Ахәыҷтәы етникатә фестиваль мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукАхәыҷтәы етникатә фестиваль
Ахәыҷтәы етникатә фестиваль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы етникатә фестиваль "Аиҩызаратә кәашареи – агәыӷра абжьи" мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

АҞӘА,ажь 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иқәынхо амилаҭқәа рыкәашареи рышәаҳәареи рзы ахәыҷтәы фестиваль "Аиҩызаратә кәашареи – агәыӷра абжьи" хықәкыс иамоуп Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра реизааигәатәра, иҳәеит астудиа "Мзахара" аиҳабы Ҭемыр Сымсым.

"Афестиваль аҭахуп Аԥсны инхо ажәларқәа реизааигәатәразы, урҭ реилибакаара арӷәӷәаразы. Ахәылԥаз аҟны амилаҭқәа алшара роуеит ркультура ацәыргаразы", — азгәеиҭеит Сымсым.

Афестиваль рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегь рҟынтә ахәыҷтәы коллективқәа. Ахәаԥшыҩцәа алшара рыман аԥсуа, аурыс, аерман, абырзен уҳәа рмилаҭтә кәашарақәа рыхәаԥшреи, рашәақәа рзыӡырҩреи.

Ахәылԥаз еиҿкаан астудиа "Мзахара" аԥшьгаралеи, адунеи амилаҭқәа ркультурақәа реизааигәатәра хықәкыс измоу  жәларбжьаратәи аиҿкаара "Сoberm" ацхырааралеи. 

Ажәабжьқәа зегьы
0