"Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп": археолог Руслан Барцыц иҭоурых

© Foto / предоставил Руслан Барцыц Руслан Барцыц
Руслан Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 24 рзы иубилеи азгәаиҭоит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, археолог, аетнолог, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы, Гагра араион ахадара аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, Леон иорден занашьоу Руслан Барцыц.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, археолог, аетнолог,  Руслан Барцыц дызнысыз ирҿиаратәи еибашьратәи мҩа Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Руслан Барцыц диит Бармышь ақыҭа, анхацәа Михаил Барцыци Александра Дбарԥҳаи рҭаацәараҿы. Иара ицызҳаит ԥшьҩык аиашьцәеи, ҩыџьа аиаҳәшьцәеи. Руслан қәҿиарала абжьаратә школ даналга, Аҟәатәи апедагогикатә институт аԥсуеи англызи бызшәақәа рыҟәша дҭаларц игәы иҭан, аха ианаамҭаз аттестат ахьимоуз иахырҟьаны аԥышәарақәа дырхьымӡеит.

"Иреиҳаз аҵараиурҭа санзымҭала ақыҭатә бзазара снапы аласкит, аха сылахь еиқәнаҵон сҭагылазаашьа. Анаҩс саб иҳәеит: "иааиуа ашықәс азы угәы иаҭаху афакультет уҭалап, уажәы курсқәак урхыс, аҩны умтәан" ҳәа. Ус иагьыҟасҵеит, Аҟәа апрофессионалтә техникатә ҵараиурҭа (ПТУ) сҭалеит аихазҟаза-амотореиқәыршәаҩ изанааҭ соуит. Уи ашьҭахь, Бзыԥҭатәи автоколоннаҟны аус зуит арра сцаанӡа", - еиҭеиҳәоит Руслан Барцыц.

© Foto / предоставил Руслан Барцыц Фото из международной конф Аудио-визуальная антропология. Москва. 2014
Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп: археолог Руслан Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Фото из международной конф Аудио-визуальная антропология. Москва. 2014

Арԥыс арра маҵура дахысуан Калининградтәи аобласт, Балтикатәи афлот аҟны. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьақәа анынаигӡа, Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә университет аҽазыҟаҵаратә факультет дҭалоит, анаҩс аҭоурыхтә-азиндырратә факультет. Руслан даныхәыҷыз инаркны аҭоурых дазҿлымҳан, еиҳарак археологиа. Бармышь рынхарҭа азааигәара иҟаз аԥсыжырҭақәа еснагь аинтерес изцәырыргон, иаб диазҵаауан изтәыда, ижыда ҳәа.

"Санстудентыз, саби сареи ҳаҩны инацәыхарамкәа афымцатә гәашьа шаҳарсуаз аԥсыбаҩқәа ааԥшит, убас атехника ҷыда ақыҭамҩа аналнадоз анышәаԥшь лыхқәеи аибашьыгатә маҭәахәқәеи ҳалаԥш иҵашәеит. Уи нахыс археологиа еиҳагьы аинтерес сызцәырнагеит", - игәалашәоит Руслан Барцыц.

Аҭоурыхҭҵааҩ даныхәыҷыз, иабду игәараҭа иацәыхарамкәа аҟәаԥаҿаԥарантәи адгьыл аӡыхь ыҵыҵо иалагеит, рашҭаҿгьы аӡиас амҩа ылнадахьан. Ианизҳа, иара ҭабахьан аха, ахыҵхырҭа еиликаарц иӡбеит, ихатәы ҭҵаарақәа анымҩаԥига еилкаахеит акарсттә цәырҵрақәа ишырхылҿиааз, адгьыл аҵа аӡы шыҵаз. Убасҟан илаԥш иҵашәеит ихаҳәхахьаз амшынтә ԥсыӡ хкқәакгьы. Руслан Барцыц ас еиԥш иҟаз аԥшаах ибахьан Гагра, аԥсшьарҭа ҩны "Украина" инацәыхарамкәа иҟоу ацаҟьа аҵаҟа. Уи зҽырчны ихаҳәхаз аԥсыӡ "фуга" акәын.

