Аԥсуа динхаҵара иахәҭаку: Гәымбаа аижәлантәқәа рныҳәара

© Sputnik / Томас ТхайцукФамильное моление в селе Джирхва
Фамильное моление в селе Джирхва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ирымоуп даҽа милаҭк ирылазмырҩашьо аҷыдарақәа. Урҭ ируакуп аижәлантә ныҳәара. Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа дазааҭгылоит Гәымбаа аижәлантәқәа Ҟәланырхәа ашьха ахәаҿы есышықәса имҩаԥырго рныҳәареи урҭ рыиашьара аҭоурыхи ртәы.

Аԥсуа жәлар ирымоуп даҽа милаҭк ирылазмырҩашьо аҷыдарақәа. Урҭ зегьы жәытәнатә аахыс еиқәырханы, абиԥарала еимдо иахьа уажәраанӡа ажәлар иааргоит. Аԥсуа динхаҵара аазырԥшуа ҳныхақәа, ҳныҳәарақәа дара-дара еиԥшым, доусы ирымоуп рхатәы ҷыдарақәа, рхатәы знеишьақәа, рхатәы қәныҟәарақәа. Аха урҭ зегы еидызҳәало, гәыцәс ирымоу - иаӡәку Анцәа имч-илшара азыҳәара, ҳаиҳа зымчу имҵаныҳәара ауп. Ас еиԥш иҟоу аныҳәарақәа ируакуп аижәлантә ныҳәара.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аԥсны имаҷым ажәлақәа уи мҩаԥызго. Урҭ иреиуоуп Гәымбаа. Ажәлақәа Гәымба, Гәынба, Гәниа, Еныкь иузеиҩымшо, иузеиҟәымҭхо, жәытәнатә аахыс зхатәы ҭоурых еиқәырханы иахьа уажәраанӡа иааргоит, урҭ дак еицҭаныҟәо ашьа еиднакылоит, еишьцәоуп наунагӡа. Есышықәса имҩаԥыргоит аиашьара чара, еизоит аижәлантәқәа зегьы.

Габниаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҭәаҵла ашьапаҟны – Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара

Ажәлақәа Гәымба, Гәынба, Гәниа рышьаҭа акы шакәу абызшәа ахаҭагьы иунарбоит. Ажәла Еныкь аҳәашьа, анҵашьа урҭ ишреиԥшымгьы, рыиашьара ишатәу зҳәо аҳәамҭақәа акымкәа иҟоуп. Урҭ руак ала, Нхыҵ Кавказ Ҟабарда инхоз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз ҩыџьа аишьцәа а-Гәымбақәа ашьоура иахҟьаны ихыҵны ҭаацәала Аԥсныҟа иааит. Ҟабарда Еныҟә ҳәа ажәла ыҟан, убри иахаршаланы аишьцәа ирыӡбеит руаӡәк ижәла Еныкь ҳәа ирыԥсахырц, аӷацәа рышьҭаланы ианхыҵлак, ирзымыԥшаарц азыҳәан, уи алагьы рабиԥара дмырӡырц. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Леонид Еныкь.

Иҳаҳахьоу даҽа версиак ала, дыҟан ԥҳәысеибак, изларҳәо ала Оҭырԥҳан. Гәымбаа дырҭацан, длыман аԥа. Лыԥшәма иԥсҭазаара даналҵ, аамҭақәак рышьҭахь Еныкь зыжәлаз ахаҵа ԥҳәысс дигеит. Аижәлантәқәа Еныкьаа рыҟны иара иакәын иаанханы иҟаз. Ажәла мыӡырц азыҳәан, иабхәындацәа дрыҳәеит, иԥаԥса ижәла ижәлеиҵарц, даргьы ақәшаҳаҭхеит. Убри иахҟьаны иахьа уажәраанӡа Еныкьааи, Гәымбааи, Гәнааи, Гәниааи еишьцәоуп, жәлак ауп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Абас ала, авариантқәа аивгарақәа рымазарагьы, жәлар рҳәамҭақәа арҭ аԥшьжәлак рхаҭарнакцәа шеишьцәоу, рдақәа шьак шреицҭаныҟәо, ишузеиҟәымҭхо шьақәдырӷәӷәоит.

