Ҩ-бызшәак рымаӡақәа аазыртыз апоет: Денис Чачхалиа иҿцәажәара

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Чачхалиа.
Денис Чачхалиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Денис Кьыршьал-иԥа Чачхалиа сынтәа ианаршьеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Апоет иоуз аҳамҭа дуи, иубилеи 70 шықәса ихыҵра идныҳәало диҿцәажәеит апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор, апоет Анатоли Лагәлаа.

- Денис, ҳара ҳаицәажәара аинтернет аҿы Sputnik Аԥсни" ажурнал "Алашареи" инарҭбааны ирнылоит. Урҭ аҩыџьарагьы рҿы уара ухьӡ бзианы ирдыруеит, улитературатәи унаукатәи усумҭақәа ирызҿлымҳауп!Ҳалагап улитературатә ԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа рыла. Ушԥалагеи уара аҩра?! Даара акыр иухәама урҿиараҿы, уаб Кьыршьал Чачхалиа Аԥсны еицырдыруа поетны дахьыҟаз?!

- Хымԥада, исыхәеит. Еиҳа ииашаны иуҳәозар: уи слахьынҵа аӡбеит. Сеизҳараҿы сыблаҟьар зымуаз, иахьакәым санагозгьы: "ачачхалиара умырӡын" ҳәа иакәым сызмырҟаҵоз. Ҳаб ипоетра анаҩс – дырҵаҩын. Иара усгьы ажәа еинраала бзиа ибон, дазҿлымҳан. Игәынкылара бзиан. Ажәеинраалақәа, ҿырҳәала иидыруаз, рацәан. Урҭ ибжьы ҭганы дрыԥхьон аҩны даныҟазгьы, сасра дахьыҟазгьы. Ауаагьы ласы-лассы " акы уаҳзаԥхьа" ҳәа дыркуан. Иаргьы ахаан мап икуамызт, ихаҭа бзиа ибон азы, машәырынгьы џьара даҿахо уаҩы имаҳацызт. Сшыхәыҷыз акырынтә сақәшәахьан ҳаб Кьыршьыл иабхәа Иасон Зақараиа "Иаирума" данизаԥхьоз. Ҳабду, ҳан лыла, ихаҭа дагыруан, аха аԥсшәа бзиа ибон, далацәажәартәгьы идыруан. Ҳбара ҳәа Тҟәарчал данҩеиуаз "Иаирума усзаԥхьа" имҳәакәан ҟалашьа ыҟамызт. Саргьы рааигәара ҭыԥк ԥшааны сӡырҩуан. Ҳаб иаԥхьашьа шыбзиаз дыздыруаз зегьы ираҳахьан, еилаҳауан. Саргьы исгәаԥхеит. Сыԥсы ӡаны, лассы инымҵәандаз ҳәа сыҟан. Исгәалашәоит "Иаирума" знык даԥхьаны дагьаалгеит, ҳан лаб, ԥсеивгаха имҭакәан деиҭаи́ҳәеит: "Ламыс умазар, даҽазнык усзаԥхьа".

Кьаршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Агəаҕьра змаз агении

Санмаҷыз агәабзиараз суашәырран аҟнытә, ааигәа иҟаз аурыс школ старҵеит. Сеиҳабацәа, Валерии Жанеи, аԥсуа школахь иныҟәон. Ҳани ҳаби аус руан иара убри ашкол аҿы. Аҩны, адҵақәа аныҟарҵоз, рыбжьы ҭганы ажәеинраалақәа рҵон ԥсышәала, сара урҭ сыԥсы ӡаны сырзыӡырҩуан, срыҵашьыцуан. Уи "аиҟарамра" ихьухьыууа, иахьагьы сгәы иҵоушәа снарбалоит.

