"Ҳалшарақәа ҳәаа рымамзароуп": ДЦП адиагноз ззықәыргылоу Милана Аџьԥҳа лҭоурых

© Foto / Милана АджбаМилана Аџьба
Милана Аџьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ДЦП адиагноз ззықәыргылоу, 22 шықәса зхыҵуа Цандрыԥшь аҳаблан инхо аԥҳәызба қәыԥш Милана Аџьԥҳа ԥсабарала лылшарақәа шԥкугьы, лара уи дақәшаҳаҭым, уимоу аилазаараҿы дшьақәгыланы егьырҭ аинвалидра змоу ауаа ацхыраара рылҭоит.

Милана Аџьԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит лхаҭа дызнысыз амҩеи уаҵәтәи лыгәҭахәыцрақәеи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Милана Аџьԥҳа даныхәыҷыз лҭаацәа лассы-лассы лжьышәа аус адуларазы Санкт-Петербургҟа дыргон ареабилитациатә центрқәа руак ахь. Анаҩс, ианлызҳа, хәышықәса ирылагӡаны аамҭа-аамҭала Аҟәа Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр астационар аҿы дышьҭалон. Аԥҳәызба лжьышәа аус адиулон аспециалист Ахра Чқәан.

© Foto / Милана АджбаМилана Аџьба
Ҳалшарақәа ҳәаа рымамзароуп: ДЦП адиагноз ззықәыргылоу Милана Аџьԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Милана Аџьба

Милана ДЦП адиагноз шылзықәгылазгьы, дхәыҷы еилҟьан. Лҩызцәа дрыцхәмаруан, ашкол ахь дныҟәон.

Сборная Абхазии инвалидов-ампутантов по футболу в Турции - Sputnik Аҧсны
"Ҿыцымҭала ацәажәашьа сҵеит": зылшарақәа ԥку Алхас Амԥар иҭоурых

"Саныхәыҷыз инаркны знызаҵәыкгьы егьырҭ среиԥшым, сылшарақәа ԥкуп ҳәа схәыцра иаласымҵеит. Ашкол салгаанӡа сҩызцәеи арҵаҩцәеи рганахьала ацхыраареи, адгылареи, ажәа ҟәандақәеи рыда сылахь еиқәызҵо акагьы сгәалашәом. Аилазаараҿы схы-сгәы ахымшәақәа, уимоу аԥсҭазаара бзиа ибаны сахьышьақәгылаз сҭаацәа роуп изыбзоуроу. Сани саби аҵара сҵартә, сгәабзиара лассы-лассы ишьақәсыргылартә еиԥш алашара сырҭон, исывагылан, иахьагьы убасҵәҟьа", - лҳәоит Милана Аџьԥҳа.

Аԥҳәызба даара лгәы лнархьуеит Аԥсны зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа реиҳараҩык ашкол иахьҭам, аҩны аҽазыҟаҵарақәа иахьырхымсуа. Дара наҟ-наҟ аилазаара ашьцылара рцәыуадаҩхоит ҳәа илԥхьаӡоит.

Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр Милана Аџьԥҳа аҩны илзаҩызан, аколлектив лҭаацәа реиԥш дырзыҟан. Еиҳа иҟәандоу ацәаныррақәа зыдҳәалада ҳәа санлаазҵа "аӡәгьы далсхӡом, зегьы" ҳәа саҭалкит.

© Foto / Милана АджбаМилана Аџьԥҳа даиааит Цандрыԥшь ареабилитациатә центр аартразы агрант
Ҳалшарақәа ҳәаа рымамзароуп: ДЦП адиагноз ззықәыргылоу Милана Аџьԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Милана Аџьԥҳа даиааит Цандрыԥшь ареабилитациатә центр аартразы агрант

Милана Аџьԥҳа лыԥсҭазаараҿы ихадоу хҭысхеит 2019 шықәсазы хәҩык лҩызцәеи лареи еиманы Нхыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз "Ҳәаа змам" захьӡыз афорум Аҟәатәи ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр ахьӡала алахәра. Убраҟа дыззыӡырҩыз алекциақәа ирыбзоураны Милана илҵеит зылшарақәа ԥку ауаа ирзынархоу асоциалтә проектқәа рышьақәыргылашьеи рынагӡашьеи.

Пресс-конференция ко Дню борьбы за права инвалидов - Sputnik Аҧсны
Алхас Ҭҳагәышь: Аԥсны иҟоу ахамыхәацәа ирзымхо рацәоуп

Аԥсныҟа даныхынҳә, иаԥылҵаз раԥхьатәи лыпроект инақәыршәаны ахымхәацәа рзы арныҟәагақәа, аколиаскақәа уҳәа ахархәара рызымҭоз рҟынтә еидкыланы, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадаз ирызшахон гәыҳалалратә акциак аҳасабала. Анаҩс, аԥҳәызба илаҳаит ПРООН Аԥсны имҩаԥнагоз асоциалтә программа аӡбахә. Иагьылыӡбеит лыпроект рыдылгаларц.

