Ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам, мамзаргьы "Аԥсны жәлар рконгресс" азы гәаанагарак

© Sputnik / Бадрак Авидзба Круглый стол "О новой модели избирательной системы" в ЦСЭИ
Круглый стол О новой модели избирательной системы в ЦСЭИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 17 рзы Олег Дамениа напхгара зиҭо Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр еиҿнакааит аилацәажәара - иаԥҵахарц ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәлар рконгресс". Абри азы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иахьа ҵҩа змам аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи анҳамоу, ҳәарада, азҵаара цәырымҵыр ауам, урҭ излареиԥшымхои Аконгресс ҳәа. Аиашазы, акыр исзааигәоуп уи зыӡбахә амоу аидеиа, аха даҽа ганкахьала сзыцәшәақәогьы ыҟоуп.

Круглый стол О новой модели избирательной системы в ЦСЭИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
"Аԥсны жәлар рконгресс" аԥҵахоит ареспубликаҿ

Зегь раԥхьаӡа иргыланы аполитикатә олигархтә мчқәа ахаҩар алшоит, усҟан уи ԥеиԥш дук аиуам. Ҿырԥштәыс иаазгарц сылшоит "Амцахара", "Аруаа" анаԥырҵоз аибашьра аветеранцәа еидызкылоз ауаа урҭ рзинқәа рыхьчара иазкушәа ҳдырҳауан. Анаҩс, иахьа уажәраанӡа еиҿагылоу аполитикатә гәыԥқәа ирҵәатәышьаҟахеит. Убарҭқәа ирыхҟьаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз хықәкык змаз ауаа аҭынч ԥсҭазаараҿы еиҩшаны иааҟалеит.

Аконгресс аԥҵара азҵаара иазкыз аиԥылараҿы иқәгылоз Олег Дамениа ицәажәараҿы иҳәеит "Аконгресс хықәкыс иаиуроуп ажәлар реидкылара" ҳәа. Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала, анырра аҭатәуп ҽааны имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара адепутатцәа ралхра. Аидеиа шьахәуп, аха Олег Нестор-иԥа анкьа зымаҵ иуаз "Аидгылара" ахаан аԥсуа жәлар рхеиқәырхара азҵаатәы ихадаз цәаҳәазҭгьы, иахьа ахатә бзазара аиқәырхара азҵаатәы аԥхьагылара агахьеит ҳаԥсҭазаараҿ. Иалшарыма еиҿыркаарц ргәы иҭоу Аконгресс иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа риааира алхрақәа рзакәан кьыс амҭаӡакәа? Даара иуадаҩуп аҳәара, избанзар, алхрақәагьы абизнестә ҟазшьа аархәахьеит.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2020
Алхрақәа ртәыла…

Ҳара ҳалхрақәа раамҭазы ицоит акандидатцәеи алхыҩцәеи реилахәаахәҭра. Ишәгәаласыршәоит 2019–тәи апрезиденттә алхрақәа раамҭазы, еиҳаракгьы амчра иатәыз аган Аԥсны ахи аҵыхәеи бетонла иҭарҭәо ишаҿысуаз. Усҟан апрокуратурагьы ҿнамҭит. Сгәанала, ԥҟараны иҟалароуп алхрақәа раамҭазы аргыларатә усқәа реиԥш иҟоу аанкылазарц. Зсоциалтә ԥсҭазаара уадаҩу алхыҩцәа алхрақәа раамҭазы атрансформатор, амҩақәа, аӡы, афымца иазгәышьуа иҟоуп азы, акандидатцәа ирылахәаахәҭуеит. Олег Дамениа дызхагылоу ацентр ибзиаӡаны еилнакаауеит ас цашьа шамам, убри азакәхап ари аҩыза аидеиа заԥшьыргаз.

