Аԥснытәи аахәацәа еиҳа-еиҳа азҿлымҳара рырҭоит инаплыхыу аҳамҭақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАахәаҩ адәқьан аҿы
Аахәаҩ адәқьан аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аламҭалазы аахәацәа азҿлымҳара рырҭоит еиуеиԥшым анаплыхқәа, еиҳаракгьы ашоколад иалху аҵаа бабадуқәеи, ачарӡ иалху аҩнқәеи.

АҞӘА, ԥхҷ 26 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Ашықәс ҿыц аламҭалазы адәқьанқәа рҟны иҟоуп еиуеиԥшым инаплыху ахаа-мыхаақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы – ашоколад иалхыу аҵаа бабадуқәа, ачарӡ иалхыу аҩнқәеи, ауасақәеи.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз аахәацәа реиҳараҩык иазгәарҭеит, аҳамҭазы ихадоу уи иацу аԥхарра ауп ҳәа.

"Аҳамҭақәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аҟынтә иуадаҩуп ак алхра. Маӡала ишәасҳәоит, сгәакьацәа рзы аҳамҭа алсххьеит. Иалсхыз аҳамҭақәа рыла, урҭ "ишоколадтәу" Ашықәс ҿыц рызԥшуп", – лҳәеит аахәаҩ Милана Шәлымԥҳа.

Ԥхынҷкәын алагамҭа инаркны ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи рзы активла Ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭақәа ирышьҭалоит.

"Аҳамҭақәа рыԥшаара, жәаҳәарада аныҳәатә гәалаҟазаара аԥнаҵоит, убри алагьы Ашықәс ҿыц ахәҭа хадақәа ируакуп", – азгәалҭеит аахәаҩ Иана Чокәуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАшоколад иалху ауаса
Шоколадная овечка - Sputnik Аҧсны
Ашоколад иалху ауаса
Ажәабжьқәа зегьы
0