"Иуадаҩын, аха иссирыз хҭыслагьы иҭәын": Саида Жьиԥҳа 2020 шықәса алкаақәа ҟалҵоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Cаида Жиба
Cаида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи дықәымзар ҟалап аӡәы, 2020 шықәсазы ачымазареи, ауадаҩрақәеи, аԥынгылақәеи, аԥкрақәеи зцыз аамҭан ҳәа зымҳәо, хымԥада саргьы уахь саҵанакуеит лҳәоит Sputnik аколумнист, акорреспондент Саида Жьиԥҳа. Аха убри аан иазгәалҭоит иҿыцыз арҿиаратә мҩагьы дшықәнаҵаз.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

2020 шықәса сара саԥылеит Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь ҳџьынџьуаа рыгәҭа. Уахь сцара зыхҟьазгьы, уаҟа инхо еицырдыруа ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа гәыԥҩыуаак ирызкны иҭсыжьраны иҟаз ашәҟәы-альбом "Амра ашәахәақәа" ауп.

Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Амра ашәахәақәа Сҭампыл аӡыргараан - Sputnik Аҧсны
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: "Амра ашәахәақәа" Ҭырқәтәыла ишӡыргаз

Насыԥ сымоуп ҳәа исԥхьаӡоит уи сыгәҭакы ахьынагӡахаз. Ажьырныҳәамза иалагӡаны ашәҟәы-альбом ӡырган Адаԥазары, Сҭампыл, Анкара ақалақьқәа рҟны, сҩызцәа бзиақәа Иуџьаль Сергьегьиаԥҳаи, Оздан Аҩӡԥҳаи, Сима Агрԥҳаи, Ерол Ԥлиеи, Қьамиль Маршьани, Меҳмеҭ Инаԥшьбеи, Кадыр Абаӷбеи, Рыдуан Уассеи рыцхыраарала.

Аиашазы, асҵәҟьа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥгахоит, насгьы гәахәарыла ирыдыркылоит ҳәа сыҟамызт. Ари ахҭыс сыԥсҭазаара аԥсахит ҳәа сҳәарц сылшоит. Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи ателехәаԥшрақәа, агазеҭқәа, арадиоқәа, аинформациатә маҵзурақәа жәпакы алацәажәеит, ауаажәлар ирыладырҵәеит аҭоурыхтә ҵакы змоу ашәҟәы-альбом аҭыҵра.

Жәабранмза алагамҭазы аҩныҟа санаауаз, уажәшьҭа акоронавирус иахырҟьаны адунеи апандемиа аларҳәеит. Хымԥада уи закәыз схаҿы иаазгаргьы сҭахымызт, Аԥснынӡа инаӡом ҳәа иԥхьаӡаны. Аха ааԥынразы ҳаргьы аԥкрақәа ҳанрыҵаркы, аҳәаа анадыркы, раԥхьатәи ачымазаҩцәеи аԥсҭбареи аныҟала, уи сыпсихика акырӡа иаԥырхагахеит. Убриаҟара акоронавирус сацәшәо салагеит, исызгәакьоуи сареи уи амшала уаҳа ҳзеибамбар, ҳуаӡәы ачымазара дагар ҳәа агәыҭҟьара соуит.

Аамҭак ашьҭахь маҷк адепрессиа анысхыҵ, исыӡбеит сгәы схашҭырц азы акы салагарц, аха ажурналистика анаҩс аус зымуӡацызт аҟнытә, исцәыуадаҩхеит ҽакахьы аиасра.

Рада Ажиба, Элеонора Когония, Саида Жиба, Зарина Когония - Sputnik Аҧсны
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

Сара аҩызцәа рганахьала насыԥ змоу уаҩуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит. Зарина Басныкԥҳа-Коӷониеи, Елеонора Коӷониаԥҳаи, Рада Ажьиԥҳаи, "аҩны шәыҟаз" шырҳәозгьы, аамҭа-аамҭала ҳаибабо ҳалагеит, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа мҩаԥгауа. Ҳахлафаангьы аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит "Аԥсны кәаԥцыԥхьаӡа ҳамнеикәа ҳшымԥсо" ҳәа. Акырџьара аԥхын иалагӡаны ҳанца, "унан, иааигәахама" ҳәагьы ҩаԥхьа алаф ҳәауа ҳгәалаҟазаара шьҭибахуан.

Акарантин даара ҳабзазара аԥсахит, ҳзышьцылаз зегьы бжьанарӡит. Аԥхын алагамҭазы аҳәаа аадыртуеит ҳәа ҳашгәыӷуазгьы, уигьы инахахеит. Ажәакала, аԥхын амш дуун, аусура ашьҭахь уеизгьы сасра анеира ҳацәшәон, ҳара ҳамшәаргьы, зҿы ҳамҩахыҵуаз ирҭахымхар ҟалон азы, аиҳарак аҩны ҳаҟан.

