Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара

© Foto / из личного архива Беллы Барцыц Белла Барцыц
Белла Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы имҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара. Иқәгылаз арҿиамҭақәа рҟнытә маӡалатәи абжьыҭирала зышәҟәы апремиа аиура иаԥсахаз дыруаӡәкуп абаҩхатәра змоу апоетесса, апублицист Белла Барцыцԥҳа.

Белла Барцыцԥҳа апремиа ланашьоуп лпублицистикатә рҿиамҭақәа еидызкыло лышәҟә ҿыц "Абааҭатәи аццышәқәа" азы. Апоет илоуз аҳамҭа ду лыдныҳәало, длыҿцәажәеит апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор, апоет Анатоли Лагәлаа.

- Белла, ҳара иаадыруеит бара бпоезиатәи бпублицистикатәи рҿиамҭақәа даара ишрызҿлымҳау, ишрыԥхьо ҳаԥхьаҩцәа! Ажурнал "Алашара" бара бҩымҭақәа ананылалак, иаабоит иаԥхьо шырацәаҩу, азҵаара иалагоит урҭ еидкыланы хаз шәҟәны ианбаҭыҵуеи ҳәа. Абар ааигәа хаз шәҟәны иҭыҵыз "Абааҭатәи аццышәқәа" аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит, арезонанс бзиа ҟанаҵеит, уимоу, Дырмит Гәлиа ипремиа иаԥсахеит. Иааркьаҿны иаҳзеиҭабҳәар ҳҭахуп, Сталин ихаан ауаа андырӡуаз аамҭақәа ирызку апублицистикатә рҿиамҭа аҩра бшалагаз.

– Ааи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа санаршьеит схы-сгәы иҭамкәа, иҭабуп! Сеилкаарала, апремиақәа ршараан аџьамыӷәа рхыргоит акомиcсиа иалоу. Иқәыргылоу аҩымҭақәа рдақәа урҭысны, ухы-уԥсы агәырӡа аҵа икылыршәаны, ахәшьара иаша аҭара аус ус имариам, аиҳаракгьы иахьа Аԥсны иахаҳаз аамҭа хьанҭазы. Уеизгьы, ишыҟаҵәҟьоу, ишсыдыскылаз сҳәозар – ари сарцәом, сартәом. Агәҭынчымра сызнарҵысит. Уаха сшыцәоу, ацәа салхны сықәҿнаҭуеит "еиҳау баҵаларц азоуп, "Абааҭатәи аццышәқәа" амацара азын акәӡам!" ҳәа.

Белла Барциц - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барцыцԥҳа Гәлиа ихьӡ зху апремиа ланашьаразы: еиҳау аусумҭа аҭыжьразы аидара саҵанаҵеит

Уи аԥҵара бышԥалага! Сархыџхыџит абри азҵаарагьы. Ажәақәа "арӡра", "ҩажәи жәибжь, "Абааҭатәи абахҭа мцоураша", "изҭарҷыҷуаз х-кьырҭрак," – ҳгараҭыԥи ҳгәараҭеи рҟны ҿырҳәала исҵахьан ашкол сҭалаанӡа, рҵакқәа сыздыруамызт, аха ахәреи ахәреи еибарӷьоит ҳәа жәаҩыла ацынҵәарахқәа иаҳҭаауаз ргәынқьбжьқәеи рылаӷырӡқәеи рыла схәыҷра ахызаҵәқәа алдырҟьахьан, нырҵәагак ишатәыз аргама исыҵанаҳәон. Урҭ ашықәсқәа рыла аблырсҭақәа зныз, ҳашҭаҿы зҽеизызгоз ҳқыҭауаа рсахьақәа сҿаԥхьа иаагылоит. Саб игәара санҭало иахьанӡагьы исгәыдыԥсалоит аццышәқәа. Ирылырхуаз ршьа иҟас-ҟасо алагьанқәа рыла игылаз "шәахныҳәаны ижәжәыр ари "аҩы", нас шәоуҳажьҭуеит" ҳәа ирыдыргалоз саргьы исзыркхьазшәа асахьа шьаҳагақәа ансхаԥогьы ыҟоуп ҳгәараҿы.

