Аҿыц рыцқьаратә ргыларақәа хәажәкырамзазы аусура иалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукАрыцқьаратә хыбрақәа, Ешыра. Архивтә фото.
Арыцқьаратә хыбрақәа, Ешыра. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи Ешыра ақыҭан арыцқьаратә хыбрақәа рыргылара хара имгакәа ихыркәшахоит.

АҞӘА, жәб 5 — Sputnik, Анастасия Никонова. Арыцқьаратә хыбрақәа рыргылара хәажәкырамзазы ихыркәшазаауеит, абри атәы Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Анзор Кортуа  Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Арыцқьаратә ргыларақәа – ақалақь азы ихадоу системоуп. Уи аҵакы ахә ашьара цәгьоуп, избан акәзар дара ақалақь иалҵуа аӡы дрыцқьоит. Уи ашьҭахь ауп ицқьоу, аԥсабара иаԥырхагам аӡы адгьыл ахь иҵалар аныҟало", – инаҵшьны иазгәеиҭеит Кортуа.

Аладатәи Ешыра иҟоу арыцқьаратә хыбрақәа аибашьра аԥхьагьы аус руан ҳәа азгәеиҭеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ. Аха аибашьра аламҭалаз уи аҭыԥ азааигәара Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа мҩасуан, уи ахарала аргылара ааха ӷәӷәа аиуит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-економика аҿиара акомплекстә план ахь иаҵанакуа арыцқьаратә хыбра аргылара 2012 шықәсазы иалагеит. Иара Аҟәа инацәыхарамкәа Аладатәи Ешыра ақыҭан игылоуп. Аргыларатә усқәа афирма "Джанту" имҩаԥнагоит.

© Sputnik Томас ТхайцукОчистные сооружения в с. Эшера.
1/3
Очистные сооружения в с. Эшера.
© Sputnik / Томас ТхайцукОчистные сооружения в с. Эшера.
Очистные сооружения в с. Эшера. - Sputnik Аҧсны
2/3
Очистные сооружения в с. Эшера.
© Sputnik Томас ТхайцукОчистные сооружения в с. Эшера.
3/3
Очистные сооружения в с. Эшера.
1/3
Очистные сооружения в с. Эшера.
2/3
Очистные сооружения в с. Эшера.
3/3
Очистные сооружения в с. Эшера.
Ажәабжьқәа зегьы
0