Аҩра саналагаз атәы уҳәозар, иҟалап Аҟәатәи аботаникатә баҳча ашьақәгылареи, уаҟа еидыргалаз аҵлақәеи аҵиаақәеи ртәы хатәгәаԥхарала анҵамҭа изҩыз акәхап, раԥхьатәи сҩымҭақәа рахь иуԥхьаӡар зылшо. Уи жәабарҿы сантәаз акәын. Нас, иара убри ашықәс азы Евгени Евтушенко ҿыц иҭижьыз иажәеинраалақәа срыхцәажәеит сусумҭак аҿы. Егьырахь зегьы – Алитературатә институт санҭалаз нахыстәиқәоуп. Уи адагьы иҟасҵахьн цәаҳәанҵалатәи аиҭагақәа ԥыҭк: саб иажеинраалақәа, Баграт Шьынқәба итәқәа, Шамиль Ԥлыиа итәқәа.

Схатәык акы зыҩуазар, исзынамыгӡар, - изҩыз убыс исҵәаӷәон, ахаан уаҩы дзамыԥхьо. Саб ибар ҳәа сацәыԥсуан. Сацәыԥхашьон.

- Денис, уара уҩызцәа гәыԥҩык уцны, 1968 шықәсазы М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт шәҭалеит. Ари даара ихҭыс духеит ҳашәҟәыҩҩразы, ҳлитературазы. Избанзар, уи аҩыза алитературатә институт бзиа усеиԥш иҟаз агәыԥ ду Аԥснытәи иҭамлаӡацызт. Шықәсык ахьтә аӡәык-ҩыџьак ҭалон, аха уи аҩыза ҳлитературатә ҭоурых иамбацызт! Ишԥаҟалеи абри ахҭыс, иаԥшьазгадаз? Аиҿкаара аус зҟәаҟәа иқәызхыда?

- Урҭ сара исыцмызт. Сара – дара срыцын. Сара саб ари агәыԥ атәы ажәабжь аниаҳа агәыԥ ахаҭа еиқәдыршәахьан. Сара срыцлеит "иудыруазеи" ҳәа. Ахаҭа шеиҿкаахаз абас ауп. Иван Аҭарба, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реиҳабы, Қарҭ ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿ абри иаҳаит. Москва иҟаз, СССР ашәкәыҩҩцәа Реидгыла иатәу Алитературатә институт аҿы изаамҭанутәи аиҭагаратә милаҭтә гәыԥқәа еиҿыркаауан. Ашықәсан аинститут аиҳабыра ирыӡбеит аерманцәеи, ақырҭқәеи, амордовцәеи ргәыԥқәа еиҿкаазарц. Ақырҭқәа ирзыԥҵәаз аҟара изҭахыз рмоуит. Нас аԥсуаа рыла ихаҳарҭәаап рҳәан, убас ауп Иван Ҭарба иҟынӡа ишынаӡаз ари аус. Аԥсныҟа дахьааз, аусурҭаҿы имырҳауҳаукәан иҳаӡбап рҳәан, иалагеит. Дадыргалт Гена Ламиа. Уи Аҟәа апединститут афизикатә-математикатә факультет дҭан актәи акурсаҿы. Иара аӡәк иакәын ҳәа сыҟоуп ҳгәыԥ аҿы акы зыҩхьаз, акы зкьыԥхьхьаз. Дманшәаламхар, дахьҭаз ахь дгьыжьуан.

Гунда Сакания - Sputnik Аҧсны
Саныҩуа ауп сыԥсы шҭоу аныздыруа: апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыҿцәажәара

Еҭери Басариа-ԥҳа Москватәи ауниверситет, ажурналистикатә ҟәша дҭан латәарада ҳасабала. Егьырахь, Аҟәа аҳәынҭкарратә арадиокомитет аҿы акорреспондентс аус луан. Сара усҟан Аҟәа аԥсуа школ-интернат сҭан аҵыхәтәантәи акласс аҿы. Ҳашколахь дхаланы ҳдиректор Леила Никәала-иԥҳа дҭалыҩуан ҳәа сыҟоуп. Убысҟан ауп раԥхьаӡа данызба. Лфотогьы ҭысхит. Ари 1967 ш. акәын. Аԥхын аналагамҭаз. Ас еиԥш иҟоу агәыԥ еиҿыркаауеит ҳәа иаҳан – апоет, алектор Владимир Анқәаб, Иван Ҭарбеи Кумф Ламиеи дларықәлан, "ҩыџьа гәдоҭаа шәыдшәымкылар, ауаа шәрыласҵоит" ҳәа дрықәмақарын, Рауф Ебжьноуи, Руслан Гәажәбеи рыхьӡ иҳәеит.

