Ақьаԥҭақәеи алахьынҵақәеи

© Foto / Элеонора КогонияДом Константина Амичба
Дом Константина Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы реиҳа иџьбароу ашәирақәа иреиуоуп "Иқьаԥҭахааит унхара" анырҳәо, избанзар ақьаԥҭара иаанагоит абиԥара рықәӡаара, хылҵшьҭрада аанхара. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ааигәа қьаԥҭақәак дырҭааны ианылба ашьҭахь илызцәырҵыз агәҭахәыцрақәа ҳацеиҩылшоит.

Уажәтәи аамҭазы, аполитика-социалтә ԥсҭазаараҿы еиӷьхара дук злаҟам ала, схәыцрақәа рзыскыр сҭаххеит ажәытә ҭоурых иадхәалоу ахҭысқәа. Ҽаҩраҭагалани аӡын раԥхьатәи амзеи уаҩы ишимбац аԥхарра ацын, уи иабзоураны сҩыза Саида Жьиԥҳаи сареи Мрагыларатәи Аԥсны акыр ҳныҟәеит аԥсуа жәытә хыбрақәа рыԥшааразы. Сыла иабаз ҿыки бзыки иузҭагӡом. Иҟоуп иахьагьы аԥшәмацәа зху ажәытә ҩынқәеи акәасқьақәеи, аха ахыбрақәа реиҳарак қьаԥҭахахьеит.

"Иқьаԥҭахааит унхара" анырҳәо, шәира џьбароуп, избанзар ақьаԥҭара иаанагоит абиԥара рықәӡаара, хылҵшьҭрада аанхара.

Акыр сгәы еилазырҩынтыз қьаԥҭоуп аԥсуа поет, харада ахара зыдҵаны идырӡыз Леонти Лабахәуа иаб иҩны хылаԥшҩы дамамкәа, еилаҳаны, аҳәира ахыҵәаны сахьахҭыгәлаз.

© Foto / Элеонора КогонияАԥсуа поет, харада ахара зыдҵаны идырӡыз Леонти Лабахәуа иаб иҩны
Ақьаԥҭақәеи алахьынҵақәеи - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа поет, харада ахара зыдҵаны идырӡыз Леонти Лабахәуа иаб иҩны

Сара иагьсыздыруамызт уи дахьааӡаз аҩны иахьагьы абаҩ еиқәханы иҟоуп ҳәа...

Ҳара иҳауит аинформациа Река ақыҭан ажәытә кәасқьа гылоуп ҳәа. Изтәыз дҳаздыруамыз, аха Бедиа ақыҭан Арчи Аршба ижәытә кәасқьеи иқьаԥҭахаз ижәлантәқәа рыҩни ҭыхны, Рекаҟа амҩа ҳақәлеит. Ҳмашьына хәыҷ, амҩа азышьҭыхуоу, иазышьҭымхуоу шаҳзымдыруазгьы ҳдәықәлеит Бедиантәи еихҵәаны Рекаҟа.

© Foto / Элеонора КогонияЕлеонора Коӷониаԥҳаи Аршьа Аршбеи Арышаа рқьаԥҭа аҿаԥхьа
Ақьаԥҭақәеи алахьынҵақәеи - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳаи Аршьа Аршбеи Арышаа рқьаԥҭа аҿаԥхьа

Ҭоуиҭадала ҳҵаа-ԥшаауа амҩа ылаҳхит, аха архәарақәа рацәан аҟынтә, амҩан иаҳԥылоз ҳшымҩақәырҵоз, иҟьаҵәыраз мардарак ҳаҿахеит. Насыԥны, ҷкәынцәақәак ҳақәшәан, даҽа мҩак ҳдырбан, Река агәаҿы ҳнеит. Анкьа ақыҭанхамҩа ачынуаҩс иҟаз, уажәы итәанчаҩу Мириан Лабахәуа иҩны ҳнанагеит. Иара дахьынхо аҿаԥхьаҵәҟьа иҟан ҳара ҳзышьҭаз ахыбра.

"Ари Леонти Лабахәуа иаб иҩноуп, абрантәи ауп 1938 шықәсазы иаргьы дахьынтәыргаз", - иҳәеит Мириан дқәыԥсычҳауа.

Ашҭа узҭамло еимиааны иҟан, арӷьара аганахь ихьыдышьшьы иҿан амандаринқәа уаркалеиуа. Ажәырҭра ҳалсны иаҳаулакгьы аҩны ҳазааигәахеит, аха Саида ишылҭахыз альбом азы иҭылхыртәгьы иҟамызт. Мириан ишҳаиҳәаз ала, асовет аамҭа аҽеиҩшамҭазы, апоет Леонти Лабахәуа иахьизҳауаз абри ахыбра Сарсаниақәак ираадырхәеит шьҭрала иззынхаз агәакьацәа. "Аибашьра ааилгазар, изтәу аԥшәма уарлашәарлоуп арахь дшымҩахыҵуа", - иҳәеит Мириан дқәыԥсычҳуа.

