Лашәриа: сыԥсҭазаара алитература иазкын, уаҳа ҽакы хадарас иалхны исымамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы имшира азгәеиҭоит.

Мушьни Лашәриа диит 1938 шықәса, ажьырныҳәа 16 рзы аԥсуа қыҭа Кәтол, ажәабжьҳәаҩыс хара зыхьӡ рдыруаз анхаҩы Ҭаиа Лашәриа иҭаацәараҿы. Мушьни Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 10-11 шықәса анихыҵуаз аамҭазы, аа-класск змаз Кәтолтәи ашкол данҭаз. Sputnik иаиҭаз аинтервиуқәа руак аҟны иара иазгәеиҭеит:" Сара поет-лирикк иаҳасабала сжанр ала аусура иацысҵоит. Астраномиатә аамҭа арҿиара иадҳәалам, аамҭа ҭацәы амазаара иаанагаӡом улатәаны ак уҩуеит ҳәа. Уи азы иаҭахуп акомпонентқәа рацәаны. Сара саанхоит споет-лирикны, иахьынӡасылшогьы..."

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik 

- Мушьни Таииа-иԥа, шәылаԥш ахара инаӡоит, шәажәа акрыԥхылнадоит. Исҭахуп шәныҳәаԥхьыӡ, шәзеиӷьашьара ҳауаажәлар рҟынӡа инажәгарц.

Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: апоезиа – сыԥсҭазаара иашьаҭоуп

- Ҳазҭалаз Ашықәс Ҿыц, ҳанацәа, ҳабацәа, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳауаажәлар зегьы ирыдысныҳәалоит. Иҳалоу ачымазараҿкы иахьцаз иахьааз ҳамбо ибжьаӡааит, ахабар зхабару уаҳа иҳамбааит сынтәарнахыс. Аныҳәа ду алԥха ҳаҳәоит, Анцәа ду илԥха ҳаҳәоит, ҳиашьапкуеит, даҳхылаԥшааит ҳҳәоит, иҳагу-иҳабзоу ҳанаижьааит, ҳаҭаимҵааит. Ҳарҭгьы ҳазыхиазааит иара иԥҟарақәа рықәныҟәара. Иахьынӡауала гәыцқьала-ԥсыцқьала аҟазаара, абри ауп зегь раԥхьаӡа сыуаажәлар ирзеиӷьасшьо. Абас еиԥш иҟоу имариам аамҭақәа раан, ауаҩы дзакәу, иуаҩра, инамыс, иҳалалра еиҳа инарҵауланы иааԥшуеит. Ажәытәтәи аԥшьаҩыраҿы иануп: "иузааигәоу, иуԥну бзиа дба"-ҳәа. Уи ҭӡык аҟны иуцынхо иакәзар ҟалоит, инаскьаны игылоу иакәзар ҟалоит, аха убри ауаҩы ибзиабара еиҳау акымзарак ыҟам ари адунеи аҿы. Аихаҵгылара жьрацәарала аума, гәыбылрала аума, ҩызарала- ҭахрала аума, сара уажәшьҭа сықәрагьы маҷӡам, абар 84 шықәса сырҭалоит, абри аԥсҭазаараҿы избахьоу иреиҳау ирыцкыу абри акәны сахәаԥшуеит. Схаҭагьы сымҩаҿы ауадаҩрақәа изныкымкәа-иҩынтәымкәа срықәшәахьан, исзааигәаз исызгәакьаз ауаа сҿырхуан, рхы-рыԥсы сыхҭнырҵон, убриала иахьагьы сшьапы сықәгылоуп. Аихаҵгылара, наҟ-ааҟтәи агәыбылра маҷӡак ауп иаҭаху ҳәа уҳәар ауеит иара, аха убри амаҷра аҿы аду ыҟоуп, убри анагӡара ҳалшо Анцәа ҳҟаиҵааит, абзиара шәымазааит сыуаажәлар ҩаԥхьа.

- Шәыԥсҭазаара ԥсыс иахоу шәырҿиара ауп, шәажәа сахьарк ауп, уи шәаԥхьаҩцәа еилыкка иаҳдыруеит. Ҳазҭагылоу аамҭазы шәырҿиара ахырхарҭа аганахь ала иҳашәҳәарц ишәылшои, гәҭакқәас ишәымои?

Мушни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

- Зыԥсы ҭоу, зшьапы еихызго, змахәар зшьахәар аус ауа, зыхшыҩ цқьоу ауаҩԥсы, ҳәарас иаҭахузеи, аҳасабқәа имоуп, агәҭыхақәа имоуп, дзырхәыцуа рацәоуп. Ашәҟәыҩҩы, арҿиаҩы иакәзар, уи ҳәарада еиҳагьы. Сыԥсҭазаара алитература иазкын, изаҟаразаалак уаҳа даҽакы хадарас иалхны исымамызт, иаасылшоз ахәыҷы аԥсуа литература аҿиара, ҳпоезиа арҿиара, мамзаргьы еиҭазгома, схатәы аԥысҵома, абри иазыскит. Исылшаз сылшеит, ицаз ашықәс азы еиҭаган салгеит иагьыскьыԥхьит абиблиа ажәытәӡатәи ахәҭа, аԥсалмқәа, Аҳ Дауҭ иашәақәа, даҽакала иуҳәозар, Анцәа изку, Анцәа ибзырӡы иазку ашәақәа. Дук хара имгакәа иҭыҵран иҟоуп абарҭ Аԥсалмқәеи, уаанӡа еиҭазгахьаз Аҿатә уасиаҭи шәҟәыкны рыҩбагьы. Убри даара гәаҳәарала сазыԥшуп. Ааигәа иаԥысҵаз споемақәа руак "Ашаеҵәа" аурысшәахь аиҭагара аус аиҿкаара саҿын. Дук хара имгакәа "Молодая гвардиа" аҟны атираж нагӡаны иҭыҵып ҳәа сгәы иаанагоит мызкы ҩымз рыҩныҵҟа. Аԥсныҟа иаараны иҟоуп, ирзысшараны иҟоуп. Уи еиҭеигеит еицырдыруа аурыс поет, аиҭагаҩ, уаанӡатәи сҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа еиҭазгахьаз Михаил Синельников.