Абарҭ зегьы раамшьҭахь ауп сабгьы ари еиԥш агәыԥ аиқәыршәара ишаҿыз аниаҳа. Сара МГИМО аҭалара аҽазырхиара сшаҿыз сааҟәыихын, алитературахь схы ирхеит саб. Рауф Ебжьноу Сухгоспединститут алгара рацәак игымкәан дыҟан. Уигьы, иамур, аҩныҟа дхынҳәуан. Руслан Гәажәба Урыстәыла анаӡара, Китаи аҳәаахь џьара аҵара иҵон. Лариса Аӡын-ԥҳа Очамчыратәи ашкол ҿыц иалгаз лакәын.

Саргьы Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат ааскьаӡа иалгаз среиуан. Абарҭ ҳазынтәык аиҭагарахь ҳхы ҳархеит, Рауф ида. Уи Владимир Анқәаб акритика аҟәшахьы ихы ирхахьан, иидыруаз шьоукы рыла ахылаԥшрагь ииҭеит. Ажәакала, 1968 шықәс азы 5-ҩык аԥсуаа (Гена Ламиа, Лариса Аӡынԥҳа, Етери Басариа-ԥҳа, Руслан Гәажба, сара) Алитературатә институт аиҭагаратә ҟәша ҳаднакылт. Уи ҳаналга доусы изкашәаз ала аусура ҳалагеит.

- Денис, саргьы Москва алитературатә институт аҭалараз егьсыгӡамызт! Уара ибзиан иугәалашәоит, сажәеинраалақәа рацәаны цәаҳәанҵала еиҭаганы Москваҟа иушьҭит. Уаҟа аконкурс даара ибзиоуп ҳәа иахысит, аха сара ара Аҟәа ҳинститутаҿ афилологиатә факультет аҩбатәи акурс хсыркәшахьан. Уа сышҭаз амырбакәа, ҩышықәса аусуратә стаж сымазшәа иҟаҵатәын, аха исзеиҿымкааит. Сара схарала, сеиҿымкаарала, Москватәи алитературатә институт сызҭамлеит, иахьагьы ихьухьууа сгәы иалоуп. Издыруада, зынӡа смажәцәацзар, аинститут иатәу иреиҳаӡоу ҩышықәсатәи алитературатә курсқәа сзырхысыр. Иунаҭо рацәами уаҟатәи аҵара? Уара ухаҭагьы, шәара шәышьҭахь инеиз аԥсуа гәыԥаҿы алекциақәа урыԥхьон.