Хәышәи ҩажәа даҟьа иҟаз скьыԥхьга машьына иааҿызган (усҟан жәа-нацәкьарак рыла схысны акәын сышкьыԥхьуаз, ҳақалақьтә газеҭ "Авангард" аԥсуа ҟәша аматериалқәагьы ркьыԥхьра са снапы акәын изныз) иаԥеиԥшыз сцәа иалашәазшәа, аҭыжьра сшахыццакуазоуп аибашьра ишалагаз. Зыда ԥсҭазаара сымамыз сҭаацәаратә патреҭқәеи, сызхаанымыз, аха ашәҟәы ҳаразкуаз ажәытә патреҭқәеи, саб иаҳәшьа лшәындыҟәраҟнытә сышҟа ииазгахьаз идырӡыз лашьцәеи ҳқыҭауааи рысалам шәҟәы ҩежьқәеи, сажәеинраалақәа реизгақәа ҩ-шәҟәыки, асаӡ ҿаԥыц ҳәамҭақәеи (аус рыдуулар шаҟа иссирхози), абри сархив зегьы сцәырблит, снапала еиҭаҳаны исааӡахьаз, ахан иаҩсуаз сраҵла ашьапы инадыҳәҳәаланы. Уажәраанӡагьы иџьасшьоит сахьацәынхаз…

"Зыԥсы ҭоу сархив хада" саб иаҳәшьа ҳәа сзыҿԥсаауаз Анҭица (Тета) Маф-иԥҳаи сқыҭа Бзыԥҭеи ракәын. Хәҩык лашьцәа: Ҳаџьым, Камыгә, Шьатыгә, Урсҟан, Қәҭиа (Қәҭиа Зоу ду абахә (Риҵа аиҩхааҿы) дагахьан, раҳәшьазаҵә лгәынкылареи лыӷәӷәареи роуп абиԥарақәа ааба инеимда-ааимдауа Урсҟан иҿынӡа зхьыӡҳәарақәеи зҭоурыхи раагара зылшаз. Лара лоуп изыџьшьоу исылшаз ахәыҷы, идырӡыз рԥацәагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра иалаӡхьан… Лыхәраҭыԥқәа дыриааины жәеизаҩык аиаҭымцәагьы еибахаз аҭаацәагьы лааӡахьан.

Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

"Ацынҵәарах" ҳәа изышьҭаз Урсҟангьы жәибжь мшы (уа дҭакын) рыла жәибжь шықәса дҭарбылхьазшәа жьхыршыла игәы кылџьааны, сышәшьы соушәмыжьҭын!" - ҳәа даныҳәҳәа, аҭак ирҭеит: "Узоуҳажьҭуа ацхеи аџьма-кәаци ҳзааугарц азоуп!" - ҳәа ианиҵаҟаа, аҭак риҭазаап: " - Сара шьҭа сыхьчаӡам, ашьхқәеи арахәи срыдыркылаӡом, ҳабацәа ирылхны ари ҩуп, шәахныҳәаны ишәжәы ҳәа иҳадыжәгалоз ашьа афҩы схыркаауеит! – ҳәа дҵәааны ианреиҳәа: – аччиа! – ҳәа, абахҭа ашә дкылырууааны дандыршә, изырухьаз азмырхакәа, иҵҳәҳәоз аихалаба хҵәаха (уиазоуп уа иҵарҟацаны изрымаз) ихәда иҵакшан, дыԥсаанӡа уи ахьаагьы иӷрыхон). Ҳаҳәшьаду мчылоуп Урсҟан Дбарԥҳа Натали Хыш-иԥҳа дшизаалгаз. 26 шықәса лхыҵуан, иара 53. Хәҩык ҳархылҵит: Лиутик, сара, Оҭар, Артиом, Нази…

- Сашҭа еиқәырхага, слааԥшыра с-Хьымор, (ҳан лҭаца хьӡы ) бан Арина Ԥалԥҳа илыхьша сара сахәхааит, бхәыҷқәеи бареи шәшеибгоу шылҳәоз аишәа ҳнахатәон… Абра иазсырхоит уи атема: ашәҟәи Инна Ҳаџьымԥҳа лҭыхымҭа ателефильми ирҳәо азхоит, наҟ сцар ицәгьахоит сырхынҳәра.

- Белла, мышкызны абри аҩымҭала асценариа ҩызар, бгәы ишԥаанаго, ҩеижәижәбжьтәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирызку акиносахьа бзиаӡа алымҵӡози?

- Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр актиор, аҟаза наӡа-ааӡа Кьасоу Ҳагба Аҟәа еиҧылара хатәрак аҟны абри ашәҟәы ҳамҭас исҭеит. Убри ашьҭахь иҳәоны исаҳаит ари ашәҟәы дшарҵысыз, асценари алхра дшазнархәыцыз. Жәабала ароль хадақәа назыгӡахьоу, (ирацәоуп схаҭагьы сызхәаҧшхьоу), Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҟнытә Ҳамыҭбеи Чачба ихаҿсахьа шӡыригази, уаҟа еиҿкаау афольклортә ансамбль "Уарада" ашәақәа рыхкы иҧсы рхазҵоз ибжьы ссири рыдагьы аҭахым дзакәу, ишьҭихуа агәра удыргоит идырӡыз рхьыӡҳәарақәа баҟазтәуа хәҽаҧарак ашәҟәы ҳаразкыша асценари ҟаимаҭ аҧсҭазаара аҭара шилшо. "Асценари алхтәуп" - ҳәа Кьасоу Ҳагба иҟнытә ишаасаҳаз сыҧсы ҵнаблааит, сарҵысит, сархив иаларблыз асахьа (аматериал) ҟаимаҭ. Аибашьра ашьҭахь ихьанҭаз ҳаҧсҭазаареи иццышәха иргаз сырҿиамҭақәеи ҿыц ашьақәыргылара ус имариамызт, қьаад хҵәахак, еизызгахьаз бӷьыцк сымаӡамкәа. Уҧсгәыҵхәы анышә иамадара иаҳа имариоуп, дыҵхны даҽаџьара иаҭара аиҳа. Абри ауп сҿаҧхьа иаагылаз.

© Foto / из личного архива Беллы Барцыц Книги Беллы Барцыц
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Книги Беллы Барцыц

Иналукааша аҵарауаҩ, иааинырсланы зылшамҭақәа узымҳәо Кәыпраа Арвелод Ерасҭа-иҧа сҿаҧхьа даацәырнагеит асценари1991 аӡбахә. Сгәы иаанагомызт ааигәа-сигәа акы ихьуеит ҳәа. Ҩынтәгьы сыҟан идунеи аниҧсах. Анышә данамардоз аҽны аиқәаҵәа зшәыз ҧҳәыск џьоукы дразҵаауан: "бара изакәытә лаӷырӡузеи бнаҩсан игылоу илҿыкьасо?" ҳәа, нас сҭыҧ ҧсахны ашьҭахьӡа сиасит.

Арвелод Ерасҭа-иҧа агазеҭқәа ирнысҵоз астатиақәа рыла идыруан арӡра атема снапы шалакыз. Ф-даҟьак иҟаз, урыс бызшәала икьыҧхьны исҭахьан 1991 шықәсазы. Уаҟа рыхьӡқәа анын жәаҩаҩык Самырзаҟанаа, убас идырӡыз дара рҭынхацәа, зынӡа ибжьаӡыз. Инҭкааны иахьагаз ҳәа мҩақәҵагак аҳәомызт, аха иазгәаҭан Абааҭа ишҭакыз, еидцаланы, рыла ишхымҵуазгьы игәалашәараҿы рыҧшрақәа шаанхаз.

Саб иаҳәшьа ес-ҩажәак рыбжьара Кәыпраа Ерасҭо (ус акәын изылҳәоз) ихьӡ лҿакын.

Уаҵәы даҳҭаараны дыҟазар уаха ҧхыӡла избон! – ҳәа абас дналагон. Идырӡыз лашьцәа рцәа дазааигәахеит сихаанызшәа. Ҳаҩнаҭаҿы саби иаҳәшьеи ианиламцәажәоз ыҟамызт.

