Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа

© Foto / Абхазия-ИнформВиталий Амаршан
Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан игәаларшәара иазикит.

Ҳаԥсуа литератураҿы уахгьы ҽынгьы акәкәыҳәа зус ԥшьа иаҿыз ҳашәҟәыҩҩцәа рыӡбахә саназхәыцуа, есымша урҭ рыгәҭаны ургыланы сузхәыцуеит Витали… Уара уаамҭа кьаҿ иҭагӡаны, узыхьӡаз даара акры ыҟоуп ҳлитератураҿы… Иуҩит хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. Убарҭ зегьы иаарылукаартә иҟоуп уҭоурыхтә роман "Аԥсҳа". Ари аҩымҭа иахәҭаҵәҟьангьы Дырмит Гәлиа ипремиа иаԥсахеит. Уи ашәышықәсқәа рыҵаулахьтә иаауа, аамҭа иахылҿиааз ҭоурыхтә романуп. Уара ушәҟәы аԥхьажәаҿы иуҳәоит ароман ахәҭа дук ақырҭуа фашизм иахҟьаны, иахьа ҳазҭашәаз аибашьра ҟалаанӡа, ажурнал "Алашара" адаҟьақәа ишырнылахьаз, убас хқәак шеибго иакьыԥхьхьан агазеҭ "Аԥсынгьы". Убарҭ рыла аԥхьаҩцәа акыр иазҿлымҳахьан, хазы шәҟәны аҭыҵрагьы иазыԥшын.

© Foto / предоставлены Анатолием ЛагулааВитали Амаршьан иҭоурыхтә роман "Аԥсҳа".
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа - Sputnik Аҧсны
Витали Амаршьан иҭоурыхтә роман "Аԥсҳа".

Витали, сара уажәыгь сгәы иқәҩуеит уажәақәа: "Ҳҭоурых ҵаула сахьаркыратә ажәала иаазрыԥшуа, ари сҩымҭа алгара цәгьа сахыццакуан, аха ишабалак ҟырыҵәырыла исымпыҵсыжьыр сҭахымызт, хҩаха ҟамҵакәа, скәыкәыцыкәуа, ҭымра-ҭымра, иаасылшо зегьы адҵо сааиуан. Есшар снадтәалацыԥхьаӡагьы, саазқәылазк, измаано сзымдырӡо, алгаха соуаанӡа акы сеиԥнаҟьар ҳәа, ԥырхага дук соур ҳәа сшәаӡыӡо салагон. Абри ацәалашәара шсымаз, оф, гәышьа ҳәа иаахсыркәшон еиԥшгьы, аибашьра хлымӡаах ҳҩалагылеит: ҳгәы ҳҽанӡамкәа, уаанӡа жәашықәсала иаҳзырухьаз, ацәгьоурақәа азмырхакәа, аргама бџьарымцала иҳақәлеит ақырҭуа фашистцәа, ҳмилаҭ аиуа-зеиуоу ыҟамкәа шьаҭанкыла ҳақәырхырц, ҳаԥсадгьыл наунагӡа дара иртәыртәырц!"

Ҳара ҳаԥсӡом, ҳџьабаагь ыӡӡом,

Баша игәыӷуеит ҳаӷацәа.

Иҳарҿио ҳҭоурыхгьы, ҭоурых дуӡӡоуп,

Уи дахылаԥшуеит Анцәа!. Витали Амаршьан

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Урҭ рыԥсқәа иҳацрымшәо иҳацуп

Витали, уара арҭ ацәаҳәақәа аныуҩы, уҷкәын заҵәы фырхаҵарыла аибашьра адәаҿы данҭахаз ауп. Уара агәра угон, ухшареи уԥсадгьыли раҟара бзиа иубоз аӡәгьы дшыҟамызгьы, иара дҭахазаргьы, иԥсадгьыл шеиқәхаз, уи иақәырӡу аԥсҭазаара- шыԥсрам, ааи, аԥсра акырӡа ишацәыхароу. Уара уҵәҩаншьап заҵә ула ҭаа уихәаԥшуан Аԥсны даҵеихап ҳәа, Аԥсны ианаҭаху аамҭазы аӷьеиҳәа дгылап ҳәа! Ус иагьыҟаиҵеит иара, иԥсадгьылгьы ихьчеит, ижәларгьы ихьчеит, уаргьы шәҟәыҩҩык иаҳасабала амца аҿҿаҳәа изыцраз ашәҟәқәа уирҩит, иулеиҵеит амч, урҭ аибашьцәа рҭоурых ахааназы Аԥсны иазынужьыртә, ҿыц еиҵагыло аҿар тәым хьаан акәымкәа, дара ишырхьаау, дара ишыртәу ирыциуа, ирыцызҳауа.

