Шьоуа: аҳәаанырцәтәи амашьынақәа рҭагалара аусура еиӷьнатәуеит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аиҳабы Ныгәгзар Шьоуа
Аԥсны  Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аиҳабы Ныгәгзар Шьоуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аиҳабы Ныгәзар Шьоуа игәаанагарала аамҭалатәи аҳәаанырцәтәи аномерқәа змоу амашьынақәа рҭагалара ацәгьоуцәа ирласны рхаҿра ашьақәыргылара иацхраауеит.

АҞӘА, ажь 26, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәаанырцәтәи аномерқәа змоу амашьынақәа рҭаҩҩра аҭахуп, избан акәзар амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара азакәан еилазго ацәгьоуцәа рхаҭарақәа рышьақәыргылара анҳалымшо рацәоуп, иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә амашьынатә инспекциа анапхгаҩы Ныгәзар Шьоуа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

"Аҳәаанырцәтәи аномерқәа змоу амашьынақәа аамҭалатәи рҭаҩҩра Аԥсны машьынала иаҭаауа рзы аинформациатә база ҳамазарц азы ишьаҭоуп. Амашьынақәа рҭаҩҩра Администрациатә закәанеилагарақәа ртәы зҳәоу акодекс инақәыршәаны имҩаԥысуеит", –  иҳәеит Шьоуа.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы Ныгәзар Шьоуа иазгәеиҭеит мызкы иҭагӡаны амашьынарныҟәцаҩцәа рыҿцәажәара шымҩаԥгалахо, нас ахараԥсақәа рхы ишадырхәало.

Иара убас Шьоуа иазгәеиҭеит аамҭакьаҿк азы ҳәа Аԥсны аҳәаа иахысуа амашьынақәа рҭаҩҩра макьана азҵаара шыӡбам.

Амашьынақәа рҭаҩҩра азы адокументқәа рыҭара мҩаԥысуеит амашьынарныҟәцаҩ дахьыҟоу аамҭалатәи аҭыԥ Аԥсны Аҳәынҭқарратә амашьынатә инспекциа  араионтә ҟәшақәа рыҟны. Уи адокумент аиуразы змашьына ҭазымгалаз Администрациатә закәанеилагарақәа ртәы зҳәо акодекс иоунажьыз ахараԥсара 600 инаркны 900 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0