Уаҵәтәи ҳамш еиқәзырхо: Џьамбул Инџьгьиа ипоезиазы

© Sputnik / Томас ТхайцукИнджгия Джамбул
Инджгия Джамбул - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа дазааҭгылоит Џьамбул Инџьгьиа ипоезиа аҷыдарақәа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳаԥсуа литератураҿы ицәырҵуа иалагеит абыжь ҿыцқәа! Уи ҳарҭ ҳаргәырӷьоит, избанзар ҳара ҳлитература уаҵәтәи амш анамоу ауп, ҳазҿу аусгьы акы иаԥсаны ианыҟало, еиуеиԥшым абиԥарақәагьы ахьтәы цҳа анрыбжьало! Аха ҳара иаҳуалуп, урҭ амҩа ианнықәло аамҭазы, рырҿиараҿы ирымоу аихьӡарақәеи, рыгха-ԥха хәыҷқәеи, имӡакәа иаартны раҳәара. Уи даргьы ирзеиӷьуп, ҳаԥхьаҩцәагьы ирыхәоит.

Абзагу Колбая - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2021
Ҳлитература уаҵәтәи амш: Абзагә Аҟалӷьба ипоезиа азы ажәа

Уажә ара ҳзыхцәажәо ашәҟәы "Аԥсықәрамҩа" Џьамбул Инџьгьиа актәи ишәҟәоуп. Уи уаанӡагьы Аԥсны иҭыҵуа апериодикатә кьыԥхьырҭақәа зегьы рҿы дкьыԥхьуан, иара иаԥхьаҩцәа ирҿиара иацклаԥшуеит, аха абас иааизакны шәҟәыкны рнапаҿы ирмоуцызт. Ҳара уи ҳҩыза еиҵбы ирҿиара пату ақәаҳҵоит, ҳазҿлымҳауп, иагьидаҳныҳәалоит иахьа ҳнапаҿы иаҳку раԥхьатәи ишәҟәы. Насгьы, арҭ ажәеинраалақәа рыхәҭак ашәҟәы иагәылалаанӡа, ҳара ажурнал ианаҳҵахьан, ус анакәха, ҳара апоет-ҿа "имҩахәасҭақәа" ҳарнылахьеит, иахьатәи ишәҟә ҿыц ахцәажәара ҳгәазырԥхазгьы дара роуп! Улаԥш рыдхалоит ашәҟәы ахьаауртуа "Хьыршәыгәажәак" захьӡу апоет-ҿа ицәаҳәақәа: "Ауаҩы иԥсҭазаара – цәыкәбарк алахьынҵа… Ажәҩан иалышәшәоит Аԥсҭазаара акәаҿ иблыз ацәыкәбарқәа-аеҵәақәа. Амшын-шаҟа ԥсҭазаара ҿшәахьоузеи? Заҟа цәыкәбаргьы амҩа иқәузеи…".

Аха ахьыцәыкәбар – инеиԥхьбаргьы, ашьҭа аҭынхоит – ҩаԥхьа ииеҵәахарц. Уи ауп ауаҩы адгьыл иазынижьуа инасыԥ Ашәҭыц".

Џьамбул Инџьгиа апоезиаҿы иаабац ажәеинраала, аклассикатә форма аҩышьа иаразнак мап ацәикит, "ирбгеит!" игәҭыхақәа рҳәараҿы еиҳа изыманшәаланы ибеит, ишәҟәы аредактор Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа ишазгәалҭаз еиԥш, ажәытәӡатәи иапониатәи Ажәа азҟазацәа рцәаҳәақәа (хԥа-хԥа цәаҳәатәи ажәеинраалақәа). Уи ҳаԥсуа поетцәа рпоезиаҿы знык-ҩынтә "агьама" ахьырбахьоу ыҟоуп, аха инеизакны шамахамзар аӡәгьы иҽадимырхалаӡацт.

Иаҳгәалаҳаршәап апоет Геннади Аламиа иажәеинраала:

Иамаӡам ашәҭ,

Шьҭа амаӡа,

Ишәҭит!..