Белла Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара

- Сара лекторс аус зуамызт Алитературатә институт аҿы. Са сызҿыз хьӡыс иаман – аԥсуа литература аиҭагаҩцәа рсеминар анапхгаҩы ҳәа акәын. Хымԥада, аинститут аҿы, ма иреиҳаӡоу акурсқәа рҿы аҵара даара кыр инаҭоит ашәҟәыҩҩы. Уаҟатәи аҭагылазаашьа, алеқциақәа, арҿиамҭақәа рыхцәажәара, апрактикатә усурақәа даара ашәҟәыҩҩы ддырԥыруеит, ибаҩхатәра иаршәҭуеит, иарҵаулоит… Урҭ акурсқәа раԥхьа ирҭалаз Кьыршьал Чачхалиа иакәын. Нас – Шьалуа Сангәлиа, Алықьса Џьниа, Анатоли Џьынџьал, Витали Амаршьан, Таиф Аџьба, Рушьбеи Смыр. Аҵыхәтәанӡа, ҳаибашьра ашьҭахь аҵара иҵон Даур Наҷҟебиа. СССР анеилабга нахыс уи аҵараиурҭа зеиԥшрахаз здыруа иара иуоп. Шьҭа Урыстәыла иалам аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа дара рҳәынҭкаррақәа иныҟәыргозароуп уахь иҭало абитуриентцәа, уи еиԥш агарантиақәа рымазароуп, дара рыстудентцәа дара иныҟәыргозароуп. Ҳәара аҭахума, ашәҟәуҩҩцәа реиҵааӡара усгьы кыр илаҟәит, аџьармыкьатә аизыҟазаашьақәа аныбжьала. Амала, аԥсуаа даара иаҳнаалон уи аҩыза арҿиаратә ааӡашьа, абыржәгьы аиҭагаратә ус даҽа аамҭак еиԥшымкәан актуалра анаиу, аҳәынҭқарра аҩаӡараҿ ӡбашьак зҭатәу проблеманы иаақәгылт.

- Денис, уара аԥсышәалагьы урысшәалагьы иузеиԥшны ибзианы уҩуеит. Уажәеинраалақәа ссиршәа агитараҿгьы ашәа ианҵаны иуҳәоит. Сынтәа Д. Гәлиа ихьӡ зху апремиа зуанаршьаз ушәҟәы "Апоезиа зхылҵуа" иануп иара убасгьы аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа аурысшәахь еиҭаганы. Урҭ иреиуоуп: Дырмит Гәлиа, Омар Беигәуа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Баграт Шьанқәба, Кьаршьал Чачхалиа, Анатоли Аџьынџьал, Никәала Кәыҵниа, Мушьни Миқаиа, Мушьни Лашәриа, Таиф Аџьба, Борис Гәыргәлиа, Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа уҳәа убас ирацәаҩны. Аԥсуа поетцәа анеиҭауго, урысшәала иузмырцәажәо, зыхшыҩҵак еиҭамҵуа, арахь даҽа ажәак ала иуԥсахырц угәы иаҭахымкәа, "иумпыҵахахьома?!". Мамзаргьы, уажә ихьӡ сгәалашәом, поет дук иҳәан еиԥш:"Переводчик поэзии — король. Переводчик прозы — раб!" ҳәаны уазыҟоу?!

- Аиҭагара ус агьама раԥхьа иснырит, сгәанала, кыр ихьшәаны. Алитературатә институт алгара саназааигәаха. Иара егьырахь – ажәеинраала аҩраҿгьы. Сдипломтә усумҭақәа иргәылалаз иреиуоп сажәеинраалақәа: "Зубры", "Я без коня не представляю деда…", "На перевале", "За годом год, как час за часом"… Аҵара саналга ашықәс азы Москва акьыԥхь рбеит сара исеиҭагамҭаны Дырмит Гәлиеи, Баграт Шьынқәбеи ражәеинраалақәак. Акыс, Дырмит-иԥа Гьаргь уаанӡатәи аиҭагақәа ашәҟәқәа иргәылхны са стәқәа рыла иԥсахит. Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа лассы иуԥылом. Аха… сыҷкәынан. Ус хара сызхәыцуамызт. Аҵара салган шьҭахь еиҭазгаз ажәеираалақәа ирылыскаауеит Таиф Аџьба итәы "Гитара плачет снова, до рассвета..," Рушьбеи Смыр итәы "Ливня летнего мотивы…". Даара исықәманшәалахеит Гена Ламиа иажәеинраалақәа. Уи хаз хҭысны иҟалеит сара сырҿиаратә ԥсҭазараҿгьы, аԥсуа поезиа аурысшәахь аиҭагара атоурых аҿгьы.