Саҳәшьадуи Ерасҭеи еиқәлацәан, еҳәшьас дҟаиҵахьан. Усҟан уи аҳаҭыр рзақәын ҳ-милаҭ. Агәаҟроуп идзырҟаҵозгьы. Лара ҟазарыла дӡахуан. Адыга, аба аарыхырҭак аҟны аус зуаз, хкы-рацәала, еидарала аба лзааигон, лара ацха илҭон шаҟа изгоз. Хазы асырҭы лыман, лҳаҷашь лыманы днаҿатәон. Аласалых акәзар, илымпыҵыҵуаз улаҧш узаҟәгомызт. "Баҳәшьаду лоуп саб Ерасҭи деиқәзырхаз…"

Арвелод Кәыпраа: – Барцыцҧҳа, баҳәшьаду лгәыбылра ҵаулеи лдоуҳаџьбареи (уаҳа ишысҳәара сыздыруам) ирыцҳашьаны 1937 шықәса саб дахәлабгараны лара деиқәлырхеит. Хаҵа нагак иимгәаӷьра лгәаӷьит. Ара зыхьӡқәа анысҵаз ҳхазыршҭшаз ҳақәшәон. Уи аҩыза шәҟәык ианӡалом: ари зхы иазырхәо изы ахаан имажәуа фильмуп. Ееҳ, бышәҟәы аҭыжьра сахаанхагәышьар, нас сыҧсыргьы – аҧсы сыхьӡхомызт.

Абааҭа - Sputnik Аҧсны
Гагра НКВД иатәыз ахыбреи аҵакырадгьыли арыцқьара иаҿуп

Икабмыжьын бпоезиа, баҳәшьаду лҳәамҭақәа, акы бықәҿиап, акы хьшәахап, усмоу "наҟ икажь" - ҳәа бзызҳәогьы бықәшәар алшоит. Сара ахаан исхашҭуам баҳәшьаду лҳәамҭақәа, саб изын аҧсуа маҭәа: акәымжәы, акаба, аҧсуа еиқәа, урҭ ӡахын, аха лгәыршьҭа уҳәеит ҳәа фабрикакгьы ус иузаҿыгомызт, аласалых, акьаҿқәа, ақлаҧад ҧхақәа сара сзын. Иҟалома ари аҩыза ахаршҭра… Ус заҟа маҭәа…

Ҩажәеижәибжь амца анҳалагьежьуаз саб 40 шықәса ихыҵуан, сара – жәаха. Урҭ ахәрақәа уи аҟара еилыскааратәы сшыҟамызгьы, сылахь еиқәнаҵон ҳаҩны зҽеизызгоз ҳгәылацәа ҳәсеи хацәеи ргәынқьбжьқәа. Нацәала иузеиқәыҧхьаӡомызт ҳқыҭауаа, ҳҭынхацәа Самырзаҟан иалыргаз, харада ахара рыдҵаны. Аҟәа иҭаркит. Дук хара имгакәа Абааҭатәи абахҭахь ииаргеит ҳәа раҳаит. Саб Ерасҭи уахь дцарц аҩны данаадәылҵ, уоуҳажьҭуам ҳәа агәашә ркит аҳәсақәа еибарҵәуо. Сара ихәда сҽакәыршаны сҵәуон, сыҳәҳәон", – абас иҩуан Арвелод Ерасҭа-иԥа. "Баҳәшьаду лоуп саб Ерасҭи деиқәзырхаз" - ҳәа иҩны исиҭаз "агәҭыхажәа" аҟны…

Анҭица Маф-иҧҳа (саб иаҳәшьа): – Есыҽны ҳцон уа иҭакыз рхәы ҳаманы. Аиҳараҩык Бзыҧҭаа ҳакәын. Ҳшьапқәа ҳзырхымгыло иҳалаз ҳалҵәеит, ҳаиџьит, арахь шьыбжь хыҵит. Ҳнеиҵашшуа ҳшеилагылаз милициак даадәылҵын дҳаҵаҳәҳәеит, шәеилыҵ ҳәа. Еиҵаххаа фатәыла иҭәыз сшәыра ду Арасаӡыхьтәи ҳаҳәса рыцҳақәа "инрысҭан, сеиси-еисуа абаҳчарахь акыр снаскьеит. Акьырҭрақәа ҩба раҧхьа игылаз аҵла домбеи зыбӷа адҵаны, иблақәа ахьҭоу умбо зылаӷырӡқәа зҿыкьасоз ахаҵа снаидгылеит. Ауама, исызхамҵоз егьсыгымхеит. – Унан! – сҳәон сарӷьа напы ижәҩахыр инықәсҵан сиазҵааит: – Уаҧсыуоума? – ҳәа.