Уара зны-зынла угәы алаурыӷәӷәалон уара улахьынҵа злахьынҵахаз ҳпоет бзиахә Борис Гәыргәлиа ишәҟәы ацәа ианҵаны иуиҭаз ацәаҳәақәа; "Акыр иаԥсоу Витали! "Зԥа дмыԥсыц, уԥа диумырҵәуан рҳәоит, ари арыцҳара згәы кылнаҵәахьоу ҳажәлар! Уаргьы саргьы лахьынҵас иҳауит ҳҿахәы зҳәашаз, рҿахәы аҳәара!Иаҳаурызеи!Ҳаҷкәынцәа Беслани Абзагәи ирылшеит уареи сареи иҳалымшаз- Аԥсны азы аԥсҭыхра!Уа, хьымӡӷ ҳаумырган ҳаҷкәынцәа рҿаԥхьа! Ухаҵара, убаҩхатәра ду, уқәҿиарақәа иреигәырӷьо- у-Борис!"

Абас пату ду еиқәышәҵон шәара, зыбжа злыԥсаахьаз, аха зыԥсадгьыл абзиабара ахәрыбӷьыц еиԥш изқәыз ҳашәҟәыҩҩцәа- Борис Гәыргәылиеи, Алықьса Аргәыни, уареи.

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

Витали, уара акырынтә Аҟәа агәы ашашараҿ ҳаҷкәынцәа ахьжу утәаны иухугахьан, урҭ гәаныла урацәажәон, урҭ рхы зқәырҵаз ҳаԥсадгьыл шьҭа аӷа иганахь ала кьыс шамоуа агәра дургон. Нас, аҩны уанааилак, аҵх агәы иааумнахаанӡа, уи агәырҩа иахылҵыз, ишыԥхоу, ишшу, уаԥхьаҩцәа ҳахь ииаугон, ирылухуан аҩымҭа хатәрақәа… Убас ииз роуп уажәеинраалақәа, упоемақәа, уроманқәа, иара убасгьы ҳхьаақәа зегьы згәылаҵәаху уҭоурыхтә рҿиамҭа " Уашхәа мақьаԥсыс". Аԥсуак дыҟанаҵ, есымша иқьышә иқәыххло, инарҵаулаӡаны дзырхәыцуа, абырлаш еиԥш ҳпоезиа иалаԥсоу уцәаҳәақәа;

Ашәышықәсқәа рнаҩыс ҳаԥхьаҟа зны,

Аԥсуак дҭынчӡа дыштәоу иҩны,

Игәиҽанӡамкәа ашә аатуеит,

Аԥша иаанартызшәагь ибауеит,

Аха аԥшакәӡам иаазыртуа,

Са соуп иҩнало усҟан уа!..

Мамзаргьы;

Ауаҩы

Ауаҩы дажәӡом, ауаҩы дааԥсоит,

Ауаҩы дкарахоит бааԥсыла!

Ашәышықәса амҵан ҭынч днатәоит,

Иԥсы ааиҭакны ҿыц дҩагыларц!..

Аха маҷ-маҷ ацәа уи дагоит,

Цәарҭасгьы изыҟалоит адәаӡа…

Ауаҩы дыԥсӡом, ауаҩы дааԥсоит,

Ауаҩы дамхацәоит наӡаӡа!..

Витали, уара уԥхӡаша, уџьабаа ӷәӷәаӡаны иадуп ажурнал "Алашара". Уаҟоуп уара уҷкәынра асакьаҳәымҭа инаркны уԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа иааихмырсыӷьӡакәа аус ахьууаз, аҩбатәи сыҩны ҳәа уахьнеиуаз. Уара ахәыҷ еиԥш уреигәырӷьон ҩымҭа бзиак аредакциаҿ ианнеилак, уи аус адуланы уаналгалак, адунеи абаанӡа угәырӷьара узыҵәахӡомызт. Уара уҩмҭақәа реиԥшҵәҟьа урыхӡыӡаауан ҳпоетцәеи ҳашәҟәыҩҩцәеи рырҿиамҭақәа, урықәныҳәан амҩа руҭон аҿар!