Адунеитә литератураҿы уи аҩыза ажәеинраала ҩышьа форма иазхьаԥшуа рацәаҩуп, избанзар, уа унапы ҿаҳәаӡам, ажәеинраала аҩышьа атехника, арифма, аритма зегьы "урхыԥар" ҟалоит, уа еиҳараӡак ажәеинраала еидарас иаиуа аҵакы ауп. Иҟоуп ажәеинраала аҩныҵҟатәи аритмика иацәхьамҵуа, еиқәзырхо апоетцәа, аха иҟоуп, знык ажәеинраала атехника арбгара ианақәиҭха, ажәеинраала шкәакәа зегьы алаӡоит ҳәа, ажәақәа иахьырҭыԥугьы-иахьырҭыԥымгьы иандыргыло, аӡы ырхәашьны аԥсыӡ ркырц ианалаго.

Заира Тхаицук - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
Ахара ихәыцуа арҿиаҩы: Заира Ҭҳаиҵыкә 55 шықәса лхыҵит

Аха урҭ зегьы уанрыцәхьаҵ, аҵакгьы акгьы анузамырҳәа, усҟан уҿызхуа акгьы ҟалаӡом, уажәеинраалагьы иануҭахыз иҭымҟьаз ашәақь еиԥш, иааумпыҵахоит. Аурыс литератураҿы уи аҩыза ажәеинраала ҩышьа форма, (ажәеинраала шкәакәа) кыраамҭа "ашәхымс" ихрыжьлаӡомызт, уимоу аурыс поет ду Николаи Глазков иҩхьан: "Мне кажется, что стихи без рифмы, как женщина без волос!" ҳәа. Аха алитератураҿы апоетцәа зегьы рхәыцшьа шеиԥшым еиԥш, рҩышьагьы еиԥшӡам, дасу еиҳа изыманшәалоу аформала дыҩуеит, аус злоу иара ибаҩхатәра уаҟа ишааирԥшуа ауп.

Џьамбул Инџьгьиа ишәҟәы злаатуа ажәеинраала уанаԥхьалак азныказ ахәыцра уалагоит ииҳәаз аҵыхәанӡа исзеилкаама, аҵакы хада "сцәыбнамлазааит!" ҳәа, аха нас иара ажәеинраала уазхәыцны даҽа ҩынтә-хынтә уанаԥхьалак, агәра угоит, ииашаны ишеилукааз, уи ииҳәз асахьагьы ухаҿы иаанхартә ушазхәыцыз.

Ақәаб

абырлашқәа

ҭышәшәеит –

ишеит.

Алашьцара адунеи иаақәҵын, алашара ааит… Араҟа аԥхьаҩ даҽаганкахьалагьы дазхәыцыр ҟалоит, уи ифантазиа ахьирхалакгьы ибзианы иԥымҵәакәа, иҵәиуа абыцеиԥш, иахьиҭаху иццоит!.. Убрауп иахьыҟоу апоезиа амчгьы, алшарақәагьы, дасу иара ишиҭаху дазхәыцуа, дызхымԥаша категориак ыҟамкәа, ииҭаху зегьы рҭак иоуа…

Адгьыл

́ашьа ҭаҵәахын

иԥырҽыз амаҵмыџь.

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2020
Зыжәлар рыгәҭа игылаз ашәҟәыҩҩы: Џьума Аҳәба изкны

Араҟа, сара стәала ҟазарыла иҳәоуп, иҟоуп узырхәыцша, адгьыл, уи иахылҵыз ашәырҵла, уи иҿоу ашәыр, иҟаԥшьӡа уи иагәылоу ашьаԥшшәы змоу аӡы, нас, иуҭахызар уи ашьахьы ииаугоит, еиҭах аԥсҭазаара ахылҵуеит, еиҭах адгьыл иахьнықәҭәоу иқәӷьацоит… Абри ажәеинраала цәгьала иақәҿнаҭуеит уи иаҵагылоу даҽа жәеинраалакгьы…

Аӡахәа

алаӷырӡқәа азынкылом…

Адгьыл ахьаа анырма?