- Ааи, Кәыпра сыжәлоуп, Самырзаҟантәуп, аарла ибжьы изҭымкаауа аҭак шсиҭаз… Снаилабжьазшәа зуын сҩызцәа рахь снеит, аха дымцаны дсыцралеит, рылаҧш дыҵашәар ишилгоз здыруан.

© Foto / из личного архива Беллы Барцыц Белла Барцыц
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

Убри инақәыршәаны Анџьиҧариӡе абла ааҭышәшәа даадәылҵын, Костахов зыжәлаз амилициа дааиҧхьан дыниахәыҭхәыҭит. Слымҳа инҭаҷеит инапы ианиҵаз: – Хыхь усыцхал, ихауршәша адаҷ усҭоит, аҧхьан иусырбаз, абни аҵла иадиаалоу ахаҵа ладахьтәи аҟарс аҟны дсызноугоит, уамажәк иоуп!" - иҳәан, рҩыџьагьы уахь иныҩналеит. Ҳаҳәса рыцҳақәа аарлаҳәа ишгылаз, сшәыра сашьҭазма, сышзахәоз аҷкәын иҟны снеин, ирласны усышьҭал нҵәа уара ҳәа дсыманы абнара ҳҽаҭаны Гагрыҧшь ахәы аҿы ҳаҧсқәа ҳаманы ҳанҩеи, иҟаз изеиҭасҳәеит.

Арасаӡыхьҟа, аҩныҟа усышьҭалароуп ҳәа аниасҳәа, мап имкӡеит. Ҳаҩнду дааӡахьазшәа, ахаара иҿыбзаауа, аџьшьара сиҭеит. Ари Кәыпраа Ерасҭа-иҧа Арвелод аҧсҭыхра дшалагаз, игәнаҳара сықәсҵон иҳәан, инапқәа аасыкәиршеит… Сашьцәеи ҳҭахыреи зегьы еибганы ихынҳәызар аҟара сгәы аҭыҧ аҟны иааит дахьырцәынсырхаз. Сиҳәеит, уаҳа уи ашәиҭыҧ ишьапы ҭеимгаларц.

Уи аамҭазы Урсҟангьы доурыжьҭхьан (жәибжь мшы уа дҭакын). Ҳҧацхаҿы усгьы аҭамҳа акәац рҩа агӡамызт. Ихала амҿы хны амца еиқәиҵеит. Урсҟани сареи ҳнапгьы иаимыркит. Ажьхы иахаҵаны аҧсуа мца иҽҳәарҵәиуа убас хаҭабзиарала иӡит. Мақьҭаҭраа Бабкараа адырра раҳҭан иааит, ҳаикәша аишәа ҳнахатәеит… Убри нахыс лассы-лассы ари агәараҭа даҭаауан Кәпраа Ерасҭи. Акырынтә Арвелодгьы дааигахьазаарын. Ауазра еибанардырны еизааигәахаз, ахаангьы ргәыблра ҿыцәаӡом" - иҳәалон Ерасҭи Пиотр-иҧа.

Шьыдгәа Агрба исалам шәҟәы - Sputnik Аҧсны
"Сыԥсы ҭоуп, хар сымам": салам шәҟәык аҭоурых

" - Аҧсны ахьанӡанаӡааӡо ари аҩыза ауаҩ-жьыфарҭа (Абааҭатәи) аҩыза џьаргьы иуҧылаӡом. Асценари иаҭаху ахарџь имаҷымгьы лабҿабагатәи асахьақәа ҳацәмаҷгәышьоуп" ҳәа Кьасоу Ҳагба ишхьааигогьы, иахааныз рахьынтә Кәпраа Арвелод иҩызцәагьы ҳацәцахьазаргьы, иреиӷьыз Аҧсны аҵеицәа рыццышәқәа зҭаҧсоу ари абахҭа аҭӡамцқәа рхала ирҳәап. Ахҭысқәа, асахьақәа ажәала идырӡыз рпатреҭқәа.

Зегьы ирыцку асценари автор иҟазара, - хәы змам иаҧсуареи ибжьы ҿацеи…

- Белла, бара бпоеттессоуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еидыбкылаз бажәеинраалақәа реизга ҳнапаҿы ианбаҳауеи?

