Рушьбеи Смыр: Аԥсны аԥшӡара бџьарла еиқәҳархеит – хшыҩла ихьчатәуп

© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәСимра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа
Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рушьбеи Смыр - ҳаԥсадгьыл ажәытәи аҿатәи ахьеиларсу здыруа, ҳажәлар ахьаа ахьрымоу баны знацәа ақәызкуа Аԥсны аԥа - 2014-тәи ашықәс изааннажьыз ахәыцрақәеи ашықәс ҿыц иадиҳәало агәыӷрақәеи дырзааҭгылеит.

Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иаҳхысуа ашықәс ахҭысқәа рзы игәаанагара ҳацеиҩишеит. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Бадраҟ Аҩӡба.

– Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа, иҳаҩсуа ашықәс хҭысла акыр ибеиан. Иарбан урҭ рахьтә шәара иаҳа иалшәкаауа?

– Иҟоуп ахҭыс бзиа, иҟоуп ахҭыс цәгьа. Иҳаҩсыз ашықәс азы, абна унылалар еиԥш, аҵлақәа ишәҭуеи абӷьы зҿалои раасҭа, еилҩаахьаз еиҳа ирацәан. Абри иаҿагылаз амчқәа ахьыҟалаз – хҭыс бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳазҭаз аӷба, ҳҭазырхараны иҟаз аанкылан. Уи мрагылараҟа ахы рханы ицон, азбжак наҟ иҭагылахьан. Анцәа илԥха роуааит убарҭ ахҭысқәа рҿагылара зылшаз, анцәа илԥха роуааит ҳажәлар, аԥызара ҟазҵоз ҳаҷкәынцәа еилкааны ирывагылаз. Ҳазҭысызи, уи аԥхьаҟа иҟаз ашықәсқәеи Аԥсны акыр иуадаҩыз аҭагылазаашьа аԥнаҵеит, ҳаԥсадгьыл азы уи еиԥш иҟоу ашәарҭара аҭаргылара азин ҳарҭаӡомызт «Сан, сан!» ҳәа иҵәаа-ҵәаауа зыԥсы зхыҵуаз аҷкәынцәа рыԥсқәа, ажәак аҳәаха рымҭакәа ҳӡиасқәа иларгоз ҳаҷкәынцәа, ҳҭыԥҳацәа хазынақәа рҭахара. Шьаҿацыԥхьаӡа убарҭ ҳрызхәыцны ҳаԥсқәа ҳариааины ҳныҟәозҭгьы, уаҵәы ҳазҭало ашықәс даҽакала ҳаԥылон, абри ажәлар ирдыруазар ауп. Дарбанзаалак ауаҩы данилак крифароуп, крижәыроуп, иҭаацәа ибароуп, аха иара иинтерес мацара дацны дандәықәла, ижәлар ааидкыланы данырзымхәыц, иԥсадгьыл иахнагахьоу, насгьы уаҵәтәи алахьынҵа ашҟа данымԥш, аҳәынҭқарра арыцҳара дуӡӡа иҭашәоит.

Ҳара ҳхыԥхьаӡара маҷуп, ҳаира маҷуп, ҳадгьыл ԥшӡацәоуп, ирымҳәои "Аԥҳәыс ԥшӡа днасыԥдоуп" ҳәа. Еснагь ҳаԥшӡара ауп ҳазқәыӡуаз… Ҳаԥшӡара аиқәырхара абџьар анаҭахыз абџьар еиқәнархеит. Анаҩс иаҭахыз ахшыҩ, хара ахәыцра, абарҭ есҽны ахәышҭаараҿы аԥырӷқәа шҿыцәаауа еиԥш иҿыцәаауа аара ҳаҿын, ҳхы ажьара ҳаҿын, џьоук ражәа гәаҩақәа рыла ауаа дырҩашьон. Аха Анцәа имч ала, ахеиқәырхара ҳалшеит иҳаҩсуа ашықәс азы, убри алагьы ҳажәлар рзы сгәы дууп.

– 2014 шықәса аԥсуа литература ашьаҭыркҩы Дырмит Гәлиа ихьӡ ахын. Шәышԥахәаԥшуа амилаттә литератураҿы ари ашықәс азы иҟаз аихьӡарақәа?

