"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы

© Foto / из архива семьи ДбарСергеи Дбар
Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диижьҭеи 75 шықәса ҵуеит. Аԥсны Аиааира азаагаразы уи илагала дазааҭгылоит иҩыза, Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба.

Sputnik

Сергеи Дбар аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵара далацәажәо, Аԥсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ус иҳәахьан: "Сергеи Платон-иԥа Дбар иҟаиҵаз аԥсуа жәлар зегьы ирдыруеит. Сара сызлахәаԥшуа ала, ҳиааира аагараҿы иара илагала дуӡӡоуп. Исхамышҭуа схаҿы иаанхеит Сергеи Платон-иԥа иажәақәа, аиааира анаҳга ииҳәаз — "Уажәшьҭа ҳгәы рҭынчны ҳаԥсыр ҟалоит, избанзар, ҳуалԥшьа наҳагӡеит" ҳәа".

Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2019
Аибашьра адаҟьақәа: Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых

Аԥхьагылаҩ имҩа

Лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан диит заб игәараҭа еснагь иҭҭәааз, зхәыҷра ашықәсқәа ақыҭаҿы изхызгаз, еснагь аччареи ахәмарреи згымыз, зшьапы зыжәлар рԥеиԥш азы иеихызгаз, зцәажәара, зхәыцра, змилаҭ рҭоурых иузаҟәымҭхо иадызҳәалоз, Аԥсны ашәарҭа ианҭагылоз зыбжьы аӷьеҩҳәа изыргоз, ҳарбџьармчқәа ҵәатәы шьаҟаны ирыҵагылаз аибашьҩы-аинрал, Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Платон-иԥа Дбар.

Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ далгеит, уи ашьҭахь Бақәатәи иреиҳаӡоу азеиԥш арратә ҵараиурҭа хиркәшеит, авзводи, аротеи, абаталиони ркомандирс дыҟан, Фрунзе ихьӡ зху Арратә академиа азыӡырҩыс дыҟан, Аеҵәа ҟаԥшь аорденқәа дыркавалерын, Германиеи, Венгриеи, Ефиопиеи реиҳабыратә ҳамҭақәа ианаршьахьан, Аԥсны аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала, 1990 шықәсазы Сергеи Дбар арратә комиссарс дҟаҵан. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ианалага инаркны уи Аҟәа ахьчара напхгара аиҭон.

Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2018
Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара

"Сергеи Дбар аибашьра алагаанӡа хаҭала дсыздыруамызт, аха иӡбахәи имаз арратә ԥышәеи ртәы саҳахьан. Август 26 рыҽны Гагра ахырхарҭаҟны имҩаԥаагаз, илҵшәадаз ажәылара ашьҭахь ҳаибадырит. Ҳгәыԥ ахьыҟаз аҭыԥ ахь Сергеи Дбар шьыбжьоншьҭахь дааит, убра ҳаиқәшәеит, ҳаибадырит, уи инаркны аибашьра зегьы ҳаицын", — ҳәа игәалаиршәоит Сергеи Дбари иареи реибадырра шыҟалаз Гарри Саманба.

Афронт Гәымсҭа аӡиас ахь ианиас ашьҭахь, Сергеи Дбар Бзыԥтәи ахырӷәӷәарҭатә ҳәаа аштаб еиҳабыс дарҭеит, Гагра ахақәиҭтәра напхгара азиуан, уи қәҿиарала ианхыркәшаха, Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс далхын.

"17-тәи", мамзаргьы "Аду"

1993 шықәса лаҵарамза инаркны Аԥсны арбџьармчқәа рыштаб хадас Сергеи Дбар дҟаҵан, иара Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра аплан аус адызулаз дыруаӡәкын.

"Даара иаҳирбаз, иаҳирҵаз рацәоуп, аибашьра абаҳбахьаз, иара арратә напхгара азыҳәан дыррала деиқәшәан, акәамаҵамарақәа идыруан, шәаԥхьаҟа ишәыхәоит ҳәа ҳаҳәаны, иҳабжьеигоз рацәан. Иџьабаала, ибзоурала ҳаԥсы аанхазшәа сгәы ыҟоуп иахьагьы. Иаҳирҵоз убас аҟазшьа аиҭон, иара днавсны, ҳхаҿы инеирц азы алаф ааҳәашәа иҳазнеигон. Даара игәра ҳгон, аиаша азыҳәан, абык иеиԥш игәра ҳгон, ииҳәозгьы ҳахыԥомызт", - ҳәа ациҵеит Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба.

Аибашьраан "17-тәи", мамзаргьы "Аду" ҳәа ахьӡ ҷыдақәа иман Сергеи Дбар, иара дахьыҟазаалак аибашьцәа дырԥшаауан, агәра ргозаргьы иара имазҵааӡакәа шьаҿак ҟарҵомызт.

"Абри ауаҩы сара игәы каҳаны дсымбаӡацызт, избан акәзар иара игәы каҳазҭгьы, ивагылазгьы ҳгәы каҳауан. Иара амҩа иаша ҳақәиҵон, адҵа ҳаҭаны уа аштаб аҟны дтәо акәымкәа, доусы ҳахьыҟоу днеины, дынҳавагыланы, илаԥш ҳхын, имацарагьы аԥшыхәра данцозгьы ыҟан", - ҳәа азгәеиҭеит Саманба.

