"Спутник V"-и сареи ҳшааибыз, мамзаргьы алаҵаҟаҵаразы згәаҭарақәак

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19
Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа дшазыԥшыз, агәыр ашьҭахь лхы шылбо, насгьы алаҵаҟаҵара апроцесс еиҳа еиӷьны имҩаԥысырц азы иҟаҵатәу ҳәа илбо азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Изеицәааӡарызеи, акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа Аԥсныҟа ианаарго ҳәа сыԥшын. COVID-19 цәырҵижьҭеи иахьынӡасылшоз сҽацәысыхьчон, аха зегь акоуп гәынхәҵысҭала еилыскаауан ачымазара саргьы сҭаацәагьы ирыласыр шалшоз. Ари аҿкычымазара иахҟьаны маҷ алыԥсаа ҳаума, иара убас ӷәӷәала ачымазара зшьара иқәнарҟьаз рацәаҩгәышьоуп. COVID-19 рыхьит исзааигәааз ауаа, урҭ рахьтә иҟоуп ауадаҩрақәа зызцәырнагаз.

Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны

Астатистика ҳазааҭгылозар, ачымазара зыхьыз 15 нызқьҩык рҟынӡа ыҟоуп, рыԥсҭазаара иалҵит 230-ҩык инареиҳаны. Апандемиа иснарҵаз атәы сҳәозар, инамыцхәны анапыӡәӡәара, ауаа рацәа ахьыҟоу амнеира, ацәгьа-абзиа агыжьра уҳәа, ажәакала, ҳаԥсҭазаара иаланагалаз рацәоуп, асабрада аныҟәгара аԥхьа инаргыланы.

Аҭагылазаашьа абас ишыҟоугьы, ари ачымазара акашәа изымбо, агәра зымго ауаа шыҟоу уажәгьы иубарҭоуп аԥсуаа ахьеизо унрылаԥшыр, еиҳаракгьы ақыҭақәа рҿы ацәгьеи абзиеи рымҩаԥгашьа уацклаԥшыр, ақалақь аҿгьы иахьубарҭоу рацәоуп...

Ажәакала, сыԥшәмагьы саргьы даара иаҳҭахын алаҵа ҳалаҳҵарц. Сыҷкәын аиҳабы иакәзар, уи дахыццакуам. Алаҵа атәы анысҳәа, иазгәасҭоит хышықәса раахыс агрипп чымазараҟынтәи алаҵа шыҟасҵоз. Иахьагьы убри акәу џьысшьоит COVID-19 сааигәа иаазмышьҭыз.

Уажәшьҭа алаҵаҟаҵара иадҳәалоу ахҭысқәа.

Раԥхьатәи алаҵа ҟасҵеит лаҵара 18 рзы. Заа аполиклиникаҿы сцаны асиа сҽанысҵеит. Ианаамҭаз асааҭ 9 рзы Аҟәатәи актәи аполиклиникаҿы сыҟан. Инеиԥынкыланы ҩ-сааҭк аамҭа агеит. Раԥхьа иҟазҵо рзы аиқәыԥхьаӡара ҟарҵоит иаази имаази еилдыргарц, нас атерапевт духәаԥшны ушьақәыӷәӷәара зеиԥшроу уҳәа угәабзиара иадҳәалоу азгәаҭақәа ҟалҵоит, ақьаад халырҭәаауеит. Анаҩс, авакцина аагара ицоит аҳақьымцәа. Уи ашьҭахь агәаран иқәгыланы аӡәаӡәала ари апроцедура иахысуеит.

"Спутник V"-и сареи ҳшааибыз, мамзаргьы алаҵаҟаҵаразы згәаҭарақәак

Актәи аполиклиникаҿы алаҵаҟаҵара адагьы абжьааԥнытәи ачымазцәа рымоуп, убри аҟынтә, иубоит ари аус ишеиланархо амедусзуҩцәа. Аполиклиника ахыбра шыҟоу атәы ҳҳәозар, ауадабжьарақәа акыр иҭшәоуп, хазы иалкаау, иманшәалоу уадак ыҟам, убри аҟынтә, аҭымыҭшәарра апациентцәа ирзыманшәаламызт. Актәи амш азы асааҭ 12 рзы схы сақәиҭхеит, алаҵа сгәабзиара уадаҩра дук анамҭеит, маҷк схы сыхьуан, насгьы агәыр ахьаларҵаз сныруан. Иацы рашәара 8 рзы иҟасҵеит аҩбатәи алаҵа. Аамҭа шаҟа сцәагаз атәы сҳәозар – сааҭк ауп. Агәаран рацәамызт, ииашоуп, алаҵа шулаҵоу азы иурҭо ақьаад ахарҭәаара, уи аҳақьым хада лҿы амҳәыр аархара маҷк аамҭа агоит. Ус акәзаргьы, иубоит аполиклиникаҿы еиҳа аиҿкааратә усқәа маншәаланы ишыҟоу, уи иацхраауеит алаҵаҟаҵарҭа ақалақь егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы иахьаадыртыз. Аҩбатәи алаҵа аныҟасҵа ашьҭахьгьы, макьаназы сгәы бзиоуп.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2020
Ауаҩага ихьымӡӷ дууп, мамзаргьы "агәыргьынчмазареи" аԥсуа ҵасқәеи

