха сныҟәара ишыснарбаз ала, еиҳарак аҳҭнықалақьуаа роуп арҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәо, егьырахь амҩан избақәоз рыла, акарантин ирылаҳәо ашьҭахь, ачымазара ацәаара ԥсыҽхоит аҳәара уадаҩуп.

Калдахәара саныҟаз Гагра инхо сыуацәа ҭелла исарҳәеит "Гагрыԥшь" ачара мҩаԥыргон ҳәа. Абас ҳаҟоуп ҳарҭ аԥсуаа, авирус гьангьаш ҳашҭа иҭалаанӡа аԥсы шҭоу агәра агара ҳҭахым.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0