© Foto / предоставил Руслан Барцыц Руслан Барцыц
Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп: археолог Руслан Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Руслан Барцыц

Руслан Барцыц аҭоурыхтә-азиндырратә факультет қәҿиарала даналга, Қарҭ аспирантура дҭаларц азы аԥышәарақәа рыҭира далагеит, аха уахь дцартә изыҟамлеит, 1989 шықәсазтәи аидысларақәа ирылагеит. Амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылареи" Гагратәи аҟәша "Абраскьыли" ирылаз Руслан Барцыц арҭ аибарххарақәа активла дрылахәын.

"Қарҭ аспирантура сҭаларц азы аҵыхәтәантәи аԥышәара сзынхеит. Аха усҟантәи аамҭазы аҭҵааратә институт иеиҳабыз Владислав Арӡынбеи, ҳакадемик Шьалуа Инал-иԥеи "аԥсуа ҿар аԥынгылақәа шәырҭоит, насгьы арҭ иҳабжьаз аиҿагыларақәа уажәоуп ианеиқәтәа, ишәарҭоуп, умцан" рҳәан, ус Аԥсны саанхеит, аусурагьы салагеит Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша анаукатә усзуҩ еиҵбыс", - иажәа иациҵоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Руслан Барцыц Асовет аамҭақәа раан, Аԥсны имҩаԥысуаз археологиатә ԥшаарақәа раӷьырак дрылахәын Гьаргь Шамбеи, Михаил Гәынбеи, Иури Воронови, Вадим Бжьаниеи рнапхгарала. Хаҭала иара ихылаԥшрала, Башкаԥсаратәи аекспедиациаан, ажәытә аҵалашәкәара абҩаҵхра мҩаԥысуан.

"Археологиатә ԥшаарақәа раан ҽыҭк анышәаԥшьлых еиҳа аҭоурых азы инхадароу ыҟоуп кьылак ахьы аасҭа. Ахьи араӡни ирылху амаҭәахәқәа реиҳарак Аԥсны анҭыҵынтәи иаагаз роуп, анышәаԥшь аҭыԥантәи анапҟазацәа ргьама аныԥшуеит, ахатәы ачаԥашьа амоуп", - ҳәа азгәеиҭоит археолог.

© SputnikЧереп неведомого зверя
Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп: археолог Руслан Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Череп неведомого зверя

1990 шықәса алагамҭазы, Руслан Барцыци иҩыза Аркади Џьапуеи Москва, археологиатә институт аҿы аспирантура иҭалеит. Иара убри аамҭазы, Руслан Пицундатәи аҳәынҭқарратә аҭоурыхтә-культуратә ҳәырԥссара адиректорс даман. Ус хара имгакәа иалагоит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра.

"Аибашьра ианалага, иаразнак аинститут ахь адырра рысҭеит. Снапхгаҩы иҳәеит "уара уԥсы ҭаз, аамҭа бзиак ҟалар уааины уԥышәарақәа уҭиип" ҳәа. Ҩымш-хымш рышьҭахь, Пицундатәи ауахәама аҵакыраҿы аԥсуа хацәа еизо иалагеит. Сара скабинет аҿы аштаб ааҳартит, еиҳабысгьы сарҭеит. Аштаб аусзуҩцәа ҳнапы ианын аибашьцәа рсиа ашьақәыргылара, усҟан 150-ҩык ҳзааит, амшын аԥшаҳәеи Бзыԥ ацҳаи рыхьчара, Пицунда аҭынчуааи аԥсшьаҩцәеи ралгара, аибашьцәа фатәыла-жәтәыла реиқәыршәара, ԥшыхәра аҭыҵра уҳәа", - еиҭеиҳәоит Руслан Барцыц.