Сара автор сицымныҟәеит истиль аганахьала, аԥсуа поезиа иазҿыцу, зхы иақәиҭу, аверлибр аформа. Уи аганахь инықәысҵеит… Иарбан "аганахь ишьҭоуҵо"? Апсуа поезиа еиқәыршәашьа ауп. Уи ихаҭара, гәыцәыс иамоу, ԥсыс иахоу акәӡами? Ааи, аха уи – дәныҟатәиуп. Агәаӷь ауп зегьы ирыцкыу, агәыжәла ҷыдара, иаӷроу ахәыцра, ацәанырра. Хыхь исҳәаз аиҭага азнеишьа атәы анысҳәоз, зыӡбахә сымаз амилаҭтә проблемақәа згәыло аҩымҭа-џьбарақәа роуп. Аԥсҭазараҿгьы… уаҟа ҳдунеихәаԥшышьа еиқәшәон, еиқәшәеит ҳарҿиараҿгьы. Апроза атәы уҳәозар, иҟаларын сақәшаҳаҭхар, аха ԥышәа ҷыдак соуит Алықьса Гәогәуа иажәабжьқәа анеиҭазгоз. Хатәгәаԥхарала. Цәаҳәанҵала ҳәа салагеит, аха нас ԥыҭк ахы иааусыжьын, даара иԥшӡаны ҳаицныҟәеит: аоригинали аиҭагаҩи. Уи аусумҭа сгәы азҭаны саанхеит. Иԥшаатәуп. Сазыхынҳәыр цәгьа избом. Исзырҟаҵаз – аҩымҭахь исымаз абзиабара, изҩы́́з иахь исымаз агәыбылра. Ари ирӡтәым.

- Уара даара иссирны еиҭоугеит аурыс поетцәа: Александр Пушкини, Фиодор Тиутчеви, Александр Блоки, Сергеи Есенини, Анна Ахматовеи, Марина Цветаевеи, Илиа Сельвинскии ражәеинраалақәа рыхәҭак. Мышкызны иреиӷьӡоу адунеи поезиа аҟынтә аиҭагақәа рантологиа аҭыжьра аӡәыр инапы алаикуазар, хымԥада урҭ агәылаиҵар ауп! Избанзар, уара урҭ аиҭагақәа рҿы еиқәурхеит, адунеитә литература агеницәа ражәа аԥсы ахьҭаз! Ажурнал "Алашара" сынтәа иҭыҵыз 4-тәи аномер ацәаҿы иануп Сергеи Есенин иажәеинраалақәа иреиӷьӡоу ируаку уара уеиҭагамҭа. Абраҟа сгәы иауам уи алагамҭа аасымгар! "Бӷьыда иқәхаз сынҷа, ҵааи си идырчалаз, Сара сеиԥшҵәҟьа зхала, адунеи ианхалаз, Уаазгазеи, рыцҳа, аблахкыга убама? Баша сқыҭа уналҵны ԥшак науурсырц уаама?

- Есенин иеиԥш иҟоу апоет иеиҭагара аԥсуа ихгьы иҭамшәароуп, дагьаламгароуп. Аурыс поет дыззышәаҳәо аурыс ԥсабареи, аԥсуа ԥсабареи зынӡак еиԥшым. Уахь – каршәроуп, арахь – шьхароуп. Уахь аԥсабара, аҵлақәа, иаҳҳәап, аԥсы рхаҵаны, хаз персонажны, аразҟы ҷыда рыҭаны, ирыхцәажәоит, ашәа рзыркуеит. Ҳара уи аҩыза атрадициа ҳамамызт. Ас еиԥш иҟоу аиқәымшәарақәа рыда даҽа уадаҩракгьы ацын: арҭ ажәеинраалақәа ашәаны ауаа ирылаҵәахьан. Иаҳҳәап, агитара ануҵарц азы, џьара акы иалмыҳәҳәо, иҭашәозароуп аритм, абжьықәыӷәӷәарақәа, еиқәшәозароуп амузикеи ажәақәеи. ЦДЛ аҿы Фазиль Искандер 1984 ш. игәыҟаҵагас Есенин иажәинраала "Сгәырҩаӡом, сахьҵәыуам, сгәы еиқәҳәалан…" изысҳәеит. Саԥхьаны сшаалгаз еиԥш: "Денис, уаҳа кагьы умҩыр ҟалоит! – иҳәеит. Нас, игәы дҭацәажәошәа, аха ибжьы рдуны, абас иреиҳәеит насҭхашәа игылаз аурыс шәҟәуҩҩцәа: "Есенин шәиԥхьаны шәгәы ианыруа аасҭа, еиҳауп сара абыржәы слымҳа иаҳаз".

