Ирма Ануа: арыҩшьыгақәа рзы ашколхәыҷқәа ргәаҭара мацара азхаӡом

© Sputnik Томас ТхайцукИрма Ануа
Ирма Ануа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколхәыҷқәа анаркотикатә рыҩшьыгақәа рхы иадырхәо иадмырхәо агәаҭара ҳалагаанӡа, анаҩс иҟаҵатәу ҳазхәыцроуп, ҳәа лгәы иаанагоит Аҳәынҭқарратә наркодиспансер аиҳабы Ирма Ануа.

АҞӘА, жәб 7 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ашколхәыҷқәа анаркотикатә рыҩшьыгақәа рылоу ирыламу азы агәаҭара алҵшәа аанашьҭуеит егьырҭ аусмҩаԥгатәқәагьы уи иацны инагӡахозар ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит Аҳәынҭқарратә наркодиспансер аиҳабы Ирма Ануа.

"Агәаҭара амҩаԥгара — уи акоуп. Анаҩс иҟаҳҵаша ҳдыруазароуп. Аилкаара мацара азхаӡом. Еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс ҳазхәыцроуп", — ҳәа азгәалҭеит Ануа.

Аҳақьым лажәақәа рыла, раԥхьаӡа иргыланы, дара ашколхәыҷқәа уи агәаҭара иақәыршаҳаҭтәуп.

"Афакторқәа рацәаны еидхәыцлатәуп, агәаҭарақәа мацара мҩаԥаҳгеит ҳәа уи акгьы иахәом, еиҳаракгьы мчыла имҩаԥаҳгар", — ҳәа ацылҵеит аҳақьым.

Апрактика иаанарԥшуеит, лҳәеит Ирма Ануа, ашколқәра иҭымсыц анаркоманцәа еиҳарак зыԥшаара мариоу апсихотроптә рыҩшьыгақәа рхы иадырхәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0