Аркадий Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: Бзыԥтәи аҩхааҟны ахсаала ианымыз аҵангәара ҳаԥшааит

Иазгәаҭатәуп аибашьра аналагаз адырҩаҽны, Руслан Барцыц аԥсышәала иҩыз аҭоуба, Пицундатәи ауахәама ашҭаҿы еизаз аибашьцәа ишрыдыркылаз. 

Гагра араион ахы ақәиҭтәразы ажәылара ҟалаанӡа, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Барцыци агеографцәа Левард Барцыци Дмитри Ҳагбеи Пицунда ахьчаратә хсаала шьақәдыргылеит. Уи ахархәарала аибашьцәа ԥшыхәра ицон.

"Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь, аштаб хадаҿы ахсаала шышьақәҳаргылаз атәы анраҳа, Владислав Арӡынбеи Сулҭан Сосналиеви ааԥхьара ҳарҭеит. Дара ҳнапы ианырҵеит Аԥсны ахсаала ԥшааны, аксерокопиа хыхны акомандаҟаҵаҩцәа ираҳҭарц. Аибашьра аламҭалазы, Аԥсны ахсаала зныз арҵага шәҟәқәа зегьы ақырҭцәа аиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥгатәуп ҳәа еизганы Қарҭҟа иргеит, убри инамаданы арратә командаҟаҵаҩцәа рхы иадырхоз рымамызт", - игәалашәоит иара.

Руслан Барцыц Гагра инхоз иҩыза Беслан Арџьениа, Ростов ақалақь КГБ аҿы аус зуаз ҭынхак диман. Иӡбан иара иҟынӡа инаӡаны, Аԥсны ахсаала роуртә еиԥш иҳәарц. Аруаҩ тәанчара дцахьан, аха иидыруаз, Кавказ анҭыҵтәи арратә округ аҟны маҵура дук ныҟәызгоз аполковник усҟантәи аԥарала 30 миллион изшәаны, "совершенно секретно" агриф змаз ахсаала рнапаҟны иааигеит.

"Х-метрак ауреи, ф-метрак аҭбаареи змаз, квадраттә метрла еихшаны иҟаз ахсаала ианеикәаҳарҳә, х-рулонк алҵит. Уажәшьҭа хьаас иҳамаз аҳәаа аиагара акәын, цас ауашәа улаԥш иҵамшәо иҟамызт. Исгәалашәоит, Аԥсныҟа ҳанаауаз, ԥсыуа ҷкәынак ар маҭәа шә-комплектк "шәахьцо аибашьцәа ирзыжәга" ҳәа ишҳадеигалаз. Аха усҟантәи аамҭазы аҳәааҟны амашьынақәа зегьы "алыхәҭа" икылырхуан азы, аформа уеизгьы ирбоит, уи иахырҟьаны ҳахсаалагьы цәырҵоит ҳгәахәын, ԥшь-комплектк заҵәык роуп имаҳхаз. Аҳәааҿы ҳанааи, "шәагхеит, иаҳаркит, шьыжьынӡа шәыԥшыроуп" рҳәеит. Шаанӡа ҳгәы хыҭ-хыҭуа амашьына ҳҭаиан. Уи аԥхьаҟа сгәы иҭаскхьан, ахсаала хахьла амаҭәа ақәҵаны исҵәахыр, лаԥшыҵашәара рнаҭоит, еиҳа иахьырбарҭоу иқәысҵар еиӷьуп ҳәа. Аиашазы уи аметод аус ауит. Ҳамаҭәа еилырхуа ишалаз, ари ақьаад закәыи анырҳәа, "уи хсаалоуп" ҳәа тәамбашақә ҳцәажәеит. Аҳәаахьчаҩцәа хьаас имкыкәа "шәца" рҳәан, ҳгәырӷьаҵәа ҳус нагӡаны ҳааит. Исымҳәарц залшом, ахсаала аагаразы ҳанцоз Владислав Арӡынба идҵала, арратә банкир Вианор Ҭыжәба 50 миллион шҳаиҭаз. Беслани сареи ҳцара ҳаара 10 миллионк ақәҳарӡеит, 30 миллион аполковник иаҳҭеит, иаанхаз жәа-миллионк ҳаргьежьит. Уи заҳаз ҳҩызцәа лассамҭа аҵәы алхны иҳахлафаауан", - Аԥсны ахсаала шааргаз игәалашәоит Руслан Барцыц.