Платон Бебиа - Sputnik Аҧсны
Ашьхацамҩа икыду апоет: Платон Бебиа 85 шықәса ихыҵит

Аԥсуа литератураҿ шьҭа крааҵуеит аиҭагаратә практика ахацыркуижьҭеи. Ашедеврқәа рахь иҳаԥхьаӡоит, иаҳҳәп, Баграт Шьынқәба Русҭавели ипоема аҟнытә еиҭеигаз ацыԥҵәаха, Бараҭашьвили иҟнытә, Шандор Петиофи иҟнытә уҳәа… Еиҳарак аԥсуа поетцәа аурасшәахьтә аԥсшәахь еиҭаргоит. Аха поетк ԥсышәалагьы урысшәалагьы ажәеинраалақәа иҩуа, аԥсшәахьтә аурысшәахь еиԥш, аурысшәахьтә аԥсшәахь еиҭеиго, уахьгьы арахьгьы – профессионалтә ҩаӡараны, аԥсуаа ҳҿы иҟамлацызт. Егьырахьгьы џьара иҟалахьеит ҳәагьы ҳаздырам. Аха Ҳазшаз зегьы имчуп.

Ажурнал "Алашара" иара убри аномер уиубилеи аҳаҭыраз уажәеинраалақәеи, уеиҭагақәеи рыла иаатуеит. Ҽаантәи ашықәс ҳазҭалоугьы, уҩымҭа ҿыцқәа рыла ҳургәырӷьозар акәхап?! Насгьы, уара шьҭа унаукатә усумҭақәа рзы хымԥада аҭҵаарадырратә ҩаӡара бзиа уаԥсоуп, убригь зҿлымҳара арҭозар акәхап ҳҵарауаа.

- Денис, уара асахьаркыратә литератураҿ мацара акәӡам, даара уџьабаа рацәоуп аҭоурыхтә наукаҿгьы!Ааигәа сара гәахәарыла исыхәҳаит ушәҟәқәа: "Аԥсуаа раҳра Баграт II ишәышықәсази", "Аԥсуа ԥсҳацәа рҭоурыхи". Арҭ ашәҟәқәа Аԥсны хымԥада инарҭбааны иӡыргатәуп, араҟа иаарԥшуп ҳҭоурых шыҟаҵәҟьаз ҿаҿаӡа! Уи уара уоуп зегь раԥхьа инарҭбааны иаҳзырбаз!

- Аҵарадырра снапы аласыркыжьҭеи шьҭа кырҵуеит. Ҩынҩажәа шықәса ирзанаԥшуеит. Раԥхьы акьыԥхьахь сцәырҵцуа салагеит архитектура иазкыу астатиақәа рыла (1975). Нас аҭоурых, археологиа, аԥсуара. Сзыԥхьоз рацәан, акартотека аиқәыршәара салагеит, аматериалқәа агәылҩаан, акопиақәа рықәҭыхны, еидӡахыланы, ацәа рхаҵо, еивасыргылон, еиқәысҵон. Шьыжьымҭан снеины Ленин ибиблиотека анадыркуазынӡа уа сыҩнытәан. Акрыфараз аамҭа сеигӡаны зынӡак санымцозгьы маҷмызт. Уи сыца аганахьала апроблемақәа сызцәырнагеит. Аха хықәкыс исымаз иахьагьы исымоу: аԥсуа жәлар ирымазароуп дара ирыхәҭоу аҭоурых-иаша, аҭоурых-гәыҭгага. Убри аҩыза аҭоурых шҳамаз агәра згон. Убри сагьашьҭан.