Исҳәарц сылшоит алаҵеи сареи даара иааибуа ҳауп ҳәа. Иахьа Аԥсны алаҵа ҟазҵахьоу 2000-ҩык инарыцны иҟоуп. Иааргаз ахыԥхьаӡара ф-нызқьи бжаки ыҟазар, излазҵахьоу зынӡагьы ирацәаҩӡоуп узҳәом.

Сгәы ишаанаго ала, икәанызануа ауаа рзы алаҵаҟаҵара иҵегьы ирманшәалазар бзиоуп. Ақалақь аҿы инхо аполиклиника рзааигәазар, араионқәеи ақыҭақәеи рынхаҩцәа зынӡагьы ирзыманшәаламзар ауеит алаҵаҟаҵаратә усқәа рыҽрылагалара. Алаҵа ҟарҵеит ақыҭаҿы инхо сыуацәа. Уи азы дара заа рҽанырҵан, нас амашьына аанкыланы араионтә центр ахь ицеит. Иахьа автобусқәа усҟак излабжьам ала, анхаҩы изымариахарым ақыҭаҟынтә ақалақь ахь ацара, еиҳаракгьы абыргцәа. Убри аҟынтә, алаҵа аҟаҵраа зҭаху, аха абарҭ хыхь еиқәыԥхьаӡоу аусмҩаԥгатәқәа ирыхҟьаны сҽазызымкуа рзы алаҵа "рыԥгалатәуп". Уи иаанго, иаԥҵатәуп еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа. Макьанагьы ауаажәларра иахьынӡаҵаулоу рзеилкаауам, ма еилыркаарцгьы рҭахым COVID-19 захьӡу ачымазара заҟа игьангьашу, уи адагьы, аԥсуа ҳақьымцәа аџьамыӷәа цәгьа шырхырго аковид-центрқәа рҿы.

Даараӡа аԥырхага ҟарҵо џьысшьоит, асоциалтә ҳақәа рҿы COVID-19 иадҳәалоу алаҵа ауаҩы дашьыр алшоит уҳәа, еиуеиԥшым аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо. Иҟалап иҵегьы ауаажәларра рхаҿы анагаразы атәы здыруа аспециалистцәа абри аус телехәаԥшралеи егьырҭ аинформациатә хархәагақәеи рҿы иқәыгылар ахәҭазар. Уажәы аԥкрақәа рӷьырак амхуп, атуристтә сезон ашәхымс ҳалагылоуп, насгьы, ақьафурҭақәа рҿы ҽаҩраҭагалан ачароурақәа изларысакьаҳәымҭоу ҳазхәыцны иаҳҳәозар, алаҵа ҟаҳымҵар, иалшоит ачымазара дырҩегьых амҽхак арҭбаар.

Аӡы иаго ҳәҳәабжь иаҳаӡом шырҳәо еиԥш, ачымазара ҳархны иҳалсаанӡа, сгәанала, алаҵа ҟаҳҵар еиӷьзар ҟалап. Алаҵа ҟасҵеит, аха уи иаанагаӡом асабрада аныҟәгара зынӡа саҟәыҵуеит ҳәа.

Акы заҵәык, аҩбатәи алаҵа ашьҭахь апсихологиатә ҭынчра сзыхынҳәит. Даара саргәамҵуан ачымазара азхәыцра, исыхьума, исмыхьуама ҳәа астресстә ҭагылазаашьа сыман сҳәарц сылшоит.

Алаҵаҟаҵарала ачымазара аҽацәыхьчара аҭахны исыԥхьаӡоит. Иаҳҳәап, аҵыхәтәаны акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҟынтә иҳауа аинформациа иаҳәоит: "Игәаҭоу 234-ҩык рҟынтә, 42-ҩык инареиҳаны акоронавирус рцәа иалоуп". Уи иаанагоит ари аҿкы ахьаҵра агәы ишҭам. Агәабзиара шәоуааит зегьы!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0