Тач Гицба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гыцба Аԥсны ахсаала аиқәыршәаразы: "Мзиули", "Рисхва" - уаҳа чҳашьа амамызт

Руслани Леварди Барцыцаа ахсаала аксеркопиа хыхны акомандаҟаҵаҩцәа ирзыршо иалагеит. Аха ари иус мариамхеит. Ақьаад ахаҭабзиара лаҟәын азы, зныктәи рҭыҵра ашьҭахь ҿыц аксерокс ихыжьтәын. Иара аксерокс амаруга ахаҭагьы аԥшаара аџьабаа адын. Ахсаала аксерокс ианахыркалак, аԥштәы ахаҵатәын азы, асахьаҭыхыҩцәа аҭаххеит, Руслани Леварди ирыдгыланы аусура иалагеит асахьаҭыхыҩцәа Анзор Агәмааи Демур Бжьаниеи. Нас ари аус иадаԥхьалан аҭыԥҳацәагьы, дара ахсаалаҿы абнареи аӡиаси ирхаз аԥштәқәа акарандашьқәеи афломастерқәеи рыла иршәон.

Руслани Леварди Аԥсны ахсаала аиҭакрақәа аларгалар акәын Гәымсҭа аӡиас анадарбоз, избанзар амшцәгьақәа раан Гәымсҭа аӡыршьҭра аҽаԥсахуан, уи хырхарҭас иаиуз ԥшыхәра ицаны иҭҵааны, аибашьцәа аӡы иацәырхьчарц азы ҷыдала иалкааны иадарбон.

Аҟәа ахақәиҭтәра аламҭалазы, Руслани Леварди СССР ахаан, Шәбара арратә аракетатә базаҟны аурыс солдатцәа рхылаԥшрала арелиефтә хсаала шьақәдыргылон, уи мчыбжьык аус адырулон.

"Арелиефтә хсаала ашьақәыргылараҿы аԥышәа ҳамамызт, аха аԥслымӡи, ақәыц амахәқәеи аҷабгеи ҳхы иархәаны, мчыбжьык ала ишьақәҳаргылеит. Анаҩс акомандаҟаҵаҩцәа анахәаԥш, аурыс солдатцәа адҵа рыҭан еимарыԥсарц. Убасҟан афотоаппарат шсымазгьы схы иԥнамҟеит ахсаала афото ҭыхтәуп ҳәа, убри игха дуны исԥхьаӡоит иахьагьы", - иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Аишьцәа напынҵас ирыман Бабышьратәи аҳаиртә баӷәаза ахсаала ашьақәыргыларагьы, аԥсуа командаҟаҵаҩцәа адырра рыман уантәи Шеварнаӡе дыԥроит ҳәа.

Руслани Леварди Аиҳабыра рыҩны (Совмин) агара иалахәын. Дара аԥсуа гәыԥкәа ирыхьӡеит авокзал аҿы. Уаҟа дрықәшәеит зашьа гәакьа аибашьраҿы иҭахаз Мадина Барцыцԥҳа. Лара ахысыбжьқәа анлаҳауаз, ахы рықәшәар ҳәа дшәаны ашьҭыбжь ахьынтәаауаз ала драԥхьагылон. "Совминынӡа" ианнеи, дырԥылеит Марина Барцыцԥҳа. Абас аишьцәеи аиаҳәшьцәеи гәымшәарыла аӷа иҿагылан.

Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы

"Сергеи Дбари Ака Арӡынбеи ҳрыцны "Совмин" ҳажәлеит. Иахьынӡасгәалашәо убраҟа иҳацын Борис Џьонуа, Даур Воуба, Даур Барцыц иара убра дырхәит. "Совмин" ахыбрантәи аҵыхәтәантәи аҭҟәацәа аԥсуа ар рнапахьы ианаарга, гәырӷьарахеит Аԥсны ахи аҵыхәи ҭаҳарцәышәа. Убраҟа Левард ианшьа иԥа, ихьӡ сгәалашәом Цкәуа зыжәлаз, иашьа имҭакәа трафеины иднагалаз ажәытәан акавалеристцәа иныҟәыргоз аҳәа ҳамҭас исиҭеит. Уи акадр арратә журналист Слава Сақаниа иҭыхны имоуп", - иажәабжь иациҵоит аибашьра аветеран.

Совмин аԥсуаа рнапаҟны ианаарга, Руслан Барцыц аинститут дныҩнаԥшырц иҭаххеит. Икабинеҭ даныҩнала иҭацәкакараӡа қьаадк убомызт, аха астационартә ҭел аппарат еиқәханы иҟан, уи ацәаҳәа аԥенџьыр икылганы аӷәраҵахь ицон. "Абри иаанагои" ҳәа данылбаа, ааҩык рҟынӡа агыруа ҳәсақәеи хаҵаки рҽыҵәахны итәан. Руслан данырба, еибарҵәыуа "ҳумшьын" ҳәа иашьаԥкит. Агәаҵәа зызҭаз аԥсуа хаҵа дрыламкьысӡеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь, Руслан Москва аспирантураҿы иҵара иациҵарц иҽазикуеит, аха аҵыхәтәантәи акурс аԥара ахшәаатәхеит. Арԥыс имаз аԥара еиҟәырҷҷаны амҩа данықәла, адәыӷба дышҭатәаз адефолт ҟалеит, икапеиқәа имыхәо данаанха, иҵара ныжьны Аԥсныҟа дхынҳәит. Аамҭак ашьҭахь, Ҟабарда-Балкариа, аҳҭнықалақь Нальчик Бербеков ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Университет аҿы, аетнологиа ахырхарҭала адиссертациа ихьчоит.

© Foto / предоставил Руслан Барцыц Руслан Барцыци, А. Соколовеи, А. Крылови Москватәи аконференциақәа руак аан.
Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп: археолог Руслан Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Руслан Барцыци, А. Соколовеи, А. Крылови Москватәи аконференциақәа руак аан.

Археолог, аетнолог Руслан Барцыц аҵыхәтәантәи 30 шықәса адгьылжрақәа мҩаԥигоит III-тәи – V-тәи ашәышықәсқәа ирыҵаркуа Лӡаатәи ажәытә уахәама аҵакыраҟны. Араҟа иара аԥсыжырҭақәа рнаҩс иԥыхьашәеит ахьи араӡни ирылху амаҭәахәқәа рацәаӡаны. Лӡаатәи ауахәама аҿаԥхьа археологиатә ԥшаарақәа сынтәатәи ашықәс азы мҽхакы ҭбаала ирыциҵарц игәиҭоуп аҭоурыхҭҵааҩ.

Руслан Барцыц иԥсҭазаара ицеиҩылшоит, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Москвантәи иааз арратә журналист Анна Броидо. Дара драаӡоит аԥа Лаша. Арԥыс дыстудентуп, аҵара иҵоит Москва.

© Foto / предоставил Руслан Барцыц Анна Броидои Лаша Барцыци
Ҽыҭк анышәаԥшь кьылак ахьы ианаԥнаго ыҟоуп: археолог Руслан Барцыц иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анна Броидои Лаша Барцыци

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Руслан Барцыц иԥсадгьыл аҿаԥхьа иибаз аџьабаазы ианашьоуп Леон иорден, иԥшәмаԥҳәыс "Агәымшәаразы" амедал. Иазгәаҭатәуп лара акыр шықәса Владислав Арӡынба иабжьгаҩс дшыҟаз.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Барцыц дравторуп амонографиатәи анаукатәи усумҭақәа жәпакы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0