Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи раԥхьаӡа акәны Саратов иқәгылоит

© Фото : Алан ВоубаЛука Гаделиеи Кристина Ешбеи раԥхьаӡа акәны Саратов иқәгылоит
Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи раԥхьаӡа акәны Саратов иқәгылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи артистцәа ықәгылоит Саратовтәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал ду аҟны.

АҞӘА, ажь 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиеи асопрано Кристина Ешԥҳаи саратовтәи ахәаԥшыҩцәа рҿаԥхьа иқәдыргылоит  ауарӷани авокалтә классикеи, аԥсуа милаҭтә мелодиақәеи ашәақәеи рыла ишьақәгылоу аконцерттә программа.

"Ҳара ҳзы ари азал аҟны ақәгылара иаҵанакуа рацәоуп апрофессионалтә еизҳара аганахьала еиԥш, аполитика аганахьалагьы. Избан акәзар ас еиԥш иҟоу акультуратә еимадарақәа рыбзоурала Аԥсны ахьыԥшымра арӷәӷәара аус аҿы ҳлагала ҟаҳҵоит", — иҳәеит Лука Гаделиа.

Аԥснытәи аҟазацәа ргәаанагарала, Саратовтәи аҳәынҭқарратә консерваториа алукаауеит уаҟа иҟоу иҷыдоу акустика ала, уа иҩнагылоу ауарӷан адунеи аҿы иреиӷьқәоу ируакуп.

Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи анаҩстәи рықәгылара мҩаԥысуеит ажьарныҳәа 18 рзы, Казантәи аҳәынҭқарратә концерттә зал аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0