Бжьы ҩныҩуамызт, бжьы ҩнаҩуамызт,

Слампа аарла илашауан.

Сыгәҭыхақәа уԥсшьа ҳәа рҳәомызт,

Схәыцра мшынха еилашуан, - исаҳауашәа збон ақьаԥҭа сахьҭагьежьуаз.

Ашҭаҿы иҭагылоу ахыбра ацынҵәарахқәа иаадырԥшуеит маҷк ишьҭыхны иҟаҵоу акәасқьеи амаҵурҭеи шыҟаз. Игәынқьуашәа саҳауан ари акәасқьа зықәгылаз адгьыл. Апоет қәашьда ииаша дазхәыцуан, ииаша аԥхьаҩцәа ирызнеигон:

Са сзыргәаҟуа имцабз-қьоуқьадха

Исыцроуп – ицәарцгьы ҟалом:

Саԥхьа иқәу абарҭ ақьаадқәарҿ

Аиаша аҳәарцазы скалам…

Аҽнытәи ҳныҟәара убри ала ихыркәшан, аха сгәы ихьыухьыууа ишҭаз саанхеит иқьаԥҭахаз ахыбра иааӡаз апоет илахьынҵа. Иахьа аҳәынҭқарра лшарак ԥшааны, ари ахыбра культуратә обиектны иҟанаҵаргьы алшоит, макьана еиқәхаз абҩақәа еиҭашьақәыргыланы. Акыр иҳақхон ус иҟлазҭгьы. Иахьа уи зтәу аҩны аҭоурых усҟак дазымхәыцуазаргьы ҟалоит, аха усгьы, аҽазышәара ҟаҵазар бзиан сгәахәуеит, ақыҭа администрациа ахаҿрала.

Аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
Ари лакәым, лабҿабан: аԥсуа барақьаҭразы гәҭахәыцрақәак

Ҳныҟәарақәа рҿы иаҳԥылаз ақьаԥҭақәа маҷым, иҟоуп урҭ рахьтә изтәыз рҭоурых згәалашәо, иахылаԥшуа ахьыҟоу. Иҟоуп зынӡа аӡәгьы игәаламшәо аҭоурыхқәа. Игылоуп урҭ ақьаԥҭақәа анкьа аԥсҭазаара араҟа ишеилашуаз шьақәзырӷәӷәо. Даҽа ԥыҭрааамҭак ашьҭахь урҭ ахыбрақәа зынӡа аамҭа иаҵанарӡыр ауеит.

Иҳаҳауаз аҭоурыхқәа ишаадырԥшуаз ала, 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа, амҳаџьырра, аибашьрақәа уҳәа рӡыблара иагаз аԥшәмацәа ирҭынхаз ақьаԥҭақәа маҷым. Урҭ ажәытә кәасқьақәа зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рымоуп.

Ҳныҟәарақәа рхыркәшамҭазы ҳнанагеит рацәак зхымҵуа қьаԥҭак аҿы. Џьгьарда ақыҭа Гәырчхь аҳабла игылоуп иара. Ҳамҩанызгоз Адгәыр Багаԥшь ихаҭагьы, "Џьгьарда сшынхогьы, арахь схамлацызт, амала аԥшәма дысгәалашәоит" иҳәеит. Уи ақьаԥҭа акәша-мыкәша нхара заҵәык ауп иҟоу, иубоит уи аҳаракыра аанызмыжьыз, еихбаала инхо урҭ аԥшәмацәа рхала шракәу. Анкьа уа иқәынхоз зегьы лбаа Џьгьарда ацентр, ма ақалақь ахь ииасхьеит. Гәырчхь агәаҿы игылоуп Шҳангьери Амҷба 1880 шықәсазы иргылаз акәасқьа ссир. Ашҭа ҳанынҭала, аӡахәа быӷьҩежьқәа ахыбра архитектура хҟьаны ишыҟарҵахьоугьы, иубоит ҟазарала ишеибарку ажәытә кәасқьа. Уи ашьҭахь игылоуп амаҵурҭа. Аҩ-хыбрак акәасқьа ашьҭахьтәи абарҵа ала еиҿаԥшуеит. Уахьынаԥшааԥшуа иубоит агьама змаз, анхара бзиа избоз анхацәа шахыз анкьа зны.