© Foto / из архива семьи ДбарСергей Дбар
1/4
Сергей Дбар
© Foto / из архива семьи Дбар Сергей Дбар
Сергей Дбар - Sputnik Аҧсны
2/4
Сергей Дбар
© Foto / из архива семьи ДбарСергей Дбар
Сергей Дбар - Sputnik Аҧсны
3/4
Сергей Дбар
© Foto / из архива семьи ДбарСергей Дбар
4/4
Сергей Дбар
1/4
Сергей Дбар
2/4
Сергей Дбар
3/4
Сергей Дбар
4/4
Сергей Дбар

Шрома аҭарцәраан ԥшыхәра ицаз Сергеи Дбар аӷацәа рыгәҭаҵәҟьа далашәеит, дыҭҟәаны дыргарц маҷк ауп игхаз. Аԥсуа еибашьцәа Анцәа иҳәон Сергеи Дбар деибганы дхынҳҳәырц. 

"Шрома анаҳгоз аан аҳаркыра зегьы ҳзымгаӡеит, уа ҳаангылеит, иара аҵх лашьца иалагӡаны ԥшыхәра дцеит, даауеит ҳәагьы ҳаԥшымызт, избанзар аӷацәа рыгәҭанӡа днеит. "Сзымнеиргьы иҟоу, иҟоу абри ауп", - ҳәа аинформациа ҳаиҭеит. Анцәа имчала, иара деибга дгьежьит. Уи ашьҭахь иаҳҳәалон данцозгьы ҳамбеит, данаауазгьы ҳамбеит ҳәа. Аиааира агаразы Аҟәа ахақәиҭтәра ҳҽаназыҟаҳҵоз, есҽны ҳаибабон, ҳгәы ҟаҵаны амҩа ҳақәиҵон, аибашьра еибашьроуп, аӡәгьы дҭахароуп, аӡәгьы дыԥсыроуп ҳәа иҳәалон", — абасала ари ахҭыс игәалаиршәоит Гарри Саманба.

Шромаҟа амҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2019
Рудольф Алшәындба Шроматәи аоперациазы: адгьыл аарҳәны иҵадыргылеит

Абри ашьҭахь аибашьцәа даҽазныкгьы агәра ргеит Сергеи Дбар имаз агәаӷьреи адырреи Аиааира аҟынӡа ишнанагоз.

Аибашьреи ифырхаҵареи ртәы мҳәакәа дҳаԥхеит…

Сергеи Дбар зажәа ҿацаӡа иҟаз, агәаӷьра злаз, хара ихәыцуаз ԥхьагылаҩны ҳаибашьцәа дырзыҟан. Аибашьра ашықәсқәеи уи ашьҭахьи иоуз агәыфареи агәамҵреи ирыхҟьаны игәабзиара уашәшәырахеит.

"Иара ианакәызаалак аибашьра далацәажәомыз, аҽхәара захьӡу уи иааигәара иҟамыз акакәын. Аиааира амш аныҟоу, қәгыларак аныҟоу џьара акы имҳәозар, абжьааԥны уи далацәажәаӡомызт. Иҟасҵаз ҳәагьы дыҽхәомызт. Акызаҵәык ииҳәоз, аибашьра цон, аха уаҟатәи аԥсҭазаара аҵәыуареи, алаӷырӡи, агәырҩеи шыҟоу еиԥш, алафгьы ацын, лафшақә иигәалашәақәоз акы имҳәозар, аибашьра зынӡагьы далацәажәомызт", — иҳәеит Саманба.

Сергеи Дбар аибашьцәа ргәалашәараҿы даанхеит, аԥсыуа хаҵа наганы, зыжәлари, зҩызцәеи бзиа избоз, аибашьраҿы дмыцәа-дымтәа, аҩныҟа дымца аиааира аагара иазықәԥоз фырхаҵаны.

Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

"Гәыкала зыԥсадгьыл зҭахыз абри иеиԥш ауаҩы иԥшаара уадаҩуп. Санхәыцлак, сгәы иабоит иара Анцәа даҳзааишьҭызшәа, избанзар илшаз зылшаз маҷуп. Иара аԥсҭазаараҿы егьа ицәыуадаҩзаргьы, зныкгьы иҿы ҭыганы акгьы иҳәомыз. Убасҟак дҳаракын, аӡәы усыцхраа ҳәа сышԥаидгыло иҳәон. Ихы шьҭыхны зегь реиҳа сара иҟасҵеит ҳәа иҳәаны ахааназ исмаҳацызт. Сергеи иаҳзаанижьыз агәыбылра еиԥымкрада иаагоит. Даҳзымыхьчеит Сергеи, иҟамзаара ҳныԥшуеит. Иеибашьратә мҩеи ифырхаҵареи аҭоурых иазынижьит", — иҳәеит аибашьраан Сергеи Дбар ивагылаз Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба.

Рашәарамза 27 рыҽны, 2002 шықәсазы Сергеи Дбар 57 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Иҟаиҵарц ииҭахыз рацәаӡан, урҭ зегьы бжамҽамны иаанхеит. Зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы аҳәара иаԥсахаз, зымчи зылшеи зыжәлар ирызҭоз, зхаҿсахьа наунагӡа зыԥсадгьыл иазынзыжьыз Сергеи Дбар игәалашәара аҳаҭыраз аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руаки Гәдоуҭатәи иҭахаз аибашьцәа рмузеии ихьӡ рыхҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0