Сара ҭелла сыҽимаздеит ауаажәларратә усзуҩ, Аконгресс аиҿкааразы ахаԥшьгаратә гәыԥ иалахәу Абессалом Кәарҷиа. Хымԥада, иаргьы шә-процентк уи ҳаԥсҭазаара арӷьарахь иаргьежьыр алшоит ҳәа изышьақәырӷәӷәом, аха усгьы акыр деигәыӷуеит алҵшәа аиуп ҳәа. Кәарҷиа сиазҵааит иахьатәи адепутатцәа ралхразы азакәан шыҟоу иааныжьны, Аконгресс ишԥалшари алхрақәа анырра рыҭара ҳәа. Иара исеиҳәеит "Аконгресс еиднакылароуп знысымҩа бзиоу, аҵара змоу ауаа. Политикатә мчрак ари анырра анаҭо ианыҟала, аус ҵакыдахоит, саргьы маҷк уи сацәшәоит" ҳәа.

Кәарҷиа ииҳәаз ала, иаҭахуп ауаа рацәажәара, рыхдырраҿы анагара, ҳаԥсҭазаара ҭышәынтәаларц азы адепутатрахь кандидатцәас ишалхтәу иреиӷьу ауаа.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2020
Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ

Аиашазы, гәыӷрада иԥсхьада, маҷк сгәы бжьажьозаргьы, Олег Дамениа иеиԥш иҟоу ауаҩы инапы злеикыз аус алҵшәа аанашьҭрашәа сыҟоуп, акызаҵәык, Аконгресс ашҭа мгәала ихәыцуа, акоррупциа знысымҩа иалоу ауаа ашҭа иҭамлароуп…. Еилкаау усуп, иахьатәи ҳзакәанқәа шыҟоу ала, Аконгресс еиҿкаахаргьы, рекомендациатә мчуп иаиуа. Аибашьра ашьҭахьтәи аԥсуа ԥсҭазаара ареформа зҭаху ак акәны ишыҟоу убаратәы иҟоуп, ҳазҭагылоу аамҭаҟынтәи шьҭахьҟа ҳхьаԥшыр. Амилаҭтә хдырра акыр аҭагәҭасрақәа зныԥшуа акәны иҟалеит.

Сазааҭгыларц сҭахуп аабыкьа ҳ-Парламент акомитеттә еилатәараҿы аԥсуа депутат аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазароуп ҳәа алхрақәа рзакәан алагалақәа рзуразы апроект иахьалацәажәоз, "уи макьана ҳаззыҟаҵам акоуп" ҳәа ацәажәара ицәырҵыз. Алагала ҳәа изҿу иааиуа 2022 шықәсазтәи алхрақәа рзакәмызт, анаҩстәи рзакәын. Убас акәзаргьы, иахьазы уи алагала инахоуп. Ари иаҳнарбоит, ҳҳәынҭқарра иахаҿроу ахатәы бызшәа аиаӡаара амҩа ишану шаҳбогьы, изырҿио акгьы ҟаҳҵарц ҳгәы ишҭам.

Под председательством вице-президента Бадры Гунба состоялось организационное совещание, посвященное созданию общественного совета при президенте Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Ауаажәларратә палата адублиаж, мамзаргьы акгьы злымҵуа аус

Ари адагьы, ҳтәыла акоррупциа ахыҵәаны излаҟоу ала, ҳҳәынҭқарра аҿиара агәрагара ҳцәыӡуа ҳалагеит, акоррупциа алацәажәара ада, уи аҿаԥҽразы амҩақәа ахьыҭшәахаз азы. Ачынуаа рмал ашәҟәы арбаразы ахаԥшьгаратә гәыԥ 20-тәи ахәҭаҷ алагаларазы азҵаатәы ықәдыргылоижьҭеи маҷ ҵуама, аха акәаԥ макьанагьы иргылам. Ажәлар агәынамӡара рымоуп Жәлар Реизара аусуразы, уахь анеира рзымариам ҳәа ирыԥхьаӡоит аҵара змоу ахатәрақәа. Аҵарауаҩ Олег Дамениа иқәгылараҿы иҳәахьан "адепутатразы ԥынгылак ыҟазароуп" ҳәа.

