Ҩажәеижәаба ԥсаҵла инареиҳаны Аҟәа аԥшаҳәаҿы еиҭаҳан

© Sputnik / Тхайцук ТомасАҟәа аԥша ҳәа ариаҵәаразы акциа мҩаԥган Аразра амш азы
Аҟәа аԥша ҳәа ариаҵәаразы акциа мҩаԥган Аразра амш азы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи Аразра амш аҽны Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аԥсаҵлақәа еиҭаҳан.

АҞӘА, абҵ 13 – Sputnik. Ҩажәеижәаба инареиҳаны ԥсаҵла еиҭаҳан Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы, Аразра амш аҽны. Араҟа ааигәа иҟаз аԥша ӷәӷәа аҵлақәа ааха рнаҭеит.

Аҟәа аԥшаҳәа ариаҵәара акциа ихы алаирхәит ақалақь аиҳабы иусқәа назыгӡо Адгур Ҳаразиа.

© Sputnik / Тхайцук ТомасАДГУР ҲАРАЗИА АҚАЛАҚЬ АРИАҴӘАРА АКЦИАҾЫ.
Акция по озеленению набережной Сухума, глава Администрации города Сухум Адгур Харазия - Sputnik Аҧсны
АДГУР ҲАРАЗИА АҚАЛАҚЬ АРИАҴӘАРА АКЦИАҾЫ.

"Ари акциа акыр хәарҭара злоу аԥшьгароуп. Аиҳарак угәы иахәартә иҟоуп ашколхәыҷқәа ари аусмҩаԥгатә иахьалахәу. Сыхәҭаахь ала исҳәар сылшоит, Аҟәа Ахадара еснагь адгылара шаанарԥшло ас еиԥш иҟоу апроектқәа", — иҳәеит Адгур Ҳаразиа.

Ари аԥшьгара азҿлымҳара аарԥшны рхы аладырхәит ауаажәлар, ашколхәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0