© Foto / Элеонора Когония Ақыҭа Арасаӡыхь, Амҷаа рқьаԥҭа
Ақьаԥҭақәеи алахьынҵақәеи - Sputnik Аҧсны
Ақыҭа Арасаӡыхь, Амҷаа рқьаԥҭа

Анкьа закәыхзеи, ари ахыбра аҵыхәтәантәи аԥшәма Константин Амҷба идунеи аниԥсахыз 1997 шықәсазоуп. Иаалырҟьаны игәы аабааԥсхан, 65 шықәса ирҭагылаз ауаҩ нага, уи аамҭазы аҩны ицахыз иаҳәшьа ҵәыцак аӡы изнагаха дахьӡаанӡа иԥсы ааихыҵит рҳәеит дыздыруаз.

140 шықәса инареиҳаны изхыҵуа Амҷаа ркәасқьа аԥшәмацәа рҭоурых хынҭаҩынҭарыла еибаркуп, избанзар Шҳангьери иҭаацәа 1867 шықәсазтәи амҳаџьырра аамҭазы усҟан иахьынхоз Ҵабалынтәи Ҭырқәтәыла иахыргеит. Аамҭак ашьҭахь дара ирылшеит Аԥсныҟа агьежьра. Тамшь иӡхыҵын, Кәтол шыҟаз рҿынархан, уаҟа нхарҭас иалырхит, аха анаҩс иҵысыз ашыӡ чымазара аҽацәыхьчаразы аҭаацәа аҳауа еиҳа ицқьоуп, ашәарҭарагьы маҷуп ҳәа иԥхьаӡаны Џьгьарда ахахьы Гәырчхь аҳабла ҳәа иахьашьҭоу рынхара еиҿыркааит.

Шҳангьери Амҷба хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи драбын. Иԥацәа руаӡәы, Едыгьа захьӡыз иакәын ари ашҭа ду аԥшәымас иахыз анаҩсан. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан, Едыгьа дышмаҷмызгьы, Ԥсҳәы иҟаз асовет архәҭақәа фатәыла еиқәиршәон рҳәоит аҭаацәа рҭоурых здыруа. Едыгьа 109 шықәса ихыҵуан идунеи аниԥсахыз.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Ауаҩы данииуа иразҟы ицыршоит

Уажәшьҭа сазыхынҳәуеит зегь реиҳа сгәы ҿызкааз, Едыгьа иԥа заҵә Константин ибзиабаратә ҭоурых. Избан нас, ахылҵ дыҟазҭгьы, аҩны зкьаԥҭахазеи ҳәа схәыцуан сара. Ҳаныгьежь ашьҭахь, санашьҭаҵаа, еилыскааз маҷым.

Асовет аамҭа асакьаҳәымҭазы Едыгьа иԥа Константин ҵаралеи ԥшра сахьалеи еиҩцаны иҟаз уаҩын рҳәеит. Аҟәа амшын аԥшахәахьы иара ицәаара рбарц азы аҭыԥҳацәа цәырҵуазаарын. Дырмыхәаԥшыргьы, инаур абара иазгәаҟуаз рацәаҩын. Ԥшра-сахьалеи ҵаралеи акыр инагаз Котик зылаԥш ихыз аҭыԥҳацәа рацәаҩызаргьы, длахьынҵаданы дымҩасит.

Ажәытәуаа ирҳәалоит "аразҟы аԥырхагахара гәнаҳа дууп" ҳәа. Ҳара ҳазҭагылаз Амҷаа рашҭаҿы иҭырххьеит Фазиль Искадер иҩымҭақәа ирылхны акинофильмқәа, убас изҩыдоу сахьала еиҿкаауп, убас аԥсуа цәа аҟәнуп амҳаџьырреи, ашыӡи, Аибашьра дуи уҳәа рышьҭа зну ари ашҭа.

Анхара аиҿкаашьала иубоит араҟа анкьа ишынхоз анхаҩцәа нагақәа. Аҩны зыргылаз Шҳангьери дшәарыцаҩ бзиан, иԥсаса ҵҩа рымамызт рҳәоит ақыҭауаа. Уи иԥа Едыгьа иакәзар, Бигәаа дрымаҳәын, иаб иԥара даԥсаны дыҟан, иҷкәын Константин иакәзаргьы ус дыҟан. Котик дрылгахьан х-ҵараиурҭак: Аҟәатәи апедагогикатә ҵараиурҭа, Горьки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә, Ақыҭанхамҩатә институтқәа. 1957 шықәсазы 300-ҩык аԥснытәи аҿар дрыланы Ҟазасҭантәи ССР аҽаҩра аҭагалара (целина) далахәын , уи азы иара аҳаҭыртә дыргақәа ианаршьахьан. Анаҩс аус иуан усҟантәи апартиатә мчрақәа рыструктурақәа рҿы: ОБКОМ аинструктор, Аполитҵарадырра аконсультант, Абсоиуз адиректор уҳәа, реиқәыԥхьаӡарагьы уадаҩуп иааникылоз аҭыԥқәа. Аҵыхәтәантәи иусурҭатә ҭыԥқәа иреиуан - араионтә чаӡырҭатә ааглыхра анапхгаҩы. 