– Аихьӡарақәа хараӡа еиӷьзар сҭахын. Ҳлитература аҽазымрыцқьеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Абиԥарақәа раԥхьагылацәа рыдунеи рыԥсахуа иалагеит. Алитератураҿы зегьы еиҟараны, еиԥшны изыҟалаӡом. Џьоукы, ҿыц ицәырҵыз рахьтә, ишакәхалакгьы ҳәа акьыԥхьра иалагеит, зегьы сҳәом, аха уеизгьы.  Ҟәрышьк змоу ашәҟәы ҭижьуеит, аха иаԥхьода ҳәа ихәыцуада? Иҳамоума аԥхьаҩцәа аԥыхьа еиԥш, инаҳагӡамашь ҳара ажәлар рҿаԥхьа иаҳуалу зегьы? Ашәҟәыҩҩы асаркьалбжьы даҩызазар ауп, ижәлар раԥхьа дгылазар ауп есымша. Ашәҟәыҩҩы, аҵла итаруа хжәаӡом ҳәа, аԥша ахьаслак дтаруа даналага инаркны уи дышәҟәҩҩӡам. Убарҭ аҟазшьақәа аҿар ишьҭырхыр ҳәа сацәшәоит. Дырмит Гәлиа ишықәс иалагӡаны ашәҟәыҩҩцәа ашколқәа ирҭаауан, аха сара исмаҳаит ԥсыуа шәҟәыҩҩык дҩагыланы аԥсуа бызшәа иамоу аҭагылазаашьа уадаҩ далацәажәо.

Иҟоуп даара зыгәра зго аҿарацәа, абаҩхатәрақәа злоу. Урҭ илырхыз амҩа даара акыр ихьанҭоуп, алитератураҿы уанаангыла уамыршәшәаны уканаԥсоит, иаԥхьалар ауп, иҩлар ауп, иныҟәалор ауп шьхатәылаҟа, ҳаԥсабара иацәҟьалар ҟалаӡом, ақалақь аҿы утәаны апоезиа узыҩӡом. Сара исҭахуп ҳҿарацәа ашьха арҩаш ихықәтәаланы ахаҳәқәа ирыхәаԥшлар, исҭахуп аҵлақәа инарыдгыланы аҵыҭәа ахьааз, излааз гәарҭалар, исҭахуп амзаша ахьамоу иԥшааны амца алеиқәырҵар, ашьанҵа хәыҷ аҳаҩа дуӡӡақәа иахьрыларшәу ицырцыруа рылаԥш ақәшәар. Аха нас рнапы иахоу ахьтәы мацәаз наганы инаваҵаны, хара инаскьаны иахәаԥшыр ашьанҵа шшьанҵоу, ахьы шхьу, даҽакала иуҳәозар ираҟароугьы ирдыруа, иреиҳаугьы шыҟоу рдыруа, иреиҵоугьы шыҟоу рдыруа. Абарҭқәа зегьы шьхатәыла ауп иахьуԥшаауа, ҳаԥсабара иадҳәалазар сҭахуп аҿар.

– Ҳазҭало 2015 шықәса аҟынтәи шәыззыԥши ҳажәлар рзы, насгьы ирзеиӷьашәшьар ишәҭахи?

– Аԥыхьа санцәажәоз исҳәон, ҳҭазырхараны иҟаз аӷба аанкылан ҳәа, исҭахуп убри аӷба амҩа иаша ишану агәра ганы, ажәлар уи ахҭыԥ иаганы иахьыҟоу баны, аӡы ҭамло рнацәкьарақәа адыркылар. Сара исҭахуп, анкьа ишыҟаз еиԥш, ақыҭақәа еинҭәылар. Уи азы ақыҭауаа рыхгьы иахәар ауп, аҳәынҭқаррагьы рыхәар ауп, ргәы мцар сҭахуп. Аҽыҩ амца ианалахалак, агәы рӷәӷәаны, азар ҳәаны иалыргоит, ҳажәлар ргәы цазар ҳәа сшәоит, аҩа ркын – иԥҵәеит, аӡа ркын – иԥҵәеит, ақыҭақәа аҭацәра иаҿуп. Ҳажәлар рҳәоу еибыҭаны, ҳазҭало ашықәс ҿыц азы рыҩнаҭақәа ирыдырбалар ирҭаху, ҳаԥсадгьыл иадырбылар ирҭаху ҟало, гәыла еинааланы, еинышәаны, зегьы-зегь аӡәыкны ҳахьтәы бираҟ иаҵагыланы, иара есааира аҽаҳаранакуа иҟалааит! Ҳашҭақәа анкьа хәыҷыла ишбеиаз еиԥш иҟало Анцәа иҳәааит, избанзар ауаҩ еиҳау акгьы ыҟаӡам.
Ҽааныбзиала шәнеиааит, зыда ԥсыхәа сымам аԥсуа жәлар!

Ажәабжьқәа зегьы
0