Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых

© Foto / Саида ЖибаАишьцәа Роберти, Романи, Вадими Ажьиаа
Аишьцәа Роберти, Романи, Вадими Ажьиаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Блабырхәа ақыҭан ииз, заншьцәа Гәынаа рҟынтә аҟазара зшьа иалоу хҩык аишьцәа аккордеонарҳәаҩцәа Роберти, Романи, Вадими (Ларик) Ажьиаа рҭоурых ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Дыҟамзар ҟалап ԥсыуа ҭаацәарак аҿы аӡәы идамхаргьы аҟазара злам. Аҭоурыхгьы имаҷымкәа иадыруеит аҭаацәаратә ансамбльқәа, ахорқәа. Иахьа рыӡбахә шәзеиҭасҳәоит Блабырхәа ақыҭан ииз, заншьцәа Гәынаа рҟынтә аҟазара зшьа иалоу хҩык аишьцәа аккордеонарҳәаҩцәа Роберти, Романи, Вадими (Ларик) Ажьиаа рҭоурых. Аԥсуаа рҟны ишаԥу еиԥш, аишьцәа рҟазаратә мҩа даҳзалацәажәеит иреиҳабу Роберт.

© Foto / Саида ЖибаАишьцәа Ажьиаа рҩызцәа рыгәҭа
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аишьцәа Ажьиаа рҩызцәа рыгәҭа

Асовет аамҭақәа раан аԥсҭазаара ахьеилашуаз Блабырхәа ақыҭан, Шьоҭа Ажьибеи Арда (Џьура) Гәынԥҳаи рҭаацәараҟны аколнхара аус ианахашәалоз, ахәылбыҽхан иааилатәаны ргәы рхашҭырц, рааԥсара рхыҵырц аԥсуа ашәақәа аацәырыргон. Дәрыԥшь Ражден Гәынба ашкол аҿы еиҿкааны имаз ахор аамҭала иалаз Арда жәлар рашәақәа аԥсы рхалҵон лнапаҟны уамашәа ибзианы иааиуаз амырзакани, аккордеони, агитареи, ачамгәыри уҳәа рыла. Ан илҿыԥшны лԥацәа рыхҩыкгьы ишыхәыҷызнатә амузыкахь агәыбылра шьҭыркааит.

Рнапқәа амырзакани аккордеони ирыкәшартә ианрызҳа, игәныркылоз амелодиақәа адарҳәо иалагеит. Аишьцәа иреиҳабыз Роберт ашкол данҭала, урҭ ашықәсқәа раан заншьцәа Хәытаа рҿы Блабырхәа иҟаз, анаҩс Аԥсны еицырдырыз ҳкомпозитор ду Оҭар Хәынҵариа ибзоурала ахор далалеит. Ус иаатит арԥыс ирҿиаратә мҩа ҿыц.

© Foto / Саида ЖибаАжьиаа рҭаацәа
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ажьиаа рҭаацәа

"Оҭар Хәынҵариа қәрала шықәсқәак дсеиҳабын, аха даара пату ҳзеиқәын. Харитон Барцыц еиҿкааны имаз ҳашколтә хор ҳаицалан. Аккордеон арҳәара шсықәманшәалахоз аниба, наҟ-наҟ Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа сҭаларц сабжьеигеит", - игәалашәоит Роберт Ажьиба.

© Foto / Саида ЖибаРоберт Ажьиба арра даныҟаз
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Роберт Ажьиба арра даныҟаз

Блабырхәатәи ашколтә хор Оҭар Хәынҵариеи Роберт Ажьибеи ирыбзоураны Аԥсны имҩаԥысуаз аҟазаратә еицлабрақәа рҿы изныкымкәа аԥхьатә ҭыԥқәа ааннакылахьан.

1976 шықәсазы Роберт Ажьиба Оҭар Хәынҵариа иҳәатәы дацныҟәаны дҭалоит Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа, оркестртә ҟәша. Иара убри аамҭазы Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны музыкантс аус зуаз Оҭар Гьаргь-иԥа иҩыза қәыԥш аколлектив ахьгьы дааиԥхьоит.

© Foto / Саида ЖибаВадим Ажьиба
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Вадим Ажьиба

"Ансамбль "Шьараҭын" ахьӡ мацара акыр иаԥсан. Уи напхгара азҭоз аҟаза ду Едуард Бебиа иажәа артистцәа ҿарацәа рзы амузыкатә ԥсҭазаарахь имҩақәҵаган. Убри азы акәхап еиҳагьы рхы аус задырулоз, аԥышәа зеимырдоз. Аккордеонарҳәаҩцәа ҳакәзаргьы, аԥсшьарамшқәа раангьы аҩны ҳҽазыҟаҳҵон. Уамашәа иубаша, сан сыхәмаршьа даназыӡырҩуаз, "абри анота иашамызт" ҳәа ԥсабарала илылаз аҟыбаҩ ҷыда иабзоураны абжьгарақәа ансылҭозгьы ыҟан", - иажәа иациҵоит артист.