- Ҿыц зыҩра шәаҿу аҩымҭақәа рыӡбахә ҳашәҳәар ҟалоума?

- Ааигәа иаԥысҵеит ҳабацәа ирызку апоема "Ҳхылҵшьҭра". Зны Пушкин иҩуан "Моя родословная" ҳәа, иабацәа ирызкны, дызхылҵыз ишьҭра, ихы-иҵыхәа иазкны. Дарбан уаҩԥсызаалак, иабацәа рыхьӡ рыжәла, абиԥарала, абшьҭрала 5-6 анеиқәиԥхьаӡо ыҟоуп. Баграт Шьынқәба, 10-15 абшьҭра рҟынӡа еиқәиԥхьаӡон. Саргьы сықәрахь санынаскьа ихьаазго салагеит ҳабацәа рабацәа, ҳара ашәҟәҩыра ҳамамызт, ианымызт ана-ара рҭоурых, ус зеиԥш ажәаноуп ишаҳҳәо. Анцәа иџьшьаны, аԥсуа жәлар рашәақәа ирыбзоураны, ҳабацәа ирызкуа ашәақәа, аҳәамҭақәа акымкәа-ҩбамкәа еиқәханы иҟоуп. Аха, хаз-хазы игоу, а-5-тәи, а-10-тәи, а-15-тәи ашәышықәсақәа рзы инарылыҳәҳәоз ауаа, ахацәа рыԥсҭазаара рнысымҩа хадарала иугозар, ибжьаӡны иҟоуп. Таииа Лашәриа Хәыблыхә-иԥа сизааҭгыланы, иара иҿганы инысымҩа, иабшьҭра, урҭ зҭагылаз ауадаҩрақәа, амыҟәмабарақәа ирызкны поемак зҩит, рацәакгьы идуум рацәакгьы икьаҿым иара. Убри ааигәа агазеҭ "Еҵәаџьаа" ианысҵеит, ажурнал "Аҟәа" ахь аиагара саҿуп. Уаанӡатәи сеиҭагаҩцәа Москватәиқәа аиҭагара иаҿуп. Саԥхьа иқәуп, абыржәы сызхатәоу астол аҿы, "5 томов русской поэзии" ҳәа Евгени Евтушенко еиқәиршәаз.

Евгений Евтушенко в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Лашәриа: Евтушенко ибзоураны, Москва аԥсуа шәҟәыҩҩцәа акыр ацхыраара роуит

Аурыс поезиа зқьышықәсатәи апоетцәа аӡәаӡәала иаирбоит, убри дахьӡеит иара иԥсы анҭаз. Зеиԥш хыс иамоуп "Поэт в России больше чем поэт. Десять веков русской поэзии" ҳәа. Томк ҩба-хԥа кьыла иҟоуп, уамашәа иԥшӡаны, иӷәӷәаны еиҿкааны иҭыжьуп, аурыс поезиа аҭоурых зегьы уаныԥшылоит, уаԥхьоит. Сара зны даараӡа аџьабаа баны исылшоз ала, Аԥсуа поезиа антологиа еиқәсыршәеит. Ԥыҭк анҵы сҽазыскит урысшәала убри аналаг аҟаҵара. Аха, имариамхеит, сызҿыз рацәан. Уажәгьы сгәы азхьуеит, агәаҳәара сымоуп, еизызгахьоу аматериал даараӡа ирацәоуп аԥсуа поетцәа рҩымҭақәа урысшәала еиҭагоу, рыцҳарас иҟалаз, даараӡа ирацәоуп еиҭагам. Убарҭқәа еицырхырааны егьины абри сажәымҭыҽха абас еиԥш иҟоу ашәҟәы аҭыжьра "Аԥсуа поезиа антологиа урысшәала", ҳаамҭазы акы ԥнаҟо, акы аанаго, абри гәаҳәарас исымоуп. Ҳәарада, ирацәоуп сҩызцәагьы саргьы ҳнапы злакыу, агазеҭ "Еҵәаџьаа" аҭыжьра, ажурнал "Аҟәа" аҭыжьра, Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура уҳәа.

- Шәгәаҟынтә иаауа цәаҳәақәак шәырзаԥхьарц ҳҭахуп.

- Абри ашәышықәса ҳанҭалоз, азқьышықәса уҳәаргьы ауеит, убасҟан изҩыз ацәаҳәақәа рахьтә:

"Зқьышықәса умаз Аԥсны, ҽа зқьышықәса раамҭа уҭала

Ужәлар, уҩнра еибганы, уҟаз наӡаӡа лыԥхала!

Ҳабацәа рабацәа зны, абраҟа рыҵәҩаншьап адырсит,

Уԥыршәон ӡи-мцеи еисаны, азқьышықәсқәа рымҩа уахысит…"

- Иҭабуп, Мушьни Таииа-иԥа, ҳаиҿцәажәаразы! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0