Дмитри Гәарамиа: аҳәаанырцә аҵара зҵо аԥсуа ҿарацәа ҳалаԥш рхызаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа
Аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵара аминистрраҟны еиҿкаауп асекритариат, Аԥсны анҭыҵ аҵара зҵо астудентцәа реихьӡарақәа агәаҭараз аусқәа мҩаԥызгало.

АҞӘА, жәб 2 – Sputnik. Аҵареи, анаукеи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аминистрра аҳәаанырцә аҵара зҵо астудентцәа реихьӡарақәа ирхылаԥшлоит, иҳәеит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа.

"Иҳаӡбеит сынтәа инаркны Аԥсны анҭыҵ аҵара зҵо рсиа ашьақәыргылара. Аҳәаанырцәтәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараз астудентцәа алзԥшаауа акомиссиа аҩныҵҟа еиҿкаауп асекретариат, уи анапы алакзаауеит астудентцәа рҵараҿы иаадырԥшуа аихьӡарақәа рышьақәыргылара", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Гәарамиа иазгәеиҭеит, рҵара алҵшәақәа зыршаҳаҭуа адыррақәа аҵара зҵо рхала иааргаларц шакәу. Ачынуаҩ иажәақәа рыла, ари аус иаладырхәуеит егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа апрофессионалтә усуаҩцәа азыҟазҵрц зҭаху.

Аҳәаанырцә аҵара зҵо астудентцәа ирымоу апроблемақәа рыӡбараҿы иаҭахуп аҳәынҭқарратә знеишьа ҳәа иԥхьаӡоит Гәарамиа.

"Иахьазы Аԥсны анҭыҵ аҵара дырҵара ауаажәларратә тахрақәа ирықәшәоит аиҳарак аҳәынҭқарратәқәа раасҭа. Ҳара ҳусура азынархоуп аспециалистцәа разыҟаҵара аҳәынҭқарра аҭахрала иаауазарц аҟаҵара", — иҳәеит Гәарамиа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ ишазгәеиҭо ала, ари азҵаара аныӡбаха, апрофессионалтә ҩаӡара ҳаракы змоу аусзуҩцәа Аԥсныҟа ихынҳәуеит.

Аҳәаанырцә аҵара зҵо астудентцәа рҵара алҵшәақәа рхылаԥшра иалагоит 2015 шықәса ԥхынгәзымза инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0