Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны

© Foto / из архива Асиды ЛомияКумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия
Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет Кәымф Шьрын-иԥа Ломиа изкуп апоет Анатоли Лагәлаа иахьа иҳадигало анҵамҭа.

Ҳаԥсуа литератураҿы сара даҽа шәҟыҩҩык дысгәалашәаӡом Кәымф Шьрын-иԥа Ломиа иаҟара Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы зхы-зыԥсы ақәҵаны акыр шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа аус зухьаз. Уи ашьыжь шаанӡа амаӡаныҟәгаҩцәа раԥхьагьы аусураҿы днеиуан, амш иааимнахаанӡагьы иҭыԥаҿ аус иуан, мамзаргьы ахәылԥазқәа еиҿикаауан, имҩаԥигон аиԥыларақәа, иазыҟаиҵон ҿыц иҭыҵран иҟаз ашәҟәқәа, ма Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалаларан иҟаз аҿар рышәҟәқәа еиқәиршәон, аҭыжьра иазыҟаиҵон.

Иван Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит

Кәымф Ломиа сара санихьӡа иаркы-ирцә ҳәа дыҟан. Уи Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс усҟан иҟаз еицырдыруа аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Иван Константин-иԥа Ҭарба дарӷьажәҩан дивагылан, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ имҩаԥысуаз аусқәа зегьы реиқәыршәараҿы, разрыхиараҿы иара инапы зԥимшьуаз, дызхьымӡоз акгьы ыҟаӡамызт.

Сара раԥхьаӡа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ саб снапы санкны симан саннеи, ашәхымс уанынхыҵлак иԥырԥыруа иуԥылоз амаӡаныҟәгаҩ ԥҳәызба ԥшӡа исалҳәеит аиҳабы иҿы Кәымф Шьрын-иԥа дыштәоу, уаҵәы имҩаԥысраны иҟоу еиԥылара дук рыҽшазыҟарҵо, шьҭа рцәажәарагьы ахыркәшарахь ишнеиуа, ҳаргьы ҳидикылартә ишыҟалҵо. Уи ҳара, саби сареи, даара ҳаигәырӷьеит, избанзар знык убра ҳгәы рҭынчны ҳаздәылҵыр, саб иҳәалон еиԥш, ҳзыргәырӷьаша ак ҳарҳәар, нас иҵегь ақалақь аҿы иҳамаз аусқәа ҳрыхьӡон, цәыкьагьы аҩныҟа ҳҩеиуан.

Амаӡаныҟәгаҩ ҭелла иахьылҳәоз саҳаит Кәымф Шьрын-иԥа Ломиа иахьа аусқәа рацәаны ишимоу, аха урҭ дшаархашәалалак, сасцәақәак Гагрантәи идикылараны дшыҟоу. Са сахьтәаз аҟаԥыҳәа иаасгәалашәеит уажә ааигәа даара исгәаԥханы исҵаз иажәеинраалақәа руак, абар иара, уи иахьагьы исгәалашәоит:

Сара исҭахуп аҵла адацқәа

Адгьыл иалмыԥсаарц бзанҵы.

Адәаҿы ииларц ашьацқәа,

Ашәҭқәа есымша иҭазарц рыԥсы.

Жәҩанаҿ аеҵәақәа мхәашьырц,

Урҭ збаларц ажәҩан иаҿаҩҩы.

Аԥсыӡ аӡыжь аҿы имхәаҽырц,

Адгьыл аҿы - ауаҩы.

Исгәалашәаз ажәеинраала сгәы аарыӷәӷәеит, издыруада, сара сыӡбахә абауаҳаи ҳәа дсазҵааргьы, исҳәо сыман, амала сыԥхамшьар! Сара ус зны-зынла исыхьлон, аха уи шәымҭак акәын, нас иаразнак исгәалашәон!

© Foto / Из архива Кумфа ЛомиаАԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиеи Кәымф Ломиеи
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиеи Кәымф Ломиеи

Саб ашәҟәыҩҩцәа зегьы шамаха дрышьцылан, избанзар Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Џьонуеи, Ҷыҷыкәа Џьонуеи ҳареи қыҭак ҳазлатәыз ала, рыҩнқәа рҿы акырынтә днеихьан, уаҟа урҭ ирҿахырсҭан, убри азы ирлас-ырласны дрықәшәалон, насгьы иаргьы данқәыԥшӡаз ажәеинраалақәа иҩуазаарын, аха нас, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь данца, ишьҭеиҵеит уи аус.

Уи зегьы уажәы исгәалазыршәаз, Кәымф Ломиа уи аҽны даара ибзиан ҳидикылеит саби сареи, нас ҳнаганы Иван Ҭарба ҳаиирдырит, уи даара зҿлымҳарыла даҳзыӡыҩрит, амҩа шсыҭатәыз, сҩымҭақәа акьыԥхь ишазырхиатәыз рнапы ианиҵеит иусзуҩцәа! Уи сара сзы мҵәыжәҩан, саби сареи аҽнынтәарак ажәҩанахь ҳзымԥырит акәымзар, уаҳа акгьы ҳагымхеит!

