Мушьни Лашәриа: апоезиа – сыԥсҭазаара иашьаҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәа" азыҳәан алитературатә премиа "Золотой Дельвиг" далауреатхеит. Апоет апремиа ианашьара ацеремониа мҩаԥысуеит иахьа Москва ақалақь, Пушкин имузеи аҟны.

Апоет ирҿиаратә мҩеи, ԥхьаҟатәи игәҭакқәеи ртәы Sputnik акорреспондент Саид Барганџьиа изеиҭеиҳәеит.

Шәара Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа хадара азыжәуеит, иара убас алитературатә газеҭ "Еҵәаџьаа", ажурнал "Аҟәа" редактор хадас шәрымоуп. Излашәылшои абарҭ аусхкқәа реилагӡара?

Арҿиара знапы алаку сабиԥара иаҵанакуа ауаа ҳарҿиаратә мҩа хҭысла акыр ибеиоуп. Ҳара ҳзы еснагь дҿырԥшыган аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа, уи арҿиаратә ус адагьы дрыхьӡар акәын иақәҿызҭуа азҵаарақәагьы. Убас ауп саргьы сырҿиаратә ԥсҭазаара шышьақәгылоу. Ҳәарада, сара сгәы иаанагомызт ҩ-ҭыжьымҭак аамҭак азы напхгара рзызулоит ҳәа. Сусура зеиԥшроу иаҿырԥшны снапы рылакзар акәын еиуеиԥшым аусхкқәа, уи сара сзы гәырӷьароуп, избанзар сыԥсҭазаара шьаҭас иамоу арҿиара ауп. Иазгәасҭарц сҭахуп сынтәа ажурнал "Аҟәа" жәа-шықәса шахыҵуа.

Шәара ижәыҩуеит зеиӷьыҟам ажәеинраалақәа, иара убас аҩымҭақәа еиҭажәгоит. Ишԥашәылшеи арҭ аҟазара аҩ-ганк шәнапаҿы раагара?

Сара сзы ари азҵаара аҭак аҟаҵара маҷк иуадаҩуп. Сгәанала ихадоу – арҿиаратә шьаҭа ауп. Аиҭагара снапы аласкит ажәеинраалақәа рыҩра саналага инаркны. Раԥхьатәи сеизга "Агара" ҭыҵит 1963 шықәсазы, хара имгакәа иҭыҵит Мхаил Лермонтов ипоема "Мҵыри". Уи ашьҭахь аус адулара салагеит Александр Пушкин иҩымҭа "Евгений Онегин".

Александр Пушкин ипоема "Евгений Онегин" аиҭагара шаҟа аамҭа шәадхалеи, цәаныррақәас ишәымази аусумҭа еиҭажәгонаҵы?

Апоема аиҭагара иаалырҟьаны иҟалеит. "Евгений Онегин" санаԥхьоз ацәаҳәақәа аԥсышәала еиҭаганы ишԥаҟалари ҳәа гәаныла сазхәыцуан. Убас ауп ишеиҭазгаз Пушкин иажәеинраала "Акасеиқәаҵәа". Исгәалашәоит санстудентыз ари аиҭагазы апремиа шсоуз. Пушкин иҩымҭа "Евгений Онегин" аиҭагара хәы-шықәса инарзынаԥшуа саҿын, аха аиҭагаҟны аҵыхәтәантәи акәаԥ иахьа уажәраанӡагьы исмыргылаӡацт, ана-ара аԥсахрақәа аналазгало ыҟоуп.

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ Дмитрий Медведев вручает медаль Пушкина председателю Ассоциации писателей республики Абхазия Мушни Ласурия на церемонии в Кремле. Архивное фото.
Президент РФ Дмитрий Медведев вручает медаль Пушкина председателю Ассоциации писателей республики Абхазия Мушни Ласурия на церемонии в Кремле. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Президент РФ Дмитрий Медведев вручает медаль Пушкина председателю Ассоциации писателей республики Абхазия Мушни Ласурия на церемонии в Кремле. Архивное фото.

Шәџьабаа зҿлымҳарыда инымхеит: 2010 шықәсазы Урыстәыла апрезидент Дмитри Медведев ишәанеишьеит Пушкин имедаль. Иаҳзеиҭашәҳәа гәҭыхақәас ишәымаз усҟан.

Аҳамҭа санашьара ԥхыӡ хаак еиԥш исгәаласыршәоит. Ари амедаль аиуразы скандидатура ақәыргылара зынӡа сазԥшымызт. Аханатә исыӡбеит Пушкин имедаль аиура ацеремониаҿы аԥсыуа маҭәала снеиуеит ҳәа. Уи аԥхьа Москва ирзеилымкааит, аха нас иақәшаҳаҭхеит. Алауреатцәа аамҭа рырҭон ажәақәак рҳәарц азы, уаҟа  "Евгений Онегин" аҟынтә аԥсышәала ацыԥҵәаха саԥхьеит, ахәылԥаз иалахәыз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Иаҳзеиҭашәҳәа ԥхьаҟатәи гәҭакқәас ишәымоу.

Сара поет-лирикк иаҳасабала сжанр ала аусура иацысҵоит. Астраномиатә аамҭа арҿиара иадҳәалам, аамҭа ҭацәы амазаара иаанагаӡом улатәаны ак уҩуеит ҳәа. Уи азы иаҭахуп акомпонентқәа рацәаны. Сара саанхоит споет-лирикны, иахьынӡасылшогьы ажурналқәа ҭсыжьлоит. Уажәазы урыс бызшәала иҟоу аԥсуа поезиа антологиа аиқәыршәара саҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0