© Foto / из личного архива Мзии АмичбаКонстантин Амҷба Ҟазасҭантәи ССР аҽаҩра аҭагалара (целина) даналахәыз аамҭазы (1957 ш.).
Ақьаԥҭақәеи алахьынҵақәеи - Sputnik Аҧсны
Константин Амҷба Ҟазасҭантәи ССР аҽаҩра аҭагалара (целина) даналахәыз аамҭазы (1957 ш.).

Котик иан Сониа лыԥшәма Едыгьеи лареи ирхылҵит жәҩык ахшара, аха урҭ зегь рааӡара рқәашьымхеит. Хәҩык 12 шықәса рхыҵаанӡа еилкаам ачымазарақәа ирыхҟьаны ирцәыԥсгәышьеит. Дара ирааӡеит ҩыџьа аурыс хәыҷқәа. Руаӡәы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду далахәын, уа дагьҭахеит. Сониа лыԥҳацәа хҩык аҩнра ҳәа ицахьан, шьҭрамырӡганы дызхәаԥшуаз Котик иакәын. Лыҷкәын заҵә иахь инамыцхәны илымаз абзиабареи ахыбаареи роуп рҳәоит иахьа ари аҩны ақьаԥҭара ҵаҵӷәыс иаҵоу.

Котик ибзианы дызгәалашәо саҳәшьеиҳаб Римма, усҟан атипографиаҿы корректорс аус зуаз, исалҳәеит "иеиԥш зеиԥшыз шамаха дуԥыломызт" ҳәа. Котик раԥхьаӡа игәаԥхаз аԥҳәызба даԥсыуамызт, урыстәылатәин. Ари ажәабжь ан ианлаҳа, илгәамԥхеит, лԥа заҵә ихшара ахьхьаҳәа аԥсшәа рҳәо, абхәараа нагақәа иманы, иреиӷьыз аԥсуа ԥҳәызба иҩны дыҩнанагалар лҭахымзи. Иҿалырхьит рҳәеит Сониа лыԥшӡа.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Абасала знык иразҟы дахырԥан. Аамҭа анца ашьҭахь, Котик Амҷба длеилаҳаит рҳәеит даҽа ԥсыуа ԥҳәызбак. Ларгьы бзиак лакәын, аха ан араҟагьы илгәамԥхаз ҟалеит. "Ибзианы зыла иамбо, аларнарԥшыга ныҟәызго лакәызма сԥа хазына иқәнагаз" ҟалҵан, лыҷкәын илырдырит дшақәшаҳаҭмыз.

Аамҭа цон. Аҳәара уадаҩуп, иан лажәақәа ракәу, иара агәаӷьра имамзу, аха иара игәаԥхоз дымҵадырсит.

Абасала, иҽырба-ҽырбо Аҟәа иалаз арԥыс ԥшӡа аҭаацәара даламлаӡакәа иқәра цо иалагеит. Амцхә ахшара иахь абзиабара, уи иразҟы ԥырхага аҭара акәхап иахьа Котик игәараҭа ақьаԥҭахара зыхҟьаз.

Есқьынагьы агәрагара сцәыуадаҩын ахацәа абас абзиабара ҵаула иахҟьаны "рхы ҭадырхоит" анырҳәо ақәшаҳаҭхара. Котик иҭоурых агәра снаргеит уи шиашоу. Иара шамаха уи далацәажәомызт, аха иаҳәшьаԥҳа Мзиа лҿы знызаҵәык ицәыригахьан рҳәеит "даҽазнык абзиабара сылымшеит" ҳәа. Дымҩасит зеиԥш иԥшаара мариамыз ауаҩ нага...

Ақьаԥҭақәа зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рымоуп. Ирацәоуп ҳныҟәарақәа рҿы ҳаргьы ҳзыхҭыгәлаз аҭоурыхқәа, урҭ зегь хаз-хазы еиҭауҳәаргьы, ишьҭырхратәы иҟоуп асиужетқәа, аха иахьа сыззаҭгылаз еиҳа сгәаҵа иахьысыз ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0