Беслан Быҭәба Очамчыра ақалақь аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

Премьер-министр Беслан Бутба
Премьер-министр Беслан Бутба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиԥылараҿы ирзааҭгылан Аԥсны аекономика ахырхарҭақәа жәпакы рыҿиашьа, иара убасгьы иҳәан ҳазҭало ашықәс ҿыц азы аҳәынҭқарра анапхгара ихадаратәны иалыркаауа ишреиуоу ауааԥсыра рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауа апроектқәа.

АҞӘА, ԥхҷ 11 — Sputnik, Алиас Корсаиа. Аиԥылара аартуа, аԥыза-министр Беслан Быҭәба иҳәеит Аԥсны анапхгара ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи жәохә шықәса рыҩнуҵҟа аҿиаразы апроект аус адулара ишаҿу. Уи еиқәыршәахоит ҳазҭало ашықәс ҭагалан азы. Иара иадыԥхьалоуп Аԥсны араионқәа рнапхгаҩцәагьы, урҭ ражәалагалақәа апроект аҿы ҳасаб рзухоит. Аԥыза-министр иажәақәа рыла Аԥсны аԥсабара беиоуп, урҭ аекономика ашьҭыхраҿы хархәара рзутәуп. Аха убри аан зегь раԥхьа игылоуп иуникалтәу аекологиа ԥырхага амҭара. Иара убасгьы ирылацәажәан абизнес арҿиаразы ҳтәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәагьы. Ҿырԥштәык аҳасабала Беслан Быҭәба иааигеит араҟа зыҟаҵара ауа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, ари азҵаараҿы ихадаратәу аҭыԥ ааннакылоит Очамчыратәи амшынтә баӷәазагьы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа Аԥснытәи абизнес радыԥхьаларазы заанаҵы еиқәыршәоу апроектқәа ырмазеитәуп. Иазааҭгыланы иалацәажәан культурак аҳасаб ала ачаи арҿиара азҵаарагьы. Беслан Быҭәба иҳәеит иаанханы иҟоу аплантациақәа еиқәырханы реиҭашьақәыргылара ишалагатәу. Жәалагалак аҳасабала иара иазгәеиҭеит Мықәтәи ачаитә фабрикаҿы аҟаҵара шауа хырхарҭарацәалатәи аусура ахьеиҿкаахо анаплакы. Иаҳҳәап араҟа ачаи аус адулара анаҩсгьы иҟалар ауеит ашәырхкқәа аус рыдуларагьы.

Беслан Быҭәба иазгәеиҭеит Аԥсны шыманшәалоу абизнес аҿиаразы. Иара далацәажәеит апласмасстә ԥаҭлыкақәа ирҭаҭәаны аӡрыжәтә ҭзыжьуа анаплакқәа иахьатәи рҭагылазаашьа. Аԥаҭлыкақәа злырхуа аалыҵ Урыстәылантәи иааргоит. Убри аан  апластмасс аус адызуло анаплакы Аԥсны иргылазҭгьы, урҭ рус еиҳа иманшәалахон, Урыстәылантәи иаарго аалыҵ иахҭнырҵо аԥарагьы аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа инхон.

"Аграртә хырхарҭа мацарала аекономика ҳзышьҭыхӡом, напы адкылатәуп анаукагьы", — иҳәеит аԥыза-министр. Иара иажәақәа рыла иаԥҵахо анаплакқәа зегьы иаарласны рыхә ҭыргар ауп. Араҟа иазгәаҭатәуп урҭ зегьы шҳәынҭқарратәхахьоу.

Аԥыза-министр Очамчыра араион анапхгара аҿаԥхьа дҵаны иқәиргылеит иааиуа 2015 шықәса алагамҭазы еиқәдыршәарц абжьаратә бизнеси абизнес маҷи рырҿиаразы апроектқәа хәба. "Урҭ араион абиудџьет ашьҭыхра иацхраар ауп", — иҳәеит Беслан Быҭәба.

Очамчыра араион анапхгара ракәзар,  ирыдҵаз апроектқәа иаарласны ишеиқәыршәахо рҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0