Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусура аихшьаала ҟанаҵеит

© Sputnik / Л. Носов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмца арцәара
Амца арцәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра излаҳәо ала, 2014 шықәсаазы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхыҧхьаӡара 4% еизҳаит.

АҞӘА, ажь 24 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Иҳаҩсыз ашықәс, 2013-тәи ашықәс иаҿҳарҧшуазар, Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхыҧхьаӡара ҧшь-процентк иазҳаит (1328 хҭыс), абри атәы ҳәан Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра 2014 шықәсазы аусура аихшьаала иазкыз аиҧылара аҟны.

Агуманитартә цхыраара ашьҭра - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи Аԥснытәи агуманитартә цхыраара Донецки Лугански рахь ишьҭуп

Иҳаҩсыз ашықәс азы аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа 8-ҩык рыҧсы еиқәдырхеит: 9-ҩык амца иалганы, 9-ҩык аӡы иҭыганы, 31-ҩык амҩатә машәырқәа раан, 19-ҩык аҧшаара-ҧсеиқәырхаратә операциақәа раан. 29-ҩык рыԥсы аиқәырхара залмыршахеит: 14-ҩык ӡааҟәрылеит, 15-ҩык амца иалаблит. Аҧсеиқәырхаҩцәа аҭыҧ ахь рцара ахыԥхьаӡара 127-нтә еизҳаит. Иҟалаз 848 былра аҳәынҭқарра иарҭаз аматериалтә ааха 29 миллион мааҭ артәеит.

2014 шықәсазы аусура аихшьаала аҟаҵара рхы аладырхҳит Аҧсны аҧыза-минитср Беслана Быҭәбеи аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Ешсоу Какалиеи. Аминистрцәа Реилазаара Ахада аҧсеиқәырхаҩцәа ашықәс анҵәамҭазы алада-мрагыларатә Украина имҩаҧгаз агәыҳалалратә акциа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Ари ацхыраара аҵак ду аман. Ҳара ҳрыдгылеит аамҭа цәгьа иҭагылоу ауаа. Иҟалап, уи ацхыраара ажәлар зегьы ирзымхазаргьы, аха ҳшырзыразу рбеит, уи оуп ихадароу. Сара иахьагьы исзасуеит, уаантәи иаауеит, шәусуреи, ансамбль "Кавказ" ақәгылара ази иҭабуп ҳәа сарҳәоит", —иҳәеит Беслан Быҭәба.

Аиҧылараан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнакра инаҵшьны иазгәарҭеит Гагра, Гал, Риҵа, Афон-ҿыц хаз иҟоу аусбарҭақәа риҿкаара шаҭаху.Иара убас аиҧылараҟны аминисттра аусзуҩцәа рпенсиа ацҵара апроблема шьҭыхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0