- Аамҭа хьанҭа шьамҭлаҳәҵас иахьахашәоз ыҟазаргьы – сацәцеит. Сгәыӷуеит шәнапаҿы инеип ҳәа зҿыгҳара ҟәныумшьо ажәеинраалақәа реизга "Сыбзиабара ашҭа", иара убас Асаӡ ҿаҧыц ҳәамҭақәа – "Уахынла умыцәан С-ҟармаҵыс" (аредактор Арда Ашәба).

- Уажәы иаҳҭахуп еилаҳкаар бара блитературатә гьама. Иаҳҳәап, ҳаԥсуа литрератураҿы бара иалыбкаауада, зҩымҭақәа аӡышеиԥш уажәы-уажәы брыԥхьода?! Иаҳзеиқәыбыԥхьаӡар ҳҭахуп быжьҩык аԥсуа поетцәа!

- Лассы-лассы сзыҧхьо, зҩымҭақәа сзымхо, сгәы иаду, сыхчы иаҵоу – Багратраа, Мушьнираа, Терентраа, уара Лагәлаа уабиҧара иаҵанакуа, Аҧҳазоураа, ҳәсеи-хацәеи еиқәысыҧхьаӡо салагар быжьҩык рҟны сзаангылаӡом. Зегьы ирыцкуп, ауама зхызгахьоу ҳбызшәала иҩуа ахьҳамоу, ақәыҧшцәагьы ахьҳаҵагылоу. Иҳацәмыӡааит иахьа ҳазлаҟоу!

-Иарбан аԥсуа романқәоу бара бгәаҵаҟынӡа инеихьоу, бзыргәаҭеихьоу, даара ибгәаԥхахьоу?! Убарҭ рҟынтә хә-романк рыхьӡ ҳабҳәар ҳҭахуп.

- Ҳмилаҭ рзын игәҽанҵагоу, ахааназ имажәуа ароман "Ацынҵәарах" Б. Шьынқәба, "Камаҷыҷ" Д.Гәлиа, "Аҧҳәыс лыпату" И. Папасқьыр, "Аҽыкәаҳа" А. Гогәуа, "Аҧсҳа" В. Амаршьан, иажәеинраалоу ароаман "Аџьынџь" - М. Лашәриа.

- Иахьа Гагра ақалақь аҿы ишахәҭоу еиԥш ҳашәҟәқәеи, ҳжурналқәеи, ҳгазеҭқәеи рыҭирҭа, раахәарҭа аҭым еиҿкаам, иҟам ашәҟәыҭирҭа анкьатәи аҭыԥаҿ. Абри азҵаара ақалақь ахадараҿы ӡбашьа амоуӡеи, хыла бара акырынтә ишықәбыргылахьоу здыруеит?

- Арадиодарраҭараҿы аус анызуаз ауп, уи аредактор, ашәҟәыҩҩы Вл. Џьологәуа исеиҳәеит Вл. Маиаковски итомқәа ҩба ҭыҵраны иҟоуп, ашәҟәыҭирҭаҿы бнеины илҩаа, уамашәа ибыхәоит ҳәа. Сымҧшыкәа аҽныҵәҟьа сцеит аиҳабы Раиса Чепиоглы лҟны. Усҟан ашәҟәыҭирҭа ыҟан ақалақь агәаҿы, ҩадахьала. Уамашәа еиҿкаан. Қырҭуа ҧҳәыски лареи аус еицыруан, хшыҩзышьҭрала иуҧылон. Улаҧш аамҩахнагаратәа еиҿкаан. Аҧсуа шәҟәқәа рҭыҧ алкаан. Ушылбалакь дхааӡа даауҧылон ақырҭуа ҧҳәыс. Аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рышәҟәы ҿыцқәа ҳәа иаақәхны иулырбон. Хәыҷи-дуи аҵаҩцәа раҧхьа инаргыланы еснагь агәаран иқәгылан.

Белла Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Барцыцԥҳа: сышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" азы 40 шықәса аматериал еизызгон

Сыззааиуа, Маиаковски ишәҟәқәа аанагеит ҳәа шаасаҳаз уахь сеихеит. Иҵаӷаны, иҟаҧшьын рцәақәа. Аха иҟалаз сара зыхә сшәахьаз аҩ-томк амал змаз аҧсыуа хәҳахәҭҩык аҩнымаҭәа "англиискаиа горка" аалхәан, ашәҟәқәа рҭаҵара аҭыҧ "полка" змаз, илырҭәырц азы сара стәы лара илгеит (ашьҭахь излеилыскааз ала). Нас даҽазны ианҳаулакь ибаҳҭоит ҳәа саҳәаны аҧарақәа сыҭаны соурыжьҭит. Ахәҳахәҭҩы аҽхәаразоуп ашәҟәқәа зылгаз, уеизгьы аҧсыуа шәҟәык убомызт лыҩны, сара схатәы библиотеказоуп изысҭахыз, насгьы саҧхьаларц. Убас сгәы иалсит, аха исҳәомызт.