© Foto / предоставлены Анатолием ЛагулааВитали Амаршьан, Анатоли Лагәлааи рҩызцәа рыгәҭа
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа - Sputnik Аҧсны
Витали Амаршьан, Анатоли Лагәлааи рҩызцәа рыгәҭа

Иҟан имаҷымкәа рацәак иугәамԥхоз аҩымҭақәа, аха урҭ равторцәа убас аамысҭашәала урацәажәон, рҩымҭақәа ргәы рызҭоуҵон, мчыбжьык ааҵаанӡа, уара уазгәаҭарақәа зегьы рҽеины, ишьалашьынны, еиҭа акьыԥхьра иазрыхианы иааргон.

© Foto / из личного архива семьи Аджба Ашәҟәыҩҩы Витали Амаршьан, апоетесса Белла Ахмадулина, апоет Таиф Аџьба.
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы Витали Амаршьан, апоетесса Белла Ахмадулина, апоет Таиф Аџьба.

Уара абаҩхатәра бзиа змоу дубар, игәы иҭоу игәы иҭаԥсыр, ишьамхы иалоу ишьамхы иалаԥсыр ууӡомызт, ухы ахҭнуҵон акәмзар, литераторк ажурнал даҟәуҟьаӡомызт, ҳаҭырла, абҵас изацәажәатәыз, абҵас уиацәажәон, еиҵыбҵас изацәажәатәыз, иахьынӡауаз, ухы ларҟәны еиҵыбҵас уиацәажәон. Убриазоуп ҳавторцәа зегьы ргәы ухааӡа узҭоу, ҳаԥхьаҩцәа ушәҟәқәа ргәыҵаҳәҳәаны аӡәи-аӡәи изеимырдо.

© Foto / предоставлены Анатолием ЛагулааВитали Амаршьан ишәҟәы "Сбааш хыҵәцара"
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа - Sputnik Аҧсны
Витали Амаршьан ишәҟәы "Сбааш хыҵәцара"
Витали, уара акырынтә иуҳәалон, ашәҟәыҩҩы инасыԥ- иаԥхьаҩ иоуп ҳәа!Уара уи аҩыза анасыԥ шумаз улала иубеит, уахьӡеит, уԥсҭазаараҿ шаҟа џьамыӷәа ухугаз аҟара, аџьанаҭ ҭыԥаҿ еиҳа иузымариахоит. Уара, Витали, уқәра бжа анааиҩуша инаркны, маакыра змамыз ацҳа ҵәры ушықәгылаз, аԥсра абла ушҭаԥшуаз, иреиӷьӡоу уҩымҭақәа аԥуҵеит! Угәы иҭаз рзынужьит, ирызноугеит ужәлар, уара умыԥсӡеит, шьҭыхшьа змамыз угәырҩа уаблит!

Шьҭа есшаргьы ҳаиқәшәалароуп,

Сԥа сахьишьҭоу изҿыҭуа.

Ес-иԥслакгьы ҳрыцыԥслароуп,

Ҳрыцилароуп ес-ииуа!..

Витали Џьота-иԥа, уара иахьа цәала-жьыла уҳалагылам, иааигәаӡаны убжьы ҳаҳауам, аха иудыруазааит, ҩызара, ешьара ҳазуа ишҳавагылоу баҩхатәра бзиала иаԥуҵаз ушәҟәқәа: "Агәеисыбжь", "Еиуеиԥшым аҟазшьақәа", "Слахьынҵа", "Аигәныҩра", "Ашьхыцқәа ртәыла", "Аччаԥшь", "Мрагыларахь зҿы хоу акәаскьа", "Схәыҷра аӡын", "Сашҭа, сыԥсықәара сашҭа" уҳәа убас егьырҭгьы.

Иҟоуп имԥсуа ажәа, уи шәышықәсала еиҵагыларан иҟоу аҿар ирыцуп, ирыхӡыӡаауеит, иахьчоит. Убасеиԥш иҟоу ажәа бзиа уҭынхеит уара Витали, уи апоет изы иреиӷьӡоу лахьынҵоуп!

© Sputnik / Томас ТхайцукВитали Амаршьан
Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа - Sputnik Аҧсны
Витали Амаршьан
Ажәабжьқәа зегьы
0