2015 шықәсазы аԥсуа жәлар реиҳа иззыԥшу ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукАшықәсҿыцазтәи агәалаҟазаара
Ашықәсҿыцазтәи агәалаҟазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иззыԥшузеи Аԥсны атәылауаа ҳазҭало ашықәс ҿыц азы? Sputnik акорреспондентцәа Аҟәа ауааԥсыра иразҵаан, ари азҵаара аҭак еилыркааит.

АҞӘА, ԥхҷ 30 – Sputnik, Анастасиа Никонова, Саид Барганџьиа. Ҳаамҭазтәи акинотеатри аҿар-рылахҿыхратә центрқәеи раартра – ҳсиаҿы ажәабатәи аҭыԥ иаԥсахеит.

Ажәбатәи аҭыԥ — аԥсуа спортсменцәа иҿыцу аиааира дуқәа ргара.

Аҟәа ауааԥсыра азыԥшуп иара убас ҳазҭало ашықәсазы Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳап ҳәа, аурыс мааҭ акаҳареи аҳәаанырцәа аԥсшьара ахарџь иақәырӡтәу ахьеиҳахои инарыдҳәаланы – аабатәи аҭыԥ.

Урыстәылеи Евро-еидгылеи рыбжьара асанкциақәа раԥыхрагьы ҳреитинг аҟны абыжьбатәи аҭыԥ ааннакылоит.

Афбатәи аҭыԥ – Украина иҟоу аполитикатә кризис аҟны аиӷьхарақәак рыҟалара.

Аԥсны акультуратә ԥсҭазаараҿ ахҭысқәа, хаҭалагьы атеатрқәа рҟны ақәгылара ҿыцқәа, насгьы зыхьӡ нагоу амузыкантцәа Аԥсны рықәгылара иазыԥшуп изызҵааз Аҟәа ауааԥсыра рыбжаҩык – ахәбатәи аҭып.

2014 шықәсазы иҟалаз ахҭыс хадақәа реиқәыԥхьаӡа

Иззыԥшу ак акәны иҟоуп Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара «Аиҩызареи астратегиатә еицхыраареи рзы» аиқәшаҳаҭра аусура алагара – аԥшьбатәи аҭыԥ.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра иазыԥшуп ҳаицтәылауаа аӡәырҩы – ахԥатәи аҭыԥ.

Агәабзиараахьчара амаҵзура аиӷьхара иазыԥшу рхыԥхьаӡара акыр ирацәаҩуп – аҩбатәи аҭыԥ.

Аха зегь реиҳа ҳауаажәлар ззыԥшу – ауалафахәи, атәаначахәи, асоциалтә цхыраагӡақәеи рыцлара ауп. Ари апозициа ианнакылоит актәи аҭыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0