Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит

© Foto / из личного архива семьи Хашиг Николай Хашиг
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг ихыҵуазаарын 89 шықәса. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы, апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа иара изикит.

Ҳаԥсуа литератураҿы, апрозеи апублицистикеи ржанрқәа рҿы даара аџьабаа збахьаз ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа дреиуоуп Никәала Ҷыфа- иԥа Ҳашыг. Уи иаԥиҵеит имаҷымкәа ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, иара убасгьы ҵҩа змам апублицистикатә рҿиамҭақәа. Иҟалап, ашәҟәыҩҩы ихадароу ирҿиамҭақәа рыӡбахә анаҳҳәо иалкаатәзар уи ироман "Абду Ажьгерии", ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәеи."

© Foto / Абхазская интернет - библиотека Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәа"
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәа"

Никәала Ҷыф-иԥа сара ибзиан сихаануп, уи ианисакьаҳәымҭазҵәҟьа ҳихьӡеит ҳара ҳабиԥара. Аҿар даара пату ҳақәиҵон, ҳҩымҭақәа дрызҿлымҳан, иара дзеиҳабыз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿ еиҿкааз алитературатә Фонд аҟынтәи ианаамҭаз ацхыраарақәа ҳаиҭон, ҳкьыԥхьымҭақәа дрыцклаԥшуан, дрыԥхьон, нас хазы ҳнаганы игәаанагарақәа ҳаиҳәон. Аԥсуара иацәтәымыз зегьы иахьакәызаалакгьы дырҿагылон, ихьчон, ҳҩымҭақәа рҿгьы уи ҳахыԥар иуӡомызт, иаразнак иҳаҽԥниҳәон.

Уи иқәгыларақәеи, истатиақәеи ианаҭахыз аамҭаз даара иаӷьын, аԥсуара еилазгоз, иназмыгӡоз зегьы иаартны дырҿагылон. Абра иаазгоит урҭ рахьтә акы: " Иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭарҿиара амҩа иқәгылоуп. Уи зырҿиарангьы иҟоу ҳара ҳауп, ахьӡи ахьымӡӷгьы ҳнапоуп изну. Изеиԥшрахоузеи уи ҳҳәынҭқарра?! Швецариа? Иапониа! Сингапур? Мап! Уи аҳәынҭқарра аԥсуа ҳәынҭқаррахароуп, шьаҭасгьы иамазароуп аԥсуара. Ус анакәха, Аԥсуа ҳәынҭқарра ҳарҿиароуп аԥсуацәа аҟәынҵаны. Мап рцәаҳкроуп ашаблон, астериотип. Уи азы иаҭахуп хнҩеижәижәохә шықҽса рыла ҳазнысыз амҩа ҭҵааны, иҳагу иҳабзоу еилырганы, ҳхықәкы хада алкаара; ҩба- уи амҩа хараҿы ибжамҽамхаз Аԥсуара ашьақәыргылара, уи ҳәынҭқарратә усны аҟаҵара; хԥа- абиԥара ҿа еиҵагыло аԥсуаҵас рааӡара, ҳабацәа рҟазшьеи рыламыси урҭ рдоуҳатә ԥсҭазаара иахәҭакны рыҟаҵара…"

© Foto / из архива семьи ХашигЕицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг

Сара ибзиан исгәалашәоит, алитературатә еиԥыларақәа рҿы Никәала Ҷыфа-иԥа шаҟа агәра ргартә ирзеиҭеиҳәаоз ҳара ҳаиқәзырхо милаҭк раҳасабала аԥсуара мацара шакәу, убри ҳшықәныҟәалаша, ишаҳмырӡша ҳабацәа, урҭ рабацәа зқьышықәсала иааргоз рытрадициақәа. Сара зныкгьы исымбеит иара ииҳәоз, иӡыригоз аԥсуара апринцип хадақәа џьара дрықәымныҟәакәа, ма днахан иргыло. Насгьы, абра инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, уи шәҟәыҩҩык, аԥсуа хаҵак иаҳасабала ииҳәоз шҳәаз, ахаан иҩызцәа маӡак шрыҵаимкуаз, дшаартыз, даара дышуаҩ иашаз. Убри аганахь ала уи иҿуҵааша уамакала ирацәан.