Араҟа ажәеинраалақәа рҵакы аиҭаҳәара ҳара зынӡагьы хықәкыс иҳамаӡам, ҳара ҳхықәкқәа раԥхьа игылоу, автор ишәҟәаҿы иқәҿиази иқәымҿиази ажәеинраалақәа ԥыҭк ирзааҭгылан, иара наҟ-наҟ ихәаша ак ҳазҳәозар ҳәа ауп… Ус анакәха, уи аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы зегьы иаҳцәыӡны иҟоу акритикагьы илаигӡароуп, игхақәа дрызхәыцроуп, урҭ уашьҭан играмхарц азы, ԥшӡала, аҩбатәи ишәҟәаҿы раԥыхра еиҳа имарианы илшарц… Ҳарзааҭгылап, автор еиҳа инапы зыгижьыз, иҵегьы ирцәажәандаз, иҵегьы игәылиршәандаз ҳәа ҳгәы иззаанагауа ажәеинраалақәа.

Аԥаҭхь

аҵаҿ иҵәахуп

агәы иҭоу аҵа.

Сара ари ажәеинраала акыр сазхәыцит, иаҳәо еилыскаарц сҭаххеит, ишырҳәо еиԥш, инасырҳәит-иаасырҳәит, аха уаҳа умԥсит, исызмырцәажәеит! Азныказ сыхгьы сазгәааит, издыруада сара аамҭа саҵахозар, иахьатәи аҿар рпоезиа сара исзымдыруа маӡақәак аҵаҵәахызар, иҵегьы ԥхьаҟа ицахьазар, уи азы иҷыдоу даҽа ҵарадыррак аҭахызар?.. Аха аҩымҭа егьа философиатә ҵакы аиҭозаргьы автор, уи ииҳәарц ииҭаху аҵыхәанӡа иҟаҟаны иуимҭаргьы, џьара хышә хәыҷык узааиртуазар ами, узхьыԥшыша, алашарахь уназго шәахәак убарцаз…

Иҿысхит

адәыкрын –

сеиԥшхеит ҭагалан.

Гунда Сакания - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2020
Саныҩуа ауп сыԥсы шҭоу аныздыруа: апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыҿцәажәара

Ари ажәеинраала еиҳа имариацәаны "исацәажәазшәа" збеит. Сара исҭахын автор "сзышьирцылаз" ажәеинраалақәа реиԥш, иҵегьы зеилкаара мариам, сзырхәыцша, маӡак зҵаҵәаху, ус иааинырслан исзеилымкаауа жәеинраалак саԥхьарц. Аха иҟалап уи идырны урҭ реишьҭагылашьа иӡбазар, зеилкаара мариами имариоуи, мамзаргьы аԥхьаҩ маҷк ихшыҩ аԥсашьарц еилеиԥсазар!

Ажәҩан икыдлеит

аӡиас ахцәқәа –

ацәаҟәа ҽырбоит.

Ара аԥсабара апеизаж дақәшәаны иҭихит автор, насгьы иаразнак иубоит уи аҩыза асахьа макьана ҳлитератураҿы ишҳәам, ишҿыцу, иара ишитәу, иагьшлыԥшааху! Уи иаразнак угәы шьҭнахует, агәрагьы угоит, еиҳа-еиҳа ашәҟәы уагәылаланы уаԥхьаҟа уцацыԥхьаӡа, аартыра ҿыцк шузыԥшу… Зны-зынла ухы убоит, иссиру, иџьашьахәу ҳаԥы ссирк уҭоушәа, уаҟа иуҿаҷҷо аԥшӡарақәа уара уакәушәа адунеиаҿ зегьраԥхьа избо!..

Ашәарҭара анҳахҭыгәлоз

абыкь абжьы ҳарҿыхон…

Ҳзырҿыхозеи иахьа?..

Асеиԥш иҟоу ажәеинраалақәа амцхә "рыбжьы" дуӡам, ухы ҭырҟьаӡом, улымҳа ҭыршьааӡом, аха ирҳәарц ирҭаху угәаҟынӡа инаганы, амца зку акәицқәа реиԥш иҭарыԥсоит, нас ухаҵоуп угәы рҭынчны утәа!.. Апоезиаҿы уаҩ иимбо амчгьы убра акәзар ҟалап иахьыҟоу!..

Хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, ажәеинраала аҩышьа аформақәа зегьы ҳанрыцәхьаҵ (ус ҳҳәеит ҳәа, ари аҩышьа формагьы иамазароуп иара аритмика), иаҳәо аҵакы ласцәамзар ауп, иааинырслан иумыҩуазар ауп. Убас иааинырслан иҩқәоу, иҵегьы "маха-шьахала" еибыҭандаз, акәҷар реиԥш зынӡа ишхәыҷцәаз, ашәра иахьӡаанӡа рыҭра "ихихит" ззугәахәуа ажәеинраалақәагьы ааҳгап абраҟа. Урҭ автор ашәҟәахьы инеигаанӡа иҵегьы иҟаҵатәын, ианиҩы ашьҭахь маҷк даарԥеиԥшыр акәын, цқьа изаанӡа аамҭа рыҭатәын. Уи ҽыԥныҳәа ӷәӷәаӡам, апоет қәыԥш урҭқәа зегьы ианаужьыр ҟалоит, аха иара ихаҭа игәаҭан азхәыцра далагаанӡа аамҭа мыцхә ицәыбжьамхар…

Ацәаныррақәа

Санаршьеит –

сшымчыдоу схашҭма?

Валентин Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2020
Уи харантәи даауеит: академик Валентин Кәаӷәаниа диҿцәажәоит Анатоли Лагәлаа

Ари ажәеинраала зынӡа имариацәаны иҩуп, иҳәоуп, автор ҳаззыҟаиҵахьаз аҳаракыра (апланка) лаирҟәцәеит, џьабаа мбаӡакәа "ҳахыԥеит!". Иааҳгап убри иашьашәалоу даҽакгьы, ари ажәеинраала зынӡа "иҟаҟацәаны" иҳаиҭацәеит, албаадараҵәҟьагьы ҳацәаашьо!..

Иаҳхалашоит еҵәак

ажәҩан ҳалаԥш ахысуанаҵ –

аԥышәара ҳагызмыжьуа

аԥсҭазаара ҳагәыланаҵ –

гәыӷраны.

Мамзаргьы, ауаҩытәыҩса ашышкамс хәыҷӡа аҟынӡа дахьнеиго, ашышкамси ауаҩи ирыбжьоу иара ашышкамс ахаҭа рацәак иахьахымыҳәҳәо ахьџьеишьо!.. Автор иҟалап даҽаҵакык азиԥшаар иҭахызҭгьы, аха иара даҽаџьара ицәкәараҵеит!..

Ашышкамс!

Еиҩаҳго

змаҷуи?

Еилкаауп, автор поезиа бызшәала ихиркыр иҭахуп иажәақәа, ирҳәац-еиҭарҳәац дацәыбналарц, иара итәы иԥшаарц, ҳаргьы агәра ҳиргарц ус иуҳәар шауа… Аха ажәа иара иахьаҭыԥым, даҽа ҭыԥк аҿы ианургылалак, ахџыџ еиԥш есымша уахҟьашалоит, уаҩсцыԥхьаӡа, убри убра иназгаз дугәалашәалоит!.. Ус иҟоуп абри ажәеинраалагьы:

Аҵх

агәырӷьара азымҵәахит –

аеҵә ацәпытит.

"Апытра" ара ҵакыла ианаалаӡом, мчылы уалагар уа иургылар ҟалоит, аха зегьы акоуп, зҭыԥаҿы игылоу ажәақәа зегьы иара тәымра уа арахь ирылҳәҳәалоит!.. Иаҳгәалаҳаршәап аурыс поет бзиа Иури Кузнецов иҟаиҵоз аепитетқәа, уи шаҟа изҿирԥшуаз ианаалоз, иақәшәоз:

"Грибы, как настольные лампы."

"А тучы трещат, как арбузы".

Уажә иааҳгап даҽа жәеинраалак:

Ахәрабӷьыц!

Аханатә иудыруазма

жәларык рлахьынҵа?

