Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 77 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукМушьни Лашәриа
Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 77 шықәсатәи иира амш азгәеиҭоит.

АҞӘА, жьҭ 16 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иира амш азгәеиҭоит ҭаацәашәала, абри атәы изеиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент.

Мушьни Лашәриа абаҩхатәра ду змоу поетуп, деиҭагаҩуп. Уи иҟазара иабзоураны аԥсышәала ицәажәеит адунеитә литератураҿы иалкаау аҩымҭақәа:  Пушкин ироман "Евгени Онегин", Лермонтов ипоема "Мцыри", Русҭавели ипоема "Абжьас цәа зшәу".

"Раԥхьатәи сеизга  "Агара" ҭыҵит 1963 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь ԥсышәала еиҭаганы иҭсыжьит Лермонтов ипоема "Мцыри".  Аҟазараҿы зегь реиҳа ихадароу "амуза" ауп", — иҳәеит Лашәриа апоети аиҭагаҩи хаҭарак аҟны реилагӡара шалшо азы азҵаара аҭак ҟаҵауа.

Уажәы, Аԥсны жәлар рпоет ихиркәшоит урысшәала иҟоу Аԥсуа поезиа антологиа аус адулара.

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа хадара азиуеит, алитературатә газеҭ "Еҵәаџьаа", ажурнал "Аҟәа-Сухум" редактор хадас дрымоуп. 2010 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиҩызареи, акультуратә еимадарақәеи рырӷәӷәаразы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Мушьни Лашәриа ианеишьеит аҳәынҭқарратә ҳамҭа — Пушкин имедаль.

Ажәабжьқәа зегьы
0