Урыстәылеи Аԥсни апаромтә еимадара рыбжьалар ауеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылеи Аԥсни апоромтә еимадара рыбжьалар ауеит
Урыстәылеи Аԥсни апоромтә еимадара рыбжьалар ауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҳәаахьчацәа ажәалагала ҟарҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара апаромтә еимадара аиҭашьақәыргыларазы.

АҞӘА, абҵ 19 — Sputnik.  Аҳәаа ахыҵра арманшәаларазы Урыстәыла аҳәаахьчацәа ажәалагала ҟарҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара апаромтә еимадара аиҭашьақәыргыларазы, абри атәы аанацҳауеит Краснодар агубернатор Александр Ткачиов ипресс-маҵзура.

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара апаромтә еимадара аиҭашьақәыргылара аӡҵаара шьҭыхын Александр Ткачиови, Краснодар атәылаҿацә аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Иури Звирыки реиԥылараан.

Звирык иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс азы Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа ихыҵит аа-миллионҩык ауааи, 1,5 миллион машьынеи.

Аҳәаа ахысра иацу ауадаҩрақәа раԥыхреи, иахысуа ауаа рхыԥхьаӡара аиҳатәреи рзы, Звирык Краснодар агубернотар иахь аҳәара ҟеиҵеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара апаромтә еимадара абжьаҵаразы.  Апаромтә еимадара Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьан аолимпиада анцоз аамҭазы.

Насгьы, Звирык Ткачев дазхьаирԥшит ақыҭа Аибӷа иамоу ауадаҩрақәа.

"Уаҟа инхо ауаа Адлер иҭаҩуп, аха Аԥсни Урыстәылеи макьана ишьақәдмыргылацт ақыҭа ахәҭақәа рҟны аҳәаа ахьыбжьысуа. Уи иахҟьаны абракониерцәа шәышықәса зхыҵуа аҵлақәа ԥырҟоит", — рҳәеит Ткачиов ипресс-маҵзураҿы.

Аиԥылараҿы иазгәаҭан иара убас Аибӷа ауадаҩрақәа ишыруаку амҩақәа рҭагылазаашьа цәгьеи афымцалашара аиԥҟьареи. Ткачиов иҳәеит урҭ азҵаарақәа рыӡбараз адҵақәа шыҟаиҵахьоу.
 
 



Ажәабжьқәа зегьы
0