© Foto / предоставлено Наалой ГумбаАижәлантәқәа Гәымба, Гәынба, Гәниа, Еныкь рыиашьаратә дыргақәа
Аԥсуа динхаҵара иахәҭаку: Гәымбаа аижәлантәқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аижәлантәқәа Гәымба, Гәынба, Гәниа, Еныкь рыиашьаратә дыргақәа

Ҟәланырхәа ақыҭан ԥхынгәы аҵыхәтәантәи амҽыша азыҳәан есышықәса аижәлантәқәа Гәымбаа еизаны имҩаԥыргоит рхатәы ныҳәара. Даара акыр шәышықәса ҵуеит асеиԥш иҟоу аныҳәара мҩаԥыргоижьҭеи. Уи ззыҟарҵо, рыжәлар ирықәныҳәоит, рхы иақәныҳәоит, рыжәла ҿиарц, иазҳарц Анцәа имҵаныҳәоит.

Аныҳәара мҩаԥыргоит Ҟәланырхәа ашьха ахәаҿы, адәҳәыԥш ԥшӡара аҟны. Аныҳәарҭа аҭыԥ аҟнынтә унаԥшыр, ақалақь Гәдоуҭа унапсыргәыҵа ианушәа иубоит. Ари аҭыԥ ус башамаша иалхым. Уи атәы дазааҭгыло, аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба иҳәоит:

"Раԥхьа иҳәатәуп ажәытәӡатәи ашәышықәсқәа рҟынтә иаауа, 500 нызқь шықәса аԥхьа ицәырҵыз аԥсуаа ҳдинхаҵара шьаҟас ишаҵагылоу аԥсуа жәлар ҳаибаркны ҳазмоу Аԥсуара. Аԥсуа динхаҵара анаҳцәыӡ, ииаӡӡаауеит Аԥсуарагьы, Аԥсуара аныӡ – ииаӡӡаауеит аԥсуа милаҭгьы. Аԥсуа динхаҵара иахәҭакуп ҳажәла аныҳәарагьы. Уажәазы аҳәара цәгьоуп иналкааны ари аныҳәара Гәымбаа аналагаз, аха иуҳәар алшоит уи даара ишжәытәӡатәиу", - иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Ажәла "Гәымба" иҵаулоу, иҭбаау аҭоурых змоу жәлоуп. Уи ара ҳзалацәажәом. Амала иаҳҳәар ҟалоит ахьӡ Гәыма шуԥыло ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы. Убас, 2500 шықәса раԥхьа, V ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа еицырдыруа абырзен Ксенофонт инапы ианыҵыз аҩыра "Анабасис" аҿы ақалақь Аԥсар (уажәтәи Баҭым азааигәара) иарбоуп ақалақь Гәыма, уа инхо ауаагьы гәымаа ҳәа.

Иуҳәар алшоит, хымԥада, уи аамҭазгьы Гәымаа ари аныҳәара рыман ҳәа. Аха иахьа излаҳдыруа ала, раԥхьа аижәлантә ныҳәара мҩаԥыргон Гәымсҭа аӡиас аханы, Гәымаа рышьха ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны. ХII-XIII ашәышықәсақәа раан Аԥсны иҟалаз аҭоурыхтә хҭысқәа ирыхҟьаны Гәымбаа рныҳәарҭа ыиаган Ҟәланырхәа ақыҭа ашьхахь.

Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны
Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

Ҟәланырхәа ақыҭахь аиашьаратә ныҳәара аиагара зыхҟьаз атәы зҳәо афольклортә жәабжьқәа акымкәа-ҩбамкәа авариантқәа ыҟоуп. Вариантк ишаҳәо ала, ҽнак зны Гәымба зыжәлаз нхаҩык ирахә иманы дышнеиуаз, абри адәҳәыԥш аҟны амшцәгьа иқәнакит, адыд-мацәыс далахеит. "Сыԥсы еибганы саанхар, абри аҭыԥ аҟны аныҳәара шымҩаԥызгало" ҳәа аҿаҭахьа иқәиҵеит. Убри иахҟьаноуп Ҟәланырхәа ақыҭахь ишыиаргаз аиашьара рныҳәарҭа...

Еилкаауп, ари аҭыԥ машәырла ишалхым. Избан акәзар, иара ахатәы енергиатә, амагиатә мчы амоуп ҳәа азуҳәаратә иҟоуп. Ирҳәоит, ажәытәан аныҳәара аамҭа анааигәахоз ашьабсҭа ахала иҩеиуан, ԥсаҭатәыс ахы рынаҭон. Арахә уахь иқәлаӡом. Шықәсык зны аныҳәарҭа азааигәара абна амца акит, аха иԥшьоу аҭыԥ ианазааигәаха, амца ыцәеит, ԥырхага амҭакәан.