Дмитрий Габелия. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2020
Арадио
Габалиа аилазаара "Ашацкыра апоетцәа" азы: алитература амаҵ азура иазкуп

Идыруп ахәрабӷьыц ахәра ишахәшәу, аха уи жәларык зегьы ада ԥсыхәа рымамкәа ишыҟалаз, лахьынҵас ишроуз, аԥхьаҩ ажәак ала иадамзаргьы дазыҟамҵаӡакәа ианиоуҳәалак, ажәҩан иалҩрны иаазшәа, иара афункциа азынамыгӡаӡакәа иаанхоит… Ажәеинраала урҵаулацәарц уаналаго иануцәыхәашьуа ҟалоит, убри азы, аԥхьаҩ уи аҵаулара дӡааԥшыларц азыҳәан, "дзықәгылаша" ажәак изышьҭоуҵароуп!.. Насгьы, уара иазыҟаҵоу аԥхьаҩ имацара иакәӡам иумоу, зны-зынла абжьаратәи аԥхьаҩгьы уизхәыцлароуп, уи уеилкаара ицәыуадаҩхацыԥхьаӡа дуцәынаскьалоит, уааигәара есымша агылара игәазырԥхаша ажәақәа рыԥхарра инырлароуп…

Сылаԥш адхалт

изаҵәхаз абӷьыц…

Изшәаџьҳәода?

Абӷьыц ҳәа ззырҳәо ашәҟәы абӷьыц акәхап, егьи аҵла иҿоу, уи абӷьы ауп. Насгьы, ари ажәеинраала аҵакы акырынтә апоетцәа еиҭарҳәахьеит, амҳаџьырреи ахҵәареи ирыдкылан, араҟа урҭ ажәеинраалақәа "рылҩа" еиԥшны ауп ишаанхо ари ажәеинраалагьы…

Ари асахьа зынӡа иаабац, иҳаҳац, уаҳа даҽа цәанырра ҿыцк ҳазцәырзымго сахьоуп... Ус анакәха, аԥхьаҩ игәаҿы иаанхартә ма даҽакала иҩтәын, мамзаргьы ашәҟәы иагәылаҵатәӡамызт...

Ахызаҵәқәа сыршаҭом –

илеиуеит

ақәаршҩы.

Ари ажәеинраала зынӡак ахәыҷқәа ржурнал ианырҵо ацуфара еиԥшхеит!.. Аха анцәа иҟынтә, иааизакны уахәаԥшуазар, асеиԥш иҟоу ажәеинраалақәа ашәҟәаҿы ирацәаӡам, аԥыжәара рызгаӡом, аԥхьаҩ дзырхәыцша, дзыргәырӷьаша, дзыргәырҩаша, аԥеиԥш бзиа шыхарам иазҳәаша еиҳа ирацәоуп… Нас ишԥа, апоезиа ауаҩы дахәышәтәуазароуп, ашьамхы бзиа иҵанаҵозароуп, знык данаԥхьа, наҟ инықәҵан даԥырҵыргьы, ԥыҭрак ашьҭахь деиҭархынҳәуазароуп, знык згьама убаз, аӡыхь бзиа ахьыҵыҵуа аҭыԥ шухамышҭуа еиԥш!..

Уи азы хара ицатәӡам, иара Џьамбул ишәҟәаҿы иуԥшаауеит ус иҟоу ажәеинраала бырлашқәа:

Аҵх рҽарҭеит

апҟақәа –

иабазгои руаз?

Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2018
Инал Гыцба: жәларык ԥхьаҟа изго адырра ауп

Ари ажәеинраалаҿы хә-ажәак роуп иҟоу, аха шаҟа хьаа ргәыҵаҵәахуи, закәытә еидарои изҵо?.. Уи ибзианы уаназхәыцлак, ухы инаркны ушьапаҟынӡа иулсуеит, агәырҩа уеиларҵәан уакуеит, уахәаҽуеит, аҵаа хьшәашәеиԥш аԥхӡы уқәнаҭәоит, наҟ ҳашьхақәа рахь хараӡантәи ирҿыҩны иуаҳауеит уазашәак… Уи кыраамҭа уабыллоит, иуханаршҭырц иалагоит зегьы, аха убри аамҭазы, аԥшахаа еиԥш ихааӡа апҟақәа рымҵәыжәҩақәа рышьҭыбжь уи агәырҩа еишьыл ухнацоит, уаҵәтәи амш ахь ухьанарԥшуеит… Абриаҟара зегьы алшоит апоезиа, абриаҟара зегьы рылшоит ахырҭәагеиԥш еилацалоу хә-ажәак!..

