Басариа: ашьауӷатә усқәа "Амшынеиқәафымцамч" аусура иаԥырхагам

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБасариа: ашьауӷатә усқәа "Амшынеиқәафымцамч" аусура иаԥырхагам
Басариа:  ашьауӷатә усқәа  Амшынеиқәафымцамч аусура иаԥырхагам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа игәаанагарала, аструктура ԥасатәи адиректор Резо Занҭариеи уи аҳасабеилыргаҩ хадеи рганахьала ихацырку ашьауӷатә усқәа "Амшынеиқәафымцамч" иахьатәи аусура ԥырхага арҭом.

АҞӘА, ԥхҷ 20 – Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" уаанӡатәи адиректор хада Резо Занҭариеи аҳасабеилыргаҩ хада Лиудмила Сысаки рганахьала ихацырку ашьауӷатә усқәа ҳусура иаԥырхагам, иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Аслан Басариа.

"Ҳусура планла ишарбоу имҩаԥысуеит, ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны рыӡбаразы аусқәа мҩаԥаагоит", — иҳәеит Басариа. 

Аха "Амшынеиқәафымцамч" акәша-мыкәша иҟоу ахҭысқәа уи ахыԥша ианыԥшуеит ҳәа дахәаԥшуеит адиректор, уи иахҟьаны афымцамч азы ашәахтә зшәо рхыԥхьаӡара шеиҵахаз азгәаҭауа.

Апрокуратура хада ашьуӷатә ус хацнаркит "Амшынеиқәафымцамч" уаанӡатәи адиректор Резо Занҭариеи иганахьала ашәахтәқәа ахьимшәози иуснагӡатәқәа рынагӡараҿы инапынҵақәа дахьырхыҳҳәози рзы. Иара убас, ашьауӷатә ус хацыркын "Амшынеиқәафымцамч" аҳасабеилыргаҩ хада Лиудмила Сысак лганахь ала ашәахтәқәа ахьылымшәоз азы.

Апрокуратура хада излаанацҳауа ала Резо Занҭариа аҳәынқарра 6 093 704 мааҭ рыла аԥырхага аиҭеит.

Резо Занҭариеи Лиудмила Сыски Аԥсны иҟоуп, аусҭҵаара иалахәуп ҳәа аарыцҳауеит Апрокуратура хадаҿы.  

 

Ажәабжьқәа зегьы
0