"Усҟан сыпроект аиааиуеит ҳәа аӡәы исаиҳәазҭгьы, хымԥада ихасҵаӡомызт, закәытә цәажәароузеи ҳәа иџьасшьарын. Сара сҽаласырхәит схы ԥысшәарц, етапс сахьынӡанаӡо гәасҭарц. Агрант саԥсахеит анырҳәа, сгәырӷьеит сҳәар акагьы сымҳәеит ауп иаанаго", - агрант дшаиааиз лгәалашәоит аҭыԥҳа.

ПРООН иалнахыз Милана Аџьԥҳа лыпроект азкын Цандрыԥшь аҳаблан Агәыҳалалратә ацхырааратә центр аартра. Ус иагьыҟалеит, иҳаҩсыз 2020 шықәсазы, ԥхынҷкәын 23 аҽны аҭыԥантәи аполиклиника ахыбраҟны иаартхоит "Ҳара ҳаицуп" захьӡу зылшарақәа ԥку ауаа ацхыраара ахьроуша Ацентр. Ари ахыбра аҭыԥҳа хәыда-ԥсада илзалырԥшааит адгылара лызҭаз Цандрыԥшь аҳабла ахадара. Аҩнуҵҟа имҩаԥгаз аремонти, аофис ҩнымаҭәала аиқәыршәареи, апациентцәа ржьышәа аус адуларазы иахәҭоу маҭәахәылеи маругалеи еиқәыршәан ПРООН апрограммала.

© Foto / Милана АджбаЦандрыԥшь иаадыртыз Ареабилитациатә центр
Цандрыԥшь иаадыртыз Ареабилитациатә центр - Sputnik Аҧсны
1/4
Цандрыԥшь иаадыртыз Ареабилитациатә центр
© Foto / Милана АджбаЦандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа - Sputnik Аҧсны
2/4
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа
© Foto / Милана АджбаЦандрыԥшь Ареабилитациатә центр
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр  - Sputnik Аҧсны
3/4
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр
© Foto / Милана АджбаЦандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа - Sputnik Аҧсны
4/4
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа
1/4
Цандрыԥшь иаадыртыз Ареабилитациатә центр
2/4
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа
3/4
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр
4/4
Цандрыԥшь Ареабилитациатә центр аҿы амаругақәа

Уажәшьҭа араҟа ахәшәтәратә баҩрҵәыреи, амассажи, апсихолог ицхыраареи роурц рылшоит Ацентр хылаԥшра знаҭо зылшарақәа ԥку ауаа.

"Сара иахьынӡаздыруа, Гагра араион аинвалидра ззышьақәыргылоу ауаа 272-ҩык ыҟоуп, Цандрыԥшь мацара 64-ҩык ҳамоуп. Апандемиа иахырҟьаны иалагалоу аԥкрақәа шаԥыххалак, ҳаспециалистцәа Сасрыҟәа Ашәбеи, Даниил Бердникови, Сабина Инаԥҳаи апациентцәа рыдкылара иалагоит. Иахьазы иаҳзааираны иҟоу рсиақәа ашьақәыргылара ҳнапы алакуп", - лажәа иацылҵоит аԥҳәызба.

Милана Аџьԥҳа аус адылулоит даҽа проектк. Уи зызку Ацентр аволонтиорцәа радыԥхьалара ауп. Русура арманшәаларазы 20-ҩык иреиҵамкәа аволонтиорцәа рымазароуп. Апроект излаҳәо ала, агәаҳәара аазырԥшуа зегьы аспециалистцәа иддырҵоит зылшарақәа ԥку ауаа аус арыдулашьа, арацәажәашьа, аилазаара раршьцылашьа уҳәа.

Милана лнапы злаку аус аҟны адгылара лырҭоит бзиа дызбо зегьы. Дарӷьажәҩаны длывагылоуп лашьеиҵбы Владислав. Аԥҳәызба илҳәеит аус здылуло апроект аиааира агар, иара волонтиорс Ацентр дшадылԥхьало.

Милана Аџьԥҳа аҭагылазаашьа лхы иархәаны зылшарақәа ԥку ауаа ргәы кармыжьарц, ирылшо аус рҽазыркырц рабжьалгоит, лхатә ԥышәа ҿырԥштәыс иааго. Рҭаацәа хазы дрыҳәоит агәрахаҵара рырҭарц аинвалидра змоу рыхшара, аамҭала лара лани лаби ишыҟарҵаз еиԥш.

Ажәабжьқәа зегьы
0