© Foto / из личного архива Дениса Чачхалиа Денис Чачхалиа ишәҟәқәа "Аԥсуаа раҳра Баграт II ишәышықәсази", "Аԥсуа ԥсҳацәа рҭоурыхи"
Ҩ-бызшәак рымаӡақәа аазыртыз апоет: Денис Чачхалиа иҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Денис Чачхалиа ишәҟәқәа "Аԥсуаа раҳра Баграт II ишәышықәсази", "Аԥсуа ԥсҳацәа рҭоурыхи"

Иахьагьы, 2020 шықәсазы, аметро сҭаланы аусурахь санцо: "Станциа метро "Библиотека имени Ленина" ҳәа анырҳәалакь, абиблиотека савсыр ҳәа сшәаны, сыҭҟьаны сандәықәло ҟалалоит. Нас саангылоит. Сгылоуп, сзыхҟьаз здыраанӡа. Фы-шықәса иааиԥмырҟьакәа сахьныҟәалоз, сархагеит. Ажәакала, исымоу ашәҟәқәа рнаҩыс 62 том абхазологиа аҭҵааразы зда ԥсыхәа ыҟам анҵамҭақәа, астатиақәа еидыскылеит: 4 томк – архитектура иазкны, убриаҟара ахыҵхырҭақәа ирызкны, акьырсианра, аетнографиа, афольклор, амифологиа, акартографиа, агеографиа, атопонимика, аԥсуа бызшәа уҳәа зуахкы уҭаху… Заҟа аамҭа, заҟа аԥара, заҟа агәамч, ахшыҩ… Анаукаҭҵаара аӡәы агәабзиара инаҭахьазар – саргьы иснаҭеит.

- Денис, сара даара исҭахуп ҳаԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы ирысҭарц аидеиа бзиа! Ԥшӡала, абри ачымазара шааҳхаҳгалак, Аԥсны аҭоурых иазкны, ҩымзрахь знык иадамзаргьы, иахәҭоу ахә узшәаны, унарԥхьаларц инарҭбаау, ауаа рацәа злахәу алекциақәа рыԥхьаразы. Насгьы, урҭ алекциақәа, аԥсуа ҳәынҭқарратә телехәаԥшрала ирышьҭларц. Уақәшаҳаҭзар, сҩызцәеи сареи гәыԥҩык ари аус ҳахаӡгылоит!

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

- Ԥшьгамҭа бзиоуп. Садгылоит. Иҟасҵоит. Уаргьы уажәа уаԥшәымаз. Ҳдырра, шықәсы рацәала еидыҳгалоз ҳԥышәа, еиҵагылаз аҿар ирымадатәуп, урҭ рхы иҭалароуп, рылаԥшҳәаа арҭбаароуп, рыбӷа еиҵнахроуп. Ираҳто аинформациа гәырӷьаҿҳәашаха рымч-рылша иазнарҳароуп, аихаҳара ргәанарԥхароуп, еиҳау аҩаӡарахь ишьҭыхны инаргароуп аҭоурыхтә хәыцшьа, адунеи аҿиашьа афилософиа иадкыланы. Жәалагала бзиоуп. Амҩа ҳашәҭ, иҟалозар.

- Денис, уара аԥсуа ԥхьаҩ есымша гәыкала дузыԥшуп! Ҳара иаҳҭахуп, ирлас-ырласны ҳургәырӷьаларц, уажәеинраалақәеи, уеиҭагамҭақәеи, унаукатә ҭҵаамҭақәеи рыла. Ԥсра-ӡра ақәымзааит Дырмит иҳазхиҵаз ацҳа, ҵыхәаԥҵәара рымамзааит уи иқәлан зҿаазхо ҳаԥхьаҩцәа!

- Анцәа иуциҳәааит. Ҽазнынӡа!

Ажәабжьқәа зегьы
0