Никәала дыпрозаикын, дпублицистын, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылан, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи алахәылас дыҟан. Далан СССР ажурналистцәа Реидгыла. Иара дахаҭарнакуп хнҩеижәатәи ашықәсқәа рзы аԥсуа литератураҿы иааиз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рплеиада. 1985-1997 шықәсқәа рзы аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩыс. Убри аамҭазы напхгара аиҭон Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы еиҿкааз аԥсуа литература апропоганда Абиуро. 1970- 1980 шықәсқәа рзы Никәала Ҳашыг активла далахәын аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. Инапы аҵеиҩит СССР Иреиҳаӡоу аполитикатә напхгара ахьӡала иҩыз "130-ҩык рышәҟәы"

Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2016
Ҳәмарба: аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц

Сара ибзиан исгәалашәоит уи ашәҟәы знапы аҵазҩыз аӡәык ҩыџьак анықәырцала рыҽшхьадрышшеит, ҳаццакцәеит ҳәа, аҭамзаара шьҭарҵеит ҳәа иҟаз ацәажәарақәа. Уимоу, аинтеллигенциа рганахь ала зынӡа иаҵазмҩӡазгьы шмаҷмыз. Аха Никәала Ҷыфа-иԥа уа хьаҵрак ҟаимҵеит, ҳара адунеи ҳзықәу ҳаԥсуара ахьчареи амырӡреи рзы ауп, ҳаԥсуара сзадымгылозар, сабатәи аԥсуоу, иаажәг арахь, сара снапы аҵазҩуеит иҳәан, аԥхьа иаҵазҩуаз рхыԥхьаӡараҿы ижәла ҿаҿаӡа иргылеит! Ари аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы рзы даара игәадуран, иагьхаҵаран!

Никәала Ҳашыг дравторуп ароманқәа хԥа;- " Ашьха рҩашқәа ахьеилало," "Аԥышәара," "Абду Ажьгьери." Иара убасгьы аповестқәеи ажәабжьқәеи еидызкыло ашәҟәқәа: " Иҿымшәаз ашәҭ", "Акорпус хада", "Ааԥынтәи ашьыжь", "Аԥсабара ахәыҭхәыҭбыжьқәа", "Иалкаау", "Ахаҵа дызқәымшәо иҟоузеи", "Аибашьра, аибашьра…"

Иара убасгьы ашәҟәыҩҩы иҭижьхьан апублицистикатә шәыҟәқәа маҷымкәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп;- " Гәажәба Мирод. Ауаҩы лаша исахьа." " Аԥсуара. Апублицистикатә етнографиатә нҵамҭақәа", "Аԥсуара ашьаҭақәа", "Ашәҟәыҩҩцәа ирызку ажәа", "Аԥсуа ҳәынҭқарра аедиологиа." Иара убасгьы Никәала дравторуп иааизакны жәохә шәҟәы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахәыҷқәа ирызку ажәабжь ссирқәа зну ашәҟәқәагьы.

© Foto / из личного архива семьи Хашиг Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг имоҭацәа рыгәҭа
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг имоҭацәа рыгәҭа

Ашәҟәыҩҩы ишәҟәқәа рҟынтәи иара даара акыршықәса дзыдхалаз, аџьабаа ӷәӷәагьы здибалаз шәҟәуп ипублицистикатә материалқәа еидызкыло ишәҟә ду;- "Аԥсуара ашьаҭақәа." Уи аԥхьажәаҿы автор иҩуеит:

"Ашәҟәы анҭыҵ сыкәша-мыкәша сзыхьӡоз ирацәаҩны ирысҭеит, урҭ раԥхьа дгылан апрофессор Шалуа Инал-иԥагьы. Атираж ҩнызқь екземплир иҟаз аамҭа кьаҿла иргеит. Еиҳараӡак уи зыбзоураз ашколқәеи, ашәҟәы ахьӡи ракәхап. Сара даара исҭахын аԥхьаҩцәа ргәаанагара. Аха ҳара итрадицианы иаҳзыҟамҵеит, абжьаратәи аԥхьаҩ дзыԥхьаз аҩымҭаз игәаанагара аҩра, акьыԥхь азоума, ма автор ихьӡалоума. Уи граны иҳамагәышьоуп, аха иҟоуҵари! Ус шакәугьы, ирацәоуп згәаанагарақәа ус ажәала исазҳәазгьы, еиҳараӡак иара хықәкыла изызкыз арҵаҩцәа. Урҭ изларҳәаз ала, ахәыҷқәа аԥсуаҵас рааӡараҿы ирацәаны рхы иадырхәозаап. Ус анакәха, ахықәкы наӡазшәа збоит… Зегьы ирыцкны исыԥхьаӡоит еицырдыруа аҵарауаҩ, аетнолог Шалуа Инал иԥа еиҭаз ахәшьара. Уи 1995 шықәсазы аԥсуара иазкны инарҭбааны ажәахә ҟаиҵеит Аԥсуа институт аҿы. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь икьыԥхьын уи ажәахә."

© Foto / фото предоставил Анатолий ЛагулааЕицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг

Иахьа, ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг ҳара дышҳалагыламгьы, уи ҟазарыла иаԥиҵаз иҩымҭақәа ҳацуп, уаҵәы игыло аҿар хшыҩрҵаганы, ааӡаганы, зыда ԥсыхәа рымам доуҳатә культура дуны ирыцзаауеит. Уи ашәҟәыҩҩы изы иреиҳау насыԥуп, ҿыц игылоу аҿар дара рышәҟәыҩҩы данаадыртуа, идунеи ҿыц ианалало, зда ԥсыхәа рымам аҳауа еиԥш данырҭаху.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0