Адәқьан саадәылҵын ажәҩан сҩаҵаҧшит, амшын агәгьы сынхыҧшылан саб ирамҵан, Арасаӡыхь сгылазшәа снапқәа неиҵыхны анцәа сиҳәеит (сыбжьы шыҳараскызгьы сызгәамҭакәа: ҳаҧсуа шәҟәыҩҩцәеи, ҳпоетцәеи, ҳҵарауааи рышәҟәқәа томла аҭыҵра ҳахаанхо, аҧсуаа еимакны иаархәо, иаҧхьо! – ҳәа. Усҟан Гаграа ҽеишәа исыздыруамызт, снаҩсахь ҩыџьа аҧсуа хацәа еидгылазаарын.

- Уҧши уара, ани ақәыҧш лхала дахьцәажәо, рыцҳа, Лӡааных зҧырхагоу роуп зхала ицәажәо, хымҧада лҭаацәа гәнаҳарак ҟарҵахьеит азоуп, – иҳәеит ҧыҭк зхыҵуаз. Иҩызагьы уи шьақәирӷәӷәеит. Сара амца сҿықәлеит, аха иҟасҵозыз, амала рхаҿсахьақәа гәныскылан рыжәлақәагьы еилыскааит нас.

1970 шықәсазоуп. Қәҧарыла мацара Гагра аҧсуа школ аартразы аҧсуа ахацәа иҧкаауа ҳрылсны ҳааиуан Ҳараз Чамагәуа, Сократ Аҩӡба, Чынчор Агрба, абырг Сергеи Абыџьба. Сара сыблокноти скалами кны раҧхьа сгылоуп агәашәқәа аартуа.

Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ агәы зыреисыз Ҳараз Чамагәуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

Ани Лӡааных шысҧырхагоу "здырыз" иҟны акәзаап ҳахьнанагаз. Ашкол қәра иаҵанакуаз иҧа даҳҧылеит длахҿыхӡа, аха иаб иаагәоуҭаратәы иҧшшәы иҧсахит…

- Сара ақырҭуа школоуп сзылгаз, сызицхрааӡом, аурыс школоуп дызҭасҵо, дшәысҭаӡом ҳәа иҧа ижәҩа нҭарс икны иҿанынеихоз, инишьҭасҳәеит. – Ақырҭуа школгьы ыҟоуп, уахь дшәышьҭы, Чакабериагьы аџьшьара шәиҭап!- ҳәа самхаиаҳәеит, ахәыҷы дышрыцҳасшьозгьы…

Ааигәа дсықәшәеит уи амаалықь иаб:

- Барцыцҧҳа, аурыс школ иҭасҵаз сҧа ааигәа аҩбатәи амоҭа диоуит. Ибдыруандаз ихчы иаҵасҵаз амобилтә ҭел шаҟа нызқь ахҭнысҵаз! – иҳәеит ҟәышрак ҟаиҵазшәа.

- Ҳаи, абаа, аҭел шҧанажәгоз ихчы ахь, аҧсуа нбан шәҟәы акәын иаҵашәҵашаз, - сҳәеит сааиҵамхаӡакәа.

- Ихадароу! – анцәа сызиҳәоз наӡеит. Иахьа томла иҭыҵуеит ашәҟәқәа, иара убас жәабала агазеҭқәа, ажурналқәа. Аха иахьа уажәраанӡа Гагра иҳамаӡам ашәҟәҭирҭа адәқьан. "Аҧсуа шәҟәқәа" - абас сахаанны избароуп, сахьӡароуп, иҭбаа-ҭыцәу шәҟыҭирҭак, амала ақалақь агәаны. Агазеҭ "Аҧсны", ажурнал "Алашара" анҭыҵлакь араион Ахадараҿы илаганы инықәырҵо акәымкәа, избан изааҳамхәара. Аҧара иазрыцҳаушәа ҳархамшшаап ҳажәлар. Алкаа рзыҟашәҵа, аинтернети аҭелқәеи мчыбжьык заҟа нызқь рыхҭнырҵо.

