Раԥхьатәи Аԥснытәи агуманитартә цхыраара Донецки Лугански рахь ишьҭуп

© Sputnik Томас ТхайцукАгуманитартә цхыраара ашьҭра
Агуманитартә цхыраара ашьҭра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецки Лугански рыуаажәлар рзы Аԥснынтә раԥхьатәи агуманитартә цхыраара шьҭуп.

АҞӘА, ԥхҷ 26 – Sputnik. Аидарамҩангага машьына дуқәа фба рызна агуманитартә цхыраара дәықәырҵеит Аҟәантә Донецктәи Лугансктәи Ареспубликақәа рахь ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Аԥсны жәлар иҟарҵаз ацхыраара Ашықәс ҿыц аламҭалазы иаамҭаны ироуеит", – иҳәеит аминистр.

Аколонна анаскьагаразы дааит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Ҳара ибзианы иаҳдыруеит Донецки Лугански рыжәларқәа уажә ирхырго ауадаҩрақәа зеиԥшроу. Агәыӷра ҳамоуп аиҿагылара иҟоу иаарласны еилгап ҳәа", – азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

© Sputnik Томас ТхайцукОтправка гумпомощи на Донбасс. Рауль Хаджимба, Лев Квициния и Фазлыбей Авидзба.
Отправка гумпомощи на Донбасс. Рауль Хаджимба, Лев Квициния и Фазлыбей Авидзба. - Sputnik Аҧсны
Отправка гумпомощи на Донбасс. Рауль Хаджимба, Лев Квициния и Фазлыбей Авидзба.

Аидарамҩангага амашьынақәа Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иатәуп.

"Ростов ақалақь аҟынтә агуманитартә цхыраара згахьеит, уажәы Аԥснынтә амҩа ҳақәлоит. Ауаа агәаҟра иақәшәаны иҟоуп, ацхыраара рҭахуп – ҳагьрыцхраауеит", – иҳәеит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминист амашьынарныҟәцаҩ-аиқәырхаҩ Николаи Гура.

Агуманитартә цхыраара иацны ицоит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Фазлыбеи Аҩӡба, иара убас аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ». Ансамбль ықәгылоит Донецки Лугански рыуаажәлар рҿаԥхьа.

Донецки Лугански рзы Аԥсны еизгаз агуманитартә цхыраара ашьҭраз ихиоуп

"Ҳара иаҳҭахуп Новороссиа ауааԥсыра ргәы шьҭаҳхырц, Ашықәс ҿыц аныҳәамшха. Урҭ уажә рҭагылазаашьа цәгьоуп, аха ҳара ҳарҿиаратә ҳамҭа хәыҷы маҷк акәзаргьы аныҳәатә гәалаҟазаара рзаԥнаҵап ҳәа ҳгәыӷуеит", – иҳәеит ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба.

Украина алада-мрагыларатәи ахәҭа ауааԥсыра рзы Аԥснынтә иааидкыланы 50 тонн агуманитартә цхыраара шьҭуп, уи аидара абжа – амандарин ауп, егьи абжа – ахәмаргақәеи амаҭәа ԥхақәеи, аӡрыжәтәи роуп. Ацхыраара аидкылара иалахәын Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0