Аабыкьа имҩасыз аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ралхра иккааӡа иаанарԥшит ауаа уамак хшыҩзышьҭра шарымҭо алхрақәа. Зегь реиҳа ауаа рацәаҩны иахьынхо Аҟәа ԥшьыџьара алхарақәа ҟамлаӡеит, 25 процент ауааԥсыра рнеира шазхозгьы. Ари иаҳнарбоит ауаа иалырхуа адепутатцәа ринтересқәа рыхьчара, рсоциалтә бзазара ашьҭыхра ишахаҵгыло азы агәрагара шрымам. Ас цашьа амамзар акәхап.

Выборы президента в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Иалысхуа дсымаӡам, мамзаргьы аҭыԥантәи алхрақәа рызхәыцра

Ажәеи ажәеи еихҳәаало, исгәаласыршәарц сҭахуп, аибашьра ҟалаанӡа еиҿкааз ауаажәларра-политикатә еиҿкаара "Аидгылара" ҳара ҳҭоурых аҿы ихадоу ароль шааннакылаз имариамыз аамҭазы – асоветтә система аилаҳара иаҿын, даҽа ганкахьала ақырҭуа фашизм аҿиара иаҿын. Ҳара иаҳҭахын ҳетнос еиқәзырхоз амчра. "Аидгылара" ахадацәа ракәын усҟантәи ҳполитикатә ԥсҭазаара алахьынҵа зыӡбозгьы. Исгәалашәоит адепутатцәа ралхра инаркны, ажәлар рлахьынҵа анырра азҭоз ахҭысқәа зегьы аидгылараа рхы еилаҵаны ишырыӡбоз.

1989 шықәсазы СССР Иреиҳаӡоу ахеилак ахь депутатцәас иқәдыргылада, иагьалырхыда? Владислав Арӡынба, Алықьса Гогәуа, Фазиль Искандер реиԥш иҟаз ахатәрақәа. Агха ҟарҵама? Анаҩсан, Арӡынба иакәзар - ҳара дҳаԥхьагыланы дҟалеит. "Ахьтәы парламент адепутатцәа" ҳәа иахьа уажәраанӡа зыӡбахә ҳҳәалогьы "Аидгылара" иаӡрыжәыз роуп.

Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2020
Ажәа иҭара иацәшәон: Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз

Иахьатәи аамҭахь ҳгьежьуазар, зегь акоуп ианшәарҭахалакгьы, уи "Ахьтәы парламент" иалаз рӷьырак рыбжьы дыргоит. Абас иҟалеит уажәгьы. Аконгресс ҳаԥсҭазаара нырра бзиак анаҭап ҳәа сызгәыӷуа еиҳаракгьы уи аԥшьызго рнысымҩа саԥшноуп. Иааихҵәаны уи ауп изылшо ҳаԥсҭазаара ииашаны амҩақәҵара ҳәа аҳәара сцәыуадаҩзаргьы, Дамениа ицентр арҭ иҳаҩсыз ахәышықәса имҩаԥыргоз иаӷьыз, ашәара зцымыз ақәгыларақәа рыла ажәлар рҿы авторитет бзиагьы рымоуп.

Аконгресс аԥшьго, аидеиа авторцәа гәҭакыс ирымоуп ҳаԥхьаҟатәи алхрақәа рхы иоужьны акәымкәа, анырра арҭарц ажәлар рацәажәара мҩас ишьҭыхны. Ажәлар рацәажәара акәын шьаҭас иамазгьы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аамҭазы "Аидгылара" аиҿкаарагьы. Ус ахьышәҭҳәа акгьы алыршамхеит. Иҟан аҽазыҟаҵаратә аамҭа, ажәлар рыхдырра арцыхцыхразы. Имгәыӷкәан иԥсхьада. Издыруада, иалшар арыӷьарахь агьежьра. Ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам рымҳәои…

Автори аредактори ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0