© Foto / из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

- Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ҳаиԥыларақәа рҿы Гагратәи ашколқәа ирҭоу аҵаҩцәа раԥсшәаҳәашьа, алитература ишазҿлымҳау. Ҳара иаҳҭахуп, ара зыӡбахә сымоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа роуп, аамҭа бзиак шааҟалалак ааигәа ҿыц еиҭашьагәдыргылаз ашкол ҿыц аҭаара, уи адиреқтор бзиа Хана Гәынԥҳа лацәажәара ҳгәы иҭоуп… Ҳгәы иаангоит убра хымԥада иҳаԥшаауеит ҳәа ҿыц аҩра иалаго аҿар! Белла, бара бгәы ишԥаанаго?

- Лассы-лассы срыҧхьоит, исызхаӡом, сгәы иадуп, саҧхьа иқәуп Багратраа, Терентраа, Аҧҳазоураа, Анатолраа, Гәындараа шәпоезиа. Еиқәысҧхьаӡо салагар "быжьба" сҭаӡаӡом. Ихадоу ҳбызшәала иҩуа ахьҳамоу ҳацәмыӡааит. Сара сгәы рызҭынчуп ҳаҧсуа школқәа рҵаҩцәа. Аҧсуа бызшәеи алитературеи рызназго арҵаҩцәа азҿлымҳауп ҿыц аҩра иалаго аҿар.. Шәареи сареи ҳбжьқәа еицырхырааны Гагра ақалақь агәҭылсаҿы "Аҧсуа шәҟәқәа" ҳәа изну дәқьанк ааҳартыр – агәра шәсыргоит, ҳашәҟәқәа ргәыблра шрышьҭсырхуа.

- Белла, иахьа аамҭа уадаҩ ҳҭагылоуп, адунеи зымҽхазкыз ачымазара Аԥсынгьы аҽарцәгьеит… Аха ҳгәы каҳмыжьроуп, ари аҵкыс еицәаз аамҭа уадаҩқәагьы ирҭагылахьан ҳажәлар… Иҟалап убригь аиааишьа, бгәы ишԥаанаго?

- Исгәалашәоит Аҧсны аибашьра анцоз, ҽнак Бзыҧҭеи, Пицундеи, Цандрыҧшьи икҿаз жәҩык аибашьцәа ҵәыуаны аҩны сааит, исылаз ахаара сылырҩааны. Аӡӷаби лаби "шәымшәан!" - ҳәа нараҳәаны, сыччаҧшь иахымбаакәа, ахьурӡы нақәсыргылеит. Иахьа ҳазҭагылоу шымариамгьы – "изоуҳәо змаҳауа, изҭоуҭәо зкылсуа" ҳзыраиааир, ҳалҵуеит.

© Фото : Из личного архива Беллы БарцыцБелла Барцыц
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Белла Барцыц

- Иаарласны Ашықәс Ҿыц ҳашә иаалагылоит. Белла, бара сынтәа Аԥсны адоуҳатә культураҿы иреиҳаӡоу апремиа баԥсахеит. Ҳаԥхьаҩцәа ирзеиҭабҳәар сҭахуп иааркьаҿны блитературатә шәындыҟәра иҭоу, ҳаззыԥшу, ҳзыргәырӷьаша бҩымҭақәа рыӡбахә. Убри инацҵаны исҳәоит, бара поетк иаҳасабалагьы, уаҩԥсык иаҳасабалагьы даара пату дуӡӡа зқәысҵо рҿиаҩуп, убри азы исҭахуп ақәҿиара дуқәа есымша ибзыԥшызарц!

- Аҭыжьра иазхиоуп абарҭ ашәҟәқәа: "Абызшәахьаа" - ажәеинраалақәа реизга, Бзыҧтәи ажәҩан – 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьра атемала, Баграт Багаҭелиеи ансамбль "Кьарази", "Иҳаманаҵы Аслан иҩызцәа". Ахәыҷқәа рзы: "Амра аччаҧшь", "Анбан иакәшәырша шәнапқәа".

Ажәабжьқәа зегьы
0