© Foto / из архива семьи АджинджалКәымф Ломиа, Нелли Ҭарԥҳа, Баграт Шьынқәба, Гьаргь Гәыблиа, Шьалодиа Аџьынџьал, Иван Ҭарба, Шьалуа Ҵәыџьба
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Кәымф Ломиа, Нелли Ҭарԥҳа, Баграт Шьынқәба, Гьаргь Гәыблиа, Шьалодиа Аџьынџьал, Иван Ҭарба, Шьалуа Ҵәыџьба

Ажәакала, сара сзы акраанагеит апоет Кәымф Ломиа дшысԥылаз, сышидикылаз, уимоу, иҳалалӡа иҟаз иччаԥшьҵәҟьагьы абыржәыгь исгәалашәоит. Уи нахыс, апоет ирҿиара еиҳагьы сазҿлымҳахеит, игәныскылеит, иара еиҿикаауаз, иара дызлахәыз аиԥыларақәа зегьы шамаха сҩызцәеи сареи ҳаҽрылаҳархәуан. Иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит уи хрыжь-хрыжь, ажәак изыӡыҩрцәа рҟынӡа имнеир ҳәа дшәаны дзыԥхьоз иан илызкыз иажәеинраалақәа руак:

Бара быԥсы ҭанаҵы,

Сара исыхьӡын "ахәыҷы".

Агәашә санҭыҵуаз шьыжьы,

Ибҳәон: "Убзиаз, нан, схәыҷы".

Хәылбыҽха ашҭаҿ игар сыбжьы,

Бгәырӷьон: "Заа дхынҳәит схәыҷы".

Бҵаауан, снатәар сеиқәышьшьы:

"Угәы акралоума, нан, схәыҷы?"

Сҩыза дсыцны санааи аҩны,

Бгәырӷьеит: "Инасыԥ збеит схәыҷы!"

Сара дансоу ахылҵ хәыҷы,

Агарашәа бҳәон: "Схәыҷы ихәыҷы!"

Бара быԥсы ҭанаҵы,

Сара исыхьӡын "ахәыҷы".

Ба бцеит, зегь сызныжь сара,

Быуаҩра, быразра, бгәыбылра.

Заҵәык сан, исцәыбгеит сара,

Сара схәыҷра, сара схәыҷра…

Уажәы иаҳгәалаҳаршәап апоет ихәыҷра шықәсқәа, ибиографиа, аҵара ахьиҵоз, аус ахьиуаз, ишәҟәқәа рыхьӡ.

Ломиа Кәымф Шьрын-иԥа диит жәабран 14, 1928 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҵара иҵон Очамчыратәи аԥсуа школ аҟны. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум далгеит 1946 шықәсазы, нас – А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт 1950 шықәсазы. Аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс. 1955-1957 шықәсқәа рзы ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1957 шықәсазы ажурнал ҿыц "Амцабз" аредактор хадас дарҭеит, аха хара имгакәа дыиаргеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аусбарҭа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс, араҟа аусгьы иуит 1984 шықәсанӡа. 1986-1993 ашықәсқәа раан Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз архивтә усбарҭа аиҳабыс аус иуан.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Кәымф Ломиа
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Кәымф Ломиа

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз. 1937 шықәса инаркны агазеҭ "Акоммунизм ахь" (уаанӡа – "Абольшевик мҩа" захьӡыз) ианиҵон иажәеинраалақәа. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан аԥсуеи, аурыси, ақырҭуеи газеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Правда", "Советская культура", "Литературноя газета", "Литературная Россия", "Собҷоҭа Аԥхазеҭи", ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Москва", "Юность", "Смена", "Огонек", "Наш современник", "Нева", "Звезда" уҳәа егьырҭгьы.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Кәымф Ломиа ишәҟәы
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Кәымф Ломиа ишәҟәы

Кәымф Ломиа 25 инареиҳаны ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа дравторуп, урҭ ҭыҵуан аԥсышәала еиԥш, аурысшәахь еиҭагангьы (А.Кронгауз, Е.Елисеев, И.Полухин уҳәа реиҭагамҭақәа). Иажәеинраалақәа еиҭаргахьан иара убас аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Кәымф Шьрын-иԥа цәгьала иԥшӡаны ажәеинраалақәа дрыԥхьон. Насгьы, уи иажәеинраалақәа даара иаԥсыуа жәеинраалақәан, ижәлар рҟазшьақәеи, рқьабзқәеи, ртрадициақәеи бзиаӡаны ирныԥшуан, избанзар иара дхәыҷны данҩыҵшәа инаркны ижәлар дрылагылан, рхьааи, ргәырҩеи, рхаҵареи, ргәымшәареи ирылихуан ирҿиамҭақәа зегьы.