Издыруа ауаа уахь инеиӡом, насгьы ашәарыцаҩцәа уи аҭыԥ ааигәара ишәарыцаӡом, иҵасӡам ҳәа. Аха иҟалахьеит хҭыск. 50-тәи ашықәсқәа рзы асовет аруаа гәыԥк аҽазыҟаҵаратә ныҟәара ишыҟаз, абри аҭыԥ иқәнагалеит. Иааԥсаны иҟан, рыԥсы ршьарц аныҳәарҭа ҭыԥ аҿы итәеит. Уаҟа ирбеит аҳаԥшьа, иҩахан ахы анаадырт, аҩы шҭаз рбеит, ирыӡбеит аҩы агьама рбарц. Уи иахылҿиааит амашәыр, дара-дара еиҿахысит, еибашьит. Ари аҩыза ахҭыс ашьҭахь, асовет еиҳабыра ирыӡбеит аныҳәара уи аҭыԥ аҿы иаҟәыҵырц, аҳаԥшьагьы аҩы ҭарымҭәарц. Аха аиашьара аныҳәара иаҟәымҵӡеит, ииаргеит аныхаԥааҩ иҩны ашҟа. Хара имгакәа, шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа дырыҩцәа иаарыцҳаит аиашьара аныҳәарҭа иазалхыз аҭыԥ аԥсахра ус ишыҟамло, Ҟәланырхәа иалхыз аҭыԥ ахь аныҳәара шырхынҳәтәу. Уи аамышьҭахь аиашьара Ҟәланырхәа аҭыԥ аҿы дырҩегьых аныҳәара иалагеит.

Аныҳәарҭахь имҩахыҵуа ахацәа заҵәык роуп. Инеиуа ахацәа зегьы рыҩнынтә инаргароуп рыхәҭа: ашыла, ачашыла, ашәаӡа, аџьыкахыш, ацәа, агәлаҵа. Агәараҭаҟны аҵеи дыҟамзар, зегьакоуп аԥшәмаԥҳәыс илышьҭуеит иахәҭоу амарҭхәқәа. Есышықәса аныҳәара қыҭа-қыҭала ирыдырҵоит. Урҭ заа ирыԥшаауеит гра змам ацә бзиа, иҭарҭәоит аҩыцқьа, шьақар злам. Ҽнак шагу аҭыԥ дрыцқьоит. Аныҳәарҭахь атәымжәла "умҩахыҵ" ҳәа идугалар ҟалаӡом, иҵасӡам ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара идырны, аижәлантәқәа дрықәныҳәарц иҭахны дымҩахыҵуазар, даара ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Усҟан иԥылоит, пату иқәырҵоит ишаҭаху. Аныҳәарҭаҟны ишабалак ухы мҩаԥугар ҟалаӡом. Ухәыцра, ухымҩаԥгашьа зегьы абзиара иазкызароуп, умгәамҵроуп, умцәҳароуп. Аныҳәара иаанарԥшуеит ҳхаҿсахьа, ҳдунеихәаԥшышьа.

"Ажәытәан аныҳәарҭахь жәиԥшь шықәса еиҵаз арԥарцәа неир ҟаломызт, насгьы ҭаацәарак рҟынтәи аӡәы иакәын инеиуаз ихәҭа иманы. Аха иахьазы инеиуеит арԥарцәа зегьы, угәы иахәоит аҿар есышықәса рхыԥхьаӡара иахьацло, урҭ аинтерес кны аиҳабацәа ирҿырҵаауеит иацу акәамаҵамақәа", - ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба.

Иура Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Џьаҳашьқьар – Амшаҧныҳәа аҽны имҩаҧырго Џьапуаа рныҳәара

Аишәа дырхиоит иахәҭоу зегьы рыла. Ирӡуеит ачашә ду, аилаџь ҟарҵоит, абысҭа руеит, акәац ржәуеит. Афатә аӷәтәы мҿы иқәырҵоит, асаан ҳәа акгьы рхы иадырхәаӡом, аҩы зҭарҭәо аҵәца ада. Аиашьара аныхаԥааҩцәа абиԥарак иатәуп, урҭ роуп аныҳәа зду.

"Аԥсуа жәлар ныҳәазааит. Адунеи ахьынӡаҟоу Аԥсни аԥсуааи еигымзааит. Ҳаиашьара Анцәа уаҳхылаԥш, еиҳаби еиҵби аизыӡыҩрра, аихаҵгылара ҳагумыжьааит, ҳажәла Аԥсны жәлар рыгәҭа иалагылазааит еснагь. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьчара анахәҭоу аамҭазы еиҵахарак ҳақәымшәааит, хьымӡӷы ҳҟәыгазааит. Агәабзиареи, агәамчи, аҿиареи, аӷьацареи ҳагымзааит", - агәи-агәаҵәеи кны, аҵәца азна аҩы аанкыланы дныҳәоит.

Раԥхьаӡа иара иныҳәоит Аԥсны жәлар зегьы, анаҩс аиашьара, аижәлантәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0