Европа агәҭынчымра амоуп Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра ҿыц азы

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕвропа агәҭынчымра амоуп Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра ҿыц азы
Европа агәҭынчымра амоуп Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра ҿыц азы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европа адипломатиа ахада агәҭынчымра лымоуп Урыстәылеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо аиқәшаҳаҭра ҿыц азы.

АҞӘА, абҵ  19 — Sputnik. Европа атәылақәа реидгыла агәҭынчымра рымоуп Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа рзы. Урҭ ргәаанагарала, адокумент ҿыц алшара ҟанаҵом арегион аҿы аҭыԥ змоу ауадаҩрақәа раԥыхразы, зегь раԥхьа иргыланы ашәарҭадара азҵаарақәа, абри атәы лҳәеит Европа адипломатиа ахада Федерика Могериани.

Аԥсны апарламент ахь инашьҭын Урыстәыла иазнархиаз Аиқәшаҳаҭра ҿыц авариант. Уи ахәбатәи ахәҭаҷ излаҳәо ала, Урыстәылеи Аԥсни еилоу рырхәҭақәа ргәыԥ еиҿкаахоит адәныҟатәи аӷа иҿагыларазы, насгьы Аԥсны аҳәаақәа реицыхьчаразы.

"Ҳара агәҭынчымра ҳазцәырнагоит Урыстәылеи Аԥсны ахадареи злацәажәо аиқәшаҳаҭра ҿыц. Уи Қырҭтәыла акзаара иаҿагыло документуп, насгьы ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара иаԥырхагоуп", — лҳәеит Могериани.

Могериани иазгәалҭеит иара убас Европа атәылақәа реидгыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра шазхарымҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0