Апоет иажәеинраалақәа иреиӷьӡақәоу рахь иушьартә иҟоуп аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан ақырҭқәа Аҟәа ианалала, Д. Гәлиа ибаҟа иаразнак аихсра иахьалагаз иазку ажәеинраала:

Ақырҭуа ир Аҟәа ианалала,

Раԥхьаӡа изеихсыз - Дырмит ибаҟа!

Аха апоет игәа ахы аналамла,

Иусқәа шҽеимхоз идырит аӷа…

Апоет дхәуп, аха даагылазар,

Дзышьцылахьаз ами - иԥызҵәахьаз игәахы.

Омашәа ибатәӡам Дырмит иааникылазар,

Аӷа иҭирҟьаз раԥхьатәи ахы.

Уи дымцеит иқалақь гәакьа далҵны,

Аӷа дшәаӡыӡоит дынҭаԥшыр илакҭа.

Сгәы иабоит дгылоушәа игәы иалсны,

Имшираз ҳахьзымнеизаз иҩнаҭа.

Иқалақь агәҭан дышгылоугьы ихала,

Аҟәа ахы ишақәиҭхо агәра игоит.

Ҵабыргуп, аӷа ихҭыԥқәа инпыҟҟалоуп,

Аха деицакуам - дыш-Дырмиту даанхоит!

Абраҟа иазгәаҭазарц ахәҭоуп апоет Кәымф Ломиа иҷкәын Алиоша Ломиа ҳаибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа дшалагылаз, хаҵарыла аӷа диҿагыланы дшеибашьуаз, акырынтә ашәарҭара ӷәӷәақәа дышрықәшәаз, аха деибга-деизҩыда дшалҵыз, егьырҭ иӡӷабцәа зегьы анасыԥ бзиақәа шроуз, аҭаацәа хазынақәа шаԥырҵаз, рыхшара зегьы ҳгәы рыладухартә ишырааӡаз.

© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа Кәымф Ломиеи Нелли Ҭарԥҳаи
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Кәымф Ломиеи Нелли Ҭарԥҳаи

Апоет Кәымф Ломиа иԥсҭазаара зегьы алитература амаҵ аура иазикит, лацәааихьшь ҟамҵакәа уахгьы-ҽынгьы уи аус даҿын. Уи инапы зыԥшьымыз литературатә еиԥыларак, иубилеик, ҭыжьымҭак шамахак иҟаӡамызт. Уаҩы игәы шьҭнахуеит, иара иҭаацәара, еиҳараӡакгьы ихатә ҩыза, Аԥсны жәлар рпоет Нели Ҭарԥҳаи иареи, ахшара бзиааӡақәагьы ахьеицрааӡаз. Абра иаазгар сҭахуп, Нели Ҭарԥҳа иара изылкыз, даара гәыкала иҩу ажәеинраала:

Уара сара усцәымшәан ахаан…

Уара сара усцәымшәан ахаан,

Сара сҟынтә иумамыз агәалеи ахьааи.

Сара уара иуцәымӷу,

Аҵәымӷ еиԥш иҵәымӷу,

Уа угәы уазырго,

Ахьымӡӷ узырго,

Акы узыҟасҵом, иузызуам ахаан!

Уи уара иумамыз игәалан, ма ихьаан!

Уара сара усцәымшәан ахаан!

Уара сара сумамыз сгәалан, ма схьаан!

Сара агәырӷьареи,

Агәазҳара-агәахәареи,

Уаҩ изҭамлац агәи,

Уаҩ имоуц аразҟи,

Уара заҵәык иусҭарц азыҳәан мацараз,

Сизшәа збоит сара ианшаз, ма ианлашьцараз!

Уара сара усцәымшәан ахаан,

Сара сҟынтә иумамыз агәалеи ахьааи.

Мышкы сизар,

Мышкы сыԥсуазар,

Урҭ аҩмшык ирыбжьаӡо,

Урҭ аҩмшынк ирҭаӡо,

Сара сыԥсҭазаара уара иугсыжьуам ахаан,

Уара уԥсҭазаара сара исыгмыз ахаан!

Апоет Кәымф Шьрын-иԥа Ломиа ирҿиара даара ибеиоуп, даара иҵаулоуп, уи еибаха-еибафо инеиуа ӡиас дук иаҩызоуп ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы… Аус злоу, иахьа игылоу аҿар рахь шаҟа иҳазнаго, шаҟа иреилҳаркаауа, шаҟа дара ишыртәу рдырыртә, иалаҽхәартә, ргәы аладуны иахцәажәартә иаҳзыҟаҵо, убриаҟара анарха аиуеит зда ҳамам ҳбызшәагьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0