Арҵу заҵә

џьабоит

ақьаԥҭажә ашәхымсаҿ.

Ари ажәеинраалагьы зны амҳаџьыррахь ухьанарԥшуеит, зны, зыҩны-згәара ааныжьны ақалақь ахь иқәҵны ицаз, забацәа рҳаҭгәынқәа хьаас изымкыз, здацқәа зхашҭыз, мышктәи аԥсҭазаара иацу аҭхаџьрақәа еиҳа еиӷьызшьаз… Арҵу иахаанхеит анкьа зны аӷьараҳәа иҟаз аҩнра ду, иџьаушьаша, иара арҵугьы уи аҩыза аԥсҭазаара ахы ахнабаауеит, уи ангәырӷьоз, аҭаацәа ду аџьџьаҳәа ианыҟаз акәын!.. Абраҟагьы "икаршәуп" апоезиа иашаҵәҟьа арыц, уи ҵәыӷьаны иҟоуп, ахатә ԥсҭазаара адац хәыҷқәа акхьеит!..

Агәи ахшыҩи шеисоз –

анасыԥ

лашәхеит…

Ажәеинраала уаԥхьан уаналгалак, иҟәышцәоу, ихшыҩрҵагоу жәеинраалоушәа убоит, аха ԥыҭк "ианулаугӡалак", хәыҷы-хәыҷла иаҵухуеит ҳаԥсҭазаара ашьҭақәа ирхыланы ишаауа, зынасыԥ ззеиламҵакәа, зыҷкәынра иахыԥан иҟоу иацтәи ҳҿар, иахьа зуаҩыбжарахь инеихьоу, изакәытә насыԥдароу изҭагылоу, изакәытә разҟыдароу урҭ зџьабаа дуӡӡа рыду рҭаацәагьы зҭагылоу, урҭ моу, дара рыҿиара иазыԥшу ҳаԥсадгьылгьы зҭагылоу… Иахьа иҿиартә, еизҳартә, еиҵыҵыртә, Аԥсны иабжахартә иҟоу ауаа, рынасыԥ ишазыԥшыз, идырхәлеит, идыршеит, иреиӷьӡаз рымшқәа нҭакәкәа ицеит… Уи зегь зыхҟьаз апоет дызлацәажәо агәи ахшыҩи роуп, ак ҟәышцәахеит, егьи лашәцәахеит, аамҭагьы дара ирзыԥшуазма, аҽкәар еиԥш ишьҭхысаан ииасны ицеит.

Апоет-ҿа зегь раҵкыс имаурҽхәаша, агәырҩаҿгьы, ахьааҿгьы иԥшаауеит аԥсҭазаара агәеисыбжь узырҳауа аԥшӡара, уи уахь ухьаирԥшуеит есымша, уи цҳаны ирхиҵоит аџьали анасыԥи рыбжьара!..

Иссируп амшынцәқәырԥа

Алахьынҵа –

аччаԥшь шаҿықәу

иԥсуеит…

Апоезиа ахықәкы хадақәа зегьы иреиҳау аԥшӡара, ауаҩра, аразра, ақьиара, агәырҩа-хаа, агәкамыжьра рныҟәгара ауп… Урҭ зцу, ҩныҵҟала иззышьҭыхыз апоезиа, агәқәа рахь амҩа аԥшаауеит, аԥша ҟәандеиԥш, ацәыҵкәраарҭа адыруеит!..

Сара сгәы иаанагоит Џьамбул Инџьгьиа ипоезиа аҩыза апоезиа ҳлитератураҿы макьаназы традициа дук шамамгьы, наҟ-наҟ иҵегьы аҽарҭбаауеит, ажәлар ирылаҵәо иҟалоит ҳәа. Изеиӷьаҳшьап ҳҩыза еиҵбы ақәҿиара дуқәа, уи абаҩхатәра имоуп, аус злоу ирҿиара дааҟәымҵӡакәа даҿызароуп, егьа уадаҩра хкы иԥыларгьы, иаанимыжьроуп!..

Ажәабжьқәа зегьы
0