Ашәарҭадара иазку аусмҩаҧгатәқәа алҵшәақәа рымоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАшәарҭадара иазку аусмҩаҧгатәқәа алҵшәақәа амоуп
Ашәарҭадара иазку аусмҩаҧгатәқәа алҵшәақәа амоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарҭадара арӷәӷәареи, ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаареи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра имҩаҧнаго аусмаҧгатәқәа алҵшәа рымоуп.

АҞӘА, абҵ 20 — Sputnik. Ашәарҭадара арӷәӷәареи, ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаареи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра изаамҭанытәу аусқәа мҩаҧнагоит. Уи иалҵшәаны шьыбжьышьҭахь абас еиҧш иҟоу алҵшәақәа ыҟоуп, 92 машьынарныҟәцаҩ аҧҟарақәа еиларгеит, хҩык амашьынарныҟәцаҩцәа арыжәтә ыжәны иҟан, х-машьынак аргыларҭахь иган. Абри атәы Sputnik иазаанацҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыпресс-маҵзура.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русуаҩцәа. Афото ахҭыс аҭыԥ аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
Аҧсны амчратә усбарҭақәа ареидқәа мҩаҧыргоит

"Имҩаҧаҳго аусқәа хықәкыс ирымоуп ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу, азакәан иацәыбнало ауаа раанкылареи, анаркотикқәа зхы иазырхәои, ирылазырҵәои рахьырхәреи, иара убас, егьырҭ азакәанеилагарақәа рҿагылара", — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Нугзар Ҳагәышь.

Ашәарҭадара арӷәӷәареи, ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаареи, азакәан еилазгахьоу раанкылареи иазку аусмҩаҧгатәқәа хацыркын аҧшьаша ашьыжь.

Ажәабжьқәа зегьы
0