Аԥсны априватизациатә фонд 185 млн. мааҭ аԥара азымхаӡеит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны аԥыза-министр Шамиль Аӡынба.
Аԥсны аԥыза-министр Шамиль Аӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадара афонд апрограммала акредитқәа рыҭара апрактика арҿыцра агәиҭоуп, аха акредитқәа ианаамҭоу идырхынҳәӡом, уи аусура ааннакылоит.

АҞӘА, ажь 27 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны априватизациатә фонд  185 миллион мааҭ аԥара азымхаӡеит, уи абизнес маҷи ибжьаратәу абизнеси кредитла реиқәыршәара аус ааннакылоит, абри атәы аԥыза-министр Шамиль Аӡынба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Аиҳабыра априватизациатә фонд апрограммала акредитқәа рыҭара апрактика арҿыцра агәиҭоуп, аха ианаамҭоу акредитқәа дырхынҳәӡом, уи аусура ааннакылоит.

"Аусура ҳалагарц азы, иаҭахуп афонд ԥарала арҭәра. Ҳәарада, ауаажәлар ҳрыцхраароуп. Аха иахьа афонд ҭацәуп", – иҳәеит Аӡынба.

Априватизациатә фонд апрограмма аиҿкаара 2005 шықәсазы иалагеит. Шықәсык азы альготтә ставка  6-8%, ҩба-хԥа шықәса ҳәа абизнес маҷи ибжьаратәу абизнеси рырҿиаразы. Акредитқәа 30 нызқь мааҭ инаркны миллионк рҟынӡа инаӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0