© Foto / Саида ЖибаРоберти Вадими Ажьиаа
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Роберти Вадими Ажьиаа

Оҭар Хәынҵариа Урыстәыла Иреиҳау амузыкатә ҵараиурҭахь аҵара ҵара данца, Роберт Ажьиба ансамбль аҿы амузыкантцәа аԥхьагылара риҭо далагеит, ҿыц иааиуаз аҿаргьы аус рыдиулон. Ус ишыҟаз, иашьцәа аиҵбацәа Романи Вадими (Ларик) "Шьараҭын" иалалоит.

"Сашьцәеи сареи сценак аҿы ҳаиццәырҵра гәҭакыс исыман саныхәыҷызнатә. Ус иагьыҟалеит. "Шьараҭын" ҳацны "адунеи абжа ҳакәшеит" уҳәар ауеит", - еиҭеиҳәоит амузыкант.

Роберт иажәақәа рыла, дара СССР, Америка, Европа, Африка атәылақәа жәпакы рҟны иқәгылахьан. Иахьынӡаигәалашәогьы иҟамлацызт аԥхьахәтә ҭыԥ иаԥсамхакәа. Иахьа уажәраанӡа иҟәандоу ацәаныррақәа рыцуп "Шьараҭын" жәашықәсеи иара ҩажәа шықәса ихыҵреи Будапешт агастрольқәа раан ианазгәарҭоз. Игәы арԥшаауеит Голандиа аконцерт ашьҭахь иабадыраз ҳџьынџьуаа Жьиаа ражәақәа анигәалашәо.

"Голандиа жәамш ҳақәгылон. Аконцертқәа руак ашьҭахь асценахь иҳабыдырырц ихалеит уаҟа инхоз, Ҭырқәтәылаҟа амҳаџьырра иахнагаз, анаҩс Голандиаҟа ииасыз Жьиаа рҭаацәарақәа. Уи аибабара иаҵаз аԥхарра ажәала аҳәара уадаҩуп. Дара ирҭахын ҳрысасхар, аха усҟантәи азакәан иалнаршомыз узцу аколлектив ныжьны иахьуҭаху анеиааира. Убри аҟнытә ҳгәазхара ҳаицәажәартә изыҟамлеит. Ус егьа иҟазаргьы, рыбжьы иахьагьы сгәы иқәыҩуеит", - атәым дгьыл аҿы иашьцәа дышрабадыраз игәалашәоит Роберт Ажьиба.

© Foto / Саида ЖибаРоман Ажьиба
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Роман Ажьиба

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь "Шьараҭын" аҿы инхаз Роберт иоуп, иеиҵбацәа аамҭак азы Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" аус руит, анаҩс Роман аккордеонарҳәас акраамҭа Москва, Черқьесск, Сҭампыл аԥсуа-абаза диаспораҿы еиҿкааз акәашаратә ансамбльқәа рҿы дыҟан. Ашьҭахь Вадими (Ларик) иареи Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" ахь ааԥхьара роуит. Араҟа иахьа уажәраанӡа аус еицыруеит.

Роберт иакәзаргьы, шықәсык Сҭампыл Кавказтәи адернеқь аҟны ҿыц иаԥҵаз ансамбль аҿы аккордеон аирҳәон, аԥышәа риҭон амузыкантцәа ҿарацәагьы. Хышықәса музыкантс дыҟан Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аҟынгьы.

© Foto / Саида ЖибаРоберт Ажьиба
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Роберт Ажьиба

2019 шықәсазы Роберт "Шьараҭын" аанижьуеит, аҿар амҩа рыҭаны. Иахьа иара аус иуеит Аҳәынҭқарратә амузыкатә ҵараиурҭаҿы арҵаҩыс.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы аккордеон арҳәара аҿар уамак ирҵар рҭахӡам, еиҳа адаул ауп рыхшыҩ зызцо. Аха ҳара ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп аԥсуа культура ашьаҭа арӷәӷәаразы", - иажәа иациҵоит Роберт.

© Foto / Саида ЖибаРоберт Ажьиба акинофильм аҭыхрақәа раан
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Роберт Ажьиба акинофильм аҭыхрақәа раан

Аишьцәа еицҿакны иазгәарҭеит дара "Шьараҭын" ахь ианааиз аамҭазы асцена "амца азыркуаз" Едуард Бебиа абырцкал икылихыз Вадими Игори Хьециаа, Игорь Гәынба, Руслан Дбар, Уасил Арухаа, Вахтанг Возба, Валери Ҭаниа, Лавренти Цколиа, Аркади Чачхалиа уҳәа реиԥш иҟаз артистцәа ирываҟәылаша, аԥсуа культураҿы зыхьтәы шьҭа нзыжьыз Оҭар Хәынҵариа иус иацызҵаша абиԥара шааӡатәу.

Аишьцәа Ажьиаа аккордеон анаҩс еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәагьы адырҳәоит, ирдыруеит хыԥхьаӡара рацәала жәлар рашәақәа. Ианааидтәало, ҳан рыцҳа иҳалмырҵази рҳәоит.

© Foto / Саида ЖибаРоман Ажьибеи Иури Гәынбеи
Адунеи иакәшаз амузыкантцәа: аишьцәа Ажьиаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны
Роман Ажьибеи Иури Гәынбеи

Роберти Романи Ажьиаа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Роберт иара убас ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара. Вадим (Ларик) ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала адипломқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0