Ус уахык зны, "аԥсҭазаара бзиа" аныҟаз аамҭа сшазхәыцуаз, дысгәалашәеит Ҭырқәтәыла сзабадыраз Аҳмеҭ Ашәымхәа захьӡыз ԥсыуа хаҵак. Иара Аԥсныҟа дмааӡацызт азы, изҵаарақәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт. Иџьынџьдгьыл иадҳәалаз аӷьырак ҭиҵаар иҭаххеит сара сҟынтә. Зегьыҵәҟьа рҭак сзыҟамҵазаргьы, ихадаз иеилсыркааит.

Исҳәарц исҭаху, убасҟан Аҳмеҭ дсазҵааит "аԥсуаа анкьа рыҩнқәа зеиԥшразеи, насгьы иахьанӡа акыр еиқәханы иҟоума" ҳәа. Аинтернет ахархәарала ажәытә кәасқьақәа рфото исырбеит, аха Мықә ашҭеи Баграт Шьынқәба игәараҭеи рҿы иҟоу рыда анхацәа ирызгылоумашь ҳәа саргьы сазхәыцуа салагеит.

"Уеизгьы сҩызцәеи сареи Аԥсны ҳакәшоит, ақыҭақәа ҳахьрылсуа снаԥшааԥшлап" сҳәан, аҭҵаарақәа срылагарц сыӡбеит апандемиа аамҭазы. Схаҿгьы иит аидеиа, 50 рҟынӡа ажәытә ргыларақәа сзыԥшаар рфото ҭыхны, рыԥшәмацәа арбаны, ирыдҳәалоу аҭоурых хәыҷқәа нацҵаны альбом аиқәыршәара. Ус, ԥхынгәымзазы сус снадгылеит.

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Жьиԥҳа ажәытә аԥсуа ҩнқәа рзы: баша хыбрам, унацәа рықәукыр ацәажәара иалагоит

Раԥхьатәи сышәҟәы-альбом иацыз ахарџь здыруан аҟнытә, Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь сыгәҭакы атәы иасҳәеит, наҟ-наҟ аҭыжьразы сышиқәгәыӷуа нацҵаны. Аиашазы, аԥсуа ажәытә нхамҩа аӡыргара аидеиа гәахәарыла идикылеит, агәрагьы сиргеит аматериал анеидыскылалак, ацхыраара шсиҭо. Аҽныҵәҟьа, ақыҭақәа рахь сныҟәарақәа рзы исзалиҩааит абылтәы.

Аекспедициа иабзоураны лабҿаба избеит иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоу шәышықәсеи инеиҳани изхыҵуа аԥсуа кәасқьақәа. Урҭ ахыбрақәа исеилдыркааит ажәытәангьы аԥсуаа анхара-анҵыра иашьҭаз, зхатәы естетикатә гьама змаз, имаашьоз, анапҟазара злаз, ахаҳә, амҿы, аиха аус адызулоз ауаа шракәыз.

Иазгәасымҭарц залшом сахьымҩахыҵуаз агәараҭақәа зегьы аҭоурыхтә ӡыблара шыркьысыз. Акәасқьақәа рыԥшәмацәеи рыхшареи аӡәырҩы 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ирылаӡит, егьырҭ Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иахәлабгеит. Аматериал беиа зныԥшуа акьыԥхьымҭа, аԥхьаҩцәа ижәбарц шәылшоит иааиуа 2021 шықәсазы.

Ари аинформациа аидкылара адагьы, аекспедициа аан амҩагьы аинтерес аҵан. Схала ажәытә кәасқьақәа рҭыхразы аламала сцаӡомызт, дсыцын саҳәшьа Оксана Задеԥҳа. Лареи сареи знапы зҟьоз ауаа ҳаимҩалацәазар иаҳгон. Убас Ҭхьынаҟа ҳанцоз, амҩа хада абжьаларҭаҟны ишьҭаҳхыз Ҷлоутәи арԥыс Асҭамыр Шьинелиеи ҳареи аиҩызара ҳабжьалеит. Иара ибзоураны иқыҭаҟны ажәытә ргыларақәа хәба ҭаҳхит. Анаҩс иан лчеиџьыка агьама ҳбеит. Убас иааиуа ашықәс азы, арԥыс ичарахьгьы ааԥхьара зауз раԥхьатәи асасцәа ҳакәхеит саҳәшьеи сареи.

Аԥсны ақыҭақәа рҟны "Ицәажәо аҭыӡқәа" захьӡу сыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵаарақәа хсыркәшеит аӡын раԥхьатәи амшқәа рзы. Уажәы уи аҭыжьра иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа снапы рылакуп.

Агәыӷра сымоуп, ҳазшаз имчала адунеи иахаԥаз ачымазара иаарласны иаҳхыҵып ҳәа, 2020 шықәсазы ҳазхьымӡаз 2021-тәи аан инаҳагӡап ҳәа. Ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу агәабзиара ауп, убри аҟнытә аԥхьаҩцәа ишәзеиӷьасшьоит еснагь шәгәы бзианы, шәгәашьамх ӷәӷәаны шәызҭахугьы ишәҭахугьы рааигәа шәыҟазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0