Кәыҵниа: амцакраз ашәарҭадара еилазго рзы ахараԥсақәа ирыцҵатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукКәыҵниа: ахараԥсақәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп
Кәыҵниа: ахараԥсақәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амцакраз ашәарҭадара аԥҟарақәа назмыгӡо рзы ахараԥсақәа ирыцҵатәуп, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

АҞӘА, жәб 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ауааԥсыреи, аусбарҭақәеи рзы ахараԥсарақәа рацҵара алшара ҟанаҵоит Аԥсны амцакрақәа рхыԥхьаӡара аиҵтәра ҳәа агәрагара имоуп Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Хымԥада иаҭахуп анормотивтә-зинтә ԥсахрақәа ралагалара. Убас, иаҭахуп ашәарҭадара аԥҟарақәа еилазго рзы ахараԥсақәа рыцҵара. Ари ажәалагала ҳаманы Аԥсны аиҳабыра рахь ҳнеихьеит, ҳагьеилыркааит", — иҳәеит аминистр.

Лев Кәыҵниа игәаанагарала, ааигәа Аҟәа аџьармыкьаҿ иҟалаз амцакра иаҳнарбеит ауаа амцакраз ашәарҭадара ишазыҟоу. Аминистр иазгәеиҭеит абизнесменцәа амцакратә шәарҭадара шынарымгӡо, уи иахҟьаны аԥырхага ӷәӷәа шроуа.

"Амцакра уахынла акәымкәа ҽынла автомашьынақәа анырацәаз аамҭазы иҟалазтгьы, ахҟьаԥҟьақәа акыр еиҳахон", — иҳәеит Кәыҵниа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иамоу адыррақәа рыла 2014 шықәсазы иҟалеит 849 амцакра, урҭ иҟарҵаз аԥырхага наӡоит 28,75 миллион мааҭ. Амцакрақәа ирыхҟьаны 15-ҩык ауаа ҭахеит.
 
 

Ажәабжьқәа зегьы
0